Уажәнатә шәҽазыҟашәҵала адунеи ҿыц аҿы иҟало аԥсҭазаара
«Идырҵала, ирабжьгала абзиара, ахирра шыҟарҵалаша... наунагӡатәи аԥсҭазаара раҭәахоит» (1 ТИМ. 6:18, 19).
1, 2. а) Иарбан цәеижьтә зылԥхарақәоу шәара џьанаҭ дгьыл аҿы еиҳарак шәыззыԥшу? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.) б) Иарбан доуҳатә зылԥхарақәоу адунеи ҿыц аҿы иҟало?
«ИИАШАҴӘҞЬОУ АԤСҬАЗААРА». Арҭ ажәақәа џьанаҭ дгьыл аҿы наӡаӡатәи аԥсҭазаара ҳаздырхәыцуеит. Ҳара ҳгәы хыҭ-хыҭуа ҳазыԥшуп «наунагӡатәи аԥсҭазаара». (Шәаԥхьа 1 Тимофеи иахь 6:12, 19.) Уи ҳара агәырӷьареи агәахәареи ҳзаанагоит. Шәхаҿы иаажәг; есышьыжь шәанааԥшуа ижәбоит агәабзиара шшәымоу, насыԥла шәышҭәу, насгьы аԥсҭазаара агәахәара шышәзаанаго! (Ис. 35:5, 6). Џьанаҭ аҿы ҳара ҳҭынхацәеи ҳҩызцәеи ҳазхара рацәажәара алшара ҳауеит, иара убас зыԥсы ҭалогьы! (Иоан. 5:28, 29; Аус. 24:15). Убри адагьы, ҳара иҳамазаауеит алшара ҳҟазара аизырҳара, амузыкеи, архитектуреи, анаукеи реиԥш иҟоу аусқәа ҳнапы рылакуа.
2 Уи зегьы ҳгәы хыҭ-хыҭуа ҳшазыԥшугьы, ҳара еилаҳкаауеит адунеи ҿыц аҿы зегь раасҭа ихадахо адоуҳатә зылԥхарақәа шракәу. Шаҟа ҳаргәырӷьозеи Иегова ихьӡ шырҳараку, насгьы закәанла амчра шимоу шышьақәырӷәӷәоу ахьаҳдыруа! (Матф. 6:9, 10). Абар инаӡоит Иегова адгьыли ауаатәыҩсеи ирыдҳәалоу аԥхьанатә имаз ихықәкы! Ҳара хәыҷы-хәыҷла анаӡара ҳаулоит. Шәазхәыц шаҟа иаҳзымариахо усҟан Иегова изааигәахара! (Ԥс. 73:28; Иак. 4:8).
3. Ҳҽыззыҟаҳҵалар ҳахәҭоузеи ҳара иахьа?
3 Арҭ азылԥхарақәа зегьы аиура алшоит, избанзар Иисус иҳәеит «Анцәа лшарас иҟоу зегь имоуп» ҳәа (Матф. 19:25, 26). Аха ҳара зеиԥшыҟам ари адунеи аҿы ҳҟаларц, насгьы Зқьышықәсатәи Христос инапхгара ашьҭахь ҳанхаларц ҳҭахызар, уажәнатә наӡаӡатәи аԥсҭазаара «ӷәӷәала ҳҽазаҳкроуп». Ҳара иаҳгәалашәозар ауп ари адунеи аҵыхәтәа шааигәахо. Убри аҟнытә ҳара уажәнатә џьанаҭ дгьыл аҿы иҟало аԥсҭазаара аҽазыҟаҵаразы ашьаҿақәа ҟаҳҵалар ауп. Аха ишԥаҟаҵатәу уи, ицқьам ари асистемаҿы ҳанхонаҵы?
АДУНЕИ ҾЫЦ АҾЫ ИҞАЛО АԤСҬАЗААРА АҼАЗЫҞАҴАРА ШАҬАХУ
4. Ишԥаҳалшо ҳара адунеи ҿыц аҿы иҟало аԥсҭазаара аҽазыҟаҵара? Иаажәга аҿырԥштәы.
