Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w16 апрель ад. 18—22
  • Избан ақьырсианцәа Анцәа имҵахырхәаразы еизалар закәу?

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Избан ақьырсианцәа Анцәа имҵахырхәаразы еизалар закәу?
  • Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ҲАРА ИАҲЗААНАГО АХӘАРҬА
  • ЕГЬЫРҬ ИРЗААНАГО АХӘАРҬА
  • ИЕГОВА ИЗЦӘЫРНАГО АЦӘАНЫРРАҚӘА
  • АҚЬЫРСИАНТӘ ЕИЗАРАҚӘА АНАҨСГЬЫ ИБЖЬАШӘМЫЖЬЛАН
  • Хәарҭас ишәзааргозеи Иегова ишаҳаҭцәа реизарақәа?
    Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
  • Ҳгәазҭазҵозеи аизарақәа рҭаара?
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2019
  • Ижәбозеи шәара ҳқьырсиантә еиԥыларақәа рҿы?
    Иназыгӡода иахьа Иегова игәаԥхара?
Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
w16 апрель ад. 18—22
Сибра Коринна даҽа иаҳәшьаки лареи шьапыла хара ицоит, аизара иаҭаарц азы

Избан ақьырсианцәа Анцәа имҵахырхәаразы еизалар закәу?

«Аӡәи-аӡәи ҳагәцареибакып... абас еиԥш иҟоу ҳаиҿцаара-ҳаибабара, шьоукы-шьоукы ишыҟарҵало еиԥш тәамбашақә ҳазымныҟәап» (АУР. 10:24, 25).

АШӘАҚӘА: 20, 119

АРАМКА «ИЗБАН ҲАРА АҚЬЫРСИАНТӘ ЕИЗАРАҚӘА ҲЗЫРҬААУА?» ШӘХЫ ИАРХӘАНЫ ИҲАИЛШӘЫРКАА...

  • ...аизарақәа иаҳзаарго ахәарҭа.

  • ...аизарақәа ҳанырҭаауа егьырҭ ишырныруа.

  • ...иааиԥмырҟьаӡакәа аизарақәа ҳанырҭаауа Иегова изцәырҵуа ацәаныррақәа.

1—3. а) Ишԥаадырԥшуеи ақьырсианцәа аизарақәа рыхә ҳаракны ишыршьо? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.) б) Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?

КОРИННА 17 шықәса анылхыҵуаз лан дҭаркит, насгьы Асоветтә џьатә лагер ахь дрышьҭит. Ԥыҭрак ашьҭахь Кориннагьы, дахьынхоз аҭыԥ аҟынтәи 5 000 километра ахьыбжьаз Сибраҟа дрышьҭит. Иҭакыз атәцәа реиԥш ирзыҟан, лассы-лассы аҵааршәыраҿы аус ддыруан иԥхаз амаҭәа рышәӡамкәа. Аҭагылазаашьа абас ишымариамызгьы, Кориннеи даҽа иаҳәшьаки ақьырсиантә еизарахь ицарц рыӡбеит.

2 «Ҳара аусура аҟынтәи ахәылбыҽха ҳцеит,— еиҭалҳәоит Коринна,— анаҩс аихамҩатә аангыларҭа аҟынӡа 25 километра шьапыла ҳцеит. Адәыӷба ауха асааҭ ҩба рзы идәықәлон. Дәыӷбала ф-сааҭк ҳцон, анаҩс аизара ахьымҩаԥысуаз аҭыԥ аҟынӡа еиҭа 10 километрак шьапыла». Иаԥсазма уи аҟаҵара? Коринна еиҭалҳәоит: «Ҳара „Ахьчаратә бааш“ ҭаҳҵааит, Аҳра ашәақәа ҳҳәеит. Уи ҳгәы шьҭнахит, насгьы ҳхаҵара арӷәӷәеит». Аиаҳәшьцәа алагер ахь хымш рышьҭахь ауп ианыхынҳә, аха рыбригадир урҭ шыҟамыз зынӡа изгәамҭаӡеит.

