АҴАРАЗЫ АСТАТИА 33
Аԥсҭалара Анцәа ибзиабареи, иҟәыӷареи, ичҳареи аныԥшуеит
«Агәыӷра сымоуп... Анцәа ииаша-ҵабыргу рнаҩсангьы, агәнаҳа змоу иреиуоугьы иԥсхьоу рахьтә иширгылауазы» (АУС. 24:15).
АШӘА 151 Иара дрыԥхьоит
АХҲӘААa
1. Избан Иегова зегьы аԥсҭазаара зриҭаз?
ИҞАН аамҭа адунеи аҿы Иегова ида аӡәгьы даныҟамыз. Ус шакәызгьы, иара игәы ҿыӷьуамызт, насыԥгьы иман. Аха Анцәа иҭаххеит егьырҭгьы аԥсҭазаара иалагәырӷьаларц. Абзиабара Иегова зегьы аԥсҭазаара риҭарц игәазҭанаҵеит (Аԥсал. 36:9; 1 Иоанн 4:19).
2. Иарбан цәаныррақәоу ирызцәырҵуаз Иисуси амаалықьцәеи, Иегова ажәҩани адгьыли шишоз анырбоз?
2 Зегь раԥхьаӡа иргыланы Иегова Иԥа, Иисус, дишеит. Анаҩс Иԥа дицырхырааны «жәҩани дгьыли рҿы иҟоу зегьы» ишеит, миллионҩыла амаалықьцәагьы уахь иналаҵаны (Кәал. 1:16). Иисус даараӡа игәаԥхон Иаб аус ицура (Ажәам. 8:30). Амаалықьцәагьы агәырӷьаразы амзызқәа рыман. Дара ирбон Иегова зус бзиаӡаны издыруа Аҟаза, Иисус, диваргыланы ажәҩани адгьыли шишоз. Иарбан цәаныррақәоу уи ирызцәырнагоз? Иегова адгьыл аниша, урҭ ргәырӷьара ҳәаак амамызт. Ҳәарада, дара гәырӷьон Иегова ишамҭақәа зегь анырбоз, ауаҩгьы уахь дналаҵаны (Иов 38:7; Ажәам. 8:31). Урҭ ашамҭақәа зегьы ирныԥшуан Иегова ибзиабареи иҟәыӷареи (Аԥсал. 104:24; Рим. 1:20).
3. Иабзоурахазеи Иисус иԥсхҭынҵара, 1 Коринфаа рахь 15:21, 22 иану инақәыршәаны?
3 Иегова иҭахын ауаа ирзишаз адгьыл ԥшӡаҿы наунагӡа инхаларц. Аха Адами Евеи Иегова иҿагылеит аҟынтә, уаҳа наунагӡа изынхомызт, урҭ ирхылҵыз ахәыҷқәагьы аԥсра изацәцомызт (Рим. 5:12). Иҟаиҵазеи Иегова? Иара иаразнак иҳәеит ауаа ҿихырц азы иҟаиҵо (Аҟаз. 3:15). Иара иӡбеит Адами Евеи рхәыҷқәа агәнаҳаи аԥсреи рҟынтә рхы иақәиҭитәырц азы Иԥа дааишьҭырц. Уи абзоурала иара илшон имаҵ аура зыӡбоз зегьы наӡаӡатәи аԥсҭазаара риҭар (Иоанн 3:16; Рим. 6:23; шәаԥхьа 1 Коринфаа рахь 15:21, 22).
4. Иарбан зҵаарақәоу ари астатиаҿы ҳазлацәажәо?
4 Аԥсҭалара иадҳәалоу Анцәа иқәыргәыӷра имаҷымкәа азҵаарақәа ҳазцәырнагоит. Иаҳҳәап, ишԥаҟало аԥсҭалара? Ҳҭынхацәеи ҳҩызцәеи рыԥсы анҭало, иаразнак иаҳдыруама ҳара урҭ? Иарбан гәырӷьароу аԥсҭалара иаҳзаанаго? Еилаҳкаауазеи Иегова ибзиабареи, иҟәыӷареи, ичҳареи ирызкны аԥсҭалара ҳаназхәыцуа? Шәааи арҭ азҵаарақәа ҳрылацәажәап.
ИШԤАҞАЛО АԤСҬАЛАРА?
5. Избан иԥсхьоу зегьы зныкала рыԥсы ҭалом ҳәа ҳҳәар зҳалшо?
5 Иегова Иԥа ила миллионҩыла ауаа рыԥсы ҭеиҵоит. Аха урҭ зегьы зныкала рыԥсы ҭалом. Избан? Избанзар иԥсхьоу зегьы зныкала рыԥсы ҭалар, зегь хыла-гәыла иааҳәуеит. Аха ҳара иаҳдыруеит Иегова еснагь зегь еиҿкааны ишыҟаиҵо. Иара идыруеит ауаа ҭынч инхаларц азы зегь еиҿкааны иҟазар шахәҭоу (1 Кор. 14:33). Иегова Иисус дицырхырааны ауаа рзы адгьыл анишоз, аҟәыӷареи ачҳареи ааирԥшуан. Иисусгьы урҭ аҟазшьақәа ааирԥшлоит Зқьышықәсатәи инапхгара аан Армагеддон аҿы еиқәхо ауаа ицырхырааны зыԥсы ҭало рзы адгьыл анирхиало.
Армагеддон аан еиқәхо ауаа зыԥсы ҭало иддырҵалоит Анцәа Иаҳра иазку аҵабырги Иегова изакәанқәеи. (Шәахәаԥш абзац 6.)b
6. Иҟалода Иегова зыԥсы ҭеиҵо рыбжьара, Аусқәа 24:15 иану инақәыршәаны?
6 Армагеддон аҿы еиқәхо ауаа зыԥсы ҭало иддырҵалоит Анцәа Иаҳра иазку аҵабырги Иегова изакәанқәеи. Уи зегь иреиӷьу цхыраарахоит. Избан уи дырҵара заҭаххо? Избанзар зыԥсы ҭало реиҳараҩык Иегова имаҵ зымуаз ракәхоит. (Шәаԥхьа Аусқәа 24:15.) Христос иԥсхҭынҵара иаҳзаанаго азылԥхарақәа роурц, насгьы наӡаӡа инхаларц азы дара ирыԥсахша рацәахоит. Шәазхәыц Анцәа изку адыррақәа змам миллионҩыла ауаа аҵабырг дҳарҵарц азы шаҟа џьабаа батәхо. Идҳарҵалома усҟангьы аҵабырг хаҭа-хаҭала уажәы ишыҟаҳҵо еиԥш? Иҟалома усҟан иахьа ишыҟоу еиԥш аизарақәа, насгьы зыԥсы ҭало иалкаау еизарак ахь дныҟәалома? Иҳарҵалома уи иара ишьҭахь зыԥсы ҭало аҵабырг шыдирҵалаша? Ачҳара ааҳарԥшыр, еилаҳкаауеит. Аха уажәазы ибзиаҵәҟьаны иаҳдыруеит Зқьышықәса ицало Христос инапхгара анҵәамҭазы «адгьыл Иегова изку адыррақәа рыла» ишҭәуа (Ис. 11:9). Ааи, Зқьышықәсатәи уи анапхгара аан ҳгәы иахәо аусқәа рацәахоит!
7. Ирыцхраауазеи Анцәа имаҵзуҩцәа зыԥсы ҭало рахь аилкаара аарԥшра?
7 Зқьышықәсатәи Христос инапхгара аан Анцәа имаҵзуҩцәа зегьы Анцәа ддыргәырӷьаларц азы рхы аус адырулалоит. Убри аҟынтә дара зыԥсы ҭало рахь аилкаара аадырԥшлоит, насгьы ииашам ахәыцшьеи агәазыҳәарақәеи ааныжьны Иегова инормақәа инарықәыршәаны анхара ирыцхраалоит (1 Пиотр 3:8). Ҳәарада, зыԥсы ҭало ауаа ирбоит Иегова имаҵзуҩцәа ахынраалара шрылоу, насгьы Иегова ддыргәырӷьаларц азы рхы аус шадыруло. Дара урҭ ирывагыланы Иегова имаҵ аура иалагарц рҭаххоит (Флп. 2:12).
ИԤСХЬОУ РЫԤСЫ АНҬАЛО, ИАРАЗНАК ИАҲДЫРУАМА ҲАРА УРҬ?
8. Избан ҳгәы изаанаго зыԥсы ҭало ҳҭынхацәеи ҳҩызцәеи ҳанырԥыло, ҳара урҭ иаразнак иаҳдыруеит ҳәа?
8 Адунеи ҿыц аҿы зыԥсы ҭало ҳҭынхацәеи ҳҩызцәеи ҳанырԥылало, ҳара урҭ иаразнак иаҳдыруеит ҳәа ҳгәы иаанагоит. Избан ус ҳазхәыцуа? Иаҳҳәап, ажәытәан Иегова зыԥсы ҭеиҵаз ауаа рыԥшреи, рцәажәашьеи, рхәыцшьеи имԥсахӡеит. Иисус аԥсра ацәа иаҿирԥшит, аԥсҭалара — ицәоу ауаҩы иаарԥшра (Матф. 9:18, 24; Иоанн 11:11—13). Иаадырԥшыз ауаҩы иԥшреи ибжьи иԥсахӡом, ихдыррагьы шыҟаз инхоит. Шәааи Лазарь иҿырԥштәы еилҳаргап. Иара дыԥсижьҭеи ԥшьымш ҵуан аҟынтә, абаара далагахьан. Аха Иисус Лазарь иԥсы анҭеиҵа, иаҳәшьцәа иаразнак дырдырит, иаргьы урҭ идырит (Иоанн 11:38—44; 12:1, 2).
9. Избан иԥсхьоу хшыҩлеи цәеижьлеи инаӡаны рыԥсы зҭамло?
9 Иегова агәра ҳиргоит Христос инапхгара аҵаҟа инхало аӡәгьы ишимҳәо: «Сара сычмазҩуп» (Ис. 33:24; Рим. 6:7). Убри аҟынтә Иегова ауаа агәабзиара рыманы рыԥсы ҭеиҵоит. Аха дара иаразнакала инаӡахом. Иаразнакала инаӡахазҭгьы, рыуацәеи рҭынхацәеи ирзымдырыр ҟалон. Излеилаҳкаауа ала, Зқьышықәсатәи Христос инапхгара аан ауаа хәыҷы-хәыҷла анаӡара иазааигәахалоит. Зқьышықәса ицало уи анапхгара аҵыхәтәаны ауп Иисус Аҳра Иаб ианииҭо. Аҳра Иегова игәҭакқәа зегь нанагӡоит, ауаагьы анаӡарахь инанагоит (1 Кор. 15:24—28; Аат. 20:1—3).
ИАРБАН ГӘЫРӶЬАРОУ АԤСҬАЛАРА ИАҲЗААНАГО?
10. Иарбан цәаныррақәоу иҳазцәырҵуа ҳҭынхацәеи ҳҩызцәеи рыԥсы анҭало?
10 Шәхаҿы иаажәг шәыуацәеи шәҩызцәеи рыԥсы анҭало аамҭа. Иарбан цәаныррақәоу уи ишәызцәырнаго? Шәгәы ҭгәырӷьааны Иегова ашәа изышәҳәома? Уи макьана иҳаздыруам. Аха ибзиаҵәҟьаны иаҳдыруеит бзиа ҳазбо Ҳаб Иԥеи иареи иаҳзыҟарҵо ҳгәы џьшьарала ишарҭәуа.
11. Ирзыԥшузеи Анцәа изакәанқәа рыла инхало, Иоанн 5:28, 29 иану Иисус иажәақәа инарықәыршәаны?
11 Шәазхәыц шаҟа игәырӷьало зыԥсы ҭало ауаа Анцәа инормақәа инарықәыршәаны анхара ианалаго. Уи аҩыза аԥсахрақәа ҟазҵо наунагӡа џьанаҭ дгьыл аҿы анхаразы азин роуеит. Аха аҽыԥсахра зҭахымхо, џьанаҭ дгьыл аҿы иҟоу аҭынчра аилагара азин роуам (Ис. 65:20; шәаԥхьа Иоанн 5:28, 29).
12. Дышԥарзылԥхо Иегова адгьыл аҿы инхало ижәлар?
12 Анцәа Иаҳра анапхгара аҵаҟа инхало зегьы рхаҭа агәра ргоит Ажәамаанақәа 10:22 иану шиашоу. Абар уа иану: «Иегова изылԥхара уарбеиоит, иара уи ахьаа ациҵаӡом». Иегова ицхыраара абзоурала Анцәа ижәлар еиҳа-еиҳа Христос иҿыԥшлоит, анаӡарагьы иазааигәахалоит (Иоанн 13:15—17; Еф. 4:23, 24). Иара убас есыҽны ргәабзиара еиҳа иӷәӷәахалоит, ҟазшьалагьы еиӷьхалоит. Изакәытә ԥсҭазаароузеи усҟан иҳауа! (Иов 33:25). Аха хәарҭас иаҳзаанагозеи аԥсҭалара шыҟало ахьаҳдыруа?
ЕИЛАҲКААУАЗЕИ ИЕГОВА ИБЗИАБАРА ИАЗКНЫ?
13. Ишԥаҳнарбо Аԥсалом 139:1—4 Иегова ибзианы ҳшидыруа? Ишԥашьақәнарӷәӷәо аԥсҭалара уи ус шакәу?
13 Хыхь ишҳәаз еиԥш, Иегова ауаа иԥсаанӡа ирымаз аҷыдарақәеи ахдырреи рылаҵаны, ишыҟаҵәҟьаз еиԥш рыԥсы ҭеиҵоит. Иҳаилнаркаауазеи уи Иегова изкны? Уи иҳаилнаркаауеит иара ҳзызхәыцуа, насгьы ҳгәы иҭоу зегьы шидыруа. Иара игәеиҭоит иаҳҳәо, иҟаҳҵо, избанзар даараӡа бзиа ҳаибоит. Убри аҟынтә ҳаԥсыргьы, ҳаԥсаанӡа ҳшыҟаҵәҟьаз еиԥш ҳаԥсы ҭеиҵоит. Аҳ Давид еиликаауан Иегова хаҭала зегьы ибзианы ҳшидыруа. (Шәаԥхьа Аԥсалом 139:1—4.) Иарбан цәаныррақәоу иҳазцәырнаго Иегова ибзиаҵәҟьаны ҳшидыруа ахьеилаҳкаауа?
14. Иарбан цәаныррақәоу иҳазцәырҵлар ахәҭоу, Иегова ибзиаӡаны ҳшидыруа ҳаназхәыцуа?
14 Иегова ибзиаӡаны ҳшидыруа ҳаназхәыцуа, ҳгәы ҭынчхоит. Избан? Избанзар уи иаҳгәаланаршәоит иара дышҳахӡыӡаауа. Иара изы хаҭала зегьы ҳахә ҳаракуп. Иара ибоит ҳзықәшәо зегьы, насгьы идыруеит уи шаҳныруа. Ааи, уи даараӡа ҳгәы шьҭнахуеит! Ҳара ҳхала ҳаанхеит ҳәа ахаангьы ҳамхәыцлароуп. Есыҽны, есминуҭ иара дҳавагылоуп, насгьы дызлаҳацхрааша дашьҭоуп (2 Аш. 16:9).
ЕИЛАҲКААУАЗЕИ ИЕГОВА ИҞӘЫӶАРА ИАЗКНЫ?
15. Ишԥашьақәнарӷәӷәо аԥсҭалара иадҳәалоу агәыӷра Иегова дышҟәыӷоу?
15 Аԥсра иацәшәо ауаа раӷацәа ирыцәшәаны ахаан иҟарымҵашаз ҟарҵар ауеит. Аҩсҭаа инапаҵаҟа иҟоу ауаа уи ашәара рхы иадырхәоит. Дара ауаа ршәаны рҩызцәа рҭииртә, ма зыгәра рго мап ацәыркыртә аҟынӡа инаргоит. Аха ҳара аԥсра ҳацәшәом. Ҳаӷацәа ҳаршьыргьы, Иегова ҳаԥсы шҭеиҵо ҳдыруеит (Аат. 2:10). Ҳаӷацәа иҟарҵалакгьы, ҳара анаҩсгьы Иегова имаҵ ҳаулоит (Рим. 8:35—39). Шаҟа ибзиоузеи Иегова аԥсҭалара ҳахьақәиргәыӷыз. Уи ақәыргәыӷра иҟәыӷара аныԥшуеит! Уи ақәыргәыӷра абзоурала Иегова Аҩсҭаа имихит зегь раасҭа иӷәӷәоу абџьар, убри аамҭазгьы ҳара абџьар иаҩызоу агәымшәара ӷәӷәа ҳаиҭеит.
Иаадырԥшуама иҳадаҳкыло аӡбарақәа Иегова ҳҭахрақәа дышреиҷаҳало агәра шаҳго? (Шәахәаԥш абзац 16.)c
16. Иарбан зҵаарақәоу шәхы иашәҭар шәыхәҭоу? Ишԥашәыцхраауеи урҭ Иегова иӷәӷәаны игәра жәгоу-ижәымгоу аилкаара?
16 Иегова иаӷацәа шәаҳшьуеит ҳәа шәарҳәар, шәыԥсҭазаара иара инапы ианышәҵома? Ишәыцхраауазеи уи аилкаара? Шәхы шәазҵаа: «Иаадырԥшуама есыҽны исыдыскыло аӡбарақәа Иегова игәра шызго? (Лука 16:10). Иаанарԥшуама сыԥсҭазаара Анцәа Иаҳра раԥхьатәи аҭыԥ аҿы исыргылозар, Анцәа сҭахрақәа дышреиҷаҳало агәра шызго? (Матф. 6:31—33). Арҭ азҵаарақәа ааи ҳәа рҭак ҟашәҵазар, Иегова игәра жәгоит. Ус анакәха, шәзықәшәар алшо аԥышәарақәа рҿы шәизиашаны шәаанхоит (Ажәам. 3:5, 6).
ЕИЛАҲКААУАЗЕИ ИЕГОВА ИЧҲАРА ИАЗКНЫ?
17. а) Ишԥашьақәнарӷәӷәо аԥсҭалара Иегова ачҳара шилоу? б) Иааҳарԥшыр шԥаҳалшо Иегова ичҳара ахә шаҳшьо?
17 Иегова ицәгьоу ари адунеи анықәиго амши асааҭи алиххьеит (Матф. 24:36). Аха иара игәы ԥжәаны уи аамҭа ааиаанӡа адунеи цәгьа ақәгара далагаӡом. Уи адагьы, иара даараӡа иҭахуп иԥсхьоу рыԥсы ҭеиҵарц, аха ачҳара ааирԥшуеит (Иов 14:14, 15). Иара дазыԥшуп урҭ рыԥсы аҭаҵаразы аамҭа анааиуа (Иоанн 5:28). Ҳара Иегова ичҳара ахә ашьаразы ирацәаны амзызқәа ҳамоуп. Шәазхәыц: Иегова ачҳара ахьааирԥшуа абзоурала аӡәырҩы ауаа рыгәнаҳақәа ирыхьхәырц алшара роуит, ҳаргьы уи аҩыза алшара ҳауит (2 Пиотр 3:9). Иегова иҭахуп иахьынӡалшо еиҳаны ауаа наунагӡатәи аԥсҭазаара роурц. Убри аҟынтә шәааи Анцәа ичҳара ахә шаҳшьо ааҳарԥшлап. Ишԥа? Ҳара «наӡаӡатәи аԥсҭазаарахь уназго аҵабырг аилкаара» зҭаху ауаа ҳаԥшаарц азы иҳалшо зегь ҟаҳҵалароуп, насгьы урҭ ҳрыцхраалароуп Иегова бзиа ибареи имаҵ ауреи (Аус. 13:48, АдҾ). Усҟан ҳара ҳаиԥш даргьы, Иегова ичҳара ахәарҭа алырхуеит.
18. Изҳахәҭоузеи ачҳара аарԥшра?
18 Иегова ачҳара аарԥшны зқьышықәса дазыԥшызаауеит ҳара ҳанынаӡахо аамҭа. Уи аамҭа ааиаанӡа иара ҳагәнаҳақәа ҳанаижьлоит. Убри аҟынтә ҳаргьы иара иеиԥш егьырҭ ирылоу аҟазшьа бзиақәа ҳхы рзаҳашьҭлароуп, насгьы дара рахь ачҳара ааҳарԥшлароуп. Ҳазхәыцып иаҳәшьак лҿырԥштәы. Лхаҵа агәҭынчымра ӷәӷәақәа изцәырҵуа далагеит, уи иахҟьаны аизарақәа рахь аныҟәара даҟәыҵит. «Уи аамҭа цәгьан сара сзы,— лҳәоит лара.— Ҳаԥсҭазаара иаалырҟьаны аҽаԥсахит, уи иахҟьаны ҳгәы иҭаҳкыз аусқәа уаҳа иаҳзынагӡомызт». Ус шакәугьы, лара лхаҵа иахь абзиабареи ачҳареи раарԥшра даҟәыҵуамызт. Лара Иегова диқәгәыӷуан, лыгәгьы калыжьуамызт. Иегова иеиԥш лара ауадаҩрақәа ракәымкәа, лхаҵа илаз аҟазшьа бзиақәа лхы рзылышьҭуан. Лара илҳәоит: «Сыԥшәма аҟазшьа бзиақәа илоуп. Иара агәҭынчымра даиааирц азы хәыҷы-хәыҷла ихы аус адиулоит». Шаҟа ихадоузеи ауадаҩрақәа зхызго ҳҭынхацәеи аишьцәеи аиҳәшьцәеи рахь ачҳара аарԥшра!
19. Ҳзызхиазар ҳахәҭоузеи ҳара?
19 Иегова адгьыл аниша Иисуси амаалықьцәеи даараӡа игәырӷьон. Аха шәазхәыц урҭ шаҟа игәырӷьало адгьыл зегьы Иегова бзиа дызбо, насгьы имаҵ зуа инаӡоу ауаа рыла ишҭәыз анырбалак. Шәхаҿы иаажәг ишгәырӷьало Христос аҳра ицруларц азы адгьыл аҟынтә ажәҩан ахь игаз ақьырсианцәа рџьабаа иаанаго алҵшәақәа анырбо (Аат. 4:4, 9—11; 5:9, 10). Шәхаҿы иаажәг изеиԥшрахо аԥсҭазаара агәырҩа иахҟьаны акәымкәа, ҳахьгәырӷьало азы ҳанҵәыуало, ианыҟамло ачымазареи, агәаҟреи, аԥсреи (Аат. 21:4). Уи аамҭа ааиаанӡа шәааи абзиабареи, аҟәыӷареи, ачҳареи аазырԥшуа Ҳаб ҳаиҿыԥшлап. Усҟан, ҳзықәшәозаалакгьы, агәырӷьара ҳцәыӡӡом (Иак. 1:2—4). Шаҟа ҳаигәырӷьозеи Иегова аԥсҭалара шыҟало ҳахьақәиргәыӷыз! (Аус. 24:15).
АШӘА 141 Аԥсҭазаара иџьашьахәу ҳамҭоуп
a Иегова абзиабареи, аҟәыӷареи, ачҳареи злоу Ҳаб иоуп. Иара арҭ аҟазшьақәа ааирԥшуан адунеи зегь анишоз. Иԥсхьоу рыԥсы ҭеиҵарц ахьиҭахугьы иаанарԥшуеит арҭ аҟазшьақәа шило. Ари астатиаҿы ҳрылацәажәоит аԥсҭалара иазкны иҳазцәырҵлар алшо азҵаарақәа, насгьы Иегова ибзиабареи, иҟәыӷареи, ичҳареи рзы аџьшьара ааҳарԥшлар шҳалшо еилаҳкаауеит.
b АСАХЬАҚӘА РҾЫ ИАҲБО: ашәышықәсақәа раԥхьа инхоз ахаҵа Зқьышықәсатәи Христос инапхгара аан иԥсы ҭалеит. Армагеддон аан еиқәхаз аиашьа дгәырӷьаҵәа уи ахаҵа иирҵоит Христос иԥсхҭынҵара ахәарҭа изаанагарц азы иҟаиҵалаша.
c АСАХЬАҾЫ ИАҲБО: аиашьа аус ахьиуа аиҳабы иеиҳәоит амчыбжь аҩныҵҟа мышқәак рзы ишилымшо еиҳаны аус аура, избанзар уи аамҭа Иегова имаҵ аура иадҳәалоу аусқәа ирзикуеит. Аха иаҭаххар, егьырҭ амшқәа рзы еиҳаны аус аура дшазхиоу иҳәоит.