Зыԥсы ҭоу абызшәала еиҭагоу Анцәа Иажәа
«Анцәа иажәа ԥсҭазаара амоуп» (АУРИАЦӘА РАХЬ 4:12).
1. а) Иарбан дҵоу Анцәа Адам ииҭаз? б) Рхы ишԥадырхәоз аамҭақәак рышьҭахь Анцәа имаҵзуҩцәа абызшәа?
АНЦӘА ИЕГОВА ишамҭақәа ацәажәара алшара рыҭаны ишеит. Иара Едемтәи абаҳчаҿы Адам данынирха, адҵа ииҭеит аԥстәқәеи аԥсаатәқәеи ахьӡқәа риҭарц. Досу ирнаало ахьӡқәа рыҭаразы, Адам ицәажәаратә лшареи ихшыҩи ихы иаирхәар акәын (Аҟазаара 2:19, 20). Аамҭақәак рышьҭахь Анцәа имаҵзуҩцәа рхы иадырхәон абызшәа, ма ацәажәаратә лшарақәа, Иегова ддырҽхәаларц, насгьы иӡбахә егьырҭ ирзеиҭарҳәаларц азы. Иахьа Анцәа ижәлар абызшәа рхы иадырхәоит Абиблиа аиҭагаразы, уи абзоурала ирацәаҩны ауаа иҵабыргу Анцәа иеилкаара рылшоит.
2. а) Иарбан принципқәоу «Адунеи ҿыц аиҭага» Акомитет зықәныҟәоз? б) Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?
2 Иахьа зқьыла Абиблиа аиҭагақәа ыҟоуп, аха аоригиналтә текст иаҿурԥшуазар, еиҭагақәак еиҳа ииашоуп егьырҭ раасҭа. 1940-тәи ашықәсқәа рзы «Адунеи ҿыц аиҭага» Акомитет ишьақәнаргылеит апринципқәа. Аиҭагаҩцәа Абиблиа 130 бызшәа инареиҳаны рыла аиҭагараҿы урҭ ирықәныҟәон. Абар урҭ апринципқәа: 1) Анцәа ихьӡ аԥшьара, уи Аҩыраҿы уаанӡа иахьгылаз аҭыԥ аҿы еиҭашьақәыргыло. (Шәаԥхьа Матфеи 6:9.) 2) Анцәа идоуҳала иҩу аоригинал атекст ианалшо ишыҟаҵәҟьоу аиҭагара, аха аҵакы ииашамкәа ианаанарԥшуа, ажәа-ажәала аиҭагара аҽацәыхьчара. 3) Имариоу, еилукаартә иҟоу абызшәа ахархәара, атекст аԥхьара маншәалазарц азыa. (Шәаԥхьа Неемиа 8:8, 12.) Шәааи ҳахәаԥшып арҭ апринципқәа 2013 шықәсазы англыз бызшәала иҭыҵыз еиҭарҿыцу «Адунеи ҿыц аиҭага» аҿы, насгьы егьырҭ абызшәақәа рыла иҟоу аҭыжьымҭақәа рҿы рхы ишадырхәаз.
АНЦӘА ИХЬӠ АԤШЬАРА
3, 4. а) Иарбан ажәытә манускриптқәоу атетраграмматон ахьуԥыло? б) Иазырузеи Анцәа ихатәы хьыӡ Абиблиа аиҭагаҩцәа аӡәырҩы?
3 Ажәытәуриатә напылаҩырақәа рыҭҵааҩцәа, иаҳҳәап Иԥсу амшын аикәарҳәқәа ҭызҵаауа, даара иџьаршьоит шаҟа лассы-лассы иуԥыло атетраграмматон — Анцәа ихьӡ шьақәзыргыло ауриа нбанқәа ԥшьба. Анцәа ихьӡ ахьуԥыло ажәытәуриатә манускриптқәа рҿы мацара акәӡам, аха урҭ уԥылоит II ашәышықәса ҳ. ҟ. — I ашәышықәса ҳ. ҳ. иҟаҵаз абырзен Асептуагинта ахҩылаақәак рҿгьы.
4 Иԥшьоу Анцәа ихьӡ Абиблиаҿы ианызар шахәҭоу ашьақәырӷәӷәарақәа шыҟоугьы, аиҭагақәа жәпакы рҿы уи зынӡа ианыхын. Иазгәаҭатәуп 1950 шықәсазы «Ақьырсиантә Бырзен Ҩырақәа — Адунеи ҿыц аиҭага» анҭыҵ ҩышықәса рышьҭахь ишҭыжьыз Абиблиа даҽа еиҭагак — Еиҭарҿыцу астандарттә еиҭага. Уа Анцәа ихьӡ зынӡа иуԥыломызт, уи акырӡа еиԥшымызт 1901 шықәсазы иҭыҵыз Америкатәи астандарттә еиҭага ҭзыжьыз рхы иадырхәоз азнеишьа. Избан? Аԥхьажәаҿы иҳәан: «Иарбанзаалак ахатәы хьыӡ ахархәара иаӡәыку Анцәа изы... Ақьырсиантә Уахәама агәрахаҵаразы зынӡа изалыршахом». Ари агәаанагара анырра анаҭеит Абиблиа англыз бызшәала, иара убас егьырҭ абызшәақәа рахь ианеиҭаргоз.
5. Избан Анцәа ихьӡ Абиблиаҿы иҟазар захәҭоу?
5 Избан Анцәа ихьӡ ахархәара иадҳәалоу азҵаара акраҵанакуам ҳәа изыԥхьаӡатәым? Дарбанзаалак аԥышәа змоу аиҭагаҩ идыруеит шаҟа ихадоу автор игәҭакы аилкаара, избанзар уи аиҭагаратә ус ианыруеит. Ирацәаны абиблиатә жәеинраалақәа иаадырԥшуеит Анцәа ихьӡ шаҟа ихадоу, насгьы уи аԥшьара захәҭоу (Ақәҵымҭа 3:15; Аԥсалом 83:18 [АдҾ]; 148:13 [АдҾ]; Исаиа 42:8; 43:10; Иоанн 17:6, 26; Аусқәа 15:14). Анцәа Иегова, Абиблиа Автор, уи зыҩуаз ргәазҭеиҵеит лассы-лассы ихьӡ рхы иадырхәаларц. (Шәаԥхьа Иезекииль 38:23). Ажәытә напылаҩырақәа рҿы зқьыла иуԥыло Анцәа ихьӡ аныхра Абиблиа Автор иахь апатуқәымҵара аанагоит.
6. Избан «Адунеи ҿыц аиҭага» еиҭарҿыцу аҭыжьымҭаҿы Анцәа ихьӡ уаанӡа аасҭа 6 рыла еиҳаны изуԥыло?
6 Аамҭа цацыԥхьаӡа Анцәа ихьӡ Абиблиа атекст аҿы иҟазар шахәҭоу шьақәзырӷәӷәо еиҳа ирацәахоит. 2013 шықәсазы иҭыжьыз «Адунеи ҿыц аиҭага» еиҭарҿыцу аҭыжьымҭаҿы Анцәа ихьӡ ҳԥылоит 7 216-нтә, уи 1984 шықәсазы иҭыҵыз аҭыжьымҭаҿы аасҭа 6 рыла еиҳауп. Хә-ҭыԥк рҿы, 1 Самуил 2:25; 6:3; 10:26; 23:14, 16 Анцәа ихьӡ ҿыц иргылан, уи Иԥсу амшын аикәарҳәқәа рҿы иануп азы. Арҭ аикәарҳәқәа ауриатә масореттә текст рҩаанӡа 1 000 шықәса раԥхьа иҟан. Иара убас ажәытә манускриптқәа еиҳа инарҵауланы ианҭырҵаа ашьҭахь, Аӡбаҩцәа 19:18 аҿы Иегова ихьӡ ҿыц иргылан.
7, 8. Иаанагозеи Анцәа ихьӡ Иегова?
7 Ииашоу ақьырсианцәа рзы Иегова ихьӡ аҵак ду амоуп. 2013 шықәсазы иҭыҵыз еиҭарҿыцу «Адунеи ҿыц аиҭага» ацҵаҿы иаагоуп Анцәа ихьӡ иаанаго ириашоу аилкаара. «Адунеи ҿыц аиҭага» Акомитет ирдыруеит Анцәа ихьӡ ауриатә ҟаҵарба хава́ акаузативтә форма шаанарԥшуа, насгьы ишаанаго «Иара иҟалартә иҟаиҵоит»b. Уаанӡа ҳлитератураҿы ари аҵакы Ақәҵымҭа 3:14 иану ажәақәа ирыдырҳәалон: «Сара сҟалоит, сҟаларц шысҭаху еиԥш». Убри аҟынтә 1984 шықәсазы иҭыҵыз «Адунеи ҿыц аиҭага» аҭыжьымҭаҿы Анцәа ихьӡ иаанаго иазкны иҳәан Анцәа «иқәыргәыӷрақәа Рынагӡаҩ иакәны дҟалартә иҟаиҵоит» ҳәаc. Аха 2013 шықәсазы иҭыҵыз еиҭарҿыцу аҭыжьымҭа Ацҵа А4 аҿы иҳаилыркаауп: «Иегова ихьӡ иамоу аҵакы еиҳа еиҳауп. Ихьӡ иара убас иаанагоит игәҭакы анагӡаразы ишамҭақәа иахәҭоу ракәны „иҟалартә иҟаиҵоит“». (Шәахәаԥш иара убас аброшиура «Анцәа Иажәа ахсаалақәеи асхемақәеи рыла», адаҟьа 5, аурыс.)
8 Иегова ишамҭақәа ииҭаху ракәны иҟаларц иҟаиҵар илшоит. Ихьӡ аҵакы инақәыршәаны Иегова Нои аковчег ргылаҩыс, Веселеил зус бзиаӡаны издыруа ҟазаны, Гедеон игәымшәоу еибашьҩыс, Павел егьырҭ ажәларқәа рзы дапостолхарц иҟалартә иҟаиҵеит. Ааи, Анцәа ижәлар еилыркаауеит Анцәа ихьӡ иамоу аҵак ду, убри аҟынтә «Адунеи ҿыц аиҭага» Акомитет уи аҵакы армаҷра рхы азин арҭомызт, атекст аҟынтәи ианыхуа.
9. Избан Иегова ишаҳаҭцәа Абиблиа еиуеиԥшым абызшәақәа рахь аиҭагара ихадоу усуп ҳәа зырыԥхьаӡо?
9 130 бызшәа инареиҳаны рыла иҭыжьу «Адунеи ҿыц аиҭага» Анцәа ихьӡ ҳаранакуеит, избанзар раԥхьаӡатәи иԥшьоу атекст аҿы иахьгылаз аҭыԥқәа рҿы иргылоуп. (Шәаԥхьа Малахиа 3:16.) Уи иеиԥшымкәа иахьатәи Абиблиа аиҭагақәа жәпакы рҿы Анцәа ихьӡ аныхуп, насгьы иԥсахуп атитулқәа «Иҳақәиҭу», ма аҭыԥантәи анцәахәқәа рыхьӡқәа рыла. Убри азоуп Иегова ишаҳаҭцәа Рнапхгаратә хеилак ихадоу русқәа ируакуп ҳәа изырыԥхьаӡо иахьынӡазалшо ирацәаны ауаа Анцәа ихьӡ ҳаразкуа Абиблиа рымазарц алшара рыҭара.
ЕИЛЫККА ИҞОУ, ИИАШОУ АИҬАГА
10, 11. Иарбан уадаҩрақәоу изықәшәаз аиҭагаҩцәа шьоукы «Адунеи ҿыц аиҭага» егьырҭ абызшәақәа рахь ианеиҭаргоз?
10 Иԥшьоу Аҩыра атекст ирацәаны абызшәақәа рахь аиҭагара имаҷымкәа ауадаҩрақәа ацуп. Иаҳҳәап, англыз бызшәала иҟоу егьырҭ еиҭагақәак рҿы еиԥш, уаанӡа «Адунеи ҿыц аиҭага» аҿы ауриатә ажәа «шеол» рхы иадырхәон. Убас, Екклезиаст 9:10 аҿы иануп: «Шеол аҿы, уара уахьцо, иҟам аусурагьы, агәҭакқәагьы, адыррагьы, аҟәышрагьы». Аха егьырҭ абызшәақәа рахь ианеиҭаргоз, аиҭагаҩцәа ауадаҩра иақәшәеит: аԥхьаҩцәа реиҳараҩык ажәа «шеол» рыздырӡом, ажәарқәа жәпакы рҿы иҟаӡам, насгьы уи агеографиатә ҭыԥ акәу џьыршьоит. Убри аҟынтә аӡбара рыдыркылеит ажәа «шеол», насгьы абырзен ажәа «гадес» «анышәынҭра» ҳәа аиҭагара. Уи еилукаартә иҟоуп, насгьы ииашоуп.
11 Бызшәақәак рҿы ауадаҩрақәа ыҟан ауриатә ажәа не́феш, насгьы абырзен ажәа психе́ «аԥсы» ҳәа ианеиҭаргоз, избанзар ицәырҵуан агәаанагара аԥсы — ари иматериалтәым ауаҩы ихәҭа акәызшәа. Уи иаанарԥшыр ауан ииашам агәаанагара аԥсы ауаҩы ихаҭа иакәымкәа, илоу доуҳак акәызшәа. Убри азоуп ажәа «аԥсы» аконтекст иақәыршәаны, «Иԥшьоу Аҩыра — Адунеи ҿыц аиҭага» ацҵаҿы уи ажәа иаанаго шҳаилыркааз ианаалартә аиҭагара зыӡбаз. Абырзен, насгьы ауриатә ажәақәа ирызку ихархәагоу аинформациа албаагақәа рахь ииаган, аԥхьаҩцәа атекст еиҳа аилкаара рзымариахарц азы.
12. Иарбан ԥсахрақәоу иҟаҵаз 2013 шықәсазы иҭыжьыз еиҭарҿыцу «Адунеи ҿыц аиҭага» аҿы?
12 Аиҭагаҩцәа иқәдыргылоз азҵаарақәа иаадырԥшуан атекст егьырҭ ахәҭақәагьы ииашамкәа еилыркаар шалшо. Убри аҟынтә сентиабр 2007 шықәсазы Анапхгаратә хеилак англыз еиҭага еиҭадырҿыцырц рыӡбеит. Уи аус анадырулоз аамҭазы зқьыла аиҭагаҩцәа рызҵаарақәа ҭҵаан. Иажәхьоу англыз ажәақәа ԥсахын. Аиҭагаҩцәа рҽазыршәеит англыз текст аԥхьареи аилкаареи армариара, убри аамҭазгьы аҵакы амырӡра. Егьырҭ абызшәақәа рҿы иҟаҵаз аус, инықәырԥшны иуҳәозар, англыз текст «арҵарит» (Ажәамаанақәа 27:17).
АЏЬШЬАРА ААЗЫРԤШУА АԤХЬАҨЦӘА РАЖӘАҚӘА
13. Ишԥарыдыркылеи аԥхьаҩцәа 2013 шықәсазы иҭыҵыз еиҭарҿыцу аҭыжьымҭа?
13 Ишԥарыдыркылеи аԥхьаҩцәа еиҭарҿыцу «Адунеи ҿыц аиҭага»? Дара Бруклин (Ниу-Иорк, Еиду Аштатқәа) Иегова ишаҳаҭцәа ихадоу русбарҭахь зқьыла аџьшьара зныԥшуа асаламшәҟәқәа рҩит. Иаҳәшьак аӡәырҩы рцәаныррақәа аазырԥшуа ажәақәа лҳәеит: «Абиблиа хьымаҭәала ирҭәу ашәындыҟәра иеиԥшуп. 2013 шықәсазы иҭыжьыз еиҭарҿыцу аҭыжьымҭаҿы еилыкка иҟоу Иегова иажәақәа уанрыԥхьо, уи зыхә ҳараку ахаҳәқәа рыҭҵаара иаҿурԥшыр улшоит, урҭ рыԥшӡареи, рыцқьареи, рыԥшшәахәи џьашьо. Еилыкка иҟоу, имариоу абызшәала иҩу Абиблиа санаԥхьо, Иегова абык иеиԥш сигәыдиҳәҳәалошәа, сгәы зырҭынчуа ажәақәа дсызрыԥхьошәа збоит. Уи иара еиҳа еиӷьны иеилкаара исыцхрааит».
14, 15. Ишԥарыдыркылеи егьырҭ абызшәақәа рахь еиҭагаз «Адунеи ҿыц аиҭага»?
14 Абас ирыдыркылаз англыз бызшәала иҟаҵаз аиҭага мацара акәӡам. Абар Софиа (Болгариа) инхо зықәрахь инеихьоу хаҵак болгар бызшәала иҭыжьыз «Адунеи ҿыц аиҭага» иахиҳәааз: «Сара акыр шықәса ҵуеит Абиблиа саԥхьоижьҭеи, аха егьырҭ аиҭагақәа абри еиԥш исзеилкаауамызт. Ари аиҭага иаразнак угәаҵанӡа инеиуеит». Албаниа инхо аиаҳәшьа «Адунеи ҿыц аиҭага» анлоу, илҳәеит: «Шаҟа угәы иахәозеи Анцәа Иажәа албан бызшәала уанаԥхьо! Иџьоушьартә иҟоуп Иегова ухатәы бызшәала дышуацәажәо ануаҳауа!»
15 Атәылақәа жәпакы рҿы Абиблиа ахә даара ицәгьоуп, насгьы аԥшаара мариам, убри аҟынтә ауаа ари ашәҟәы анроуа, даара еигәырӷьоит. Абар Руандантәи иҟаҵаз аацҳара иаҳәо: «Аӡәырҩы ауаа акыр аамҭа Абиблиа ддырҵон, аха доуҳала еизҳауамызт, избанзар урҭ рхатә Библиа рымамызт. Дара аҭыԥантәи ауахәама иҭнажьыз аиҭага рзаахәомызт. Иара убас зны-зынла жәеинраалақәак рҵакы аилкаара цәгьан, убри аҟынтә руандаа доуҳала ирласны еизҳауамызт». Зегь аҽаԥсахит «Адунеи ҿыц аиҭага» дара рбызшәала ианҭыҵ. Абар ԥшьҩык ахәыҷқәа ахьырааӡо аҭаацәара уи иахырҳәааз: «Иҭабуп идуӡӡаны ҳәа раҳҳәоит Иеговеи игәрагоу, иҟәышу атәи ари Абиблиазы. Ҳара амал рацәа змоу ҳакәым, убри аҟынтә ҳҭаацәараҿы зегьы рхатә Библиа рзаахәаразы аԥара ҳамам. Аха уажәшьҭа дасу ҳхатә екземплиар ҳамоуп. Иегова аџьшьара изааҳарԥшырц азы, ҳара есҽны ҭаацәаныла ҳаизаны Абиблиа ҳаицаԥхьоит».
16, 17. а) Ииҭахузеи Иегова ижәлар рзы? б) Ҳзызхиоузеи ҳара хьаҵрада?
16 Аамҭақәак рышьҭахь еиҭарҿыцу «Адунеи ҿыц аиҭага» егьырҭ абызшәақәа рахьгьы еиҭагахоит. Аҩсҭаа уи даԥырхагахарц дашьҭоуп, аха Иегова иҭахуп имаҵзуҩцәа зегьы дара еилыркаауа абызшәала ибжьы раҳаларц. (Шәаԥхьа Исаиа 30:21.) Иаарласны иҟалоит «аӡқәа амшын шдырҭәуа еиԥш, адгьыл Иегова изку адыррақәа рыла ианҭәуа» аамҭа (Исаиа 11:9).
17 Шәааи хьаҵрада ҳҽазаҳшәап Анцәа гәыҭбаарала иҳаиҭо аҳамҭақәа ҳхы иаҳархәаларц, ихьӡ ҳаразкуа аиҭагагьы уахь иналаҵаны. Иегова Иажәала есыҽны дшәацәажәаларц алшара ишәҭ. Зегьзымчу Анцәа зҿлымҳарыла ҳаҳәарақәа рзыӡырҩра илшоит. Иеговеи ҳареи абри аҩыза аиҿцәажәара ҳамазар, еиҳа еиӷьны деилаҳкаауеит, насгьы иара иахь иҳамоу абзиабара еизҳалоит (Иоанн 17:3).
«Иџьоушьартә иҟоуп Иегова ухатәы бызшәала дышуацәажәо ануаҳауа!»
a Шәахәаԥш «Адунеи ҿыц аиҭага» еиҭарҿыцу аҭыжьымҭа ацҵа А1, англ., насгьы маи 1, 2008 шықәсазы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» ианыз астатиа «Ишԥалхтәу ибзианы еиҭагоу Абиблиа?», аурыс.
b Абиблиа аҭҵааҩцәа шьоукы уи иақәшаҳаҭуп, аха агәаанагарақәа еиԥшым.
c Шәахәаԥш «Адунеи ҿыц аиҭага» аҿы Ацҵа 1 «Анцәа ихьӡ Ауриатә Ҩырақәа рҿы», адаҟьа 1733 (аурыс).