3 Иегова имаҵзуҩцәа аизарақәа еснагь рыхә ҳаракны иршьон. Ақьырсиантә еизара анеиҿыркаа ашьҭахьҵәҟьа, Иисус ишьҭанеицәа лассы-лассы еизо иалагеит (Аус. 2:42). Ҳәарада, шәаргьы аизарақәа рҭаара шәгәаԥхозар акәхап. Аха аишьцәеи аиаҳәшьцәеи аӡәырҩы реиԥш иҟалап шәусура шәымч зегь шәымнахуазар, хҭацәыха шәымамзар, насгьы шәааԥсозар. Иҳацхраауазеи иааиԥмырҟьаӡакәа аизарақәа рҭааразы иҳалшо зегь аҟаҵара?1 Ишԥаҳалшо егьырҭ ауаа, Абиблиа зҳарҵогьы уахь иналаҵаны, ақьырсиантә еизарақәа рҭаара шхадоу аилкаара ҳрыцхраар? Ари астатиаҿы ҳара еилҳаргоит Анцәа имҵахырхәаразы ҳзеизалар акәу узырбо аа-мзызк. Урҭ х-гәыԥкны иаҳшоит: ҳара иаҳзаанаго ахәарҭа, егьырҭ ирзаанаго ахәарҭа, Иегова изцәырнаго ацәаныррақәа2.

ҲАРА ИАҲЗААНАГО АХӘАРҬА

4. Ишԥаҳацхраауеи ақьырсиантә еизарақәа Иегова еиҳа еиӷьны иеилкаара?

4 Ақьырсиантә еизарақәа рҿы ҳара Абиблиа иану аҵабырг еилаҳкаауеит. Аизарақәа рҿы ҳара ҳ-Нцәа Иегова еиҳа еиӷьны деилаҳкаауеит. Иаҳҳәап, ааигәа атәылақәа жәпакы рҿы ҩышықәса инарзынаԥшуа аизараҿы иахысуан Анцәа изааигәахара иҳацхраауа ашәҟәы. Анцәа иҟазшьақәа рыҭҵаареи аишьцәеи аиаҳәшьцәеи иҟарҵоз иҵаулаз рҭакқәеи, ҳәарада, жәҩантәи Ҳаб иахь ҳабзиабара еиҳа идырӷәӷәеит. Иара убас Анцәа Иажәа еиҳа еиӷьны еилаҳкаауеит зҿлымҳарыла абиблиатә ажәахәқәа ҳанырзыӡырҩуа, Абиблиа аԥхьара ҳанацклаԥшуа, адемонстрациақәа ҳанрыхәаԥшуа (Неем. [Неем.] 8:8). Шәазхәыц изакәытә доуҳатә бырлашқәоу иҳаԥшаауа аизарақәа ҳҽанырзыҟаҳҵо, есымчыбжьатәи Абиблиа аԥхьара аҟынтәи ихархәагоу азхәыцрақәа зҿлымҳарыла ҳанырзыӡырҩуа!

5. Ишԥашәыцхрааи ақьырсиантә еизарақәа абиблиатә принципқәа шәыԥсҭазаараҿы рхархәара, насгьы амаҵзураҿы ишәымоу аҟазара аиӷьтәра?

5 Ақьырсиантә еизарақәа рҿы абиблиатә принципқәа ҳаԥсҭазаара еиуеиԥшым аганқәа рҿы рхархәашьа ҳҵоит (1 Фес. 4:9, 10). Иаҳҳәап, ҳаброшиурақәа рҿы аҵаразы астатиақәа Анцәа ижәлар рҭахрақәа инарықәыршәаны иҩуп. Шәгәазҭанаҵахьоума ус еиԥш иҟоу астатиа аилыргара шәхықәкқәа рыԥсахра, шәыгәрахаҵара шәыцеиҩызшо шәашьа ианажьра, мамзаргьы шәынцәаиҳәарақәа еиҳа аҵакы рыҭара? Амчыбжь аҩныҵҟа имҩаԥысуа аизара амаҵзураҿы иҳамоу аҟазара аиӷьтәра иҳацхраауеит. Уа ҳара ажәабжь бзиа ауаа рзеиҭаҳәашьа, насгьы абиблиатә принципқәа деилыркаашьа ҳҵоит (Матф. 28:19, 20).

6. Ҳгәы шԥашьҭырхуеи, насгьы ҳашԥадырӷәӷәо аизарақәа?

6 Ақьырсиантә еизарақәа ҳгәы шьҭырхуеит. Ари адунеи ҳагәрахаҵара арԥсыҽреи ҳгәы акажьреи иашьҭоуп. Аха аизарақәа доуҳала ҳдырлахҿыхуеит, ҳагәрахаҵарагьы дырӷәӷәоит. (Уаԥхьа Аусқәа 15:30—32.) Аизарақәа рҿы ҳара абиблиатә ԥааимбаражәақәа шынаӡо ҭаҳҵаауеит. Уи ҳԥеиԥш иазкны Иегова иқәыргәыӷрақәа шынаӡо еиҳа агәра ҳдыргоит. Ҳәарада, ҳгәы зырӷәӷәо асцена аҟынтәи иҳаҳауа ажәақәа рымацара ракәӡам. Ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи аҭак аныҟарҵо, гәык-ԥсык ала ашәа анырҳәо, ҳагәрахаҵара даара иӷәӷәахоит (1 Кор. 14:26). Уи адагьы, аизара иалагаанӡа, ма ианынҵәалак ашьҭахь ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рыҿцәажәара ҳаизааигәанатәуеит, насгьы доуҳала ҳарлахҿыхуеит (1 Кор. 16:17, 18).

7. Избан ақьырсиантә еизарақәа рҭаара зхадоу?

7 Ақьырсиантә еизарақәа рҿы иԥшьоу адоуҳа ҳауеит. Иисус Христос иҳәеит: «Алымҳа зманы иҟоу, Адоуҳа ауахәамақәа иранаҳәо иаҳааит» (Аат. 2:7). Иисус ауахәама, мамзаргьы ақьырсиантә еизара, иԥшьоу адоуҳала напхгара аиҭоит. Ҳаргьы иԥшьоу адоуҳа ҳҭахуп аԥышәарақәа ҳарҿагылаларц, амаҵзураҿы агәымшәара ааҳарԥшларц, иҟәыӷоу аӡбарақәа ҳадаҳкылаларц азы. Убри азоуп ҳара аизарақәа зегьы рҭааразы иҳалшо зегь зыҟаҳҵо, уа иԥшьоу адоуҳа ҳауеит.

ЕГЬЫРҬ ИРЗААНАГО АХӘАРҬА

8. Ргәы шԥашьҭнахуеи ҳагәрахаҵара ҳацеиҩызшо ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи аизарақәа ҳанырҭаауа, аҭакқәа аныҟаҳҵо, насгьы ашәа анаҳҳәо? (Шәахәаԥш арамка «Аизарақәа рышьҭахь еснагь ихы еиҳа еиӷьны ибоит».)

8 Ақьырсиантә еизарақәа ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рахь ҳабзиабара аарԥшра алшара ҳарҭоит. Шәрызхәыц шәеизараҿы иҟоу аишьцәеи аиаҳәшьцәеи зықәшәо аԥышәарақәа. Иџьашьатәым апостол Павел иахьиҩыз: «Аӡәи-аӡәи ҳагәцареибакып». Аха ишԥаҟаҵатәу уи? Павел иациҵеит: «Ҳаиҿцаара-ҳаибабара... тәамбашақә ҳазымныҟәап» (Аур. 10:24, 25). Аизарақәа шәанырҭаауа, шәара иаашәырԥшуеит шәыгәрахаҵара шәыцеиҩызшо шәашьцәеи шәаҳәшьцәеи бзиа ишыжәбо, рбареи рацәажәареи шышәҭаху, дара рзы шәаамҭа шәшамеигӡо. Иара убас аизараҿы иҟоу даара ргәы шьҭырхуеит гәык-ԥсык ала иҟашәҵо аҭакқәеи шәашәаҳәареи (Кәал. 3:16).

9, 10. а) Ишԥаҳацхраауеи Иоанн 10:16 аҿы иану Иисус иажәақәа Анцәа имҵахырхәаразы аизарақәа рҭаара зхадоу аилкаара? б) Ҳашԥарыцхраар алшо Иегова ишаҳаҭым аҭынхацәа змоу аишьцәеи аиаҳәшьцәеи иааиԥмырҟьаӡакәа аизарақәа ҳанырҭаауа?

9 Аизарақәа ҳагәрахаҵара ҳацеиҩызшо ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҳареи ҳаидыркылоит. (Уаԥхьа Иоанн 10:16.) Иисус ихы ахьча иҿирԥшит, ишьҭанеицәа — гәарҭак иатәу ауасақәа. Шәхаҿы иаажәг: ҩ-уасак ахәаҿы иҳәуеит, егьырҭ ҩ-уасак — акаршәраҿы, уасак — даҽа ҭыԥк аҿы. Ирзуҳәар алшома арҭ ауасақәа гәарҭак иатәуп ҳәа? Изалшом, избанзар ауасақәа, ишаԥу еиԥш, гәарҭак аҿы еицҳәуеит, насгьы рыхьчагьы дырхылаԥшуеит. Убас еиԥш, ҳаргьы ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҳаҽрылаҳхыр, ҳ-Ахьча ҳишьҭаланы ҳазцалаӡом. Гәарҭак ҳатәызарц, «Ахьчагьы аӡәны» дҳамазарц азы, ҳара Анцәа имҵахырхәаразы ҳаицеизалароуп.

10 Аизарақәа ҳанырҭаауа, ҳаиашьараҿы акзаара ҳацхраауеит. (Аԥсал. 132:1 [133:1, АдҾ]). Ақьырсианцәа шьоукы мап рцәыркит рашьцәа, раҳәшьцәа гәакьақәеи рҭынхацәеи. Аха Иисус иақәиргәыӷит абзиабареи аиҷаҳареи ахьроуа адоуҳатә ҭаацәа шриҭо (Марк 10:29, 30). Шәара иааиԥмырҟьаӡакәа аизарақәа шәырҭаауазар, ус еиԥш иҟоу аишьцәеи аиаҳәшьцәеи, инықәырԥшны иуҳәозар, анык, абык, иашьак ма иаҳәшьак реиԥш шәырзыҟалар шәылшоит. Ҳәарада, уи ҳгәазҭанаҵоит аизарақәа бжьаҳмыжьларц азы иҳалшо зегь аҟаҵара.

АИЗАРАҚӘА РЫШЬҬАХЬ ЕСНАГЬ ИХЫ ЕИҲА ЕИӶЬНЫ ИБОИТ

«АҴЫХӘТӘАНТӘИ амшқәа сгәамбзиара иахҟьаны аизарақәа рҭаара еиҳа-еиҳа исцәыцәгьахоит. Аха уахь саннеиуа, Иегова иҳазирхиаз адоуҳатә фатәы агәахәара сзаанагоит. Сшьамхқәа ӷәӷәала ишсыхьуагьы, ашьақарчымазареи агәыхьи ирыхҟьаны ауадаҩрақәа шсымоугьы, аизара ашьҭахь еснагь схы еиҳа еиӷьны избоит.

Ашәа 68 „Молитва сокрушенного духом“ аизараҿы ишырҳәоз раԥхьаӡа акәны иансаҳа, сылаӷырӡ аахаҟәҟәалеит. Уи даара иссирын! Аҳаратә аппарат ала аишьцәеи аиаҳәшьцәеи рыбжьы бзианы исаҳаун, саргьы ирыцысҳәон. Ҳәашьа сзаҭом уи сгәы шышьҭнахыз!» (Џьорџь, 58 шықәса).

ИЕГОВА ИЗЦӘЫРНАГО АЦӘАНЫРРАҚӘА

11. Ишԥаҳацхраауеи аизарақәа рҭаара Иегова дзыԥсоу иҭара?

11 Ақьырсиантә еизарақәа ҳанырҭаауа, Иегова дзыԥсоу иаҳҭоит. Иегова Ҳазшаз иоуп аҟынтә, иара арҽхәареи, арҳаракреи, аҳаҭырқәҵареи дрыԥсоуп. (Уаԥхьа Аатра 7:12.) Анцәа ҳаниҳәо, адоуҳатә ашәақәа анаҳҳәо, насгьы аизарақәа рҿы Иегова иӡбахә анаҳҳәо, иара дзыԥсоу иаҳҭоит, избанзар иара заҵәык иоуп ҳамҵахырхәара иаԥсоу. Абриаҟара ҳзыҟазҵаз ҳаҭыр иҭаразы алшара даараӡа ахә ҳаракны иаҳшьоит.

12. Иарбан цәанырроу изцәырҵуа Иегова, аизарақәа аанҳмыжьларц идҵа анынаҳагӡо?

12 Иара убас Иегова азыӡырҩра даԥсоуп. Иара ҳаизарақәа аанҳмыжьларц, тәамбашақә ҳарзымнеиларц ҳадиҵеит. Уи уажәы еиҳагьы ихадоуп, избанзар ицқьам ари адунеи аҵыхәтәа зынӡа иааигәоуп. Ари адҵа ҳақәныҟәозар, Иегова дҳаргәырӷьалоит (1 Иоанн 3:22). Иара ибоит аизарақәа зегьы рҭаара ҳаҽшазаҳшәо, ҳҽазышәарақәагьы рыхә ҳаракны ишьоит (Аур. 6:10).

13, 14. Ҳашԥарзааигәахо Иегова Иԥеи иареи аизарақәа рҿы?

13 Аизарақәа ҳанырҭаауа, ҳара иааҳарԥшуеит Иегова Иԥеи иареи ҳарзааигәахарц шаҳҭаху. Аизарақәа рҿы Ҳамҩақәҵаҩ Ду Иажәа Абиблиа ала аҵара ҳирҵоит (Аԥсал. 31:8, [32:8, АдҾ]). Убри аҟынтә ҳаизарақәа ирҭаауа Иегова ишаҳаҭым егьырҭ ауаагьы иџьашьаны ирҳәоит: «Ииашаҵәҟьаны, шәара Анцәа дшәыцҟоуп» (1 Кор. 14:23—25). Арҭ аизарақәа рҿы Иегова иԥшьоу идоуҳа ҳаиҭоит. Уи адагьы, иара иоуп уа иҳауа абиблиатә ҵара ҳазҭо. Ааи, аизарақәа рҿы ҳара Иегова ибжьы ҳаҳауеит, насгьы ибзиабареи иеиҷаҳареи ҳбоит. Убас иара еиҳа ҳаизааигәахоит.

14 Иисус иҳәеит: «Сара сыхьӡала ҩыџьа-хҩы ахьеизгоу, убра, убарҭ рыгәҭаны сыҟоуп» (Матф. 18:20). Арҭ ажәақәа ҳаизарақәа ирыдуҳәалар ауеит. Христос аизара дахагылоуп. Абиблиа иануп иара Анцәа ижәлар руахәама, мамзаргьы аизара, «ирылагылоу» иоуп ҳәа (Аат. 1:20—2:1). Шәазхәыц: Иеговеи Иисуси рхаҭа еиҷаҳауеит аизарақәа ҳагәрахаҵара дырӷәӷәаларц. Шаҟа игәы иахәозеи Иегова, Иԥеи иареи ҳарзааигәахарц шаҳҭаху анибо!

15. Ишԥааҳарԥшуеи ҳара аизарақәа ҳанырҭаауа Анцәа изыӡырҩра шаҳҭаху?

15 Аизарақәа ҳанырҭаауа, Анцәа иреиҳаӡоу имчра ҳшадгылоу ааҳарԥшуеит. Аизарақәа рҭаара Иегова идҵа шакәугьы, уи аҟаҵара мчыла иҳадицалаӡом (Ис. [Ис.] 43:23). Убри аҟынтә Иегова иахь абзиабара ааҳарԥшуоу-иааҳмырԥшуоу, насгьы имчра ҳадгылоу-ҳадымгылоу ҳара ҳауп изыӡбо (Рим. 6:17). Иаҳҳәап, ҳусура аиҳабы еиҳаны аус ҳауларц иҭахуп, аха уи иааиԥмырҟьаӡакәа аизара аҭаара иаҳԥырхагахоит. Мамзаргьы аиҳабыра рганахь ала аҿагыларақәа ҳрықәшәозар алшоит. Иаҳҳәап, урҭ ирҳәозар ауеит Иегова имҵахырхәаразы анаҩсгьы ҳаизалар, аштраф шҳақәырҵо, абахҭа ҳашҭаркуа, ма еицәоу даҽак шаҳзыруа. Мамзаргьы аизарахь ацара аҭыԥан, баша маҷк ҳаԥсы ҳшьарц ҳҭахызар алшоит. Арҭ аҭагылазаашьақәа рҿы ҳара иҳаӡбароуп зымаҵ ҳауло (Аус. 5:29). Иегова имчра ҳадгыларц анаҳаӡбо, уи иара даргәырӷьоит (Ажәам. [Прит.] 27:11).

АҚЬЫРСИАНТӘ ЕИЗАРАҚӘА АНАҨСГЬЫ ИБЖЬАШӘМЫЖЬЛАН

16, 17. а) Иабантәиаадыруеи раԥхьатәи ақьырсианцәа аизарақәа рыхә ҳаракны ишыршьоз? б) Дышԥарзыҟаз аиашьа Џьорџь Гангас ақьырсиантә еизарақәа?

16 Аҩынҩажәижәаба мшы 33 шықәсазы ҳ. ҳ. иҟалаз аџьашьахәы ашьҭахьгьы ақьырсианцәа еизон. Аусқәа 2:42 аҿы иануп: «Агәрахаҵара зауз зегьы гәацԥыҳәарала Апостолцәа рмаҵура, рыҿцаара... ирылахәын [«рҽырзыркуан», АдҾ]». «Аҽазкра» ҳәа еиҭагоу абырзен ажәа иаанагоит уӷәӷәаны аҟазаара, аҽазышәара ӷәӷәақәа рыҟаҵара, ахьамҵра. Раԥхьатәи ақьырсианцәа аизарақәа рҭаара рзымариаӡамызт, избанзар дара Римтәи аимпериа аҵаҟа инхон, насгьы иудеиатәи адиннапхгаҩцәа рҿагылон. Аха уеизгьы дара ргәы карыжьуамызт.

17 Иахьагьы Иегова имаҵзуҩцәа ақьырсиантә еизарақәа ахә ҳаракны иршьоит. 22 шықәса Анапхгаратә хеилак аҿы амаҵ зуаз аиашьа Џьорџь Гангас иҳәон аишьцәа рбара агәырӷьара ду шизаанагоз, игәы шышьҭнахуаз. Иара иҳәеит: «Сара исгәаԥхоит Аҳратә зал ахь зегь раԥхьа анеира, насгьы зегь рышьҭахь ацара уи аналшо. Анцәа ижәлар рыҿцәажәара агәырӷьара сзаанагоит. Аишьцәа рыбжьара сара аҩны, сҭаацәара рыҩныҵҟа, адоуҳатә џьанаҭ аҿы сыҟоушәа збоит». Иара убас аиашьа Гангас иациҵеит: «Акомпас ахыц есымша аҩада ишыԥшуа еиԥш, сара еснагь гәык-ԥсык ала сҽазысшәоит аизарақәа рҭаара».

18. Шәышԥарзыҟоу шәара аизарақәа, насгьы шәзызхиоузеи аҟаҵара?

18 Ишәызцәырыргома Иегова ҳахьимҵахырхәо аизарақәа убас еиԥш иҟоу ацәаныррақәа? Ус акәзар, анаҩсгьы шәгәы кашәмыжьлан, насгьы иааиԥмырҟьаӡакәа аизарақәа шәырҭаала. Усҟан шәаргьы аҳ Давид иеиԥш агәра ганы ишәҳәар шәылшоит: «Бзиа избеит иа, Нцәа Ҳазшаз, Уара уҩны» (Аԥсал. 25:8 [26:8, АдҾ]).

^ 1 Абзац 3. Ҳагәрахаҵара ҳацеиҩызшо ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи шьоукы рымч зқәымхо аҭагылазаашьақәа ирыхҟьаны, иаҳҳәап, ачымазара ӷәӷәа еиԥш иҟоу, иааиԥмырҟьаӡакәа аизарақәа рҭаара рылшом. Дара агәра ганы иҟазар ауеит Иегова рҭагылазаашьа шеиликаауа, насгьы хамеигӡарала имаҵ ахьыруа даара ахә шишьо. Аизара аиҳабацәа ус еиԥш иҟоу аишьцәеи аиаҳәшьцәеи ирыцхраар рылшоит, иаҳҳәап, ҭелла ма аудионҵамҭа ала апрограмма иазыӡырҩыртә алшара рырҭар.

^ 2 Абзац 3. Шәахәаԥш арамка «Избан ҳара ақьырсиантә еизарақәа ҳзырҭаауа?»

Ақьырсиантә еизара

ИЗБАН ҲАРА АҚЬЫРСИАНТӘ ЕИЗАРАҚӘА ҲЗЫРҬААУА?

  1. Уа ҳара Абиблиа иану аҵабырг еилаҳкаауеит.

  2. Урҭ ҳгәы шьҭырхуеит.

  3. Уа иԥшьоу адоуҳа ҳауеит.

  4. Ақьырсиантә еизарақәа ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рахь ҳабзиабара аарԥшра алшара ҳарҭоит.

  5. Урҭ ҳагәрахаҵара ҳацеиҩызшо ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҳареи ҳаидыркылоит.

  6. Ақьырсиантә еизарақәа ҳанырҭаауа, Иегова дзыԥсоу иаҳҭоит.

  7. Уи ала ҳара иааҳарԥшуеит Иегова Иԥеи иареи ҳарзааигәахарц шаҳҭаху.

  8. Ҳара иааҳарԥшуеит Анцәа иреиҳаӡоу имчра ҳшадгылоу.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра