Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w17 февраль ад. 14—19
  • Иегова ижәлар напхгара рзиуеит

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Иегова ижәлар напхгара рзиуеит
  • Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2017
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ДАРА ИԤШЬОУ АДОУҲА РЫМАН
  • ДАРА АМААЛЫҚЬЦӘА РЫЦХРААУАН
  • ДАРА АНЦӘА ИАЖӘА ИАНУ АМҨАҚӘҴАРАҚӘА ИРЫҚӘНЫҞӘОН
  • ИЕГОВА ИНАӠОУ АНАПХГАҨЫ ДАЛИХУЕИТ
  • Шәиқәгәыӷла Ҳамҩақәҵаҩ Христос
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2018
Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2017
w17 февраль ад. 14—19

Иегова ижәлар напхгара рзиуеит

«Иегова еснагь напхгара узиулоит» (ИС. [ИС.] 58:11).

АШӘАҚӘА: 152, 22

ИШӘЫЛШОМА ИҲАИЛШӘЫРКААР?

Излоубарҭоузеи...

  • ...Иисус Христоси ажәытәан Анцәа ижәлар напхгара рзызуаз ауааи иԥшьоу адоуҳа шрыцхраауаз?

  • ...амаалықьцәа шрыцхраауаз?

  • ...Анцәа Иажәа иану амҩақәҵарақәа ишрықәныҟәоз?

1, 2. а) Излареиԥшымзеи Иегова ишаҳаҭцәа егьырҭ адинқәа? б) Еилҳаргозеи ари, насгьы анаҩстәи астатиақәа рҿы?

«ЕИҲАБЫС ишәымада? Напхгара шәзызуада?» Арҭ азҵаарақәа лассы-лассы Иегова ишаҳаҭцәа ирырҭоит. Ари уамашәа ибатәӡам, избанзар адинқәа реиҳарак анапхгаҩцәа рымоуп. Аха ҳара хадас иҳамоу инаӡам ауаҩ иакәӡам. Уи даара ҳгәы шьҭнахоит. Ҳара зыԥсы ҭаҵаз Христос инапхгара ҳацныҟәоит, иара Иаб Иегова инапхгара дацныҟәоит (Матф. 23:10).

2 Ус шакәугьы, иахьа Анцәа ижәлар напхгара рзызуа гәыԥҩык ахацәа ыҟоуп, Абиблиаҿы урҭ игәрагоу, иҟәышу атәы ҳәа рыӡбахә ҳәоуп (Матф. 24:45). Нас избан иаҳҳәар зҳалшо Иегова Иԥа ила напхгара ҳзиуеит ҳәа? Ари, насгьы анаҩстәи астатиақәа рҿы ҳара еилҳаргоит Иегова азқьышықәсақәа рыҩныҵҟа ижәлар рыбжьара иалхыз ауаа рхахьы анапхгара ргаларц шрыдиҵоз. Ҳара еилҳаргоит х-шьақәырӷәӷәарак урҭ ауаа Иегова ишалихыз, ижәлар Ԥхьагылаҩыс ирымаз иара шиакәыз, насгьы иахьагьы дшыԥхьагылаҩу ҳзырбо (Ис. [Ис.] 58:11).

ДАРА ИԤШЬОУ АДОУҲА РЫМАН

3. Ицхраауази Моисеи израильтәи ажәлар напхгара рзура?

3 Анцәа ихаҭарнакцәа иԥшьоу адоуҳа рыман. Ҳахәаԥшып израильаа рыԥхьагылаҩыс аҟалара дҵас измаз Моисеи иҿырԥштәы. Ицхраауази ари адҵа хада анагӡара? Иара Иегова «иԥшьоу адоуҳа илеиҵеит». (Уаԥхьа Исаиа [Исаия] 63:11—14.) Моисеи Анцәа иԥшьоу идоуҳа иман аҟынтә, ажәлар напхгара рзызуаз Иегова иоуп ҳҳәар ҳалшоит.

4. Ишԥарылшоз израильаа Моисеи Анцәа идоуҳа шимаз агәра агара? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.)

4 Иԥшьоу адоуҳа абара ҳалшом. Ишԥарылшоз израильаа Моисеи уи анырра шинаҭоз агәра агара? Иԥшьоу адоуҳа абзоурала Моисеи аџьашьахәқәа ҟаиҵон, насгьы афараон иҿаԥхьа Иегова ихьӡ ааиртит (Ақәҵ. [Исх.] 7:1—3). Уи адагьы, иԥшьоу адоуҳа ацхыраарала Моисеи абзиабареи, аҟәымшәышәреи, ачҳареи реиԥш иҟоу аҟазшьақәа раарԥшра илшон. Урҭ израильаа напхгара рзура ицхраауан. Моисеи игәымбылџьбараз, зхы мацара бзиа избоз егьырҭ ажәларқәа рнапхгаҩцәа реиԥш дыҟамызт (Ақәҵ. [Исх.] 5:2, 6—9). Еилукаартә иҟан: Моисеи израильаа напхгара рзиуларц дахазыргылаз Иегова иоуп.

5. Иаҳзеиҭашәҳәа Иегова егьырҭ израильтәи ахацәа ижәлар напхгара рзыруларц иԥшьоу адоуҳа шриҭоз.

5 Ԥыҭрак ашьҭахь Иегова егьырҭ ахацәагьы ижәлар напхгара рзыруларц иԥшьоу адоуҳа риҭон. Абиблиаҿы иануп «Иисус, Навин иԥа, аҟәыӷара адоуҳа иман» ҳәа (Ҩынтә. [Втор.] 34:9), «Гедеон Иегова идоуҳа иоуит» ҳәа (Аӡб. [Суд.] 6:34), «Давид Иегова идоуҳа иныруа иалагеит» ҳәа (1 Сам. [1 Сам.] 16:13). Дара зегьы Анцәа идоуҳа ацхыраара иақәгәыӷуан, уи абзоурала рымч зқәымхоз аус дуқәа ҟарҵон (Иис. Н. [Иис. Н.] 11:16, 17; Аӡб. [Суд.] 7:7, 22; 1 Сам. [1 Сам.] 17:37, 50). Урҭ аус дуқәа зегьы рзы Иегова ахьӡ-аԥша иоуан, избанзар иара иоуп уи иаԥсаз.

6. Избан Иегова израильаа напхгара рзызуаз рахь азыӡырҩра аадырԥшларц зиҭахыз?

6 Иубаратәы иҟан урҭ ахацәа иԥшьоу адоуҳа шрымаз. Ишԥарнырлар акәыз уи израильаа? Дара Моисеи изашшуа ианалага, Иегова иҳәеит: «Шаҟа аамҭа патуқәҵарада исызныҟәалозеи сара ари ажәлар?» (Ахыԥхь. [Чис.] 14:2, 11). Ааи, Иегова иоуп Моисеи, Иисус Навин, Гедеон, Давид хаҭарнакцәас иалызхыз. Израильаа урҭ рҳәатәы ианацныҟәоз, Иегова изыӡырҩуан ҳҳәар ҳалшоит.

ДАРА АМААЛЫҚЬЦӘА РЫЦХРААУАН

7. Ишԥаицхраауаз Моисеи амаалықьцәа?

7 Анцәа ихаҭарнакцәа амаалықьцәа рыцхраауан. (Уаԥхьа Ауриацәа рахь 1:7, 14.) Иегова амаалықьцәа рыла Моисеи адҵақәа идиҵон, урҭ рынагӡаразы иаҭахыз зегь ииҭон, насгьы напхгара изиуан. Абиблиа инақәыршәаны Анцәа Моисеи еиҳабыс, еиқәырхаҩыс дишьҭуеит амаӷра чықь аҿы иирбаз амаалықь ила (Аус. 7:35). Иара убас Анцәа амаалықьцәа рыла Моисеи израильаа мҩақәиҵарц азы Азакәан ииҭеит (Гал. 3:19). Иегова уи иеиҳәеит: «Ажәлар уманы сара иахьуасҳәаз уца. Сымаалықь уаԥхьа дгыланы дцалоит» (Ақәҵ. [Исх.] 32:34). Абиблиаҿы иҳәаӡам израильаа Моисеи ицхраауаз ацәеижь аазхәаз амаалықьцәа рбон ҳәа. Аха Моисеи ажәлар анапхгара шырзиуаз ала еилыкка иубарҭан Анцәа ацхыраара шииҭоз.

8. Ишԥарыцхраауаз амаалықьцәа Иисус Навини Езекиеи?

8 Моисеи данԥсы ашьҭахь, уи ишьҭрамдаҩ Иисус Навин Анцәа ижәлар ханаанаа рабашьра игар акәын. Убри аамҭазы уи «Иегова ир аҭауад» дирӷәӷәеит, израильаагьы аиааира ргеит (Иис. Н. [Иис. Н.] 5:13—15; 6:2, 21). Ԥыҭрак ашьҭахь, Езекиа ихаан, ассириатә ар ду Иерусалим инеит уи рымпыҵадырхаларц. Усҟан Иегова имаалықь уахыкала «ассириатә лагер аҿы 185 000-ҩык ауаа ишьит» (2 Аҳ. [2 Цар.] 19:35).

9. Ирылшозма израильаа Анцәа ихаҭарнакцәа рзымӡырҩра, урҭ рҿы агхақәа анырбоз? Иҳаилшәыркаа.

9 Амаалықьцәа инаӡоу шамҭақәоуп, аха урҭ ацхыраара зырҭоз ауаа рзы ус узҳәом. Моисеи зны Иегова хьӡи-ԥшеи иимҭаӡеит (Ахыԥхь. [Чис.] 20:12). Иисус Навин гаваонаа рҿы аиқәшаҳаҭра аныбжьеиҵоз, иара Анцәа иҿы алабжьара дамыҳәаӡеит (Иис. Н. [Иис. Н.] 9:14, 15). Езекиа аамҭа кьаҿк иалагӡаны дԥагьахеит (2 Аш. [2 Лет.] 32:25, 26). Аха уеизгьы, арҭ ахацәа агхақәа шыҟарҵозгьы, ажәлар азыӡырҩра аадырԥшлар акәын, избанзар Анцәа урҭ амаалықьцәа рыла дрыцхраауан. Ааи, израильаа напхгара рызҭоз Иегова ихаҭа иакәын.

ДАРА АНЦӘА ИАЖӘА ИАНУ АМҨАҚӘҴАРАҚӘА ИРЫҚӘНЫҞӘОН

10. Дышԥарықәныҟәоз Моисеи Анцәа Иажәа иану амҩақәҵарақәа?

10 Анцәа ихаҭарнакцәа Анцәа Иажәа иану амҩақәҵарақәа ирықәныҟәон. Абиблиаҿы израильаа ирыҭаз азакәан «Моисеи изакәан» ҳәа иашьҭоуп (1 Аҳ. [1 Цар.] 2:3). Аха Аҩыраҿы уеизгьы иануп уи Азакәан ажәлар ирызҭаз Иегова шиакәу, насгьы Моисеи уи дықәныҟәалар шихәҭаз (2 Аш. [2 Лет.] 34:14). Иаҳҳәап, Иегова Моисеи амҩақәҵарақәа ииҭеит иԥшьоу ақьала ыҟазар шахәҭаз аганахь ала. Абиблиаҿы иануп: «Моисеи Иегова ишиҳәаз зегь ҟаиҵеит. Убас иара иагьыҟаиҵаҵәҟьеит» (Ақәҵ. [Исх.] 40:1—16).

11, 12. а) Иҟарҵалар рыхәҭази Иисус Навини Анцәа ижәлар напхгара рзызуаз аҳцәеи? б) Ишԥарныруаз Анцәа ижәлар напхгара рзызуаз ауаа Анцәа Иажәа?

11 Иисус Навин израильаа данраԥхьагылаҩха, Анцәа Иажәа напылаҩырала иман. Иегова уи Азакәан ашәҟәы иазкны иҳәеит: «Уаԥхьала уи уахгьы-ҽынгьы бжьыҵакрыла, ишану еиԥш ак агмыжькәа уацныҟәаларц азы» (Иис. Н. [Иис. Н.] 1:8). Анцәа ижәлар анаҩс напхгара рзызуаз аҳцәагьы уи амҩақәҵара иқәныҟәон. Дара есыҽны Азакәан иаԥхьалар, ихырҩылаар, насгьы «абри азакәан иану ажәақәеи амҩақәҵарақәеи зегьы» нарыгӡалар акәын. (Уаԥхьа Ҩынтәзакәан [Второзаконие] 17:18—20.)

12 Ишԥарныруаз израильаа напхгара рзызуаз ахацәа Анцәа Иажәа? Еилҳаргап аҳ Иосиа иҿырԥштәы. Моисеи изакәан зныз ашәҟәы анырыԥшаа, Иосиа имаӡаныҟәгаҩ аҳ изаԥхьара далагеитa. Ишԥаиныри уи? Абиблиа иануп: «Аҳ ари азакәан ашәҟәы ианыз аниаҳа, имаҭәа ишәхаԥижәеит». Уи адагьы, Иосиа Анцәа Иажәа игәазҭанаҵеит аныхамҵахырхәара ақәгара, насгьы Мшаԥ ныҳәа азгәаҭара. Иара иеиԥш уаанӡа аҳцәа рҟынтә аӡәгьы Мшаԥы ус иазгәарымҭацызт (2 Аҳ. [2 Цар.] 22:11; 23:1—23). Иосиа, насгьы израильаа напхгара рзызуаз егьырҭ ахацәа Анцәа Иажәа ианыз иқәныҟәон, насгьы уи инақәыршәаны Иегова ижәлар ирырҭоз амҩақәҵарақәа рыԥсахуан. Урҭ аԥсахрақәа израильаа Анцәа игәаԥхара инақәыршәаны анхара ирыцхраауан.

13. Излеиԥшымзи Анцәа ижәлар напхгара рзызуази амурҭаҭ напхгаҩцәеи?

13 Шаҟа иреиԥшымзи Анцәа изиашаз аҳцәа егьырҭ ажәларқәа рнапхгаҩцәа! Урҭ ауаҩытәыҩсатә ҟәыӷара акәын ирымаз. Убас, ханаанаа рнапхгара аҵаҟа ауаа ихәымгаз аусқәа ҟарҵон. Дара рҭынхацәа рыбжьара цәеижьла еизааигәахон, агомосексуализм рылаҵәан, арахә ирызнеиуан, ахәыҷқәа кәырбанс инаргон, насгьы аныхақәа ирымҵахырхәон (Алев. [Лев.] 18:6, 21—25). Иара убас Анцәа иахьатәи анаука иақәшәо агигиена иадҳәалаз аԥҟарақәа риҭеит. Аха вавилонааи мысрааи урҭ аԥҟарақәа ирықәныҟәомызт (Ахыԥхь. [Чис.] 19:13). Израильаа ирбон Анцәа ижәлар напхгара рзызуаз изиашаз ахацәа доуҳалеи, гәаԥхашәалеи, цәеижьлеи ишыцқьаз, амурҭаҭ напхгаҩцәа реиԥш акәымкәа. Хымԥада, урҭ Иегова напхгара рзиуан.

14. Избан Иегова ижәлар напхгара рзызуаз шьоукы захьирхәуаз?

14 Анцәа ижәлар напхгара рзызуаз аҳцәа рыбжьара Иегова изымӡырҩуазгьы ыҟан. Дара Анцәа иԥшьоу адоуҳаи, амаалықьцәеи, Иажәеи рыла ириҭоз амҩақәҵарақәа рықәныҟәара мап ацәыркуан. Зны-зынла Иегова ус еиԥш иҟаз анапхгаҩцәа ахьирхәуан, мамзаргьы рҭыԥ аҿы даҽаӡә дҟаиҵон (1 Сам. [1 Сам.] 13:13, 14). Ԥыҭрак ашьҭахь, иара ишьақәиргылаз аамҭазы, зегь иреиӷьыз анапхгаҩы далихит.

ИЕГОВА ИНАӠОУ АНАПХГАҨЫ ДАЛИХУЕИТ

15. а) Ишԥазгәарҭеи аԥааимбарцәа зегь иреиӷьу анапхгаҩы дшаауа? б) Дызусҭахада уи анапхгаҩы?

15 Ашәышықәсақәа рыҩныҵҟа Иегова заа иҳәон ижәлар зегь иреиӷьу анапхгаҩы дшырхаиргыло. Моисеи израильаа иреиҳәеит: «Унцәа Иегова ужәлар, уашьцәа, рҟынтә сара исеиԥшу аԥааимбар дуиҭоит (иара шәизыӡырҩлар ауп)» (Ҩынтә. [Втор.] 18:15). Исаиа уи анапхгаҩы изкны иҳәеит иара «ԥхьагылаҩыс, насгьы еиҳабыс» дҟалоит ҳәа (Ис. [Ис.] 55:4). Даниил «Аԥхьагылаҩ Мессиа» иаара атәы иҩуан (Дан. [Дан.] 9:25). Иисус Христос Анцәа ижәлар Рыԥхьагылаҩ ҳәа ихы иазиҳәеит. (Уаԥхьа Матфеи 23:10.) Иисус иҵаҩцәа ишьҭанеира иазхиан, дара агәра ганы иҟан иара Иегова иалихыз шиакәу (Иоанн 6:68, 69). Агәра дзыргози Иегова ижәлар Христос ила напхгара шырзиуло?

16. Ишьақәзырӷәӷәозеи Иисус иԥшьоу адоуҳа шимаз?

16 Иисус иԥшьоу адоуҳа иман. Иисус иҽанӡааихуаз, Иоанн Анаҭҩы «ибеит жәҩангәашәԥхьара шаатыз, насгьы аҳәыҳә аԥшра аманы иԥшьоу адоуҳа шылбаауаз». Уи ашьҭахь иԥшьоу адоуҳа Иисус игәазҭанаҵеит ацәҳәырахь ацара (Марк 1:10—12, АдҾ). Адгьыл аҿы Иисус амаҵ иуанаҵы, иԥшьоу адоуҳа аџьашьахәқәа рыҟаҵареи ауаа дырҵареи рзы амч инаҭон (Аус. 10:38). Уи адагьы, иԥшьоу адоуҳа абзоурала аҟазшьа бзиақәа инагӡаны иааирԥшуан, иаҳҳәап, абзиабара, агәырӷьара, агәрахаҵара ӷәӷәа (Иоанн 15:9; Аур. 12:2). Напхгаҩыкгьы илшомызт Анцәа идоуҳа шимоу абас еиԥш ашьақәырӷәӷәара. Иисус далызхыз Иегова ихаҭа иоуп.

Ишԥаицхраауаз Иисус амаалықьцәа, аӡы иҽанӡааих ашьҭахь? (Шәахәаԥш абзац 17.)

17. Ишԥаицхраауаз Иисус амаалықьцәа?

17 Иисус амаалықьцәа ицхраауан. Иисус аӡы иҽанӡааих ашьҭахь «амаалықьцәа ааин, имаҵ аура иалагеит» (Матф. 4:11). Иԥсра сааҭқәак шагыз «ажәҩан ахьтә Амаалықь дылбааны игәы-иԥсы ирӷәӷәон» (Лука 22:43). Иисус агәра ганы дыҟан Иегова ишилшо дицхраарц азы амаалықьцәа раашьҭра, уи Анцәа игәаԥхара анагӡаразы иаҭахызар (Матф. 26:53).

18, 19. Ишԥарныруаз Анцәа Иажәа Иисус иԥсҭазаареи иҵарақәеи?

18 Иисус Анцәа Иажәа иану амҩақәҵарақәа дрықәныҟәон. Иисус адгьыл аҿы амаҵ аура даналага инаркны дыԥсаанӡа Иԥшьоу Аҩыраҿы иану дықәныҟәон (Матф. 4:4). Дыԥсаанӡа ииҳәаз аҵыхәтәантәи иажәақәа рҿгьы Мессиа изкыз аԥааимбаражәа дахцәажәеит (Матф. 27:46; Лука 23:46). Усҟантәи аамҭазы инхоз адиннапхгаҩцәа ракәзар, Анцәа Иажәа иану мап ацәыркуан, рҵасқәа Анцәа Иажәа иану аҵабырг ианаҿагылоз. Аԥааимбар Исаиа ила Иегова ииҳәаз ажәақәа ааго, Иисус иҳәеит: «Арҭ ауаа ажәала рҽысзааигәартәуеит; ргәы-рыԥсы Сара исцәыхароуп. Аха амала баша ҳаҭыр сықәырҵоит, уаҩытәыҩсатә ҵасла рҵара мҩаԥгауа» (Матф. 15:7—9). Илшозма Иегова убас еиԥш иҟаз анапхгаҩцәа иара ижәлар ирхагыларц рыдҵара?

19 Анцәа Иажәа иану алабжьарақәа Иисус ихымҩаԥгашьа мацара акәымкәа, ауаа аҵабырг шыдирҵозгьы ианыруан. Адиннапхгаҩцәа имариамыз азҵаарақәа анирҭоз, ҳәаа змамыз иҟәыӷара, мамзаргьы иԥышәа дуи дрықәгәыӷуамызт. Иара еснагь Иԥшьоу Аҩыра шьаҭас иҟаҵаны ауаа драцәажәон (Матф. 22:33—40). Иисус ажәҩан аҿы даныҟаз, мамзаргьы Жәҩантәыла шшаз атәы ауаа ирзеиҭаҳәо ргәы ирҿыхаӡомызт, уи аҭыