Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w16 август ад. 3—7
  • Аӡә ак аниуҭо еиҳа ишнасыԥу шеилыскааз

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Аӡә ак аниуҭо еиҳа ишнасыԥу шеилыскааз
  • Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
  • Ахеиҵақәа
  • АԤЫШӘА ЗМОУ АИШЬЦӘА ИРҾЫСҴААУЕИТ
  • СЫԤСҬАЗААРАҾЫ АХАМЕИГӠАРА ААРԤШРА САЛАГОИТ
  • АҲӘААНЫРЦӘ АЖӘАБЖЬ БЗИА СҲӘОИТ
  • «ИРЫЛАШӘҲӘАЛА УИ АДГЬЫЛБЖЬАХАҚӘА РҾЫ»
  • «АНЦӘА БЗИА ИБОИТ АК УЗҬО ГӘАХӘАЛА ИАНУИҬО»
Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
w16 август ад. 3—7

АБИОГРАФИА

Аӡә ак аниуҭо еиҳа ишнасыԥу шеилыскааз

Еиҭеиҳәеит Рональд Паркин

САРА 12 шықәса ансхыҵуаз, раԥхьаӡа акәны еилыскааит егьырҭ зыхә ҳараку ак рысҭар шсылшо. Усҟан аконгресс аҿы иашьак даасыдгылан, амаҵзурахьы ҳаиццарц сеиҳәеит. Ахаан ажәабжьҳәара сшымцацызгьы, сақәшаҳаҭхеит. Ҳара аучасток ахь ҳанца, иара Анцәа Иаҳра иазкыз брошиурақәак сиҭеит. «Уара ари аган ала уца, сара ари аган ала сцап»,— иҳәеит иара. Сгәы хыҭ-хыҭуа ҩнаҭацыԥхьаӡа ажәабжьҳәара салагеит, иаарласны сыброшиурақәа зегь сымҵәеит. Убас сара избеит аӡәырҩы ауаа зыргәаҟуаз рысҭар шсылшоз!

Сара сиит Чатем (Кент, Англиа) 1923 шықәсазы. Уи аамҭазы аӡәырҩы даараӡа ргәы каҳаны иҟан. Актәи адунеизегьтәи аибашьра еилгеит, аха ауаа ргәыӷрақәа намӡеит, адунеи еиӷьымхаӡеит. Уи адагьы, сҭаацәа абаптистцәа рыԥшьаҩцәа ргәы рыхшәеит, избанзар урҭ еиҳа хьаас ирымаз иааныркылоз аҭыԥ акәын. Жәышықәса раҟара ансхыҵуаз, сан Жәларбжьаратәи Абиблиа Аҭҵааҩцәа Рассоциациа реиқәшәарақәа рахь аныҟәара далагеит. Уа Иегова ишаҳаҭцәа ҳәа ахьӡ здызкылаз ауаа аизарақәа мҩаԥыргон. Иаҳәшьак ҳара, ахәыҷқәа, Абиблиа, насгьы ашәҟәы «Арфа Божия» лхы иархәаны ҳазыҟалҵон. Еилыскаауаз даара исгәаԥхон.

АԤЫШӘА ЗМОУ АИШЬЦӘА ИРҾЫСҴААУЕИТ

Санхбыџыз Анцәа Иажәа иану агәыӷра атәы гәахәарыла ауаа ирзеиҭасҳәон. Ҩнаҭацыԥхьаӡа ажәабжьҳәара лассы-лассы схала сцалон, аха егьырҭгьы амаҵ рыцуа аԥышәа соуан. Иаҳҳәап, зны сара саасҭа еиҳабыз иашьак маланыҟәала ажәабжьҳәаразы аучасток ахь сиццеит. Аԥшьаҩы ҳивсны ҳанца, исҳәеит: «Абар аџьма дахьаауа». Аиашьа даангылан, ақды хҵәаха ҳнықәтәарц иҳәеит. Иара дсазҵааит: «Иузҭада уара азин аџьма дызусҭоу аӡбара? Уааи ауаа ажәабжь бзиа рзеиҭаҳәо, агәырӷьара ҳмырӡлап, аӡбара Иегова иусзааит». Урҭ ашықәсқәа рзы еиӷьны еилыскааит ажәақәа «аӡә... ак аниуҭо еиҳа инасыԥуп» ҵакыс ирымоу (Матф. 25:31—33; Аус. 20:35).