4 Ишԥаҳалшо ҳара Анцәа идунеи ҿыц аҿы иҟало аԥсҭазаара аҽазыҟаҵара? Шәхаҿы иаажәг даҽа тәылак ахь аиасра шәҭахызшәа. Шәызлалагарызи аҽазыҟаҵарақәа? Иҟалап уи атәылаҿы излацәажәо абызшәа аҵара ала акәзар. Иара убас ибзиахон уи атәылаҿы инхо ауаа ркультуреи рҵасқәеи ҭышәҵаазҭгьы. Шәара урҭ рыфатә агьама жәбар алшон. Ганкахьала шәара уа шәыҟоушәа анхара шәалагар ауан. Избанзар убасҵәҟьа ауп уахь шәаниаслак шәыԥсҭазаара шыҟало. Убас еиԥш ҳара аԥхьаҟа иҟало азылԥхарақәа ҳҽырзыҟаҳҵоит, иахьынӡаҳалшо ала уажәнатә адунеи ҿыц аҿы ҳаҟоушәа ҳхы мҩаԥаҳгозар. Еилҳаргап ҿырԥштәқәак.
5, 6. Ишԥаҳацхраауеи атеократиатә напхгара ҳахьықәныҟәо, адунеи ҿыц аҿы иҟало аԥсҭазаара аҽазыҟаҵара?
5 Адунеи ҿыц аҿы Анцәа имчра зегьы иазхарҵалоит. Шаҟа иеиԥшымзеи уи Аҩсҭаа инапаҵаҟа иҟоу ауаа рнапхгара! Ҳаамҭазы шьоукы иргәаԥхоит дара аӡәгьы ихьыԥшӡам ҳәа ахәыцра. Ус еиԥш иҟоу ауаа еснагь дара ртәы иадыргоит, аха лҵшәас иамоузеи уи? Ауаа Анцәа инапхгара ацныҟәара ахьырҭахым иахҟьаны, ирацәоуп агәаҟрақәеи агәырҩеи (Иер. 10:23). Шаҟа ҳазыԥшузеи ҳара ауаа зегьы абзиабара аазырԥшуа Анцәа имчра ианазыӡырҩло аамҭа!
6 Ҳара агәахәара ду ҳзаанагалоит Иегова инапхгара аҵаҟа аџьабаа бо, ҳадгьыл арԥшӡара, зыԥсы ҭало аҵара дырҵара, насгьы ауаатәыҩса ирыдҳәалоу Анцәа ихықәкы анагӡара. Аха ишԥаҟаҵатәу, уиаҟара иаҳгәамԥхо аус аҟаҵара ҳадырҵар? Иааҳарԥшуама азыӡырҩра, насгьы инаҳагӡома ҳадҵа гәахәарыла? Ҳаиҳараҩык хымԥада «ааи» рҳәоит! Ус анакәха, ҳрықәныҟәома ҳара уажәнатә атеократиатә мҩақәҵарақәа? Ус ҟаҵо, ҳара Иегова инапхгара аҵаҟа иҟало наӡаӡатәи аԥсҭазаара ҳҽазыҟаҳҵалоит.
7, 8. а) Избан ҳара аусеицура ҳзазхиазар акәу? б) Иарбан ԥсахрақәоу изықәшәаз ақьырсианцәа шьоукы рыԥсҭазаараҿы? в) Зыгәра ганы ҳаҟазар ҳалшозеи ҳара адунеи ҿыц аҿы иҟало аԥсҭазаара аганахь ала?
7 Иара убас ҳара адунеи ҿыц ахь ҳҽазыҟаҳҵоит агәынаӡара еизҳарҳауазар, насгьы аусеицура ҳазхиазар. Уажәнатә анапхгара зхахьы изго гәахәарыла аџьабаа рыцаҳбозар, насгьы иҿыцу атеократиатә дҵақәа рҿы ҳрыцеигәырӷьозар, ҳара адунеи ҿыц аҿы уи аҩыза агәазыҟашьа аарԥшра ҳзымариахоит. (Шәаԥхьа Ауриацәа рахь 13:17.) Ажәытә Израиль Изқәыргәыӷыз адгьыл ахь ианнеи, аҭынха еиҟәыршарц азы аҵәы ҭарыԥсон (Ахыԥхь. 26:52—56; Иис. Н. 14:1, 2). Ҳара иҳаздырӡом ԥхьаҟатәи адунеи ҿыц аҿы анхаразы иарбан ҭыԥу иҳадыргало. Аха ҳара аусеицура ҳазхиазар, Иегова игәаԥхара анагӡара агәырӷьареи агәахәареи ҳзаанагоит, ҳахьынхозаалакгьы.
8 Аҳра анапхгара аҵаҟа иҟало аԥсҭазаара ҳҽазышәарақәа зегьы ирыԥсоуп. Ҳара ҳазхиоуп Иегова иорганизациа аус ацура, насгьы иҳадырҵо атеократиатә дҵақәа рынагӡара. Аамҭа цацыԥхьаӡа, ҳҭагылазаашьақәа рҽырыԥсахыр рылшоит. Иаҳҳәап, Еиду Аштатқәа рҿы вефильтәи аҭаацәара иалахәу аҭакԥхықәра ҿыцқәа роуит, насгьы аамҭа зегь зызку даҽа маҵзура хкқәак ирылахәуп, азылԥхарақәагьы рацәаны ироуеит. Раионтә хылаԥшыҩцәас амаҵ зуаз аӡәырҩы рықәра, ма даҽа мзызқәак ирыхҟьаны, иҷыдоу пионерс иҟалеит. Агәынаӡара аарԥшышьа анаҳҵо, Анцәа ацхырааразы ҳаниҳәо, насгьы амаҵзураҿы иҳалшо зегь аныҟаҳҵо, ҳара агәырӷьара наӡеи ирацәаны азылԥхарақәеи ҳамазаауеит ихьанҭоу аҵыхәтәантәи арҭ аамҭақәа раангьы. (Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 10:22.) Аха иаҳҳәар ҳалшозеи аԥхьаҟа иҟало иазкны? Иҟалап адунеи ҿыц аҿы анхара ахьаҳҭаху аҭыԥ аганахь ала ҳхатә хәыцрақәак ҳамазар. Аха ҳара иҳаҳәар ауеит даҽа ҭыԥк ахь ҳаиасырц. Ҳахьыҟазаалакгьы, насгьы ҳазҿызаалакгьы, ҳара агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит анасыԥи агәахәареи шҳамазаауа (Неем. 8:10).
9, 10. а) Ианбаҳҭаххар алшо ҳара адунеи ҿыц аҿы ачҳара? б) Ишԥаҳалшо ҳара иахьа ачҳара аарԥшра?
9 Адунеи ҿыц аҿы ҳара иара убас ачҳара ҳҭаххоит. Иаҳҳәап, шәара ишәаҳауеит шьоукы рыуацәеи рҩызцәеи рыԥсы шҭалаз, аха шәара иԥсхьоу шәҭынхацәа жәбарц азы, макьана шәыԥшызар ауп. Шәреигәырӷьалома шәара усҟан егьырҭ, насгьы ачҳара аашәырԥшлома? (Рим. 12:15). Ҳара уажәнатә ачҳара аарԥшны Анцәа иқәыргәыӷрақәа рынаӡара азыԥшышьа ҳҵар, уи ҳаԥхьаҟа иҳахәоит (Еккл. 7:8).
10 Иара убас ҳара адунеи ҿыц ҳҽазыҟаҳҵоит, абиблиатә ҵабыргқәа рырҽеирақәа ииашаны ҳрызнеиуазар. Ҳара ҳаамҭазы Анцәа Иажәа аилкаарақәа еиҳа ианаатуа, иҭаҳҵаауама урҭ ҳгәақәкны? Иааҳарԥшуама ачҳара, ак ҳзеилымкаауазаргьы? Усҟан ҳара иаҳцәыцәгьахаӡом ачҳара аарԥшра, адунеи ҿыц аҿы Иегова игәаԥхара ауаа ианырзааиртуа (Ажәам. 4:18; Иоан. 16:12).
11. Ишԥаҳирҵо Иегова аҳәоуеиқәшәара аарԥшра, насгьы ишԥаҳахәо уи адунеи ҿыц аҿы?
11 Адунеи ҿыц аҿы зда ԥсыхәа ҳмоуа даҽа ҟазшьак — уи анажьра ауп. Зқьышықәсатәи Христос инапхгара аан ауаа — ииаша-ҵабыргу, иара убас агәнаҳа змоу иреиуоугьы — хәыҷы-хәыҷла анамӡара рԥырххоит (Аус. 24:15). Ҳаизыҟазаауама ҳара усҟан бзиабарала? Ҳара иахьа уажәнатә гәык-ԥсык ала иранаҳажьуазар, насгьы аҳәоуеиқәшәара ҳашьҭазар, уи аԥхьаҟагьы иаҳзыҟаҵоит. (Шәаԥхьа Кәаласаа рахь 3:12—14.)
12. Иҳаилшәыркаа иахьатәи ҳаԥсҭазаареи ҳаԥхьаҟа ҳаззыԥшу аԥсҭазаареи шеидҳәалоу.
12 Уи иаанагаӡом адунеи ҿыц аҿы ҳгәаҳәарақәа зегьы иаразнак инагӡахоит ҳәа. Ҳара Иегова инапхгара ҳацныҟәалароуп, насгьы иаҳзыҟаиҵо аҳамҭақәа зегь рзы аџьшьара ааҳарԥшлароуп. Усҟан ҳара иҳацхраауеит Иегова уажәнатә еизҳарҳаларц ииҭаху аҟазшьақәа. Адунеи ҿыц аҿы аԥсҭазаара зеиԥшрахо ҳаназхәыцуа, насгьы ус иахьа ҳанынхо, ҳара наунагӡа иҳахәало аҟазшьақәа еизҳарҳауеит. Абас ҳара иҳарӷәӷәоит ԥхьаҟатәи «наӡаӡатәи адунеи» шыҟалаҵәҟьо ҳагәрахаҵара (Аур. 2:5; 11:1). Насгьы ҳара иааҳарԥшуеит адгьыл аҿы аиашара мацара аныҟало аамҭа ҳшазыԥшыҵәҟьоу. Ииашаҵәҟьаны, иахьа уажәнатә ҳара Анцәа идунеи ҿыц аҿы наунагӡа анхара ҳҽазыҟаҳҵоит!
АДОУҲАТӘ ХЫҚӘКҚӘА ШӘХЫ РЗЫШӘЫШЬҬ
Гәацԥыҳәарала ажәабжь бзиа рылашәҳәала
13. Зегь раасҭа ихадахозеи ҳара ҳзы адунеи ҿыц аҿы?
13 Шәааи ҳахәаԥшып ииашаҵәҟьоу аԥсҭазаара еиҭа ҳҽазыҟаҳҵар шҳалшо. Анцәа адунеи ҿыц аҿы афатә рацәаны иҟалоит ҳәа ҳшақәиргәыӷуагьы, акгьы шҳагымхогьы, ҳәарада еиҳарак агәырӷьара ду ҳзаазго адоуҳатә зылԥхарақәа роуп (Матф. 5:3). Ҳара Иегова иҿы агәырӷьара ҳаԥшаауеит, гәахәарыла адоуҳатә усқәа ҳаҽрылархәуа (Ԥс. 37:4). Адоуҳатә усқәа ҳаԥсҭазаараҿы уажәнатә раԥхьатәи аҭыԥ ааныркылозар, ҳара адунеи ҿыц аҿы анхара ҳҽазыҟаҳҵоит. (Шәаԥхьа Матфеи 6:19—21.)
14. Иарбан доуҳатә хықәкқәоу арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи ирыцхраауа наӡаӡатәи аԥсҭазаара аҩмыжьра?
14 Ишԥаҳалшо ҳара адоуҳатә усқәа рҟынтәи еиҳа агәырӷьара ҳаулар? Иаҳҳәап, адоуҳатә хықәкқәа ықәҳаргылозар. Шәара шәқәыԥшзар, насгьы шәыԥсҭазаара Анцәа имаҵзура иазышәкыр шәҭахызар, изҭышәымҵаарызеи аамҭа зегь зызку амаҵзура ахкқәа ирызкны ҳлитература иану?a Уи ҳаԥхьаҟа ҳҽыззаҳкыша аӡбара иҳацхраауеит. Шәрацәажәа заамҭа зегь Иегова имаҵ аура иазызкуа ажәабжьҳәаҩцәа. Анцәа имаҵ аура шәара шәыԥсҭазааратә мҩаны иҟашәҵар, ԥхьаҟатәи аԥеиԥш шәҽазыҟашәҵоит. Адунеи ҿыц аҿы ҳмаҵзура ахаангьы иаанкылахаӡом; усҟан Иегова иорганизациаҿы ишәоуз аҵареи аҟазареи даара ишәыхәоит.
Атеократиатә ус активла шәҽалашәырхәла
15. Иарбан хықәкқәоу Аҳра ажәабжьҳәаҩцәа иқәдыргылалар рылшо?
15 Иарбан доуҳатә хықәкқәоу ҳара, Аҳра ажәабжьҳәаҩцәа реиԥш, иқәҳаргылар ҳалшо? Иаҳҳәап, иалкаау маҵзура хкык аҿы ҳҟазара аиӷьтәра. Иара убас ҳара иҳалшоит абиблиатә принципқәа инарҵауланы реилкаара, насгьы еиҳа еиӷьны рхархәара ҳҵар. Еиӷьаҳтәыр ҳалшоит ҳабжьы рдуны аԥхьашьа, ажәахә аҳәара, ақьырсиантә еизарақәа рҿы иҟаҳҵо аҭакқәа аус рыдулара. Иҟоуп зықәыргылара иаԥсоу егьырҭ ахықәкқәагьы. Ҳара ахықәкы анҳамоу, еиҳа гәахәарыла адоуҳатә усқәа наҳагӡоит, уи адунеи ҿыц аҿы анхара ҳазыҟанаҵоит.
АЗЫЛԤХАРАҚӘА ИАХЬА УАЖӘНАТӘ ИҲАУЕИТ
Адоуҳатә фатә азы аџьшьара аашәырԥшла
16. Избан ҳаԥсҭазаара Иегова имаҵ аура ианазаҳкуа агәахәара ду заҳзаанаго?
16 Иаҳцәыӡуама ҳара зыхә ҳараку акы, Анцәа идунеи ҿыц ҳазыԥшнаҵы? Ҟалашьа амам! Иегова имаҵ аура — ари аԥсҭазаараҿы зегь раасҭа агәахәара узаазго ак ауп. Ҳара Анцәа имаҵ заҳуа аӡәы иахьҳаҵеиҳәо азы акәӡам, насгьы арыцҳара ду ахгаразы уи ада даҽа знеишьак ыҟаӡам ҳәа акәӡам. Ҳара ҳшан ус еиԥш иҟоу аԥсҭазааразы, насгьы иара анасыԥ ду ҳнаҭоит. Иегова напхгара ҳаиҭоит, насгьы ҳара иаҳбоит азиашара зныԥшуа иара ибзиабара. Иузаҿырԥшуама ари Анцәа дызмам ауаа рыԥсҭазаара?! (Шәаԥхьа Ԥсалом 63:1—3.) Аха ҳара Иегова имаҵ аура иаҳзаанаго адоуҳатә зылԥхарақәа ҳаурц азы, адунеи ҿыц азыԥшра ҳҭахӡам. Ҳара ҳҟынтәи шьоукы урҭ рымоуижьҭеи ажәашықәсақәа ҵуеит. Ҳара ҳхаҭа иԥаҳшәахьеит уи аԥсҭазааратә мҩа зегь иреиӷьу амҩа шакәу (Ԥс. 1:1—3; Ис. 58:13, 14).
Абиблиа шьаҭас измоу анапхгара шәыԥшаала
17. Иарбан ҭыԥу иааныркылало џьанаҭ дгьыл аҿы ауаа рыԥсҭазаараҿы ахатәы интересқәеи, аԥсшьареи, агәахәареи?
17 Ҳәарада, Анцәа идунеи ҿыц аҿы ҳара иаҳгәаԥхо аҟаҵаразы аамҭа ҳамазаауеит. Иегова баша иҳалаимҵаӡеит ҳхықәкы анагӡара, насгьы аԥсшьареи аԥсҭазаара алагәырӷьареи агәаҳәара (Еккл. 2:24). Ҳара агәра ганы ҳаҟоуп Иегова уи аҿгьы «зыԥсы ҭоу зегьы ргәазыҳәарақәа» шынаигӡо (Ԥс. 145:16). Ҳара аԥсшьареи ҳгәы арҿыхареи ҳҭахуп, аха урҭ еиҳа агәахәара ҳзааргоит, Анцәеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа раԥхьатәи аҭыԥ аҿы иҳаргылозар. Убасҵәҟьа иҟалоит адунеи ҿыц аҿгьы. Ибзиахон ҳара ҳхатәы интересқәа убриаҟара аамҭа рзалхра ҳҵозар, Аҳра аусқәа раԥхьа аргылара иаҳԥырхагамхартә, Иегова ижәлар иахьа ириҭо азылԥхарақәа ҳарцәыхарамхарц (Матф. 6:33).
18. Излааҳарԥшуазеи ҳара ҳаԥхьаҟа иҟало адунеи ҿыц аҿы аԥсҭазаара ҳшазыԥшу?
18 Ҳара џьанаҭ дгьыл аҿы шаҟа насыԥ ҳауа ҳхаҿы аагарагьы ҳцәыцәгьоуп. Ҳара даара иаҳҭахуп ииашаҵәҟьоу аԥсҭазаара ҳаурц. Шәааи уи ус шакәу уажәнатә иааҳарԥшлап. Еизҳарҳалап Анцәа игәаԥхо аҟазшьақәа, насгьы гәахәарыла Аҳра иазку ажәабжь бзиа рылаҳҳәалап. Иаҳзаанагалааит агәырӷьара адоуҳатә хықәкқәа рахь иҳамоу аҽазышәара. Шәааи Иегова иқәыргәыӷрақәа шынаӡо агәра ганы, адунеи ҿыц ҳазыԥшуа ҳанхалап!
a Шәахәаԥш ашәҟәы «Уара узҵаарақәа рҭак», атом 2, адаҟьақәа 311—318, аурыс.