Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w16 сентиабр ад. 12—16
  • Иегова изылԥхара шәоурц азы анаҩсгьы шәықәԥала

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Иегова изылԥхара шәоурц азы анаҩсгьы шәықәԥала
  • Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • АХАЧҲАРА АЗЫЛԤХАРАҚӘА ААНАГОИТ
  • АЗЫЛԤХАРА АИУРАЗЫ АҚӘԤАРА ШӘАЗХИАЗ
  • ИЕГОВА ИЗЫЛԤХАРА АИУРАЗЫ АНАҨСГЬЫ ШӘЫҚӘԤАЛА
  • Иаков Харранҟа дцоит
    Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
  • Иаков иҭаацәара ду
    Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
  • Иегова шәызқәымгәыӷкәа шәзықәшәо ауадаҩрақәа рыхгара дшәыцхраауеит
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2023
Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
w16 сентиабр ад. 12—16

Иегова изылԥхара шәоурц азы анаҩсгьы шәықәԥала

«Уара Анцәеи ауааи урҿагылан, аиааирагьы угеит» (АҞАЗААРА [БЫТИЕ] 32:28).

АШӘАҚӘА: 60, 38

ИАҲҴАР ҲАЛШОЗЕИ...

  • ...Иакови Рахильи рҟынтә?

  • ...Иосиф иҟынтә?

  • ...Павел иҟынтә?

1, 2. Изҿагылалар акәзеи Иегова имаҵзуҩцәа?

АНЦӘА изиашаны иаанхаз раԥхьатәи ауаҩы, Авель, инаиркны иахьанӡа Иегова изиашаз имаҵзуҩцәа рыԥсҭазаараҿы ақәԥара иаҿын. Апостол Павел иқьырсианыз ауриацәа Анцәа иразреи изылԥхареи роурц азы, «уадаҩрас иҟаз зегьы рыхгара шәылшәыршеит» ҳәа рзиҩит (Ауриацәа рахь 10:32—34). Павел ари ақәԥара аҩреи, ақәԥареи, напышьашәала аисреи реиԥш иҟаз аицлабрақәа зыҽрылазырхәуаз ажәытә бырзен спортсменцәа рҽазышәарақәа ирҿирԥшит (Ауриацәа рахь 12:1, 4). Иахьа ҳара аԥсҭазаара ҳаурц азы аҩра ҳаҿуп. Ҳаӷацәа ҳхықәкы иаԥырхагахарц, ҳаржьарц, ҳшьапқәа ҳрықәдырҟьарц, насгьы агәырӷьареи ԥхьаҟатәи аҳамҭеи ҳамырхырц рҭахуп.

2 Ҳара Аҩсҭаа напхгара ззиуа ицәгьоу идунеии иареи ҳрабашьуеит (Ефесаа рахь 6:12). Даара ихадоуп ари адунеи аҵарақәеи, афилософиеи, насгьы асексуалтә гәаԥхашәадареи, аҭаҭын ахареи, арыжәтә аҽаршьреи, анаркотик адкылареи реиԥш иҟоу иҽеим аусқәа анырра ҳарымҭарц азы ақәԥара. Уи адагьы, инаӡам ҳцәеижьи агәкаҳареи ҳааҟәымҵӡакәа ҳарҿагылалар ауп (2 Коринфаа рахь 10:3—6; Кәаласаа рахь 3:5—9).

3. Ишԥаҳирҵо Анцәа ҳаӷацәа рҿагылара?

3 Изалшома абас еиԥш иӷәӷәоу аӷацәа риааира? Ааи, аха уи ус имариам. Павел напышьашәала иқәԥо ауаҩы ихы иҿирԥшит. Иара иҩит: «Баша аҳауаҿ снапҟьа-шьапҟьом» (1 Коринфаа рахь 9:26). Напышьашәала иқәԥо ауаҩы иаӷа дшиҿагыло еиԥш, ҳаргьы ҳаӷацәа ҳарҿагылозар ауп. Иегова уи аҟаҵашьа ҳирҵоит, насгьы уи ақәԥараҿы ҳирӷәӷәоит. Иажәаҿы иара иҳаиҭоит ҳаԥсҭазаара еиқәзырхар зылшо алабжьарақәа. Иара убас Иегова Абиблиа шьаҭас измоу апубликациақәеи, аизарақәеи, аконгрессқәеи рыла дҳацхраауеит. Шәхы иашәырхәоума шәара еилышәкаауа? Иашәмырхәозар, баша аҳауаҿы шәнапҟьа-шьапҟьоит, насгьы ишахәҭоу еиԥш шәаӷа шәзиҿагылаӡом.

4. Иҟаҵатәузеи, ацәгьара аиааира агара алҳмыршарц азы?

4 Ҳаӷацәа ҳара иҳажәлар ауеит ҳгәаҳҽанӡамкәа ҳаныҟоу, насгьы еиҳа ҳанԥсыҽу. Убри аҟынтә еснагь агәҽанызаара ааҳарԥшлар ауп. Абиблиа иҳанаҳәоит: «Ацәгьара аиааира злашәыргаша шәашьҭамлан, уи хирла, гәыбылрала шәаиааила» (Римаа рахь 12:21). Ажәақәа «ацәгьара аиааира злашәыргаша шәашьҭамлан» иаадырԥшуеит ацәгьара ҳаиааир шҳалшо. Уи азы ҳара анаҩсгьы ҳақәԥалар ауп. Даҽа ганкахьала, агәҽанызаара ҳцәыӡыр, насгьы ақәԥара ҳаҟәыҵыр, Аҩсҭаа ицәгьоу идунеии иареи, иара убас инаӡам ҳцәеижьи ҳиааир ауеит. Аҩсҭаа шәыршәара, насгьы шәнапқәа рылашьҭра ахаангьы илшәмыршан (1 Пиотр 5:9).

5. а) Иҳацхраауазеи Анцәа изылԥхара ҳаурц азы анаҩсгьы ақәԥара? б) Иарбан библиатә ҿырԥштәқәоу еилҳарго?

5 Аиааира агаразы, ҳзы́қәԥо ҳхаҳмыршҭлар ауп. Анцәа иразреи изылԥхареи ҳаурц азы, ҳара Ауриацәа рахь 11:6 аҿы иану ҳгәалашәозар ауп: «Уи иахь зхы зырхо дарбанзаалакь, Анцәа дшыҟоу хаиҵозароуп; гәык-ԥсыкала иԥшаара зҭаху ракәзар, урҭ зегьы Иара џьшьара риҭоит». «Гәык-ԥсыкала иԥшаара зҭаху» ҳәа еиҭагоу ажәытә бырзен ҟаҵарба аџьабаа ӷәӷәа абара аазырԥшуа аформа амоуп (Аусқәа 15:17). Абиблиаҿы Иегова изылԥхара роурц азы аџьабаа збоз аҳәсеи ахацәеи рыӡбахә ануп. Иаков, Рахиль, Иосиф, Павел рымч рымызхуаз аԥышәарақәа ирықәшәеит. Аха ахачҳара ахьаадырԥшыз азы, азылԥхарақәа рацәаны ироуит. Иаҳнарҵозеи урҭ рҿырԥшы?

АХАЧҲАРА АЗЫЛԤХАРАҚӘА ААНАГОИТ

6. Ицхраазеи Иаков ахачҳара аарԥшра, насгьы иарбан ҳамҭоу иоуз? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.)

6 Апатриарх Иаков ахачҳара аарԥшуа ақәԥара даҿын, избанзар Иегова бзиа дибон, адоуҳатә усқәа рыхә ҳаракны ишьон, насгьы ихылҵшьҭра Анцәа дшырзылԥхо ала иоуз ажәа даараӡа агәра игон (Аҟазаара [Бытие] 28:3, 4). Убри азоуп Иаков шәышықәса раҟара анихыҵуаз Анцәа изылԥхара иоурц азы илшоз зегь зыҟаиҵоз: ауаҩы ицәеижь аазхәаз амаалықьи иареи ақәԥара иалагеит. (Шәаԥхьа Аҟазаара [Бытие] 32:24—28.) Дыӷәӷәазма Иаков убриаҟара, амч ду змаз амаалықь диҿагылартә еиԥш? Ҳәарада, мап! Аха иара ақәԥара анаҩсгьы дазхиан, насгьы иҟалалакгьы дышхьамҵуа ааирԥшит. Аҵыхәтәаны ихачҳара азылԥхарақәа аанагеит. Иара Израиль (иаанагон «Анцәа иҿагыло [мчыла Анцәа имызхуа]», мамзаргьы «Анцәа дықәԥоит») ҳәа ахьӡ иоуит, уи иара инаалон. Иаков зеиԥшыҟам аҳамҭа иоуит — Иегова иразреи изылԥхареи. Уи аҳамҭа ҳаргьы иҳаурц ҳҭахуп.

7. а) Иарбан ԥышәароу Рахиль дзықәшәаз? б) Илыцхраазеи Рахиль анаҩсгьы ақәԥара, насгьы азылԥхара аиура?

7 Иаков бзиа иибоз иԥҳәыс Рахиль лхаҵа иеиԥш Иегова Иаков ииҭаз ажәа шынаигӡо лбар лҭахын. Аха ӡбашьа змамызшәа иҟаз уадаҩрак лыман: Рахиль ахшара длоуамызт. Усҟантәи аамҭазы аҳәса уи даара ихьааргон. Илыцхраауази Рахиль имариамыз, илзымԥсахуаз аҭагылазаашьаҿы ахачҳара аарԥшра? Лара агәыӷра лырӡуамызт. Уи анаҩсгьы ақәԥара даҿын, насгьы ирацәаны Иегова диҳәон. Рахиль лгәы ҭыӷьӷьаа илҳәоз аҳәарақәа Иегова рҭак ҟаиҵеит, ахшара лиҭеит. Убри азоуп Рахиль зны изылҳәаз: «Сара иахьынӡасылшоз сықәԥон... сагьаиааит!» (Аҟазаара [Бытие] 30:8, 20—24).

8. Иарбан ԥышәароу Иосиф акыр шықәса ихигоз, насгьы дызлаҿырԥшыгоузеи уи ҳара ҳзы?

8 Ҳәарада, Иакови Рахильи иаадырԥшыз ахачҳара рԥа Иосиф даараӡа инырит, насгьы ихаҭа аԥышәарақәа данрықәшәа ицхрааит. Иара 17 шықәса анихыҵуаз иԥсҭазаара даара аҽаԥсахит. Иҵашьыцуаз иашьцәа тәыс дырҭиит. Уи ашьҭахь ииашамкәа ахара идырҵан, шықәсқәак рыҩныҵҟа Мысра абахҭа дҭакын (Аҟазаара [Бытие] 37:23—28; 39:7—9, 20, 21). Иосиф игәы каҳартә алимыршеит, насгьы иашьцәа ргәаӷ имкӡеит, ишьа иурцгьы дашьҭамлаӡеит. Уи аҭыԥан Иеговеи иареи ирыбжьаз зыхә ҳаракыз аизыҟазаашьақәа ихы рзишьҭит (Алевит [Левит] 19:18; Римаа рахь 12:17—21). Ҳара Иосиф ҳаиҿыԥшлар ауп. Иаҳҳәап, ҳхәыҷра уадаҩызҭгьы, мамзаргьы иахьа ҳҭагылазаашьа ӡбашьа амамшәа ҳбозар, анаҩсгьы ҳақәԥалар, насгьы ахачҳара ааҳарԥшлар ҳахәҭоуп. Усҟан агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит Иегова хымԥада дшаҳзылԥхо. (Шәаԥхьа Аҟазаара [Бытие] 39:21—23.)

9. Иҟаҳҵалар ҳахәҭоузеи Иегова иразра ҳаурц азы, Иакови, Рахильи, Иосифи ҳарҿыԥшны?

9 Иҟаҵатәузеи, шәҭагылазаашьа уадаҩзар, мамзаргьы аԥышәара ӷәӷәа шәхыжәгозар? Иҟалап иашамрак шәақәшәазар, шәатәамбакәа ишәызныҟәазар, ма ишәхыччозар. Мамзаргьы аӡәы дахьшәыҵашьыцуа иахҟьаны, ииашамкәа ахара шәыдиҵозар ауеит. Шәгәы кашәмыжьын! Иакови, Рахильи, Иосифи гәырӷьарыла Иегова имаҵ аура ирыцхраауаз шәхашәмыршҭлан. Анцәа урҭ ирӷәӷәеит, насгьы дырзылԥхеит, избанзар дара адоуҳатә усқәа даараӡа рыхә ршьон. Дара еснагь ақәԥара иаҿын, насгьы гәык-ԥсык ала иҟарҵоз аҳәарақәа инарықәыршәаны инхон. Ҳара ицәгьоу ари адунеи аҵыхәтәантәи аамҭақәа рынҵәамҭазы ҳанхоит. Убри аҟынтә ԥхьаҟатәи ҳгәыӷра ӷәӷәала ҳхаҿы иаҳкызароуп. Шәазхиоума шәара Иегова иразра аиуразы ишәылшо зегь аҟаҵара, даҽакала иуҳәозар, уи азықәԥара?

АЗЫЛԤХАРА АИУРАЗЫ АҚӘԤАРА ШӘАЗХИАЗ

10, 11. а) Избан зны-зынла Анцәа изылԥхара азықәԥара заҭаху? б) Иҳацхраауазеи ииашоу алхра аҟаҵара, агәкаҳара аиааира, насгьы ԥырхагада Анцәа имаҵ аура?

10 Ианбаҳақәшәо ақәԥара, Анцәа иразра ҳаурц азы? Аӡәырҩы иҽеим агәазыҳәарақәа ирҿагылоуп. Шьоукы амаҵзура ииашаны иазнеиларц азы даара рҽазыршәалароуп. Иҟоуп згәабзиара уашәшәыроу, даҽа шьоукы рхы заҵәны ирбоит, урҭгьы ахачҳара аадырԥшлар ауп. Иара убас ақьырсианцәа шьоукы анажьра рцәыцәгьоуп иандыргәаауа, ма рганахь ала гәнаҳак аныҟарҵо. Иегова имаҵ ҳуеижьҭеи шаҟа ҵуазаалакгьы, ҳара зегьы ҳмаҵзура иаԥырхагахар алшо ҳаҿагылозароуп. Иегова изиашоу имаҵзуҩцәа азылԥхара рызҭо Анцәа иоуп.

Шәықәԥома шәара, Анцәа изылԥхара шәоурц азы? (Шәрыхәаԥш абзацқәа 10, 11.)

11 Ҳәарада, ииашоу алхра аҟаҵареи ақьырсиантә мҩала ацареи даара иуадаҩзар ауеит. Уи еиҳагьы ицәгьоуп игьангьашу ҳгәы ииашам амҩа алаҳхырц анҳаҵанаҳәо (Иеремиа [Иеремия] 17:9). Шәара игәашәҭозар игьангьашу шәгәы анырра шышәнаҭо, иаразнак иԥшьоу адоуҳа шәаҳәала. Анцәаиҳәареи иԥшьоу адоуҳаи Иегова дыззылԥхо амҩа иаша ақәымҟьара ишәыцхраауеит. Шәынхала шәынцәаиҳәарақәа ирықәыршәаны. Есыҽны Абиблиа аԥхьара шәҽазышәшәала, шәхатә ҭҵаара амҩаԥгаразы аамҭа алшәхла, насгьы иааиԥмырҟьаӡакәа аҭаацәаратә мҵахырхәара мҩаԥыжәгала (Аԥсалом 118:32 [119:32, АдҾ].)

12, 13. Ирыцхраазеи ҩыџьа ақьырсианцәа ииашам агәазыҳәара аҿагылара?

12 Ииашам агәазыҳәарақәа риааираҿы Анцәа Иажәеи, иԥшьоу адоуҳаи, Абиблиа шьаҭас измоу апубликациақәеи зыцхрааз ауаа рҿырԥштәқәа рацәоуп. Иқәыԥшу иашьак декабр 8, 2003 шықәсазы иҭыҵыз ажурнал «Пробудитесь!» аҿы астатиа «Как бороться с грешными желаниями?» даԥхьеит. Ишԥаиныри уи? Иара иҳәоит: «Сара ииашам ахәыцрақәа сырҿагылоуп. Ари астатиаҿы „аӡәырҩы Анцәа игәамԥхо агәазыҳәарақәа рҿагылара шырцәыцәгьоу“ санаԥхьа, аиашьара сшахәҭаку снырит. Еилыскааит схала сшыҟам». Уи аиашьа иара убас ицхрааит декабр 8, 2003 шықәсазы иҭыҵыз ажурнал «Пробудитесь!» ианыз астатиа «Одобряет ли Бог нетрадиционный образ жизни?». Астатиаҿы иара игәеиҭеит шьоукы рзы уи ақәԥара ацәеижь ҭазырхо ашҳам ишаҩызо (2 Коринфаа рахь 12:7). Дара иашарыла анхаразы ишықәԥогьы, агәазыҟашьа бзиа аарԥшуа ԥхьаҟатәи аԥеиԥш иахәаԥшлар рылшоит. Иара иҳәоит: «Уи сыцхраауеит есыҽны Анцәа изиашаны аанхара. Сара Иегова иҭабуп идуӡӡаны ҳәа иасҳәоит иорганизациа ала ицқьам ари адунеи аҿы аиқәхара дахьҳацхраауа азы».

13 Абар Еиду Аштатқәа рҿы инхо иаҳәшьак илҩыз: «Иҭабуп ҳәа шәасҳәар сҭахуп ҳзызгәаҟуа адоуҳатә фатә еснагь ианаамҭоу иахьҳашәҭо азы. Лассы-лассы астатиақәа хаҭала сара сзы иҩызшәа агәаанагара сызцәырҵуеит. Ашықәсқәа рыҩныҵҟа сара Иегова ицәымӷу аҟаҵаразы исызцәырҵуа агәаҳәара саҿагылоуп. Зны-зынла сгәы каҳауеит. Издыруеит Иегова агәшаҭара шааирԥшуа, насгьы анажьра дшазхиоу, аха иҽеим сгәазыҳәара макьана иаансмыжьӡац, насгьы сгәаҵаҿы уи сцәымӷӡам аҟынтә, Анцәа ицхыраара саԥсам ҳәа агәаанагара сызцәырҵуеит. Сааҟәымҵӡакәа сызҿу ақәԥара сыԥсҭазаара аганқәа зегьы ирныруеит. [...] Аброшиура „Для любящих Иегову нет камня преткновения“ аҿы ианыз астатиа „Обрели ли вы сердце, чтобы знать Иегову?“ санаԥхьа, Иегова ииашаҵәҟьаны дсыцхраарц шиҭаху еилыскааит».

14. а) Ииҩуази Павел иқәԥара иазкны? б) Ишԥаҳалшо ҳцәеижь аԥсыҽрақәа ҳарҿагылар?

14 Шәаԥхьа Римаа рахь 7:21—25. Павел ихаҭа идыруан иҽеим агәазыҳәарақәеи инаӡам ацәеижь аԥсыҽрақәеи рҿагылара шаҟа иуадаҩу. Аха иара агәра игон Иегова диҳәалар, насгьы Иисус Христос иҿыхратә ԥсхҭынҵара агәра игалар, аиааира игар шилшо. Иаҳҳәар ҳалшозеи ҳара ҳзы? Ҳаргьы инаӡам ҳцәеижь агәаҳәарақәа ҳариааир ҳалшоит. Ишԥа? Уи ҳалшоит Павел ҳаиҿыԥшуазар, ҳхы акәымкәа, Иегова гәык-ԥсык ала ҳиқәгәыӷуазар, насгьы аҿыхратә ԥсхҭынҵара агәра ҳгозар.

15. Ишԥаҳацхраауеи анцәаиҳәара азиашара аарԥшреи аԥышәарақәа рыхгареи?

15 Зны-зынла Анцәа уадаҩрак шаҟа хьаас иҳамоу иҳарбар иҭахуп. Иаҳҳәап, ҳашԥазыҟало ӷәӷәала ҳачмазаҩхазар, мамзаргьы ииашамкәа иҳазныҟәазар (ма ҳҭынхацәа рҟынтә аӡә дычмазаҩхазар, мамзаргьы ииашамкәа изныҟәазар)? Ҳара Иегова гәык-ԥсык ала ҳашиқәгәыӷуа ааҳарԥшуеит, ҳизиашаны аанхареи, агәырӷьара ахьчареи, адоуҳатә гәазыҟашьа аарԥшреи рзы амч ҳаиҭарц ҳиҳәозар (Филиппаа рахь 4:13). Анцәа имаҵзуҩцәа рҿырԥштәы — Павел ихаан инхози иахьатәи ақьырсианцәеи — иаанарԥшуеит анцәаиҳәара анаҩсгьы ахачҳара аарԥшразы амч ҳнаҭар, насгьы ҳагәрагара арӷәӷәар шауа.

ИЕГОВА ИЗЫЛԤХАРА АИУРАЗЫ АНАҨСГЬЫ ШӘЫҚӘԤАЛА

16, 17. Шәзызхиоузеи шәара анаҩсгьы аҟаҵара?

16 Аџьныш шәгәы каҳаны ақәԥара шәанбаҟәыҵуеи ҳәа дыԥшуп. Шәықәныҟәала абри ааԥхьара: «Еиӷьу алшәхла» (1 Фессалоникаа рахь 5:21). Агәра ганы шәыҟаз: шәара ишәылшоит Аҩсҭаа ицәгьоу идунеии иареи, насгьы инаӡам шәцәеижьи шәыриааир. Уи азы Анцәа шәырӷәӷәара шилшо даара агәра жәгалар ауп (2 Коринфаа рахь 4:7—9; Галаҭаа рахь 6:9).

17 Ишакәзаалакгьы, анаҩсгьы шәықәԥала. Шәгәы кашәмыжьын. Шәнапқәа лашәмышьҭын. Агәра ганы шәыҟаз Иегова убри аҟара азылԥхарақәа рацәаны ишшәиҭо, «уаҳа акгьы шәаргәаҟуа шәҟамлартә» еиԥш (Малахиа [Малахия] 3:10).

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра