Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • lff аур. 39
  • Дышԥазыҟоу Иегова ашьа?

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Дышԥазыҟоу Иегова ашьа?
  • Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ЕИҲАНЫ ЕИЛЫШӘКАА
  • ИХАДОУ АЗХӘЫЦРА
  • ИҴЕГЬ ШӘАХӘАԤШ
  • Ашьа афракциақәеи ашьа ахархәарала иҟоу амедицинатә процедурақәеи
    «Анцәа ибзиабараҿ шәыҟаз»
  • Ахә ҳаракны иушьома уара аԥсҭазаара Анцәа иеиԥш?
    «Анцәа ибзиабараҿ шәыҟаз»
Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
lff аур. 39
Аурок 39. Ашьа аклеткақәа амикроскоп ала.

АУРОК 39

Дышԥазыҟоу Иегова ашьа?

Икьыԥхьу аформат
Икьыԥхьу аформат
Икьыԥхьу аформат

Шьада аԥсҭазаара залшом. Анцәа иоуп ҳазшаз, убри аҟынтә иара иоуп издыруа ашьа ҳхы ишаҳархәалаша. Ииҳәазеи иара Абиблиаҿы ашьа иазкны? Иҟалома афатә ашьа шалоу афара, ма ашьа алаҵара? Насгьы ишԥаҳалшо ашьа ахархәара иазку азҵаарақәа рганахьала Иегова игәаԥхо аӡбарақәа рыдкылара?

1. Дышԥазыҟоу Иегова ашьа?

Ажәытәан Иегова имаҵ зуаз ус реиҳәеит: «Зыԥсы ҭоу зегьы рыԥсы зку ашьоуп» (Алевит 17:14). Иегова ашьа ԥсҭазаароуп ҳәа иԥхьаӡоит. Аԥсҭазаара Анцәа иҳаиҭаз ҳамҭазар, насгьы уи ԥшьазар, ус акәзар, ашьагьы ԥшьоуп.

2. Ииҳәазеи Иегова ашьа иазкны?

Иегова ақьырсианра цәырҵаанӡа иҟаз имаҵзуҩцәа ашьа шәфар ҟалаӡом ҳәа реиҳәеит. (Шәаԥхьа Аҟазаара 9:4, насгьы Алевит 17:10.) Иара актәи ашәышықәсазгьы Анапхгаратә хеилак иалахәыз аишьцәа рыла ақьырсианцәа ашьа афара азин шрымам иҳәеит. Дара ақьырсианцәа ус рарҳәеит: «Шәҽацәышәыхьчала... ашьа». (Шәаԥхьа Аусқәа 15:28, 29).

Иаанагои ашьа аҽацәыхьчара? Ҳахәаԥшып ҿырԥштәык. Иаҳҳәап, аҳақьым арыжәтә шәжәыр ҟалаӡом ҳәа шәеиҳәеит. Арыжәтә шәжәыр ҟамлозар, шәгәы ишԥаанаго, иҟалома арыжәтә злоу афатә шәфар, ма арыжәтә шәылашәҵар? Ҳәарада, мап! Убас еиԥш Анцәа ашьа шәҽацәышәыхьчала ҳәа иҳәазар, ашьа ҳамжәлароуп, ма иаҳшьыз аԥстәы ашьа ишахәҭоу имышьҭӡакәа, акәац ашьа шалоу иҳамфалароуп. Иара убас ашьа зларҵаз афатә ҳфар ҟалаӡом.

Иахаҳҳәаар ҳалшозеи аҽыхәышәтәразы ашьа ахархәара иазкны? Медицинатә процедурақәак Анцәа изакәан иаҿагылоит. Урҭ апроцедурақәа рахь иаҵанакуеит ашьа алаҵара, ма ашьа ихадоу ахәҭақәа рылаҵара: аеритроцитқәа, алеикоцитқәа, атромбоцитқәа, насгьы аплазма. Егьырҭ амедицинатә процедурақәа Анцәа изакәан еиларгоу-еиларымгоу инҭкааны иҳазҳәаӡом. Иаҳҳәап, аҽыхәышәтәразы иҟоу методқәак рҟны рхы иадырхәоит ашьа ихадоу ахәҭақәа злашьақәгылоу афракциақәа. Даҽа методқәак рҿы ирхәышәтәуа ауаҩы илырхыз ашьа ырхынҳәны, иара иларҵар рылшоит. Ас еиԥш иҟоу апроцедурақәа рганахьала дасу ихала зегьы дрызхәыцны, аӡбара идикылароуп (Галатаа 6:5)a.

ЕИҲАНЫ ЕИЛЫШӘКАА

Еилышәкаа ашьа ахархәара иадҳәалоу ахәышәтәышьатә методқәа рганахьала аӡбара шшәыдышәкылаша.

3. Иеговеи шәареи шәеиҩызара иаԥырхагам ахәышәтәышьатә методқәа алшәхла

Ишԥалхтәу ашьа ахархәара аганахьала Анцәа иҳаиҭаз азакәан еилазымго ахәышәтәышьатә методқәа? Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, нас иҳаилшәыркаа арҭ ашьаҿақәа зхадоу.

АВИДЕОНҴАМҬА: «Ашьа ахархәарала имҩаԥырго амедицинатә процедурақәа рганахь ала аӡбара ҳадаҳкылар шҳалшо» (5:47)

  • Анцәа аҟәыӷара шәиҭарц шәиҳәала (Иаков 1:5).

  • Шәрызхәыц шәҭагылазаашьа ианаало абиблиатә принципқәа, насгьы урҭ шәхы иашәырхәар шшәылшо (Ажәамаанақәа 13:16).

  • Еилышәкаа иарбан хәышәтәышьатә методқәоу шәҭыԥ аҿы иҟоу.

  • Ишәыӡба иарбан хәышәтәышьатә методқәоу мап зцәышәкыр шәыхәҭоу.

  • Шәазхәыц аӡбара аншәыдышәкылалак ашьҭахь шәыламыс шәаргәаҟлоу-шәамыргәаҟлоу (Аусқәа 24:16)b.

  • Ишәхашәмыршҭлан аӡәымзар-аӡәгьы, шәхатә ҩыза иоума, аизара ахылаԥшҩы иоума, Абиблиа шәзырҵо иоума, шәыламыс инақәыршәаны ишәыӡбар шәыхәҭоу азҵаарақәа рҿы шәхы шымҩаԥыжәгаша шәаҳәара азин шимам (Римаа 14:12).

  • Ишәыӡбаз џьара ианышәҵа.

Асахьа «Ахаҵа аҽыхәышәтәра иадҳәалоу азҵаара аганахьала аӡбара идикылоит»: 1) иара Анцәа диҳәоит; 2) иара Абиблиеи, уи шьаҭас измоу апубликациақәеи, апланшети рыцхыраарала аҭҵаара мҩаԥигоит; 3) иара аҳақьым диацәажәоит.

4. Иегова ишаҳаҭцәа зегь иреиӷьу ахәышәтәышьатә методқәа алырхуеит

Ҳара иҳалшоит ашьа иазку Анцәа изакәан ақәныҟәареи ашьа ахархәарада иҟоу зхаҭабзиара ҳараку ахәышәтәра аиуреи. Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА.

АВИДЕОНҴАМҬА: «Амедицинатә наукақәа рдоктор, апрофессор Массимо Франки иинтервиу» (1:36)

Шәаԥхьа Тит 3:2, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Избан аҳақьымцәа ҭынч, ҳаҭырқәҵарала рацәажәара зҳахәҭоу?

Ашьа ихадоу ԥшь-хәҭак рыла еиҩшаны апробирка иҭоуп (ашьа ихадоу ахәҭақәа арбоуп ахыԥхьаӡарақәа 1, 2, 3, 4 рыла).

Иҟамло

Ақьырсиан ихаҭа ииӡбар ихәҭоу

1. Ашьа аплазма

Аплазма афракциақәа

2. Алеикоцитқәа

Алеикоцитқәа рыфракциақәа

3. Атромбоцитқәа

Атромбоцитқәа рыфракциақәа

4. Аеритроцитқәа

Аеритроцитқәа рыфракциақәа

5. Ашьа афракциақәа ирыдҳәалоу аӡбарақәа

Ашьа ихадоу ԥшь-хәҭак рыла ишьақәгылоуп: аеритроцитқәа, алеикоцитқәа, атромбоцитқәа, насгьы аплазма. Урҭ ԥшь-хәҭак еиҳа имаҷу ахәҭақәа рыла ишьақәгылоуп — уи ашьа афракциақәа роупc. Ачымазарақәа рыхәышәтәразы, насгьы ашьацара аанкыларазы иҟоу хәшәқәак фракциақәак рылоуп.

Ашьа афракциақәа рганахьала ақьырсиан Абиблиа ала иааӡоу иламыс инақәыршәаны ихатә ӡбара идикылароуп. Шьоукы аҽыхәышәтәраан ашьа афракциақәа рхархәара мап ацәыркуеит. Даҽа шьоукы ашьа афракциақәа рхархәара рыламыс иаҵанакуеит.

Аӡбара шәыдышәкылаанӡа, абри азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Ишԥаиеилсыркаауеи сҳақьым ашьа афракциақәак рхархәара сзақәшаҳаҭу, мамзаргьы сзақәшаҳаҭым?

АӠӘЫ ДШӘАЗҴААР ИЛШОИТ: «Иҟалои ашьа улоуҵар?»

  • Аҭак шԥаҟашәҵарыз?

ИХАДОУ АЗХӘЫЦРА

Иегова изы ашьа ԥшьоуп, иара иҭахуп ҳаргьы ашьа убас ҳазыҟазарц.

Аиҭахысра

  • Избан Иегова ашьа ԥшьоуп ҳәа зиԥхьаӡо?

  • Избан иаҳҳәар зҳалшо Анцәа ашьа шәҽацәышәыхьчала ҳәа иҳаиҭаз азакәан ашьалаҵарагьы аҵанакуеит ҳәа?

  • Ишәыцхраар алшозеи ашьа рхы иахьадырхәо ахәышәтәышьатә методқәа рганахьала ииашоу аӡбара адкылара?

Ахықәкқәа

ИҴЕГЬ ШӘАХӘАԤШ

Ҳзызхәыцыр ҳахәҭоузеи, ҳхатә шьа рхы иахьадырхәо амедицинатә процедурақәа рганахьала аӡбара ҳадаҳкылаанӡа?

«Вопросы читателей» («Ахьчаратә бааш», октиабр 15, 2000, аурыс)

Ҳзызхәыцыр ҳахәҭоузеи, ашьа афракциақәа рхархәара ҳақәшаҳаҭхоу-ҳақәшаҳаҭымхоу ҳаӡбаанӡа?

«Вопросы читателей» («Ахьчаратә бааш», ииун 15, 2004, аурыс)

Ицхраазеи ҳақьымк Иегова ашьа дшазыҟоу шиашоу аилкаара?

«Я принял точку зрения Бога на кровь» («Пробудитесь!», декабр 8, 2003)

Еилышәкаа ахәышәтәырҭақәа ирыдҳәаланы ацхыраара аҭаразы иҟоу акомитетқәа ирылахәу аизара ахылаԥшыҩцәа рашьцәеи раҳәшьцәеи ишрыцхраауа.

«Иегова ичмазҩу дырхылаԥшуеит» (10:23)

a Шәахәаԥш 35-тәи аурок «Иҳацхраауазеи ииашоу аӡбарақәа рыдкылара?»

b Шәахәаԥш ари аурок 5-тәи апункт «Ашьа афракциақәа ирыдҳәалоу аӡбарақәа», иара убас Ацҵа 3 «Ашьа рхы иахьадырхәо амедицинатә процедурақәа».

c Аҳақьымцәа шьоукы ашьа злашьақәгылоу ԥшь-хәҭак фракциақәоуп ҳәа рыԥхьаӡоит. Убри аҟынтә шәҳақьым ибзианы иеилшәыркаа ашьалаҵара адагьы, уи злашьақәгылоу аеритроцитқәеи, алеикоцитқәеи, атромбоцитқәеи, аплазмеи мап шырцәышәкуа.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра