АЦӘА АҞЫНТӘ ИААГОУ АТЕМА | ИАБАԤШААТӘУ АГӘЫРҬЫНЧРА?
Агәырҭынчра зегьы ирҭахуп
Ишәгәалашәоума шәанхәыҷыз шәышкаҳауаз? Иҟалап шәнапы цәышәҟьахьазҭгьы, мамзаргьы шәшьамхы шәҟәаҟәахьазҭгьы. Ишәгәалашәыршәа шәан шәышлыргәыбзыӷуаз. Иҟалап лара ахәра ҿыӡәӡәааны иҿалҳәазар. Шәара шәҵәуон, аха шәанылгәыдлыҳәҳәалоз, насгьы лыбжьы хаа аншәаҳауаз, шәыҽшәырҭынчуан. Уи аамҭазы шәара хаҭала ишәнырит агәырҭынчра амч.
Аха иҳазҳацыԥхьаӡа ҳаԥсҭазаара уадаҩхоит. Ауадаҩрақәа еиҳа-еиҳа ирацәахоит, агәырҭынчра аԥшаарагьы еиҳа-еиҳа ицәгьахоит. Илахьеиқәҵагоуп, аха аиҳабацәа ирызцәырҵуа ауадаҩрақәа ахәра ҿаҳәагеи ан лгәыдыҳәҳәалареи рыла иузыӡбом. Абар ҿырԥштәқәак.
Ишәцәыӡхьоума шәара зныкыр аусурҭа ҭыԥ? Ҳулиан иҳәоит аусура данамырх адгьыл иҵабгазшәа ихы шибаз. «Сҭаацәа зланыҟәызгозеи уажәшьҭа? — дгәырҩон иара.— Сара абри акомпаниаҿы акыр шықәса аус зухьеит, аха уажәшьҭа сырҭахымзаап!»
Иҟалап шәара шәгәы каҳазар аилыҵра иахҟьаны. «Шықәсыки бжаки раԥхьа иаалырҟьаны схаҵа санкаижь, сара даара сгәы каҳаны сыҟан. Сгәы тҟәацызшәа схы збон! — илгәалашәоит Ракель. — Уи цәеижьлагьы, емоциалагьы ахьаа ӷәӷәа сзаанагон. Сара уи саршәон».
Иҟалап шәгәабзиара аганахь ала уадаҩра дук шәымазар, насгьы шәеиӷьымхозар. Зны-зынла Абиблиаҿы зыӡбахә ҳәоу Иов иеиԥш шәхы жәбозар алшоит, уи иҳәеит: «Аԥсҭазаара сгәы ахшәеит» (Иов 7:16). Иҟалап шәара ишәзааигәазар 80 шықәса инареиҳаны изхыҵуа Луис ицәаныррақәа. Иара иҳәоит: «Зны-зынла ус баша стәаны аԥсра сазыԥшуп».
Мамзаргьы ишәзааигәоу ауаҩы данԥсы ашьҭахь агәырҭынчра шәҭахызар алшоит. «Аҳаирплан акаҳара иахҟьаны сыҷкәын дышҭахаз ансарҳәа, уи сызхаҵомызт,— игәалашәоит Роберт.— Анаҩс сара иснырит ахьаа, уи Абиблиаҿы зыӡбахә ҳәоу аҳәа еиԥш иулҟьо ахьаа иаҩызан» (Лука 2:35).
Роберти, Луиси, Ракельи, Ҳулиани агәырҭынчра рыԥшааит, абас еиԥш ицәгьаз аҭагылазаашьақәа ишрықәшәазгьы. Дара еилыркааит ииашаҵәҟьоу агәырҭынчра узҭо Зегьзымчу Анцәа дшыҟоу. Ҳгәы шԥаирҭынчуеи Анцәа? Насгьы илшома иара хаҭала шәгәы ирҭынчыр?