Избан Иегова аҭаацәалазаара зеиҿикааз?
«Анцәа Иегова иҳәеит: „Ауаҩы ихала дыҟазар бзиаӡам. Дизысшап иара дхазырҭәаауа ацхырааҩ“» (АҞАЗ. [БЫТ.] 2:18).
1, 2. а) Ишԥеиҿкааз аҭаацәалазаара? б) Еилыркаар алшози раԥхьатәи хаҵеи-ԥҳәыси аҭаацәалазаара аганахь ала? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.)
АҬААЦӘАЛАЗААРА ҳаԥсҭазаара иахәҭакуп. Шәааи еилҳаргап аҭаацәалазаара шеиҿкааз, насгьы уи хықәкыс иамаз. Уи ҳацхраауеит аҭаацәалазаара ииашаны ахәаԥшра, насгьы уи иацу агәырӷьара аиура. Анцәа раԥхьатәи ауаҩы Адам даниша, аԥстәқәеи аԥсаатәқәеи ахьӡқәа рыҭара дҵас ииҭеит. Адам ибеит аԥстәқәеи аԥсаатәқәеи зегьы аҩызцәа шрымаз. Аха «ауаҩы изы дыҟамызт иара дхазырҭәаауа ацхырааҩ». Усҟан Анцәа Адам дирцәан иваҵара ааилхны аԥҳәыс далихит, анаҩс уи аԥҳәыс Адам иахь днеигеит. (Уаԥхьа Аҟазаара [Бытие] 2:20—24.) Абасала Анцәа аҭаацәалазаара еиҿикааит.
2 «Ауаҩԥсы иаби иани ааныжьны, иԥҳәыс иҽлыдикылоит, ҩ-цәеижьк цәеижькны иҟаларазы». Иисус ишиҳәаз ала, арҭ ажәақәа зҳәаз Анцәа иоуп (Матф. 19:4, 5). Иҟалап Анцәа Адам иваҵара аԥҳәыс дахьалихыз ала раԥхьатәи хаҵеи-ԥҳәыси идирбар иҭахызҭгьы рҭаацәалазаара шаҟа иӷәӷәазар ахәҭоу. Анцәа игәҭакы инақәыршәаны, ауаа еилымҵлар акәын, насгьы ауаҩы ахатә ҩыза иаҳасабала аӡә иакәын имазар ихәҭаз.
АҬААЦӘАЛАЗААРА ИЕГОВА ИГӘҬАКЫ ИАХӘҬАКУП
3. Иарбан хықәкы хадоу аҭаацәалазаара иамаз?
3 Шаҟа дгәырӷьазеи Адам аԥҳәыс ԥшӡа даниоу! Ԥыҭрак ашьҭахь уи Ева лыхьӡиҵеит. Ева Адам дхалырҭәаауан, ицхырааҩ лакәын. Дара ахаҵеи аԥҳәыси реиԥш ирыдыз арольқәа нагӡо, рҭаацәалазаара есыҽны гәырӷьарыла идырҭәуан (Аҟаз. [Быт.] 2:18). Аҭаацәалазаара ахықәкы хада аман — адгьыл ақәырҭәаара (Аҟаз. [Быт.] 1:28). Адами Евеи рхәыҷқәа рани раби даара иӷәӷәаны бзиа ирбозар ауан, аха уеизгьы урҭ рҭаацәа аанрыжьыр акәын, рхатә ҭаацәара иалаларц азы. Ауаа адгьыл ықәырҭәаауа, адунеи зегьы хәыҷы-хәыҷла џьанаҭны иҟарҵон.
4. Иҟалазеи раԥхьатәи аҭаацәараҿы?
4 Аха раԥхьатәи аҭаацәараҿы арыцҳара ҟалеит, избанзар урҭ Иегова изымӡырҩӡеит. Дара ирымаз алхразы ахақәиҭра ииашамкәа рхы иадырхәеит. «Ажәытә маҭ», Аҩсҭаа Аџьныш, Ева дижьеит. Иара Ева агәра лиргеит «ацәгьеи абзиеи уеилзыркаауа аҵла» иҿаз ашәыр лфар зеиԥшыҟам адырра лоуеит, насгьы уи ацәгьеи абзиеи закәу лхала аӡбара азин лнаҭоит ҳәа. Ева лхаҵа уи изеиҭалымҳәаӡеит, уи ала лхаҵа ихадарахьы апатуқәымҵара аалырԥшит. Адам Анцәа дизыӡырҩыр акәын, аха иара Ева идылгалаз ашәыр игеит (Аат. 12:9; Аҟаз. [Быт.] 2:9, 16, 17; 3:1—6).
5. Иаҳҵозеи Адами Евеи Иегова ҭакс ирҭаз аҟынтә?
5 Анцәа Адам даниазҵаа, уи иԥҳәыс зегь лхараҵара далагеит, абас ҳәо: «Уара исуҭаз аԥҳәыс, — лара лоуп аҵла иҿаз ашәыр сызҭаз, убри аҟынтә исфеит». Ева лакәзар, амаҭ дахьажьаз иахаралҵон (Аҟаз. [Быт.] 3:12, 13). Ас еиԥш ахыриашара баша иҵакыдан. Адами Евеи Анцәа изымӡырҩит аҟынтә, урҭ ҿагылаҩцәоуп ҳәа дрықәыӡбеит. Ҳара ари аурок алҳкаар ҳалшоит. Аҭаацәалазаара насыԥзарц азы, ахаҵеи аԥҳәыси рҩыџьагьы русқәа рзы аҭакԥхықәра шрыду еилыркаауазароуп, насгьы Иегова изыӡырҩлароуп.
6. Ишԥаҳаилшәыркаарыз Аҟазаара (Бытие) 3:15 иану?
6 Едемтәи абаҳчаҿы арыцҳара шыҟалазгьы, Иегова раԥхьатәи аԥааимбаражәа ҳәаны ауаатәыҩса агәыӷра риҭеит. (Уаԥхьа Аҟазаара [Бытие] 3:15.) Ари аԥааимбаражәа инақәыршәаны, «аԥҳәыс» «лхылҵшьҭра» раԥхьаӡа Анцәа иҿагылаз адоуҳатә шамҭа ахы ҭаԥнаҽуеит. Ажәҩан аҿы азиашара аарԥшны Анцәа имаҵ зуа хыԥхьаӡара змам адоуҳатә шамҭақәа Анцәеи дареи еизааигәоу аизыҟазаашьақәа рымоуп. Ԥыҭрак ашьҭахь Аҩыра иҳаилнаркааит Анцәа игәаԥхарала аԥҳәыс илеиԥшу аиҿкаара иахәҭаку аӡәы Аџьныш ихы шҭаԥиҽуа. Иара убас еилаҳкааит азыӡырҩра аазырԥшуа ауаа алшара шриҭо раԥхьатәи хаҵеи-ԥҳәыси ирцәыӡыз — адгьыл аҿы наӡаӡа анхара — ҿыц аиура, избанзар убри ауп Иегова аханатә ауаа рзы гәҭакыс имаз (Иоанн 3:16).
7. а) Ишԥаныри аҭаацәалазаара Адами Евеи иаадырԥшыз аҿагылара? б) Дыззыԥшузеи Иегова хаҵеи-ԥҳәыси рҟынтә?
7 Адами Евеи иаадырԥшыз аҿагылара рхатә ҭаацәалазаара еиԥш, ирхылҵыз зегьы рҭаацәалазаара ианырит. Убас, Ева иналыркны аҳәса зегьы ахшара данроуа ахьаа ӷәӷәақәа роуа иалагеит. Аҳәса рхацәа рахь ацәанырра ӷәӷәақәа рызцәырҵит, ахацәа рыҳәса напхгара рзыруа иалагеит, лассы-лассы агәымбылџьбарара аарԥшуа. Иахьа аҭаацәарақәа жәпакы рҿы уи убарҭоуп (Аҟаз. [Быт.] 3:16). Иегова дазыԥшуп ахаҵа иԥҳәыс лахь абзиабара аарԥшуа ихадара наигӡалоит ҳәа. Аҳәса рхацәа рхадара иацныҟәалар ауп (Еф. 5:33). Анцәа ицәшәо хаҵеи-ԥҳәыси анеицхыраауа, аилибамкаарақәа цәырызго аҭагылазаашьақәа еиҳа имаҷхар алшоит, мамзаргьы урҭ зынӡа рҽырцәырыхьчоит.
АДАМ ИНАИРКНЫ АӠХЫҴРА ҞАЛААНӠА
8. Аҽшԥаԥсахи аҭаацәалазаара Адам инаиркны Аӡхыҵра ҟалаанӡа?
