Ахьы аасҭа зыхә ҳараку шәыԥшаала
Ишәыԥшаахьоума шәара зныкыр ахьырҵәаҵәа? «Ааи» зҳәо маҷҩуп. Аха миллионҩыла ауаа еиҳа ахә змоу ак рыԥшааит — уи «хьыцқьала иузымԥсахуа» Анцәа иҟәыӷара ауп (Иов [Иов] 28:12, 15).
АБИБЛИА инҭырҳәыцааны иҭызҵаауа ауаа ахьыԥшааҩцәа ирҿурԥшыр алшоит. Урҭ ргәақәкны иааҟәымҵӡакәа Аҩыра ҭырҵаалар ауп, хәы змам аҟәыӷара рыԥшаарц азы. Шәааи ахьы шырыԥшаауа х-методк еилҳаргап, насгьы уи иаҳнарҵар алшо ҳазхәыцып.
ШӘАРА АХЬЫРҴӘАҴӘА ШӘЫԤШААИТ!
Шәхаҿы иаажәг: аҟәара шәықәланы шәышцоз, иаалырҟьаны амраҿы ицырцыруа ахьҟәырҷаха жәбеит. Шәхы ларҟәны шәанахәаԥш, еилышәкаауеит ахьырҵәаҵәа хәыҷ шыжәбаз! Ишԥашәықәҿиеи! Иара асԥычка ахы аасҭа еиҵоуп, аха уи зхаҭабзиара ҳараку алмас аасҭа аԥшаара цәгьоуп. Ҳәарада, иаразнак анаԥш-ааԥшра шәалагоит, иҵегь ыҟаӡами ҳәа.
Иҟалап убри еиԥшыз шәақәшәазар, Абиблиа иану агәыӷра шәзеиҭазҳәарц зҭахыз Иегова ишаҳаҭ шәыҩнашә данас. Хымԥада, Абиблиаҿы раԥхьатәи «ахьырҵәаҵәа» анышәыԥшааз аамҭа шәхаҿы наӡаӡа инхеит. Иҟалап уи Аҩыраҿы раԥхьаӡа акәны Анцәа ихьӡ аныжәбаз акәзар (Аԥсал. 83:18, АдҾ). Мамзаргьы Иегова шәиҩызахар шшәылшо еилышәкааит (Иак. 2:23). Еилышәкаазар акәхап ахьы аасҭа еиҳа зыхә ҳараку ак шышәыԥшааз. Убри аҟынтә уи аҩыза «ахьырҵәаҵәақәа» еиҳаны аԥшаара шәҭаххеит.
ЕИҲАНЫ ИШӘЫԤШААИТ!
Зны-зынла ахьы еизоит акәарақәеи аӡиасқәеи рҿы. Иара арыци аԥыҭҳаи иреиԥшуп. Мызқәак рыла аашьара злам аԥшааҩцәа арҭ аҭыԥқәа рҿы кьылала ахьы рыԥшаар рылшоит, ԥарала уи даараӡа ирацәаны иаԥсоуп.
Иегова ишаҳаҭцәа Абиблиа шәырҵара ианалага, иҟалап ахьы рацәаны иахьыҟоу аҭыԥ зыԥшааз ахьыԥшааҩ иеиԥш шәхы абара шәалагазар. Абиблиатә жәеинраалақәа шәанрыԥхьоз, насгьы шәанрызхәыцуаз, шәдырра еизҳауан, уи доуҳала шәарӷәӷәон. Зыхә ҳараку арҭ абиблиатә ҵабыргқәа анышәзаат, шәара еилышәкааит наӡаӡатәи аԥсҭазаара шәоурц азы Иегова ишизааигәахатәу, насгьы ибзиабараҿы ишаанхатәу (Иак. 4:8; Иуда 20, 21).
Ишәыԥшаауама шәара зыхә ҳараку абиблиатә ҵабыргқәа, ахьыԥшааҩцәа ахьы шырыԥшаауа еиԥш?
Ахьыԥшааҩцәа ахьы ахьыҟоу аҭыԥқәа шырыԥшаауа еиԥш, шәаргьы хәы змам адоуҳатә хазынақәа рыԥшааразы аџьабаа жәбон. Ихадоу абиблиатә ҵабыргқәа анеилышәкаа, уи аҿы шәаанымҿасзар ауеит, аха Иегова шәҽизышәкырц, насгьы шәыҽӡаашәхырц азы ашьаҿақәа ҟашәҵеит (Матф. 28:19, 20).
АԤШААРА АНАҨСГЬЫ ШӘАҾЫЗ!
Даараӡа имаҷӡаны ахьы уԥшаар ауеит авулкантә хаҳәжәлақәа рҿы. Иҟоуп аҭыԥқәа амаден аԥшааразы зыхә ҳараку ари аметалл ахьмаҷым, уи ԥырҽуеит, анаҩс ахьы алырхуеит. Раԥхьа амаден ахьы зынӡа иаламшәа убар алшоит. Избан? Избанзар тоннак иҟоу зхаҭабзиара ҳараку амаден иалоу ахьы 0,3 троитә унциа (10 граммк) ауп! Аха уеизгьы ахьыԥшааҩцәа уи иааннакылом.
Убасҵәҟьа даара шәхы аус адыжәулалароуп «Христос иеилкаара иаҭаху раԥхьатәи лагамҭақәак» аншәоу ашьҭахьгьы (Аур. 6:1, 2). Абиблиа анҭышәҵаауа, шәхы шәамеигӡаӡакәа азхәыцра ҿыцқәа ԥшаалатәуп, насгьы шәзыԥхьаз аҟынтәи шәхы иашәырхәаша аурокқәа алкаалатәуп. Иҟаҵатәузеи Абиблиа аҭҵаара анаҩсгьы ахәарҭа шәзаанагаларц азы, уи аҭҵаара шәаҿуижьҭеи акыр шықәса ҵуазаргьы?
Анаҩсгьы адырра аиура агәаҳәара шәымаз. Адетальқәа шәырзааҭгылала. Шәмаашьалан, усҟан, хымԥада, Абиблиаҿы хәы змам «ахьырҵәаҵәақәа» — Анцәа иҟәыӷареи имҩақәҵареи — шәыԥшаауеит (Рим. 11:33). Аҩыра иану еиҳаны еилышәкаарц азы, шәбызшәала иҟоу ахархәагақәа зегьы шәхы иашәырхәала. Ачҳара аарԥшны Абиблиаҿы шәара ишәҭаху алабжьарақәеи апринципқәеи, иара убас шәызҵаарақәа рҭак шәыԥшаала. Егьырҭ шәразҵаала иарбан библиатә жәеинраалақәоу, насгьы статиақәоу дара ирыцхрааз, ргәы шьҭызхыз. Анцәа Иажәа анҭышәҵаауаз еилышәкааз егьырҭ ирзеиҭашәҳәала.
Ҳәарада, хықәкыс ишәымоу баша шәдырра аизырҳара акәӡам. Апостол Павел ҳгәаҳҽаниҵон: «Адырра уаҩ дарԥагьоит» (1 Кор. 8:1). Убри аҟынтә ахынраалара аарԥшразы, насгьы шәыгәрахаҵара арӷәӷәаразы анаҩсгьы аџьабаа жәбала. Иааиԥмырҟьаӡакәа аҭаацәаратә мҵахырхәареи ахатә ҭҵаареи рымҩаԥгара Иегова инормақәа инарықәыршәаны анхара ишәыцхраауеит, насгьы егьырҭ рахь абзиабара аарԥшра шәгәазҭанаҵоит. Уи инеиҳангьы, агәырӷьара шәоуеит, избанзар шәара ахьы аасҭа зыхә ҳараку шәыԥшааит (Ажәам. [Прит.] 3:13, 14).