Ижәдыруама шәара?
Ишԥеиҭаргоз ажәытәан амца ҭыԥк аҟынтә даҽа ҭыԥк ахь?
АҞАЗААРА (БЫТИЕ) 22:6 аҟны иануп Авраам Анцәа амҭа изнеигарц азы амҩа дықәлаанӡа «абылразы амҿы аашьҭыхны иԥа Исаак иҟәаҟәа инықәиҵеит, нас амцеи аҳәызба дуи аашьҭихын, идәықәлеит» ҳәа.
Абиблиа иаҳәаӡом ажәытәан амца шеиқәырҵоз. Хыхь излацәажәоз ацыԥҵәаха иазкны ҵарауаҩык иҩит Авраами Исааки «рымҩа хара аҟны имариамызт амца мыцәарц ахьчара» ҳәа. Убри аҟынтә иҟалап ари ажәеинраалаҿы зыӡбахә ҳәоу амца аиқәҵаразы рхы иадырхәоз амаҭәар акәзар.
Аха егьырҭ аҵарауаа ргәаанагарала, ажәытәан амца аиқәҵара мариамызт. Еиҳа имариан амца зкыз акәиц агәылацәа рымхра. Убри аҟынтә гәыԥҩык аҭҵааҩцәа ирыԥхьаӡоит Авраам уахынла амца ахьеиқәыз аҟынтә иаанхаз аҿыцәаара иаҿыз аԥырӷы, ма ишыз арацәа зҭаз маҭәарк (иҟалап, адаҷ зыцхаз амаҭәар) игеит ҳәа (Ис. [Ис.] 30:14). Урҭ аԥырӷқәеи афархьи рыбзоурала инакәзаалак амца еиқәуҵар ауан.