8 Адами Евеи агәнаҳаи анамӡареи рыԥсҭазаара рымнахаанӡа, аԥацәеи аԥҳацәеи рхылҵит (Аҟаз. [Быт.] 5:4). Раԥхьатәи рԥа, Каин, иуа ԥҳәысс дигеит. Абиблиа ишаҳәо ала, Ламех иоуп раԥхьаӡа акәны ҩыџьа аҳәса змаз. Уи Каин дихылҵшьҭран (Аҟаз. [Быт.] 4:17, 19). Адам инаиркны Нои данынхоз иҟалаз Аӡхыҵра аҟынӡа Иегова имаҵ зуаз маҷҩын. Урҭ ирыҵанакуан Авель, Енох, насгьы Нои иҭаацәеи иареи. Абиблиа ишаҳәо ала, Нои ихаан «иҵабыргу Анцәа иԥацәа рылаԥш иҵашәеит ауаатәыҩсатә ҳәсақәа, ирбеит урҭ шыԥшӡаз, досу иалырхыз зегьы ҳәсақәасгьы ргара иалагеит». Ауаатәыҩсатә цәеижь аазхәаз амаалықьцәеи аҳәсеи ирыбжьалаз иԥсабаратәым аизыҟазаашьақәа ирыхҟьаны, урҭ адауцәа иреиԥшыз, анефилимцәа зыхьӡыз аԥацәа роуит. Урҭ даара игәымбылџьбаран. Уи инеиҳангьы, ауаа адгьыл аҿы ахәымгара рҽаларҟьашьит, насгьы рыгәҭахәыцрақәа зегьы еснагь ацәгьара мацарахь ирхан (Аҟаз. [Быт.] 6:1—5).
9. Ирзиузеи Иегова Нои ихаан ацәгьоуцәа, насгьы иаҳнарҵозеи уи ҳара?
9 Нои ихаан Иегова Аӡхыҵраҿы ацәгьоуцәа ықәигеит. Усҟан ауаа даараӡа еилахан, есыҽнытәи аусқәа, аҭаацәара алаларагьы уахь иналаҵаны, аамҭа рацәаны ирзыркуан. Убри аҟынтә дара ирзыԥшыз ақәгара атәы разҳәоз, «аиаша-ҵабырг рылазырҵәоз Нои» иажәақәа рхахьгьы иааргомызт (2 Пиотр 2:5). Иисус усҟантәи аамҭақәа ҳаамҭақәа ирҿирԥшит. (Уаԥхьа Матфеи 24:37—39.) Ари адунеи аҵыхәтәа ааиаанӡа адунеи ахьынӡа-наӡааӡо ажәларқәа зегьы рзышаҳаҭразы ирыладырҵәо Анцәа Иаҳра иазку ажәабжь бзиа ауаа реиҳараҩык иахьа азыӡырҩра рҭахӡам. Нои ихаан иҟалаз ҳара ҳгәаҳҽаннаҵоит: аҭаацәара иадҳәалоу аусқәагьы — аҭаацәара алалара ма ахәыҷқәа рааӡара — Иегова имш азыԥшра иаҳԥырхагамзар ауп.
АӠХЫҴРА ИНАРКНЫ ИИСУС ИҞЫНӠА
10. а) Иарбан асексуалтә гәаԥхашәадара иадҳәалаз хәаԥшышьақәоу акультурақәа жәпакы рҿы ирылаҵәаз? б) Излаҿырԥшыгоузеи ҳара ҳзы Авраами Сарреи рҭаацәалазаара?