Доуҳала ишәыз егьи аиашьа исирҵеит зны-зынла ачҳара аарԥшра шаҭаху, егьырҭ ак рыҭара, насгьы анасыԥ аиура ҳҭахызар. Ихатә ҩыза Иегова ишаҳаҭцәа бзиа илбаӡомызт. Зны иареи сареи амаҵзурахьы ҳаиццеит, анаҩс какалк ҳкырц иҩныҟа ааԥхьара сиҭеит. Лара даара лгәы ԥжәаны дыҟан иара ажәабжьҳәара дахьцаз азы, убри аҟынтә ачаи аҭрақәа ҳгәыдылҵо далагеит. Уи дылмацәҳаӡеит, аха ҭынч ачаи аҭыԥ аҿы иқәиҵеит. Ашықәсқәа анца, иааирԥшуаз ачҳара азылԥхарақәа аанагеит: ихатә ҩыза Иегова ишаҳаҭ лакәхеит.

Егьырҭ ԥхьаҟатәи аԥеиԥш аганахь ала иҟоу агәыӷра рзеиҭаҳәаразы исымаз агәаҳәара еиҳа-еиҳа иӷәӷәахон, убас март, 1940 шықәсазы сани сареи Дувр аӡы ҳаҽӡааҳхит. 16 шықәса ансхыҵуаз, сентибар мза 1939 шықәсазы, Великобританиа Германиа иабашьуа иалагеит. Ииун 1940 шықәсазы аҩны абарҵа сықәгыланы сыԥшуан. Избон зықьҩыла ахәра ӷәӷәақәа змаз асолдаҭцәа амашьына дуқәа рыла ишыргоз. Урҭ Диункерк ажәылараҿы еиқәхаз ракәын. Иҭыгга иҟаз рыблақәа ирхубаалон ргәы каҳаны ишыҟаз, убри аҟынтә даараӡа исҭаххеит Анцәа Иаҳра аӡбахә рзеиҭасҳәарц! Убри ашықәсазы Великобританиа иақәло иалагеит, иааҟәымҵӡакәа абомбақәа дыршәуан. Есыуаха избон абомба зырҭҟәацуаз анемеццәа рҳаирпланқәа шаҳхаԥыруаз. Аҳауаҿы абомбақәа шәышәуан, аха еиҳа узыршәаӡыӡоз — урҭ адгьыл аҿы ишыҭҟәацуаз акәын. Ашьыжь адәахьы ҳандәылҵуаз, иааҳакәыршаны еилаԥыххааса иҟаз аҩнқәа ҳбон. Усҟан сара еиҳагьы агәра згеит сзықәгәыӷыртә иҟоу Анцәа Иаҳра заҵәык шакәу.

СЫԤСҬАЗААРАҾЫ АХАМЕИГӠАРА ААРԤШРА САЛАГОИТ

1941 шықәсазы сыԥсҭазаара даара аҽаԥсахит, уи нахыс еиҳа насыԥ сымоуп. Сара рҵаҩыс дсыман Чатем Акралтә ӷбаҟаҵарҭаҿы аус зуаз аӷбаҟаҵаҩ. Уи даара пату зқәыз, аԥара рацәа ахьыршәоз усуран. Иегова имаҵзуҩцәа ақьырсианцәа аибашьра шрыхәҭам еилыркааижьҭеи акыр ҵуан. 1941 шықәсазы ҳара еилаҳкаауа ҳалагеит ақьырсианцәа арратә маҵзура иадҳәалоу акгьы шыҟарымҵалар акәу (Иоанн 18:36). Аӷбаҟаҵарҭаҿы аӡаҵаҟатәи аӷбақәа ҟарҵон аҟынтә, исыӡбеит аусура ааныжьра, насгьы саамҭа зегьы амаҵзура азкра. Раԥхьа Котсуолдс араион аҿы иҟоу ақалақь ԥшӡа Саиренсестерҟа срышьҭит.

18 шықәса ансхыҵ, арратә маҵзура ахысра мап ахьацәыскыз азы, жәымз ҳәа абахҭа сҭаркит. Исгәалашәоит акамера ашә анакы, схала сууаӡа санаанха, схы шызбоз. Иаарласны абахҭа аҷаԥшьаҩцәеи иҭакызи арахь сышҭашәаз аилкааразы азҵаарақәа сыҭара иалагеит, саргьы гәахәарыла сыгәрахаҵара атәы рзеиҭасҳәон.

Абахҭа санҭыҵ, иҳазгәакьаз Кент аҭыԥ аҿы Леонард Смит сицны ажәабжь сҳәаларц исыҳәеит. 1944 шықәса инаркны Кент атерриториаҿы зқьы инареиҳаны аракетақәа шьҭын. Ҳара Лондони анацистцәа иргаз европатәи ахәҭеи рыбжьара ҳаҟан, уброуп аракетақәагьы ахьҳхаԥыруаз. Аракетақәа ауаа даараӡа идыршәаӡыӡон. Амотор шыцәоз анҳаҳауаз,— уи лассы-лассы иҟалалон,— секундқәак рыла аракета адгьыл ишықәҳауа, анаҩс ишыԥжәо еилаҳкаауан. Усҟан ҳара хәҩыуаак ахьыҟаз аҭаацәара Абиблиа дҳарҵон. Зны-зынла аихатә стол аҵаҟа ҳҽаҳҵәахлон, уи ҳахьчоит ҳәа ҳгәыӷуа. Аҵыхәтәаны уи аҭаацәараҿы зегьы рыҽӡаархит.

АҲӘААНЫРЦӘ АЖӘАБЖЬ БЗИА СҲӘОИТ

Ауаа аконгресс ахь ааԥхьара рысҭоит Ирландиа апионертә маҵзура саналагоз аамҭазы (ҵаҟа)

Аибашьра ашьҭахь аладатәи Ирландиа ҩышықәса пионерс амаҵ зуан. Ҳхаҿгьы иаҳзаагомызт Ирландиа шаҟа Англиа иеиԥшмыз. Ҳара ҩнаҭацыԥхьаӡа ҳныҟәон, насгьы ҳашмиссионерцәаз, анхарҭа ҭыԥ ҳшашьҭаз ҳҳәон. Иара убас амҩаду аҿы ажурналқәа ауаа ирыдаҳгалон. Ари хшыҩдаран Ирландиа еиԥш иҟаз акатоликтә тәылаҿы! Хаҵак шәсыпҟоит ҳәа анҳаиҳәа, аполициа аусуҩ иҿы сашшит, аха ҭакс исаҳаз абри ауп: «Нас ишԥашәҭахыз?» Ҳара иагьҳаздыруамызт уа иҟаз аԥшьаҩцәа абриаҟара амчра ду шрымаз. Аӡәы ҳашәҟәы игар, уи аус ахьиуаз иеиҳабы иусура дамихыртә иҟарҵон. Иара убас урҭ ирыхҟьаны ҳахьынхоз аҩны аҟынтәи ҳдәылырцеит.

Иаарласны иҟаҵатәыз еилаҳкааит. Аҭыԥ ҿыц аҿы ҳанаангылоз, амаланыҟәақәа ҳрықәтәаны ауаа даҽа ԥшьаҩык дахьрымаз ихароу аҭыԥқәа рахь ажәабжьҳәара ҳцон. Уи ашьҭахь ауп ааигәа инхоз ажәабжь бзиа анырзеиҭаҳҳәоз. Килкенни ақалақь аҿы еизоз ажәлар ҳашдыршәозгьы, мчыбжьык ахь хынтә хаҵак Абиблиа иҳарҵон. Сара егьырҭ абиблиатә ҵабырг дырҵара даара бзиа избон аҟынтә, Ахьчаратә Бааш абиблиатә школ Галаад ахысразы арзаҳал хасырҭәааит.

Аԥрашхәа «Сибиа» 1948 шықәса инаркны 1953 шықәсанӡа ҳмиссионертә ҩны акәын (арӷьарахь)

Ниу-Иорк аштат аҿы хәымз аҵара анысҵа ашьҭахь, хҩык аушьҭымҭацәеи сареи Карибтәи амшын аҿы иҟоу адгьылбжьаха хәыҷқәа рҿы ажәабжьҳәара ҳрышьҭит. Ноиабр мза 1948 шықәсазы 18 метра иҟаз аԥрашхәа «Сибиа» ҳақәтәаны Ниу-Иорк ҳақәҵит. Сара сгәырӷьаҵәа сыҟан, избанзар ахаангьы аԥрашхәа сақәымтәацызт. Ҳаԥшьҩык ҳҟынтә дыҟан аԥышәа змаз акаԥдан Гаст Маки. Иара мшынла аныҟәара атәы ҳирҵон: аԥра шышьҭыхтәу, ишыларҟәтәу, акомпас ахархәашьа, аԥша аҿагылашьа. Ҩажәижәаба мшы Гаст ҳаӷба ныҟәигон. Зныкымкәа ацәқәырԥақәа ӷәӷәала ишеисуазгьы, ҳаԥсы еиқәханы Багамқәа рҟынӡа ҳнеит.

«ИРЫЛАШӘҲӘАЛА УИ АДГЬЫЛБЖЬАХАҚӘА РҾЫ»

Мызқәак ҳара Багамтәи адгьылбжьахақәа рҿы ажәабжь ҳҳәон, анаҩс Наветренные захьӡу адгьылбжьахақәа рахь ҳдәықәлеит. Пуерто-Рико иазааигәоу Виргинтәи адгьылбжьахақәа рҟынтәи Тринидад азааигәаранӡа 800-ҟа километра ҳахысит. Хәышықәса ҳара еиҳарак Иегова ишаҳаҭцәа ахьыҟамыз ихараз адгьылбжьахақәа рҿы ажәабжь ҳҳәон. Зны-зынла мчыбжьыла аԥошьҭа ҳзышьҭуамызт, иагьҳауамызт. Аха ҳара даара насыԥ ҳаман адгьылбжьахақәа рҿы Анцәа иажәа ауаа иахьрылаҳҳәоз (Иер. [Иер.] 31:10).

Аԥрашхәа «Сибиа» акоманда (армарахьтә арӷьарахь): Рон Паркин, Дик Раид,Гаст Маки, Стенли Картер

Аӷбатәарҭаҿы аԥарсал анылаҳашьҭуаз, уа инхоз ауаа ҳаара аинтерес ду рызцәырнагон. Дара амшын агаҿахь еихон, иааз зусҭцәоу рбарц азы. Шьоукы аԥрашхәеи ауаҩы шкәакәеи ахаан ирымбацызт. Адгьылбжьахаҿы инхоз иқьиаз, Анцәа дхазҵоз, Абиблиа бзианы издыруаз уаан. Дара лассы-лассы аԥсыӡ, авокадо, насгьы арахис ҳҿарҵон. Ҳаӷба хәыҷ аҿы уиаҟара аҭыԥ ыҟамызт, аха ишакәхалакгьы уа ҳацәон, афатә ҟаҳҵон, ҳамаҭәа ҳаӡәӡәон.

Аԥшаҳәа ҳанӡыхгылоз, хәлаанӡа ауаа ҳрацәажәон, насгьы абиблиатә ажәахә ахь ааԥхьара раҳҭон. Ианыхәлалак аӷба аҵәҵәа абжьы ҳаргон. Ажәахә ахь иццакны иаауаз ауаа анаҳбоз, ҳгәы еизҳауан. Хәшала иадыркуаз рлампақәа кны дара ахәаҿынтә илбаауан. Урҭ алампақәа алашьцараҿы икәеицеиуа аеҵәақәа угәаладыршәон. Зны-зынла шәҩык рҟынӡа неилон, насгьы азҵаарақәа ҳаҭо, ҵхыбжьонынӡа ианаанҿасуаз ыҟан. Дара ашәаҳәара бзиа ирбон, убри аҟынтә Аҳра ашәақәа рҟынтә ажәақәа рзаҳкьыԥхьит. Ҳаԥшьҩык ишҳалшоз ала ашәаҳәара ҳалагон, егьырҭ амузыка аритм шьҭыхны иҳацырҳәон, убас рыбжьқәа хааӡа инеилалон. Изакәытә аамҭази уи!

Абиблиатә ҵара ашьҭахь Абиблиа зҵо рҟынтә шьоукы даҽа библиатә ҵарак ахьгьы иҳаццон, уагьы иазыӡырҩырц азы. Мчыбжьқәак рышьҭахь ҳара ҳцар акәхон аҟынтә, аҵабырг ахь еиҳа аинтерес аазырԥшуаз егьырҭ абиблиатә ҵара ҳхынҳәаанӡа ирзымҩаԥыргаларц ҳрыҳәон. Даара ҳгәы иахәон шьоукы ари адҵа шаҟа ҭакԥхықәрала иазнеиуаз анаҳбоз.

Иахьа урҭ адгьылбжьахақәа жәпакы ауаа рыԥсы ахьыршьо еицырдыруа курортқәоуп, аха усҟан урҭ иҭынчыз, апальмақәа иахьрызҳауаз, аԥслымӡ ахьыҟаз аплиажқәеи ииҵәаз алагунақәеи ахьыҟаз ҭыԥқәан. Лассы-лассы дгьылбжьахак аҟынтә даҽак ахьы уахынла ауп ҳанцоз. Ҳаԥрашхәа иаакәыршаны адельфинқәа ӡсон, иуаҳауаз ҳаԥрашхәа амшын ацәқәырԥақәа ианрылсуаз игоз абжьы акәын. Амшын ианыҷҷалоз амза алашара ҳалаԥш ахьынӡанаӡоз ицон.

Хәышықәса адгьылбжьахақәа рҿы амаҵ анаҳуы ашьҭахь, ҳаԥрашхәа ааныжьны амотор зықәгылоу анышь ҳгарц Пуерто-Рико ҳцеит. Уа ҳаннеи, Максин Боид зыхьӡыз, миссионерс амаҵ зуаз аиаҳәшьа, даараӡа иԥшӡаз аԥҳәызба, слабадырит, насгьы бзиа дызбеит. Дхәыҷы аахыс лара гәацԥыҳәарала ажәабжь бзиа лҳәон. Максин Доминиканатәи Ареспубликаҿы миссионерс амаҵ луан, 1950 шықәсазы акатоликттә уахәама зыдгылаз аиҳабыраа атәыла аҟынтәи дықәырцаанӡа. Аӷба акоманда сахьалахәыз абзоурала, Пуерто-Рико мызкы заҵәык аанкылара азин сырҭеит. Иаарласны адгьылбжьахақәа рахь схынҳәыр, шықәсқәакгьы уа саанхар акәын. Убри аҟынтә исҳәеит: «Рональд, ари аӡӷаб дуҭахыҵәҟьазар, аамҭа умган!» Хымчыбжьа рышьҭахь дысшьанеит, фымчыбжьа рышьҭахь ҳаибагеит. Максини сареи Пуерто-Рико миссионерцәас ҳрышьҭит, убри аҟынтә анышь ҿыц ақәтәара сахьымӡеит.

1956 шықәсазы раионтә хылаԥшҩыс сҟалеит, убри аҟынтә аизарақәа рҭаара ҳалагеит. Аишьцәа аӡәырҩы ӷарны инхон, аха урҭ рахь анеира даара иаҳгәаԥхон. Исгәалашәоит Потала Пастильо ақыҭаҿы ахәыҷы рацәа змаз Иегова ишахаҭцәаз ҩ-ҭаацәарак ҳашрабадырыз. Сара урҭ лассы-лассы афлеита рзасырҳәон. Ильда зыхьӡыз ӡӷаб хәыҷык слазҵааит ажәабжьҳәара дҳаццарц лҭахӡами ҳәа. Лара илҳәеит: «Исҭахуп, аха сызцаӡом. Аимаа сымаӡам». Ҳара уи аимаақәа лзааҳхәеит, анаҩс ажәабжьҳәара дҳаццеит. Акыр шықәса рышьҭахь, 1972 шықәсазы бруклинтәи Вефиль ҳаныҟаз, Галаад ашкол иалгаз аиаҳәшьа дааҳадгылеит. Лара Еквадор амаҵ аура дрышьҭит, убри аҟынтә иаарласны дцар акәын. Уи аиаҳәшьа дҳазҵааит: «Сышәзымдырӡеи? Сара Пастильо шьапеимаада иҟаз аӡӷаб соуп». Уи Ильда лакәын! Лбара убриаҟара ҳаигәырӷьон, ҳалаӷырӡқәа ҳзаанкыломызт!

1960 шықәсазы Пуерто-Рико иҟаз афилиал ахь ҳаарыԥхьеит. Уи усҟан Сантурце, Сан-Хуан араион аҿы ҩ-еихагылак змаз аҩнаҿы иҟан. Раԥхьа аусқәа реиҳарак Ленарт Џьонсони сареи ҳакәын иназыгӡоз. Ихатә ҩызеи иареи Доминиканатәи Ареспубликаҿы раԥхьатәи Иегова ишаҳаҭцәа ракәын, дара 1957 шықәсазы Пуерто-Рикоҟа ииасит. Аамҭақәак рышьҭахь Максин ажурналқәа зҭахыз рнапаҵаҩрақәа реилыргара далагеит, уи мчыбжьык аҩныҵҟа зқьы инареиҳаны анапаҵаҩрақәа еиллыргон. Лара ари аус даара илгәаԥхон, уи адоуҳатә фатәы аиура дзыцхраауаз зегьы дрызхәыцуан.

Сара вефильтәи амаҵзура бзиа избоит, избанзар убасала егьырҭ ирысҭар сылшо рацәоуп. Аха уи аҩыза аԥсҭазаара уадаҩрада иҟам. Иаҳҳәап, 1967 шықәсазы Пуерто-Рико раԥхьатәи жәларбжьаратәи аконгресс аныҟаз, убриаҟара аҭакԥхықәрақәа рацәаны исыдын, сҟәаҟәа аидара ӷәӷәа ықәжьызшәа збон. Пуерто-Рико дааит усҟан Иегова ишаҳаҭцәа рус напхгара азызуаз Неитан Норр. Иара игәы иаанагеит аконгресс ахь иааз амиссионерцәа рзы атранспорт еиқәсмыршәазшәа, аха уи ус акәмызт. Иара ӷәӷәала дсацәҳаит ишахәҭоу зегь ахьеиҿысымкааз, насгьы сара сҟынтәи уи аҩыза дшазыԥшымыз иҳәеит. Сара аҭак иҭара саламгеит, аха ииашамкәа иахьсықәыӡбаз азы даараӡа сгәы каҳаит. Аха уеизгьы, Максини сареи аиашьа Норр еиҭа данҳақәшәа, иуадахь ааԥхьара ҳаиҭеит, насгьы шьыбжьхьа ҳзыҟаиҵеит.

Пуерто-Рико амаҵ ҳуанаҵы, сҭаацәа рбара зныкымкәа Англиа ҳцахьан. Саб сани сареи ҳаиԥш аҵабырг иаразнак идимкылеит. Аха Вефильынтә ажәахәҟаҵаҩцәа анаауаз, сан лассы-лассы урҭ ҳара ҳҿы иаангылаларц ааԥхьара рылҭон. Саб ибон аҭакԥхықәрақәа здыз, ахынраалара аазырԥшуаз арҭ аишьцәа ицәымӷыз аԥшьаҩцәа шаҟа иреиԥшмыз. Аҵыхәтәаны, 1962 шықәсазы иара Иегова ишаҳаҭ иеиԥш аӡы иҽӡааихит.

Максини сареи Пуерто-Рико ҳанеибага ашьҭахь, насгьы ҳчара 50 шықәса ахыҵразы 2003 шықәсазы

2011 шықәсазы даараӡа бзиа избоз схатә ҩыза Максин дыԥсит. Шаҟа исҭахузеи лыԥсы анҭалалак лбара! Ари агәыӷра даараӡа сгәы ҟанаҵоит. 58 шықәса рыҩныҵҟа ҳаицынхонаҵы, Максини сареи Пуерто-Рико Иегова имаҵзуҩцәа рхыԥхьаӡара 650-ҩык раҟара ахьыҟаз 26 000-ҩык рҟынӡа ишеизҳаз ҳбон. 2013 шықәсазы Пуерто-Рико иҟаз афилиал Еиду Аштатқәа рҿы иҟоу афилиал ианадла, Уолкилл (аштат Ниу-Иорк) амаҵ зуларц исыҳәеит. Адгьылбжьахақәа рҿы 60 шықәса сынхонаҵы, Пуерто-Рико иатәыҵәҟьоу аӡә иеиԥш схы збо салагеит — уи аҭыԥ иатәу аҵлаҿы инхо адаӷь хәыҷы коки еиԥш, уи амра анҭашәо «ашәа аҳәоит»: «Ко-кии, ко-кии!» Аха ацара аамҭа ааит.

«АНЦӘА БЗИА ИБОИТ АК УЗҬО ГӘАХӘАЛА ИАНУИҬО»

Сара иахьагьы Вефиль Анцәа имаҵ зуеит. Уажәы 90 шықәса сырҭысхьеит, дҵас исыду — доуҳатә хьчаҩыс аҟазаареи вефильтәи аҭаацәара иалахәу ргәы ашьҭыхреи ауп. Ишырҳәо ала, Уолкилл амаҵ зуеижьҭеи 600-ҩык инареиҳаны сырҭаахьеит. Шьоукы рхатәы ма рҭаацәаратә уадаҩрақәа ирылацәажәар рҭахуп. Егьырҭ вефильтәи рмаҵзура аганахь ала алабжьарақәа рҭахуп. Зны-зынла ааигәа аҭаацәара иалалаз алабжьара иаҳәоит. Вефиль амаҵ зуаз шьоукы вефильтәи рмаҵзура ааныжьны ажәабжьҳәара ирышьҭит. Сара исзаауа зегьы сырзыӡырҩуеит, лассы-лассгьы ирасҳәоит: «„Анцәа бзиа ибоит ак узҭо гәахәала иануиҭо“. Убри аҟынтә ишәыду аус агәырӷьара мырӡкәа инашәыгӡала. Уи зыҟашәҵо Иегова изы ауп» (2 Кор. 9:7).

Қәҿиарала Вефиль амаҵ ауразы, иара убас иахьакәзаалакгьы, еснагь иугәалауршәалар ауп уара иҟауҵо зхадоу. Вефиль инаҳагӡо зегьы иԥшьоу маҵзуроуп. Уа амаҵ зуа игәрагоу, иҟәыӷоу атәы адунеизегьтәи аиашьара адоуҳатә фатәы рыҭара ирыцхраауеит (Матф. 24:45). Амаҵ ахьаҳуазаалакгьы, Иегова ирҳаракра алшара ҳамоуп. Шәааи иара иҳадиҵо зегьы гәырӷьарыла инаҳагӡалап, избанзар «Анцәа бзиа ибоит ак узҭо гәахәала иануиҭо».

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра