Напхгара рзызуада иахьа Анцәа ижәлар?
«Анцәа иажәа шәызназгоз шәырҵаҩцәа [«напхгара зхахьы изго», АдҾ] шәхашәмыршҭлан» (АУР. 13:7).
1, 2. Изызхәыцуазар алшози, апостолцәа Иисус Христос ажәҩан ахь данхала ашьҭахь?
ИИСУС иапостолцәа Ахәшаҵлақәа рышьхаҿы игыланы ажәҩан иаҵаԥшуан. Дара ирбон рҩыза, насгьы ирықәиҭыз Иисус Христос ажәҩан ахь дышхалаз, аԥсҭҳәагьы дшаҵәахыз (Аус. 1:9, 10). Ҩышықәсаҟа рыҩныҵҟа Иисус анапхгара риҭон, аҵара дирҵон, насгьы ргәы шьҭихуан. Иҟарҵалозеи уажәшьҭа иара рааигәа даныҟам?
2 Иисус ишьҭанеицәа адҵа риҭеит: «Шәарҭ Иерусалим аҿы, Иудеиа зегьы аҿы, Самариаҿ, убас адгьыл зегьы аҟны шаҳаҭцәас шәысзыҟалоит» (Аус. 1:8). Ишԥарылшоз дара ари адҵа анагӡара? Иисус агәра диргеит иаарласны иԥшьоу адоуҳа шроуа (Аус. 1:5). Аха уеизгьы, ақьырсианцәа адгьыл ахьынӡа-наӡааӡо еиҿкааны ажәабжь бзиа ауаа ирыларҳәаларц азы анапхгаҩы даҭахын. Ажәытәан Иегова ижәлар анапхгара роуларц азы рыбжьара ихаҭарнакцәа алихуан. Убри аҟынтә апостолцәа рхы азҵаара арҭон: «Далихуама Иегова ижәлар рыбжьара иҿыцу анапхгаҩы?»
3. а) Иарбан акрызҵазкуа ӡбароу азиашара аазырԥшуаз апостолцәа ирыдыркылаз, Иисус ажәҩан ахь данхала ашьҭахь? б) Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?
3 Ҩымчыбжьагьы мҵыкәа Иисус иҵаҩцәа Иԥшьоу Аҩыра иазхьаԥшны, насгьы Анцәа иҳәаны Иуда Искариот иҭыԥан 12-тәи апостол далырхит. Уи Матфи иакәхеит (Аус. 1:15—26). Избан ари аҩыза аӡбара Иеговагьы ақьырсианцәагьы рзы даара изхадаз? Апостолцәа 12-ҩык ыҟазар акәынa. Иисус апостолцәа залихыз ажәабжьҳәараҿы иара ицзарц азы мацара акәӡам. Аԥхьаҟа дара Анцәа ижәлар рыбжьара ихадоу ароль нарыгӡалар акәын. Иарбан рольыз уи, насгьы дышԥарыцхрааи Иегова Иисус ила уи анагӡара рылшартә еиԥш? Иҟоума иахьа Анцәа ижәлар рыбжьара ари аҩыза ароль назыгӡо аишьцәа? Ишԥаҳалшо напхгара зхахьы изго, еиҳарак игәрагоу иҟәышу атәы, рхамышҭра? (Аур. 13:7; Матф. 24:45).
ИИСУС АНАПХГАРАТӘ ХЕИЛАК НАПХГАРА АЗИУЕИТ
4. Иарбан рольу инарыгӡоз актәи ашәышықәсазы Иерусалим иҟаз апостолцәеи егьырҭ аизара аиҳабацәеи?
4 Аҩынҩажәижәаба мшы 33 шықәсазы ҳ. ҳ. апостолцәа ақьырсиантә еизарақәа напхгара азыруа иалагеит. Абиблиаҿы иануп «Пиотр, иҩагылаз егьырҭ ажәеизаҩык дыруаӡәкны» еизаз ауаа — аиудеиааи апрозелитцәеи — рыԥсҭазаара еиқәзырхоз аҵабырг дырҵара далагеит ҳәа (Аус. 2:14, 15). Урҭ рахьтә аӡәырҩы қьырсианцәахеит. Абасала дара «апостолцәа рмаҵура, рыҿцаара... ирылахәын [«рҽырзыркуан», АдҾ]» (Аус. 2:42). Апостолцәа аизара аԥара досу ҳасаб рзуны еихыршон (Аус. 4:34, 35). Иара убасгьы, Абиблиа ишаҳәо ала, урҭ «аныҳәареи Анцәа иажәа рыларҵәареи еиҳа аамҭа» азалырхуан, даҽакала иуҳәозар, Анцәа ижәлар доуҳала реизҳара иацхраауан (Аус. 6:4). Уи адагьы, дара егьырҭ аҭыԥқәа рҿгьы ажәабжь бзиа рыладырҵәаларц азы аԥышәа змаз ақьырсианцәа адҵа рырҭон (Аус. 8:14, 15). Ԥыҭрак ашьҭахь ақьырсиантә еизарақәа рҿы апостолцәа рыдагьы, Анцәа идоуҳала иалху егьырҭ аизара аиҳабацәагьы напхгара ҟарҵон. Дара аизарақәа зегьы напхгара рызҭо анапхгаратә хеилак иалахәын (Аус. 15:2).
5, 6. а) Избан иаҳҳәар зҳалшо анапхгаратә хеилак иԥшьоу адоуҳа рыман ҳәа? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.) б) Ишԥарыцхраауаз амаалықьцәа анапхгаратә хеилак? в) Иаҳзырбозеи анапхгаратә хеилак Анцәа Иажәа ишацныҟәоз?
5 Актәи ашәышықәсазы ақьырсианцәа агәра ргон Иегова Иисус Христос ила анапхгаратә хеилак напхгара шазиуаз. Акы, анапхгаратә хеилак иԥшьоу адоуҳа рыман (Иоанн 16:13). Ҳәарада, Анцәа идоуҳала иалхыз ақьырсианцәа зегьы иԥшьоу адоуҳа рыҭан, аха Иерусалим иҟаз апостолцәеи егьырҭ аизара аиҳабацәеи ахылаԥшыҩцәа раҳасабала ирыдыз адҵақәа рынагӡаразы уи ҷыдала ацхыраара рнаҭон. Иаҳҳәап, 49 шықәсазы ҳ. ҳ. анапхгаратә хеилак иԥшьоу адоуҳа рыцхрааит аԥхьатәхсара аганахь ала аӡбара адкылара. Аизарақәа уи иқәныҟәеит, уи иабзоураны рыгәрахаҵара ӷәӷәахон, «рышҟа ииасуаз рхыԥхьаӡара ес-иаашар иацлон» (Аус. 16:4, 5). Анапхгаратә хеилак ирыдыркылаз аӡбара ахьаныз асаламшәҟәы иаанарԥшуан аишьцәа Анцәа идоуҳа иалҵшәоу аҟазшьақәа шаадырԥшуаз, абзиабареи агәрахаҵареи уахь иналаҵаны (Аус. 15:11, 25—29; Гал. 5:22, 23).
6 Ҩба, анапхгаратә хеилак амаалықьцәа рыцхраауан. Абар заԥхьатә хсамыз Корнили зыхьӡыз иауриамыз раԥхьатәи ауаҩы аӡы иҽӡааихаанӡа иҟалаз. Амаалықь уи апостол Пиотр дааигаратәы иеиҳәеит. Пиотр Корнили иҟны данаа, уи иҭаацәеи иареи ажәабжь бзиа рзеиҭаҳәара далагеит, насгьы Пиотр изыӡырҩуаз ахацәа раԥхьатә шхсамызгьы, иԥшьоу адоуҳа роуит. Уи абзоурала апостолцәеи егьырҭ аишьцәеи еилыркааит Анцәа игәаԥхара ишацныҟәалатәу, насгьы заԥхьатә хсамыз иауриамыз ауаа аизарахь ирыдыркылар шахәҭоу (Аус. 11:13—18). Уи адагьы, амаалықьцәа анапхгаратә хеилак рнапы ианыз ажәабжьҳәаратә ус иацхраауан (Аус. 5:19, 20). Ахԥатәи, анапхгаратә хеилак Анцәа Иажәа иаҳәо иқәныҟәон. Анцәа идоуҳала иалхыз арҭ аизара аиҳабацәа абиблиатә ҵарақәа иадҳәалаз азҵаарақәа рыӡбон, насгьы Иԥшьоу Аҩыра шьаҭас иҟаҵаны аизарақәа напхгара рырҭон (Аус. 1:20—22; 15:15—20).
7. Избан иаҳҳәар зҳалшо раԥхьатәи ақьырсианцәа напхгара рызҭоз Иисус Христос иоуп ҳәа?
7 Раԥхьатәи ақьырсианцәа реизараҿы анапхгаратә хеилак иалахәыз амчра шрымазгьы, урҭ еилыркаауан Иисус Христос шиакәыз напхгара рызҭоз. Апостол Павел иҩуан Иисус шиакәыз «шьоукы — Апостолцәас» иҟазҵаз. Иара иациҵеит: «Ҳабзиабара иаша, ҳабзиабара ҵаула иабзоураны зегьы хыс-хадас ирымоу Христос иҿы ҳаизҳа-зыӷьауеит» (Еф. 4:11, 15). Абиблиаҿы иануп: «Аҵаҩцәа... ақьырсианцәа ҳәа рхы иазырҳәо иалагеит». Дара еицырдыруаз апостолк ихьӡ рхырымҵеит (Аус. 11:26). Павел еиликаауан апостолцәеи аизара напхгара азызуаз егьырҭ аишьцәеи иҟарҵоз «абжьагарақәа», Аҩыра шьаҭас измоу аҵарақәа, рықәныҟәара даара ишхадоу. Аха иара иҳәеит: «Ижәдыруазар сҭахуп, дарбан хаҵазаалакь [анапхгаратә хеилакгьы уахь иналаҵаны] хыс-хадас Христос дышимоу... Христос иакәзаргьы — Анцәа» (1 Кор. 11:2, 3). Ааи, аизара анапхгара азызуаз Иегова иалихыз Иԥа Иисус Христос иоуп.
«АРИ АУАҨЫ ИУС АКӘӠАМ»
8, 9. Иарбан рольу XIX ашәышықәса анҵәамҭазы аиашьа Расселл анагӡара дызлагаз?
8 Чарлз Теиз Расселл иҩызцәеи иареи XIX ашәышықәса анҵәамҭазы рҽазыршәеит ииашоу ақьырсиантә гәрахаҵара аиҭашьақәыргылара. Абиблиатә ҵабыргқәа еиуеиԥшым абызшәақәа рыла рыларҵәаразы 1884 шықәсазы закәанла ашәҟәы иҭаҩын Сионтәи ахьчаратә бааши атрактатқәеи реилазаараb. Уи напхгара азиуа далагеит аиашьа Расселл. Иара Абиблиа инҭырҳәыцааны иҭиҵаауан, агәымшәара аарԥшны ауахәамаҿы иддырҵоз х-хаҿык змоу Анцәа изку, насгьы имԥсуа аԥсы иазку аҵарақәа ҿаԥиҽуан. Иара еиликааит Христос иаара шубарҭамхо, насгьы «амурҭаҭцәа раамҭа» 1914 шықәсазы ишиасуа (Лука 21:24). Аиашьа Расселл идыррақәа егьырҭ ирзеиҭеиҳәаларц азы иаамҭеи, имчи, иԥареи дреигӡомызт. Хымԥада, иҷыдаз уи аамҭақәа раан Иеговеи аизара Ахада Христоси рыцхыраара ихы иаирхәон.
9 Аиашьа Расселл ахьӡ-аԥша дашьҭамызт. 1896 шықәсазы иҩуан аҭакԥхықәра здыз иҩызцәеи иареи аҳаҭыр ду ишашьҭам. Дара ирҭахӡамызт атитулқәа рырҭар, насгьы агәыԥқәа дара рыхьӡ рхызарц. Ԥыҭрак ашьҭахь иара иҳәеит: «Ари ауаҩы иус акәӡам».
10. а) Данбалихи Иисус игәрагоу, иҟәышу атәы? б) Иаҳзеиҭашәҳәа аишьцәа Анапхгаратә хеилаки Ахьчаратә бааш аилазаареи шеиԥшым шеилыркааз.
10 1919 шықәсазы аиашьа Расселл дыԥсижьҭеи хышықәса анҵы, Иисус Христос игәрагоу, иҟәышу атәы далихит. Избан? Аҩнтәиқәа «ианаамҭоу рыфатә» риҭаларц азы (Матф. 24:45). Урҭ ашықәсқәа рзы Бруклин иҟоу (Ниу-Иорк) Иегова ишаҳаҭцәа ихадоу русбарҭаҿы амаҵ зуаз Анцәа идоуҳала иалхыз аишьцәа рыла ишьақәгылаз агәыԥ маҷ Христос ишьҭанеицәа рзы адоуҳатә фатәы дырхион. 1940-тәи ашықәсқәа рзы ҳпубликациақәа рҿы ажәақәа «анапхгаратә хеилак» уԥыло иалагеит, аха уи усҟан Ахьчаратә бааши, Абиблиақәеи, атрактатқәеи реилазаара даара иадҳәалан. Аха 1971 шықәсазы Анапхгаратә хеилаки Ахьчаратә бааш аилазаареи шеиԥшымыз еилкаахеит. Уи иазкны Абиблиаҿы акгьы анӡам, насгьы уи аиуристә усқәа роуп инанагӡо. Убри инаркны Анапхгаратә хеилак ахь иацло иалагеит Аилазаара иамаз адиректорцәа рахь иаҵанамкуаз Анцәа идоуҳала иалхыз аишьцәагьы. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рыҩныҵҟа Ахьчаратә бааш аилазаареи Анцәа ихы иаирхәо аиуристә хеидкылақәеи рҿы директорцәас амаҵ руеит егьырҭ ауасақәа рахь иаҵанакуа аҭакԥхықәра змоу аишьцәа. Уи абзоурала Анапхгаратә хеилак ирылшоит Иегова имаҵзуҩцәа адоуҳатә ҵабыргқәа дырҵареи Абиблиа шьаҭас измоу амҩақәҵарақәа рыҭареи еиҳа рыхшыҩ азырышьҭыр (Иоанн 10:16; Аус. 6:4). Аброшиура «Скажи нам, когда это будет?» аҿы иҳаилыркаан игәрагоу, иҟәышу атәы Анапхгаратә хеилак ахь иаҵанакуа Анцәа идоуҳала иалху аишьцәа рыла ишьақәгылоу агәыԥ маҷ шакәу.
Анапхгаратә хеилак 1950-тәи ашықәсқәа рзы
11. Аус шԥауеи Анапхгаратә хеилак?
11 Анапхгаратә хеилак алахәылацәа зегьы ихадоу азҵаарақәа еицырыӡбоит. Дара есымчыбжьа еизоит, уи абзоурала акзаара рымоуп, насгьы аусеицура рзымариоуп (Ажәам. [Прит.] 20:18). Анапхгаратә хеилак алахәылацәа зегьы еиҟароуп аҟынтә, ашықәс аҩныҵҟа рҽыԥсахуа хантәаҩыс амаҵ руеит (1 Пиотр 5:1). Убас ҟарҵоит Анапхгаратә хеилак акомитетқәа рыфбагьы. Анапхгаратә хеилак аҿы амаҵ зуа аишьцәа аӡәгьы ихы еиҳаны иԥхьаӡаӡом, дара зегьы аҩнтәиқәа иреиуоуп, насгьы игәрагоу, иҟәышу атәы иҟынтәи афатә роуеит, насгьы иара имҩақәҵарақәа ирықәныҟәоит.
1919 шықәсазы игәрагоу, иҟәышу атәы даналхыз инаркны Анцәа ижәлар адоуҳатә фатәы риҭоит (Шәрыхәаԥш абзацқәа 10, 11.)
«ДАРБАН ТӘУ, ИГӘРАГОУ, ИҞӘЫШУ?»
12. Иарбан зҵаарақәоу ицәырнаго, Анапхгаратә хеилак Анцәа иҟынтә аацҳарақәа ахьырмоуа, насгьы зны-зынла агхақәа ахьрыхьуа?
12 Анапхгаратә хеилак иалахәу Анцәа иҟынтә аацҳарақәа роуам, иара убас дара наӡаӡам. Убри аҟынтә абиблиатә ҵарақәа рганахь ала дара агха рыхьыр ауеит, насгьы зны-зынла ииашам аӡбарақәа рыдыркылалар рылшоит. «Индекс публикаций Сторожевой Башни» аҿы иҟоуп ахеиҵа «Уточнение в понимании», уи аҵаҟа иаагоуп 1870 шықәса инаркны ириашахаз абиблиатә зҵаарақәа рсиа. Ҳәарада, Иисус игәрагоу, иҟәышу атәы инаӡоу адоуҳатә фатәы ҳаиҭалоит ҳәа имҳәаӡеит. Нас иҳацхраауазеи Иисус изҵаара «дарбан тәу, игәрагоу, иҟәышу?» аҭак аҟаҵара? (Матф. 24:45). Иабантәиҳдыруеи уи ароль Анапхгаратә хеилак ишынанагӡо? Шәааи еилҳаргап актәи ашәышықәсазы иҟаз анапхгаратә хеилак ҳаналацәажәоз еилҳаргаз х-шьақәырӷәӷәарак.
13. Ишԥарыцхраауеи Анапхгаратә хеилак иԥшьоу адоуҳа?
13 Иԥшьоу адоуҳа. Анапхгаратә хеилак иԥшьоу адоуҳа рыцхраауеит уаанӡа имаӡаз абиблиатә ҵабыргқәа реилкаара. Шәазхәыц, иаҳҳәап, хыхь зыӡбахә ҳҳәаз ириашахаз азҵаарақәа рсиа. Ҳәарада, Анцәа ицхыраарада аӡәгьы илшомызт «Анцәа иҟәыӷара ҵауларас» иамоу аилкаара, насгьы уи даҽаӡәы изеиҭаҳәара. (Уаԥхьа 1 Коринфаа рахь 2:10.) Анапхгаратә хеилак Павел иажәақәа ирықәшаҳаҭуп: «Ҳарҭ абри атәы ауаа ирылаҳарҵәоит ҿырҳәала иҵоу уаҩытәыҩсатә ҽырҟәыш цәажәарала акәымкәа, Адоуҳа Цқьа иҳаҵанаҳәаз, иаҳнарҵаз ажәақәа рыла» (1 Кор. 2:13). Ашәышықәсақәа рыҩныҵҟа иҟаз ахьаҵреи адоуҳатә лашьцареи рышьҭахь, 1919 шықәса инаркны абиблиатә ҵабыргқәа еиҳа еилкаахо иалагеит. Уи зыбзоурахаз иԥшьоу адоуҳа акәӡами?
14. Ишԥарыцхраауеи Анцәа ижәлар амаалықьцәа, Аатра 14:6, 7 иану инақәыршәаны?
14 Амаалықьцәа рыцхыраара. Анапхгаратә хеилак зымҽхак ҭбаау имариам аус нарыгӡоит — аа-миллионҩык инареиҳаны ажәабжьҳәаҩцәа злахәу ажәабжьҳәаратә ус напхгара азыруеит. Избан уи аус ақәҿиара замоу? Амзызқәа ируакуп амаалықьцәа рыцхыраара. (Уаԥхьа Аатра 14:6, 7.) Иҟоуп ахҭысқәа рацәаны ажәабжьҳәаҩцәа ауаҩ иахь ианнеиуаз, уи Анцәа ицхыраара данаҳәоз аамҭазы. Ажәабжьҳәареи аҵаҩцәа разыҟаҵареи аус еиҳа-еиҳа аҽарҭбаауеит, тәылақәак рҿы Иегова ишаҳаҭцәа аҿагылара ӷәӷәақәа ишрықәшәогьы. Хымԥада, амаалықьцәа рыцхыраарада уи залшахомызт.
15. Излеиԥшымзеи Анапхгаратә хеилаки ауахәамақәа рнапхгаҩцәеи? Иаажәга аҿырԥштәы.
15 Анцәа Иажәа ҳаҭыр ақәҵара. (Уаԥхьа Иоанн 17:17.) Ҳахәаԥшып 1973 шықәсазы иҟалаз. Уи ашықәсан ииун 1 азы иҭыҵыз «Сторожевая башня» аҿы иааган азҵаара: «Ирылшома аҭаҭын ахара ашьцылара казмыжьыз аӡы рыҽӡаархыр?» Аҭак абас иҟан: «Абиблиа еилыкка иаҳнарбоит ишрылымшо». Астатиаҿы иааган абиблиатә жәеинраалақәа, урҭ шьаҭас иҟаҵаны иҳаилыркаан аҭаҭын ахара акажьра мап ацәызкуа аизара далырцар захәҭоу (1 Кор. 5:7; 2 Кор. 7:1). Уа ианын: «Абас еиԥш иҟоу азнеира гәымбылџьбарам. Ари, Анцәа иара Иажәаҿы ишҳаилиркааз ала, игәаԥхара ауп». Иҟоума даҽа динхаҵаратә еиҿкаарак еснагь Анцәа Иажәа иақәгәыӷуа, уи аӡәы уадаҩрак изаанагаргьы? Еиду Аштатқәа рҿы ааигәа иҭыҵыз шәҟәык аҿы иануп: «Ақьырсиантә уахәамақәа рнапхгаҩцәа рҵарақәа еснагь идырҿыцуеит, иаҭаауа ауаа ма ауаажәлар реилазаарақәа рхәыԥшышьақәеи ргәаанагарақәеи ирықәшәаларц азы». Анапхгаратә хеилак ракәзар, дара аӡбарақәа анрыдыркыло ауаа зышьцылахьоу агәаанагарақәа ракәымкәа, Анцәа Иажәа иану ауп изызхьаԥшуа. Иарбан лкаау иҟаҳҵар ҳалшо? Напхгара рзызуада иахьа Анцәа ижәлар?
НАПХГАРА ЗХАХЬЫ ИЗГО ШӘХАШӘМЫРШҬЛАН
16. Иарбан алшарақәа ируаку иҳамоу Анапхгаратә хеилак рхамышҭразы?
16 Абиблиаҿы иануп «анапхгара зхахьы изго шәхашәмыршҭлан» ҳәа (Аур. 13:7, АдҾ). Аҟаҵарбала еиҭагоу ажәа «ишәхашәмыршҭлан» иара убасгьы иаанагоит «ишәгәалашәыршәала». Ус анакәха, «анапхгара зхахьы изго» рхамышҭразы алшарақәа ируакуп ҳанцәаиҳәарақәа рҿы Анапхгаратә хеилак ргәаларшәара (Еф. 6:18). Шәрызхәыц урҭ инарыгӡо акрызҵазкуа аусқәа: адоуҳатә фатәы архиара, адунеизегьтәи ажәабжьҳәаратә ус анапхгара аҭара, насгьы хатәгәаԥхарала иаларҵо аԥара аихшара. Ааи, ҳәарада, Анапхгаратә хеилак рзы ҳааҟәымҵӡакәа Анцәа ҳиҳәалар ауп.
17, 18. а) Аус шԥарыцаҳуеи ҳара Анапхгаратә хеилак? б) Избан ажәабжьҳәаратә ус гәацԥыҳәарала аҽалархәра зҳахәҭоу?
17 Ҳәарада, Анапхгаратә хеилак рзы Анцәа иҳәара мацара азхом. Ҳара ҳрықәныҟәалар ауп апубликациақәа рҿы, аизарақәеи аконгрессқәеи рҿы урҭ иҳарҭо амҩақәҵарақәа. Насгьы, Анапхгаратә хеилак араионтә хылаԥшыҩцәа алырхуеит, араионтә хылаԥшыҩцәа аизара аиҳабацәа алырхуеит. Араионтә хылаԥшыҩцәеи аизара аиҳабацәеи Анапхгаратә хеилак ирнаҭо амҩақәҵарақәа еснагь ианрықәныҟәо, дара Анапхгаратә хеилак шырхадмыршҭуа аадырԥшуеит. Ҳаргьы Ҳаԥхьагылаҩ, Иисус Христос, ҳаҭыр шиқәаҳҵо ааҳарԥшуеит, напхгара ҳзиуларц азы ихы иаирхәо ахацәа ҳарзыӡырҩуазар (Аур. 13:17).
18 Ишԥаҳалшо ҳара еиҭа Анапхгаратә хеилак рхамышҭра? Ажәабжьҳәаратә ус активла ҳҽалархәуа. Павел ақьырсианцәа ргәазҭеиҵон дара рыбжьара анапхгара зхахьы изго рыгәрахаҵара иаҿыԥшларц. Игәрагоу атәы агәрахаҵара ӷәӷәа ааирԥшуеит, ажәабжь бзиа гәацԥыҳәарала ауаа ирылаҳәо, насгьы уи аларҵәара дацхраауа. Шәрыцхраауама Анцәа идоуҳала иалху ақьырсианцәа аԥсҭазаара зхьыԥшу ихадоу ари аус аҿы? Шаҟа ҳгәы иахәозеи Иисус иажәақәа анҳаҳауа: «Иашала ишәасҳәоит: сашьцәа аиҵбацәа руаӡә изыжәухьоу Саргьы исзыжәуит» (Матф. 25:34—40).
19. Избан Ҳаԥхьагылаҩ, Иисус, ишьҭанеира шәзазхиоу?
19 Иисус ажәҩан ахь данца, ишьҭанеицәа ихамышҭӡеит (Матф. 28:20). Иара адгьыл аҿы даныҟаз иԥшьоу адоуҳаи, амаалықьцәеи, Анцәа Иажәеи анапхгара ихахьы агара ицхраауан. Иахьагьы иара игәрагоу атәы убас дицхраауеит. Игәрагоу атәы иахь иаҵанакуа доуҳала иалху аишьцәа Асыс ахьцо иашьҭоуп (Аат. 14:4). Урҭ ҳара иҳарҭо амҩақәҵарақәа ҳанрықәныҟәо, ҳара Ҳаԥхьагылаҩ, Иисус Христос, ҳишьҭанеиуеит. Иаарласны уи наӡаӡатәи аԥсҭазаара аиура дҳацхраауеит (Аат. 7:14—17). Илшома даҽа напхгаҩык ари аҩыза ақәыргәыӷра ҳаҭара?
a Иегова игәҭакы инақәыршәаны, аԥхьаҟа 12-ҩык апостолцәа символтә ҵакыла иуҳәозар Иерусалим ҿыц 12 хаҳә змоу уасхырны иазыҟалар акәын (Аат. 21:14). Убри аҟынтә азиашара аазырԥшуаз апостолцәа рахьтә аӡәы адгьыл аҿы иԥсҭазаара хиркәшазар, иара иҭыԥан даҽаӡәы иԥшаара аҭахӡамызт.
b 1955 шықәса инаркны уи Ахьчаратә бааши, Абиблиақәеи, атрактатқәеи реилазаара ҳәа ахьӡҵахеит (Пенсильваниа).