10 Нои иԥацәеи иареи хатә ҩызцәас аӡәаӡәа ракәын ирымаз, аха апатриархцәа рхаан ахацәа аҳәса рацәаҩны ирыман. Акультурақәа жәпакы рҿы асексуалтә гәаԥхашәадара рылаҵәан, уи инеиҳангьы адинхаҵаратә қьабзқәа ирыхәҭакын. Аврам (Авраам) иԥҳәыс Сареи (Сарра) иареи Анцәа изыӡырҩны Ханаанҟа ианиас, уи адгьыл аҿы аҭаацәалазаара пату ақәзымҵоз, игәаԥхашәадаз ауаа шынхоз рбеит. Иегова ақалақьқәа Содоми Гоморреи ықәигарц иӡбеит, избанзар уа инхоз ауаа гәаԥхашәадарала рхы мҩаԥыргон, мамзаргьы уи рымбозшәа ҟарҵон. Авраам иҭаацәараҿы ахадара бзианы инаигӡон. Сарра ахаҵа ихадара ишацныҟәалатәу аганахь ала аҿырԥш бзиа аанлыжьит. (Уаԥхьа 1 Пиотр 3:3—6.) Авраам илшоз зегь ҟаиҵеит иԥа Исаак Иегова имаҵ зуаз аҭыԥҳа ԥҳәысс дигарц азы. Исаак иԥа Иаковгьы убас ҟаиҵеит. Уи иԥацәа ирхылҵит израильтәи 12 еимшьҭра.
11. Ишԥахьчоз израильаа Моисеи изакәан?
11 Ԥыҭрак ашьҭахь Иегова израильтәи ажәлари иареи аиқәшаҳаҭра рыбжьеиҵеит. Апатриархцәа рхаан иҟаз аҭаацәалазаара иадҳәалаз аҵасқәа Моисеи изакәан аҿы еиқәыԥхьаӡан. Иаҳҳәап, израильаа азин рымамызт егьырҭ анцәахәқәа ирымҵахырхәоз ауаа аҭаацәара рыцалалара, ари азакәан Иеговеи дареи реизыҟазаашьақәа ахьчон. (Уаԥхьа Ҩынтәзакәан [Второзаконие] 7:3, 4.) Аӡәы иҭаацәараҿы ауадаҩра ӷәӷәақәа анизцәырҵуаз, ажәлар реиҳабацәа ацхыраара ирҭон. Аԥсахреи, ахыбаареи, агәрамгареи ирыдҳәалаз аҭагылазаашьақәа азакәан инақәыршәаны ирыӡбон. Аилыҵра ауан, аха амзыз Азакәан иаҳәо иақәшәозар акәын. Ахаҵа иԥҳәыс длылҵыр ауан, «лхымҩаԥгашьаҿы иҽеим ак» ибозҭгьы (Ҩынтә. [Втор.] 24:1). Азакәан аҿы «иҽеим» закәу арбаӡамызт, аха еилкаауп уи баша гха хәыҷык шакәмыз (Алев. [Лев.] 19:18б).
ШӘХАТӘ ҨЫЗА ЕСНАГЬ ШӘИЗИАШАЗ
12, 13. а) Ишԥарзыҟаз Малахиа ихаан ахацәа шьоукы рыҳәсақәа? б) Иарбан лҵшәақәоу иӡааху ақьырсиан изыԥшу, даҽаӡә ихатә ҩыза иахь дцар?
12 Аԥааимбар Малахиа ихаан ауриатә жәлар рҿы ахацәа аӡәырҩы рыҳәса чарҳәара рзыруан: гха хәыҷык иахҟьангьы рыҳәса ирылҵуан. Убас урҭ ахацәа ианқәыԥшыз ԥҳәысс иргаз аанрыжьуан, иҟалап еиҳа иҿоу, мамзаргьы егьырҭ анцәахәқәа ирымҵахырхәоз ргарц азы. Иисус адгьыл аҿы данынхозгьы аиудеиаа рыҳәса уаанӡа еиԥш чарҳәара рзыруан, ирывырбалак азы ирылҵуа (Матф. 19:3). Анцәа Иегова ас еиԥш аилыҵра ицәымӷын. (Уаԥхьа Малахиа [Малахия] 2:13—16.)
13 Иахьа уи аҩыза ахымҩаԥгашьа Иегова ижәлар рҿы иаҭыԥым. Аха, иаҳҳәап, аҭаацәара иалоу иӡааху ақьырсиан даҽаӡә ихаҵа ма иԥҳәыс лахь дцоит, нас ихатә ҩыза дилҵны ҿыц аҭаацәара далалоит. Уи ақьырсиан иҟаиҵаз дахьымхәуазар, аизара далырцоит. Уи абзоурала аизара доуҳала ицқьаны иаанхоит (1 Кор. 5:11—13). Агәнаҳа ҟазҵаз ауаҩы аизарахь дхынҳәырц иҭахызар, «ахьхәра иаҭәоу аусқәа» ҟаиҵар ауп (Лука 3:8; 2 Кор. 2:5—10). Агәнаҳа ҟазҵаз ауаҩы аизараҿы ҿыц Иегова ишаҳаҭс дыԥхьаӡахарц азы шаҟа аамҭа ҵыр акәу џьаргьы иарбаӡам, аха иаҳхаҳмыршҭлар ауп ачарҳәара Анцәа ижәлар рыбжьара шамахамзар ишуԥымлогьы, уи шыгәнаҳа ӷәӷәоу. Агәнаҳаҟаҵаҩ гәык-ԥсык ала дшахьхәыз шьақәирӷәӷәарц азы аамҭа цар ауп — шықәсык ма еиҳаны. Уи ауаҩ аизараҿы ҿыц Иегова ишаҳаҭс дыԥхьаӡахаргьы, иара Анцәа иӡбарҭаҿы дгыланы аҭак ҟаиҵар акәхоит (Рим. 14:10—12, АдҾ; шәахәаԥш сентиабр 15, 2006 шықәсазы иҭыҵыз «Сторожевая башня», адаҟьақәа 29—30).
АҚЬЫРСИАНЦӘА РҾЫ АҬААЦӘАЛАЗААРА
14. Хықәкыс иамази Азакәан?
14 Моисеи изакәан 1 500 шықәса рыҩныҵҟа израильаа напхгара рызнауан. Уи Анцәа ижәлар ирыцхраауан аҭаацәара иадҳәалази егьырҭ азҵаарақәеи рыӡбараҿы ииашоу апринципқәа рхамышҭларц. Уи иара убас Мессиа иахь иназгоз ааӡаҩхеит (Гал. 3:23, 24). Иисус Христос данԥсы ашьҭахь, Азакәан аԥыхын, убри аҟынтә Анцәа аиқәшаҳаҭра ҿыц аԥиҵеит (Аур. 8:6). Уи аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, уаанӡа Моисеи изакәан ала иҟауҵар алшоз усқәак уажәшьҭа рыҟаҵара ауамызт.
15. а) Иарбан ԥҟароу аҭаацәалазаара аганахь ала ақьырсианцәа зықәныҟәалар акәу? б) Игәалашәалар ихәҭоузеи аилыҵра иазхәыцуа ақьырсиан?
15 Иисус афарисеицәа рызҵаара аҭак аныҟаиҵоз, иҳәеит Моисеи изакәан ала аилыҵра шауазгьы, «аханатә ус иҟамызт» ҳәа (Матф. 19:6—8). Убасала Иисус иаҳирбеит Анцәа Едемтәи абаҳчаҿы аҭаацәалазаара аганахь ала ишьақәиргылаз аԥҟара ақьырсиантә еизараҿы ишықәныҟәало (1 Тим. 3:2, 12). Аҭаацәара иалало «цәеижьк» ракәны иҟаларц азы, ахаҵа иԥҳәыс иҽлыдикылар акәын, аԥҳәыс лхаҵа лыҽидылкылар акәын, иара убас Анцәа иахь, насгьы дара-дара рахь абзиабареи апатуқәҵареи аарԥшуа рҭаацәалазаара дырӷәӷәалар рыхәҭан. Акалҭбааԥсра иахҟьаны акәымкәа зхатә ҩыза илҵыз, аҭаацәалазаара ҿыц аԥҵара азин имам (Матф. 19:9). Ҳәарада, ақьырсиан илшоит агәнаҳа ҟазҵаз, аха иахьхәыз ихатә ҩыза ианаижьыр. Убас ауп, ишаҳбо ала, аԥааимбар Осиа ишыҟаиҵаз: уи гәаԥхашәадарала зхы мҩаԥызгаз иԥҳәыс Гомерь иланаижьит. Убас еиԥш Иегова адоуҳа аганахь ала азиашара аазмырԥшыз, аха анаҩс иахьхәыз израильтәи ижәлар рахь агәшаҭара ааирԥшит (Ос. [Ос.] 3:1—5). Иазгәаҭатәуп ақьырсиан ихатә ҩыза агәнаҳа шыҟаиҵаз дырны цәеижьла изааигәахара иӡбазар, уи ианаижьит ҳәа шаанаго. Уажәшьҭа иара ихатә ҩыза илҵразы абиблиатә шьаҭа имам.
16. Ииҳәазеи Иисус аҭаацәара аламлара иазкны?
16 Ахатә ҩыза илҵразы ақьырсианцәа ирымоу мзыз заҵәык — акалҭбааԥсра — шакәу аарԥшуа, Иисус аҭаацәара аламлара заҭәашьоу рыӡбахә далацәажәеит. Иара иҳәеит: «Ус анхара иазхиоу, ус даанхааит» (Матф. 19:10—12, АдҾ). Аӡәырҩы Иегова имаҵ аураҿы акгьы рԥырхагамхарц азы, аҭаацәара иаламларц рыӡбеит. Уи аҩыза аӡбара арҽхәара иаԥсоуп.
17. Ицхраауазеи ақьырсиан аҭаацәара далалару-даламлару аӡбара?
17 Аҭаацәара иалалатәу-иаламлатәу? Ауаҩы ари азҵаара аҭак ҟаиҵарц азы, аҭаацәара даламлакәа аанхара илшоу-илымшоу еиликаароуп. Апостол Павел аҭаацәара аламлара еиҳа еиӷьуп иҳәон, аха иациҵеит: «Аха акалҭбааԥсра аҽацәыхьчаразы иамҩоуп дарбан хаҵазаалакь ԥҳәыс димазарц, аԥҳәысгьы — ахаҵа». Анаҩс иҳәеит: «Аха ус еиԥш ала аныҟәара, уи аҩыза аҽынкылара рылымшозар — аҭаацәара иалалааит; ари еиҳа еиӷьуп, уцәаныррақәа уеиларбылуа, уҽузнымкыло уҟазар аасҭа». Аҭаацәара алалара ауаҩы ицәеижьтә гәаҳәарақәа рынагӡара ицхраауеит, ус ҟаимҵар игәаҳәарақәа амастурбациа еиԥш иҟоу ашьцылара бааԥс ахь днаргоит, мамзаргьы игәаԥхашәадоу аусқәа инарҟаҵоит. Ари азҵаараҿы иара убас ақәра иазхәыцтәуп, избанзар Павел иҳәеит: «Шәара шәыбжьара зҭәымҭа иҭагылоу ԥҳәызбак дзызҳәаны иԥшу... дызгароуп ҳәа ихәыцуа аӡәыр дыҟазар, иара ишиҭаху, ииашоуп ҳәа шиԥхьаӡо ала дныҟәааит — уи гәнаҳара аҵаӡам; еибагааит» (1 Кор. 7:2, 9, 36; 1 Тим. 4:1—3). Аха ауаҩы аҭаацәара дзалало ақәыԥшра аамҭазы ицәырҵуа иӷәӷәоу асексуалтә цәаныррақәа рзы акәымзар ауп, избанзар уи аҭаацәалазаара иацу аҭакԥхықәра ихахьы игарц азы макьана ишахәҭоу дымшәӡац.
18, 19. а) Изцалалар рыхәҭада ақьырсианцәа аҭаацәара? б) Еилыргахозеи анаҩстәи астатиаҿы?
18 Ақьырсианцәа Иегова зҽизызкыз, насгьы гәык-ԥсык ала бзиа дызбо роуп аҭаацәара изцалалаша. Уи адагьы, ҩыџьа ақьырсианцәа аҭаацәара еицалаларц азы, даараӡа бзиа еибабар ауп. Аҭаацәара шәызцалало «Иҳақәиҭу иитәу иакәзааит» ҳәа Абиблиа иану алабжьара иқәныҟәар, хымԥада, азылԥхарақәа роуеит (1 Кор. 7:39). Аҭаацәара ианалалалак, рхаҭа агәра ргоит абиблиатә лабжьарақәа рҭаацәалазаара насыԥны ишыҟарҵо.
19 Аҵыхәтәантәи арҭ аамҭақәа раан аҳәсеи ахацәеи аӡәырҩы аҭаацәаратә насыԥ иаԥырхаго аҟазшьақәа аадырԥшуеит. Анаҩстәи астатиаҿы еилҳаргоит аҭаацәара иалоу ақьырсианцәа ирыцхраауа абиблиатә принципқәа (2 Тим. 3:1—5). Иегова Иажәаҿы иҳаиҭоит аҭаацәалазаара зырӷәӷәо, насгьы ижәлар ҳрылагыланы наӡаӡатәи аԥсҭазаарахь ҳназго амҩала ацара иҳацхраауа зыхә ҳараку алабжьарақәа (Матф. 7:13, 14).