Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • scl ад. 93—94
  • Ахьхәра

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Ахьхәра
  • Ақьырсиан ицхраауа абиблиатә жәеинраалақәа
Ақьырсиан ицхраауа абиблиатә жәеинраалақәа
scl ад. 93—94

Ахьхәра

Избан ауаа зегьы рыгәнаҳақәа ирыхьхәыр, насгьы Иегова иранаижьырц азы иҳәалар зрыхәҭоу?

Рм 3:23; 5:12; 1Ин 1:8

Шәахәаԥш иара убас Аус 26:20

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Лк 18:9—14. Иисус иааигаз аҿырԥштәы иаҳнарбоит агәнаҳа шыҟаҳҵаз иаартны иаҳҳәалар, насгьы Анцәа ацхырааразы ҳиҳәалар шҳахәҭоу.

    • Рм 7:15—25. Апостол Павел ахаҵара ӷәӷәа шимазгьы, игәнаҳаз ицәеижь агәаҳәарақәа дырҿагыланы дықәԥон, уи иахҟьангьы зны-зынла игәы каҳауан.

Дышԥарзыҟоу Иегова зыгәнаҳақәа ирыхьхәуа ауаа?

Иез 33:11; Рм 2:4; 2Пт 3:9

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Лк 15:1—10. Иисус иааигаз аҿырԥштәқәа иаҳдырбоит ауаҩы игәнаҳақәа данрыхьхәуа, Иеговеи амаалықьцәеи шгәырӷьо.

    • Лк 19:1—10. Закхеи ашәахтәеизгаҩцәа дреиҳабын, насгьы амц ҳәаны ауаа аԥара рымихуан. Аха иара уи дахьхәит, иԥсҭазаашьагьы иԥсахит, убри аҟынтә Иисус уи игәнаҳақәа ианаижьит.

Иаазырԥшуазеи гәык-ԥсыкала ҳагәнаҳа ҳшахьхәуа?

Иез 18:21—23; Аус 3:19; Еф 4:17, 22—24; Кл 3:5—10

Шәахәаԥш иара убас 1Пт 4:1—3

Избан гәык-ԥсыкала ҳагәнаҳақәа ҳрыхьхәырц азы аҵабырг иазку ииашоу адыррақәа ҳаур закәу?

Рм 12:2; Кл 3:9, 10; 2Тм 2:25

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Аус 17:29—31. Апостол Павел иҳәеит ауаа аидолқәа изрымҵахырхәо Анцәа дахьырзымдыруа азы шакәу, насгьы афинаа рыгәнаҳақәа ирыхьхәырц ргәазҭеиҵеит.

    • 1Тм 1:12—15. Уаанӡа Павел Иисус Христос изкны иидыруаз маҷын, убри аҟынтә агәнаҳа ӷәӷәақәа ҟаиҵон.

Шаҟа ихадоузеи ахьхәра?

Мк 1:14, 15; Лк 24:45—47; Аус 2:38; 17:30; 20:21

Избан ҳагәнаҳақәа ҳрыхьхәуазар, Иегова урҭ шҳанаижьуа агәра ганы ҳаҟазар зҳалшо, урҭ агәнаҳақәа зныкымкәа ишыҟаҳҵахьазгьы?

Иса 1:18; Гл 6:1; 1Ин 2:1

Дышԥарзыҟоу Иегова зыгәнаҳақәа ирыхьхәыз, зыԥсҭазаашьагьы зыԥсахыз ауаа?

Аԥс 32:5; Ажәм 28:13; 1Ин 1:9

Шәахәаԥш иара убас «Арыцҳашьара; аӡәы ихьаа ицеиҩшара»

Иабантәиҳдыруеи ахьхәра иаанаго иҟаҳҵаз шиашамыз аилкаареи уи ҳанажьхарц азы аҳәареи мацара шакәым?

2Аш 7:14; Ажәм 28:13; Иез 18:30, 31; 33:14—16; Мф 3:8; Аус 3:19; 26:20

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • 2Аш 33:1—6, 10—16. Акыр шықәса рыҩныҵҟа аҳ Манассиа агәнаҳа ӷәӷәақәа ҟаиҵон. Аха иара гәык-ԥсыкала игәнаҳақәа дрыхьхәит, ахынраалара аарԥшны Анцәа диҳәон, иԥсҭазаашьагьы иԥсахит.

    • Аԥс 32:1—6; 51:1—4, 17. Аҳ Давид гәык-ԥсыкала игәнаҳақәа дрыхьхәит. Иҟаиҵаз агәнаҳақәа рыла Иегова игәы шиирхьыз еиликааит, агәнаҳақәа шыҟаиҵаз иаартны иҳәеит, насгьы Анцәа урҭ ианаижьырц диҳәеит.

Избан ҳҿаԥхьа агәнаҳа ҟазҵаз ауаҩы дахьхәуазар, ианаҳажьыр зҳахәҭоу?

Мф 6:14, 15; 18:21, 22; Лк 17:3, 4

Шәахәаԥш иара убас «Анажьра»

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • Аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра