Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w16 ииуль ад. 30—31
  • Иалшома ақәымчра ахьыҟам адунеи ҟалар?

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Иалшома ақәымчра ахьыҟам адунеи ҟалар?
  • Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
  • Ахеиҵақәа
  • ИАУАМА АҚӘЫМЧРА ААНКЫЛАРА?
  • АҚӘЫМЧРА АХЬЫҞАМЛО АДУНЕИ ААИГӘОУП!
Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
w16 ииуль ад. 30—31

Иалшома ақәымчра ахьыҟам адунеи ҟалар?

Шәақәшәахьоума шәара, мамзаргьы иақәшәахьоума шәыуацәа ақәымчра? Уи шәақәшәар ҳәа шәшәома? Ақәымчра «адунеи иқәынхо зегьы ргәабзиара ашәарҭара иҭазыргыло, еиҳа-еиҳа изызҳауа уадаҩроуп» ҳәа ирыԥхьаӡоит. Абар ҿырԥштәқәак.

АҬААЦӘАРА АҨНЫҴҞА АҚӘЫМЧРЕИ АСЕКСУАЛТӘ ҚӘЫМЧРЕИ. «Хҩык рахьтә ԥҳәыск лыԥсҭазаараҿы илыцынхо ахаҵа знык иадамзаргьы дипҟоит, ма асексуалтә қәымчра ааирԥшуеит»,— аҳәоит Еидгылоу Амилаҭқәа Рорганизациа (ООН). Илахьеиқәҵагоуп, аха «ишазгәарҭаз ала, адунеи зегь аҿы хәҩык рахьтә ԥҳәыск асексуалтә қәымчра дақәшәоит».

АДӘАҾЫ ИҞОУ АҚӘЫМЧРА. Ишаарыцҳауа ала, Еиду Аштатқәа рҿы 30 000 инареиҳаны ацәгьоуцәа ргәыԥқәа ыҟоуп. Латинтәи Америка хҩык рахьтә аӡәы ақәымчра дақәшәоит уҳәар алшоит.

АУАҨШЬРА. Ишазгәаҭаз ала, 2012 шықәсазы адунеи зегь аҿы 500 000-ҩык раҟара ауаа шьын. Ари ахыԥхьаӡара уи ашықәсазы аибашьрақәа рҿы иҭахаз рхыԥхьаӡара аасҭа еиҳан. Зегь раасҭа еиҳаны ауаҩшьрақәа ахьыҟоу Аладатәи Африкеи Агәҭанытәи Америкеи рҿы ауп. Уа иҟоу ауаҩшьрақәа рхыԥхьаӡара адунеи зегь аҿы аасҭа ԥшьынтә еиҳауп. Латинтәи Америка шықәсык аҩныҵҟа 100 000-ҩык инареиҳаны ауаа шьын, Бразилиа мацара 50 000-ҩык раҟара шьын. Иалшома ақәымчра наӡаӡа ақәхра?

ИАУАМА АҚӘЫМЧРА ААНКЫЛАРА?

Избан ақәымчра абас изырацәоу? Амзызқәа рацәоуп, урҭ рахь иаҵанакуеит: асоциалтәи аекономикатәи аиҟарамрақәа ирыхҟьаны ицәырҵуа ауадаҩрақәа, аԥсҭазаара пату ақәымҵара, арыжәтә аҽаршьра, анаркотик адкылара, ахәыҷқәа гәымбылџьбарала рызныҟәара, насгьы ацәгьоурақәа хьырхәрада рааныжьра.

Ҳәарада, иазгәаҭатәуп џьара-џьара ақәымчра еиҳа ишмаҷхо. Иаҳҳәап, ирацәаҩны ауаа ахьынхо ақалақь Сан-Паулу (Бразилиа) аҵыхәтәантәи ажәашықәса аҩныҵҟа 80 процент рыла ауаҩшьра еиҵахеит. Аха уеизгьы ари ақалақь аҿы ацәгьоурақәа рхыԥхьаӡара даара ирацәоуп: 100 000-ҩык рҟынтәи 10-ҩык ауаа ршьуеит. Иҟаҵатәузеи ақәымчра аанкыларазы?

Ари ауадаҩра аӡбаразы, ауаа рхаҭа рҽырыԥсахроуп. Игәымбылџьбароу ауаҩы иҽиԥсахыр илшоит, игәаҿы аԥагьареи, аԥсыцәгьареи, мыцхәы ахбзиабареи рҭыԥан абзиабареи, апатуқәҵареи, егьырҭ рахь ахӡыӡаареи ҟалар.

Ицхраауазеи ауаҩы шьаҭанкыла аҽыԥсахра? Шәазхәыц Абиблиа иаҳнарҵо:

  • «Анцәа иахь иҳамоу абзиабара иҳәахьа ушазыҟоу ала иааԥшуеит» (1 Иоанн 5:3).

  • «Нцәа Ҳазшаз бзиа дызбо, ишәцәымӷзааит ацәгьара» (Аԥсалом 96:10 [97:10, АдҾ]).

Анцәа иахь абзиабареи, насгьы игәы изырхьуа ак аҟаҵара ацәшәареи — ари мчы ӷәӷәоуп. Уи даара игәымбылџьбароу ауаҩгьы иԥсҭазаара аԥсахра ицхраар алшоит. Иара хыхь-хыхь акәӡам иҽшиԥсахуа, аха ихаҭара зегь аԥсахуеит. Иҟалар алшома уи аҩыза?

Ҿырԥштәыс дааҳгап Алексa. Аҵыхәтәантәи 19 шықәса иара Бразилиа абахҭа дҭакын. Уи Абиблиа аҵара даналага ашьҭахь 2000 шықәса рзы Иегова ишаҳаҭ иакәхеит. Иԥсахҵәҟьама уи игәымбылџьбараз ихымҩаԥгашьа? Ааи. Иахьа иара даара дахьхәуеит ауаа абриаҟара ацәгьарақәа ахьырзиуз. Уи иҳәоит: «Сара Анцәа бзиа дызбеит, избанзар уи зегь санаижьит, ишсанаижьызгьы сирбеит. Анцәа иахь абзиабареи аџьшьареи сҟазшьақәа рыԥсахра исыцхрааит».

Бразилиа инхо Сезаргьы 15 шықәса раҟара аӷьычрақәеи ақәыларақәеи дрылахәын. Игәазҭазҵазеи уи аҽыԥсахра? Абахҭаҿы иара иахь Иегова ишаҳаҭцәа аннеи, иаргьы Абиблиа аҵара далагеит. Сезар еиҭеиҳәоит: «Раԥхьаӡа акәны сыԥсҭазаара аҵакы аиуит. Сара Анцәа бзиа ибашьа сҵон. Иара убас ицәшәашьагьы сҵон — Анцәа игәаԥхо ашәара аизырҳара, уаанӡатәи сыԥсҭазаарахь сымгьежьырц, насгьы Иегова игәы изырхьуа ҟасымҵарц азы. Иааирԥшыз ақьиаразы ҭабуп аҳәашьа ззымдыруа сакәны сыҟазарц сҭахымызт! Анцәа иахь абзиабареи ашәареи аҽыԥсахра сгәазҭарҵеит».

Еилышәкаа ақәымчра ахьыҟамло адунеи аҿы анхаразы иҟаҵатәу

Иаадырԥшуазеи арҭ аҿырԥштәқәа? Урҭ иаадырԥшуеит Абиблиа ауаҩы шьаҭанкыла иԥсахразы амч шамоу. Уи зыбзоуроу ауаҩы ихәыцшьа ахьиԥсахуа ауп (Ефесаа рахь 4:23). Хыхь зыӡбахә ҳәаз Алекс иациҵоит: «Абиблиа аҟынтәи исоуаз адыррақәа аӡыхь цқьа исзаҩызахеит. Уи хәыҷы-хәыҷла сыхшыҩ арыцқьон, ицқьам ахәыцрақәа «ӡәӡәауа». Сара сгәгьы иаанагомызт знымзар-зны урҭ риааира сылшоит ҳәа». Ииашаҵәҟьаны, ҳахшыҩ Абиблиа аҟынтәи ицқьоу ахәыцрақәа рыла ианҳарҭәуа, ицқьам ахәыцрақәа рааныжьра иҳацхраауеит. Анцәа Иажәа амч ду амоуп: уи ауаҩы дыцқьаны дҟанаҵоит (Ефесаа рахь 5:26). Уи абзоурала даара игәымбылџьбароу, зхы мацара бзиа избо ауаагьы рҽырыԥсахыр, насгьы ақьиареи аҭынчреи раарԥшра иалагар рылшоит (Римаа рахь 12:18). Абиблиатә принципқәа иахьрықәныҟәо абзоурала, рыԥсҭазаара еиҳа инасыԥны, иҭынчны иҟалоит (Исаиа [Исаия] 48:18).

240 тәылеи территориеи рҿы инхо аа-миллионҩык инареиҳаны Иегова ишаҳаҭцәа ақәымчра аиааира маӡас иаҵаз еилыркааит. Еиуеиԥшым арасақәеи амилаҭқәеи, асоциалтә хылҵшьҭрақәеи Анцәа иахь абзиабареи ашәареи еиздырҳаит. Дара бзиа аибабашьеи, ҭаацәарак реиԥш акзаара аарԥшны ҭынч анхашьеи рҵеит (1 Пиотр 4:8). Жәларбжьаратәи ари аиашьара адунеи қәымчрада иҟалар шалшо лабҿаба ишьақәнарӷәӷәоит!

АҚӘЫМЧРА АХЬЫҞАМЛО АДУНЕИ ААИГӘОУП!

Абиблиа ҳақәнаргәыӷуеит Анцәа иаарласны адгьыл аҿы ақәымчра шықәиго. Игәымбылџьбароу ари адунеи ацәгьоуцәа рҵыхәтәа аныԥҵәо ақәыӡбара амш азыԥшуп (2 Пиотр 3:5—7). Ацәгьоуцәа ирыхҟьаны аӡәгьы уаҳа дгәаҟлаӡом. Аха избан агәра ганы ҳаҟазар зҳалшо Анцәа ақәымчра аанкылара шиҭаххо?

Абиблиаҿы иануп Анцәа «аргәаҟцәа гәыла-ԥсыла ицәымӷуп» ҳәа (Аԥсалом 10:5 [11:5, АдҾ]). Адгьыл Зшаз аҭынчреи иашала аӡбареи бзиа ибоит (Аԥсалом 32:5 [33:5, АдҾ]; 36:28 [37:28, АдҾ]). Убри азоуп уи игәымбылџьбароу ауаа наӡаӡа иҟазарц залимыршо.

Ааи, ҳара ақәымчра ахьыҟамло адунеи ҿыц ашәхымс ҳалагылоуп (Аԥсалом 36:11 [37:11, АдҾ]; 71:14 [72:14, АдҾ]). Еилышәкаа уи адунеи аҿы анхаразы иҟаҵатәу.

a Ахьӡқәа ԥсахуп.

Из тюрьмы — в новую жизнь

Шәахәаԥш Иегова ишаҳаҭцәа рофициалтә саит аҿы икьаҿу авидеонҵамҭа «Абахҭаҟынтә аԥсҭазаара ҿыц ахь». Уа уаанӡа абахҭа иҭакыз ахаҵа иԥсҭазаара атәы еиҭеиҳәоит. (Аԥшаара ацәаҳәаҿы авидеонҵамҭа ахьӡ ҭажәгал.)

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра