Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w16 август ад. 13—17
  • Иҟаҵатәузеи аҭаацәалазаара насыԥзарц азы?

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Иҟаҵатәузеи аҭаацәалазаара насыԥзарц азы?
  • Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ХАҴЕИ-ԤҲӘЫСИ ИНАРЫГӠО АРОЛЬҚӘА
  • ЕИҲАРАӠАК АХААРА ААРԤШРА АНАҬАХУ
  • АҬААЦӘАЛАЗААРА АШӘАРҬАРА ИАНҬАГЫЛОУ
  • АҬААЦӘАЛАЗААРАҾЫ ИХАДОУ
  • Аҭаацәа шеилыҵра иҟазар
    Аҭаацәаратә насыԥ амаӡа
  • Аҭаацәалазаара — бзиа ҳазбо Анцәа иҳамҭоуп
    «Анцәа ибзиабараҿ шәыҟаз»
  • Наӡаӡатәи аҭаацәалазааразы иаҭаху ҩ-цаԥхак
    Аҭаацәаратә насыԥ амаӡа
Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
w16 август ад. 13—17

Иҟаҵатәузеи аҭаацәалазаара насыԥзарц азы?

«Доусы иԥҳәыс, их бзиа ишибо аиԥш, бзиа дибалааит; аԥҳәысгьы лхаҵа дицәшәалааит [«ӷәӷәала пату иқәылҵалааит», АдҾ]» (ЕФ. 5:33).

АШӘАҚӘА: 87, 3

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Иарбан рольқәоу Анцәа хаҵеи-ԥҳәыси ирзалихыз?

  • Избан аҭаацәалазаараҿы абзиабареи ахаареи зхадоу?

  • Ишԥарыцхраауеи Абиблиа хаҵеи-ԥҳәыси рҭаацәалазаараҿы ауадаҩрақәа рыӡбара?

1. Ачара агәырӷьара ду шузаанагогьы, иргәалашәалар рыхәҭоузеи аҭаацәара иалало? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.)

АРԤЫС иигараны иҟоу аԥҳәызба данибо, ихы-иҿы лашоит, урҭ ргәырӷьара ҳәаа амам. Дара анеиқәшәоз, рыбзиабара еиҳа-еиҳа иӷәӷәахон, уажәшьҭа урҭ рҭаацәалазаараҿы еснагь азиашара шаадырԥшло ала аҿаҭахьа аҭара иазхиоуп. Ҳәарада, рыԥсҭазаараҿы ирыԥсахша рацәоуп, избанзар уажәшьҭа дара ҭаацәарак еиԥш рҽеидыркылеит. Анцәа Иажәаҿы аҭаацәара иалаларц зҭаху рзы узықәгәыӷыртә иҟоу анапхгара ануп, избанзар бзиа ҳазбо аҭаацәара Аԥҵаҩы Анцәа ҳҭаацәалазаара насыԥзарц иҭахуп (Ажәам. [Прит.] 18:22). Абиблиаҿы иаартны иануп инаӡам ауаа аҭаацәара ианалало, «ауадаҩра ҿыцқәа» шроуа (1 Кор. 7:28). Иҟаҵатәузеи урҭ ауадаҩрақәа иахьынӡалшо ала еиҳа имаҷхарц азы? Иҟаҵатәузеи ақьырсиантә ҭаацәалазаараҿы анасыԥ аиуразы?

2. Иарбан бзиабара хкқәоу хаҵеи-ԥҳәыси иаадырԥшлар рыхәҭоу?

2 Абиблиаҿы иаҵшьны иазгәаҭоуп абзиабара шаҟа ихадоу. Аҭаацәалазаараҿы ахаара зҵоу абзиабара (абырз. фили́а) даара ихадоуп. Аромантикатә бзиабара (е́рос) агәахәара узаанагоит, ахшара ануоуа, аиуацәа рыбжьара иҟоу абзиабара (сторге́) аарԥшлатәуп. Аха аҭаацәалазаара раԥхьаӡа иргыланы насыԥны иҟазҵо апринципқәа шьаҭас измоу абзиабара (ага́пе) ауп. Уи абзиабара иазкны апостол Павел иҩуан: «Доусы иԥҳәыс, их бзиа ишибо аиԥш, бзиа дибалааит; аԥҳәысгьы лхаҵа дицәшәалааит [«ӷәӷәала пату иқәылҵалааит», АдҾ]» (Еф. 5:33).

ХАҴЕИ-ԤҲӘЫСИ ИНАРЫГӠО АРОЛЬҚӘА

3. Шаҟа иӷәӷәазар акәзеи хаҵеи-ԥҳәыси рыбзиабара?

3 Павел иҩуан: «Ахацәа, бзиа ижәбала шәыҳәса, Христос Ауахәама бзиа ишибаз, ихы шақәиҵаз аиԥш» (Еф. 5:25). Ақьырсианцәа Иисус иҿыԥшларц азы, иара бзиа ишибоз еиԥш бзиа еибабалар ауп. (Уаԥхьа Иоанн 13:34, 35; 15:12, 13.) Ақьырсиантә ҭаацәараҿы абзиабара убриаҟара иӷәӷәазар ауп, иаҭаххар ахаҵагьы аԥҳәысгьы дара-дара рзы аԥсрагьы ақәшаҳаҭхара ргәазҭанаҵартә еиԥш. Аха аҭаацәараҿы аилибамкаара ӷәӷәақәа анцәырҵуа, хаҵеи-ԥҳәыси уи аҟаҵара рцәыцәгьахар ауеит. Аха абзиабара ага́пе «зегьы рыхьчара-рҿыхра иазыхиоуп, зегьы рыгәра агоит, зегьы ирықәгәыӷуеит, зегьы ахҭнагоит». Уи «ахаан еиԥхьбара ақәым» (1 Кор. 13:7, 8). Анцәа ицәшәо хаҵеи-ԥҳәыси еснагь бзиа ишеибабало, насгьы азиашара шаадырԥшло ала аҿаҭахьа шыҟарҵаз рхадмыршҭлозар, зеиԥшыҟам Анцәа ипринципқәа рыцхыраарала ауадаҩрақәа зегьы рыхгара рылшоит.

4, 5. а) Иарбан рольу ахаҵа аҭаацәара ахада иеиԥш инаигӡо? б) Дышԥазыҟазар акәу аԥҳәыс лхаҵа ихадара? в) Иарбан ԥсахрақәоу ҭаацәарак иҟарҵар акәхаз?

4 Абар Павел хаҵеи-ԥҳәыси инарыгӡо арольқәа ирызкны ииҳәаз: «Шәарҭ аҳәса, шәхацәа рҳәатәы хашәҵала, Иҳақәиҭу иажәа шазхашәҵо аиԥш,— избанзар ахаҵа аԥҳәыс дылхадоуп, Христос Ауахәама дшахадоу аиԥш, абри аамҭазгьы Уи ацәеижь Еиқәырхаҩыс дамоуп» (Еф. 5:22, 23). Ҳәарада, уи иаанагаӡом аԥҳәыс еиҳа длаҟәуп ахаҵа иаасҭа ҳәа. Аԥҳәыс ари апринцип дықәныҟәо, Анцәа илзалихыз ароль анагӡара лылшоит. Иара иҳәеит: «Ауаҩы [Адам] ихала дыҟазар бзиаӡам. Дизысшап иара дхазырҭәаауа ацхырааҩ» (Аҟаз. [Быт.] 2:18). «Ауахәама», ма аизара, иахадоу Христос абзиабара шааирԥшуа еиԥш, иқьырсиану ахаҵа ихадара бзиабарала инаигӡалар ауп. Усҟан аԥҳәыс лхаҵа абаагәара дылзаҩызахоит, насгьы уи пату иқәҵареи, ицхраареи, изыӡырҩреи агәахәара лзаанагалоит.

5 Кети1 зыхьӡу иқьырсиану аԥҳәыс илҳәоит аҭаацәара даналала ашьҭахь илыԥсахшаз шырацәахаз: «Аҭаацәара салалаанӡа сара аӡәгьы сихьыԥшымызт, схала схы ныҟәызгон. Ачара ашьҭахь схаҵа иқәгәыӷшьа сҵарц азы, сҽысыԥсахлар акәхеит. Ҳәарада, зны-зынла уи уадаҩын, аха Иегова ишаҳирҵо еиԥш ҳхы ахьымҩаԥаҳгоз абзоурала, схаҵеи сареи еиҳа ҳаизааигәахеит». Абар лхаҵа Фред ииҳәо: «Сара еснагь исцәыцәгьан аӡбарақәа рыдкылара. Аҭаацәара саналала уи еиҳагьы исцәыцәгьахеит, избанзар уажәшьҭа сзызхәыцшаз схатә гәаанагара мацара акәӡамызт. Аха сара Иегова анапхгара сиҭарц азы еснагь сиҳәоит, насгьы сыԥҳәыс лгәаанагара сазыӡырҩуеит, убри аҟынтә исыду ароль анагӡара еиҳа-еиҳа имариахоит. Сара избоит ҳара командак еиԥш ҳшыҟоу!»

6. Ишԥацхраауеи инаӡоу акзаарала еидҳәалоу абзиабара аҭаацәалазаараҿы ауадаҩрақәа рыӡбара?

6 Иӷәӷәоу аҭаацәалазаара шьақәгылоуп рхатә ҩыза игхақәа рхы рзымышьҭра иазхиоу ҩыџьа ауаа рыла. Дара ачҳара аадырԥшуеит, насгьы гәшаҭарала иранеибажьуеит. Ҳәарада, ахаҵагьы, аԥҳәысгьы агхақәа ҟарҵоит. Ус аныҟало, дара рыгхақәа аурок алкаара, гәшаҭарала анажьра, насгьы инаӡоу акзаарала еидҳәалоу абзиабара аарԥшра рылшоит (Кәал. 3:13, 14). Уи адагьы, «абзиабара — ахачҳара амоуп, гәыбылрала ихыш-хыҵәоит». Уи «ԥсахеибакра-гәаара алам» (1 Кор. 13:4, 5). Аилибамкаара цәырҵзар, уи иаарласны иӡбатәуп. Иқьырсиану хаҵеи-ԥҳәыси реилибамкаарақәа аҽныҵәҟьа рыӡбара рҽазыршәалар ауп (Еф. 4:26, 27). Гәык-ԥсык ала «саҭаумҵан, угәы ахьынсырхаз», ма «саҭабымҵан, бгәы ахьынсырхаз» аҳәаразы ахынраалареи агәымшәареи аҭахуп, аха уи ада ицәырҵуа ауадаҩрақәа рыӡбареи аизааигәахареи залшом.

ЕИҲАРАӠАК АХААРА ААРԤШРА АНАҬАХУ

7, 8. а) Иарбан лабжьарақәоу аҭаацәалазаараҿы ацәеижьтә еизааигәахара аганахь ала Абиблиаҿы иану? б) Избан хаҵеи-ԥҳәыси аҟәымшәышәреи ахаареи заадырԥшлар акәу?

7 Абиблиаҿы иануп хаҵеи-ԥҳәыси ацәеижьтә еизааигәахара ииашаны азнеира ирыцхраауа иҟәыӷоу апринципқәа. (Уаԥхьа 1 Коринфаа рахь 7:3—5.) Ари аганаҿы даара ихадоуп ухатә ҩыза ицәаныррақәеи иҭахрақәеи рызхәыцра. Ахаҵа иԥҳәыс лахь ишахәҭоу ахаара ааимырԥшуазар, лара ацәеижьтә еизыҟазаашьақәа агәахәара лзаанагалаӡом. Ахацәа рыҳәса ргәы-рыԥсы иҭоу еилкааны, ҟәыӷарала ирызныҟәалар ауп (1 Пиотр 3:7). Ахатә ҩыза ацәеижьтә еизааигәахара мчыла идцалара ҟалаӡом. Уи аҩыџьагьы ирҭахызар ауп. Ишдыру еиԥш, ахацәа аизааигәахара агәаҳәара еиҳа ирласны ирызцәырҵуеит аҳәса раасҭа, убри аҟынтә уи азы аҩыџьагьы ианазхиоу аамҭа азалхтәуп.

8 Абиблиаҿы ианӡам аизааигәахара аан хаҵеи-ԥҳәыси ахаара шаадырԥшлар акәу аганахь ала иалкаау аԥҟарақәа. Аха уа иҳәоуп ус еиԥш иҟоу ахаара аӡбахә (Ашәақәа 1:2; 2:6). Иқьырсиану хаҵеи-ԥҳәыси аҟәымшәышәреи ахаареи аадырԥшлароуп.

9. Избан ақьырсиан изиаҭәам аҭаацәара дызцалам ауаҩ иахь асексуалтә интерес аарԥшра?

9 Анцәеи иаҳзааигәоуи даараӡа бзиа ианаҳбо, ҳҭаацәалазаара ак аԥырхагахар, ма аӡәы ашәарҭара иҭаиргылар алҳаршом. Ҭаацәарақәак рҿы хаҵеи-ԥҳәыси реизыҟазаашьақәа бжьысит, избанзар руаӡәк апорнографиа ахәаԥшра иҽаиршьцылеит. Даараӡа ихадоуп апорнографиахь иҳазцәырҵуа аинтереси аҭаацәалазаара анҭыҵ ацәеижьтә еизааигәахаразы иҳазцәырҵуа агәаҳәарақәеи иаразнак раанкылара. Иара убас ҳара ҳҽацәаҳахьчалар ауп афлирт, мамзаргьы уи иадукылар алшо ахымҩаԥгашьа. Ус зхы мҩаԥызго абзиабара аадырԥшуам. Анцәа ҳхәыцрақәеи ҳусқәеи зегьы шибо ҳгәалашәозар, уи изыӡырҩреи гәаԥхашәала ҳацқьаны аанхареи ҳгәазҭанаҵоит. (Урыԥхьа Матфеи 5:27, 28; Ауриацәа рахь 4:13.)

АҬААЦӘАЛАЗААРА АШӘАРҬАРА ИАНҬАГЫЛОУ

10, 11. а) Шаҟа лассы-лассы еилыҵуазеи аҭаацәарақәа? б) Иаҳәозеи Абиблиа хазы анхара аганахь ала? в) Ирыцхраауазеи хаҵеи-ԥҳәыси хазы анхара аӡбара ахымыццакра?

10 Аҭаацәалазаараҿы еснагь аилибамкаара ӷәӷәақәа цәырҵуазар, руаӡәк ма рҩыџьагьы ирыӡбар ауеит зегь иреиӷьу хазы анхара, мамзаргьы аилыҵра ауп ҳәа. Тәылақәак рҿы аҭаацәарақәа реиҳарак еилыҵуеит. Анцәа ижәлар рыбжьара уи лассы-лассы иуԥылаӡом, аха агәҭынчымра узцәырнагоит аҭаацәара иалоу ақьырсианцәа еиҳа лассы-лассы ауадаҩра ӷәӷәақәа ирықәшәо иахьалагаз.

11 Абиблиаҿы иануп: «Аԥҳәыс лхаҵа дилымҵыроуп; Дилҵыр, уаҳа хаҵа дымцакәа даанхароуп, мамзаргьы ҩаԥхьа лхаҵа динаалароуп,— ахаҵа иакәзаргьы убас — иԥҳәыс даанимыжьроуп» (1 Кор. 7:10, 11). Хазы анхара ишабалак иазнеитәым. Хазы уцар, ауадаҩрақәа рыӡбара улшоит ҳәа угәы иаанагар шауагьы, лассы-лассы уи еиҳау ауадаҩрақәа цәырнагоит. Иисус ауаҩԥсы иаби иани ааныжьны, иԥҳәыс иҽлыдикылоит ҳәа Анцәа иажәақәа еиҭаҳәо, иациҵеит: «Анцәа иеидикылаз ауаҩы еиҟәимгааит» (Матф. 19:3—6; Аҟаз. [Быт.] 2:24). Уи иаанагоит ахаҵагьы, аԥҳәысгьы Анцәа еидикылаз аиҟәгара азин шрымам. Иегова аҭаацәалазаара наунагӡа иҟоу еиқәшаҳаҭроуп ҳәа иԥхьаӡоит (1 Кор. 7:39). Хаҵеи-ԥҳәыси иргәалашәозар досу Анцәа иҿаԥхьа аҭак ҟаиҵар шакәхо, ауадаҩрақәа иаразнак рыӡбара рҽазыршәалоит, урҭ еиҳа еицәоу акахьы икылсаанӡа.

12. Избан ахаҵа ма аԥҳәыс хазы анхара иазхәыцуазар залшо?

12 Избан хаҵеи-ԥҳәыси ауадаҩра ӷәӷәақәа зрызцәырҵуа? Иҟалап уи зыхҟьо рҭаацәалаазара аҟынтә иззыԥшыз ахьынамӡаз акәзар. Насыԥ змоу аҭаацәалаазара иадҳәалоу агәыӷрақәа анынамӡо, ауаҩы дыржьазшәа ихы ибар ауеит, агәынамӡареи агәыԥжәареи изцәырҵыр алшоит. Лассы-лассы хаҵеи-ԥҳәыси ремоциатә ҭахрақәеи рааӡашьеи еиԥшым. Аҭынхацәа ирыдҳәалоу ауадаҩрақәа, насгьы ахәыҷқәа рааӡареи аԥара аныхреи рганахь ала ргәаанагарақәа ахьеиԥшым иахҟьангьы аилибамкаарақәа цәырҵыр рылшоит. Аха арҽхәара иаԥсоуп аҭаацәара иалоу ақьырсианцәа реиҳараҩык. Урҭ Анцәа ипринципқәа иахьрықәныҟәо абзоурала, имариам арҭ азҵаарақәа рҿы аҳәоуеиқәшәара рымоуп.

13. Ианбаҟало хазы анхара?

13 Иҟоуп хазы анхара аныҟало иҷыдоу ҭагылазаашьақәак. Иаҳҳәап, ахатә ҩыза аҭаацәара аныҟәгара мап ацәикуазар, даараӡа гәымбылџьбарала ихы мҩаԥигозар, насгьы ихатә ҩыза идоуҳатә ҭагылазаашьа ашәарҭара иҭаиргылозар. Арҭ аҭагылазаашьақәа рҿы ақьырсианцәа шьоукы хазы анхара рыӡбоит. Ақьырсианцәа рҭаацәалазаараҿы ауадаҩра ӷәӷәақәа рызцәырҵуазар, аизара аиҳабацәа рҿы ацхыраара иаҳәар ауп. Доуҳала ишәу арҭ аишьцәа хаҵеи-ԥҳәыси Анцәа Иажәа иану алабжьарақәа рхы ишадырхәаша рарҳәар рылшоит. Хаҵеи-ԥҳәыси Иегова иҳәалар ауп иԥшьоу адоуҳа риҭарц, абиблиатә принципқәа рықәныҟәареи адоуҳа иалҵшәоу аҟазшьақәа раарԥшреи дрыцхраарц азы (Гал. 5:22, 23)2.

14. Иарбан лабжьароу зхатә ҩызцәа Иегова имаҵ зымуа ақьырсианцәа Абиблиа ирнаҭо?

14 Ақьырсианцәа шьоукы рхатә ҩызцәа макьана Иегова имаҵ руӡом. Абиблиаҿы иаагоуп амзызқәа, ус еиԥш иҟоу ақьырсианцәа рхатә ҩызцәа аанырмыжьлар зрыхәҭоу узырбо. (Уаԥхьа 1 Коринфаа рахь 7:12—14.) Анцәа имаҵ зуа ақьырсиан хатә ҩызас дызмоу ауаҩы дыԥшьоуп, уи иара еиликаауазаргьы-еилимкаауазаргьы. Уи аҩыза аҭаацәараҿы ахшара аниуа, урҭ ԥшьоуп ҳәа иԥхьаӡоуп, насгьы Анцәа ихьчоит. Павел иҩуан: «Аԥҳәыс, бақәымгәыӷӡои бхаҵа иеиқәырхара былшап ҳәа? Мамзаргьы уара, ахаҵа, уԥҳәыс дузеиқәмырхари?» (1 Кор. 7:16). Иегова ишаҳаҭцәа реизарақәа рҿы имаҷымкәа ақьырсианцәа рхатә ҩызцәа Иегова имаҵ аура иалагарц ирыцхрааит.

15, 16. а) Иарбан лабжьароу зхатә ҩыза Анцәа имаҵ зымуа иқьырсиану аԥҳәыс Абиблиа илнаҭо? б) Иҟаиҵар илшозеи ақьырсиан, «агәрахаҵара змам» ихатә ҩыза хазы дцарц иҭахызар?

15 Апостол Пиотр иқьырсиану аҳәса ааиԥхьон: «Хаҵа ирымоу аҳәса, шәхацәа рҳәатәы хашәҵала, шәырзыӡырҩла, урҭ агәрахаҵара рыламзар агәрахаҵара роуразы — шәыԥсҭазаара иаҵоу ацқьареи Анцәа иҿаԥхьа ишәымоу ашәаӡыӡареи ирҿыԥшны». Аԥҳәыс Анцәа акырӡа иаԥсоу ак акәны ииԥхьаӡо аҩныҵҟатәи аԥшӡара, ҭынч, хирла, раҳаҭрала иҟоу аԥшӡара лылазар, лхаҵа Анцәа имаҵ аура алагара игәазҭалҵар ауеит, лыгәрахаҵара атәы иахьа хәлаанӡа ианизеиҭалҳәо аҵкыс (1 Пиотр 3:1—4).

16 Ишԥаҟаҵатәу иқьырсианым ахатә ҩыза иқьырсиану ихатә ҩыза даанижьырц иӡбазар? Абиблиаҿы иануп: «Агәрахаҵара змам ахаҵа иԥҳәыс длылҵырц иҭахызар длылҵааит; абри аамҭазы аешьа иоума, аеҳәшьа лоума, иҿазҳәо ҳәа акагьы ыҟам; Иҳақәиҭу мышхәыбзазаралатәи аҟазаарахь дрыԥхьоит» (1 Кор. 7:15). Ҳәарада, уи иаанагаӡом ақьырсиан аҭаацәалазаара ҿыц аԥҵаразы абиблиатә шьаҭа иоуеит ҳәа, аха уи аамҭазгьы ацара зҭаху ихатә ҩыза даанхарц мчыла идицалаӡом. Хазы анхара зны-зынла аҭынчра аиура иуцхраауеит. Иара убас ақьырсиан агәыӷра имоуп даанзыжьыз ихатә ҩыза знымзар-зны дхынҳәуеит, насгьы Иегова имаҵ аура далагоит ҳәа.

АҬААЦӘАЛАЗААРАҾЫ ИХАДОУ

Адоуҳатә усқәа зегь раԥхьа ианҳаргыло, ҳҭаацәалазаара еиҳа иӷәӷәахоит, насгьы инасыԥхоит (Шәахәаԥш абзац 17.)

17. Ихадазар акәзеи хаҵеи-ԥҳәыси рзы?

17 Ҳара «аҵыхәтәантәи амшқәа», ихьанҭоу аамҭақәа, рынҵәамҭазы ҳанхоит (2 Тим. 3:1—5). Аха доуҳала ҳаӷәӷәазар, ари адунеи анырра ҳаҿагылар ҳалшоит. Павел иҩуан: «Иаанхаз аамҭа маҷуп, ԥҳәыс дызмоугьы ԥҳәыс дызмам иеиԥш ихы иԥхьаӡар ауеит... Ԥсҭазаара зманы ари адунеи иахугьы, иахым шьоук реиԥш рхы рыԥхьаӡар ҟалоит» (1 Кор. 7:29—31). Павел хаҵеи-ԥҳәыси рҭаацәараҿы ирыду ауал атәы рхашҭырц акәӡам иреиҳәоз. Аха уеизгьы, инхаз аамҭа шмаҷхаз дырны, дара адоуҳатә усқәа зегь раԥхьа идыргылалар ауп (Матф. 6:33).

18. Избан ақьырсианцәа аҭаацәараҿы анасыԥ аиура зрылшо?

18 Ихьанҭоу арҭ аамҭақәа раан имаҷымкәа аҭаацәарақәа шеилыҵуагьы, аҭаацәараҿы анасыԥ аиура ҳалшоит. Аҭаацәара иалоу ақьырсианцәа Иегова ижәлар ирылагыланы имаҵ руазар, абиблиатә лабжьарақәа ирықәныҟәозар, насгьы Анцәа иԥшьоу идоуҳа ирнаҭо анапхгара иацныҟәозар, дара «Анцәа иеидикылаз» ахьчара рылшоит (Марк 10:9).

^ 1Абзац 5. Ахьӡқәа ԥсахуп.

^ 2Абзац 13. Шәахәаԥш ашәҟәы «Анцәа ибзиабараҿ шәыҟаз», ацҵа «Аилыҵреи хазы-хазы анхареи рзы Абиблиа ахәаԥшышьа».

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра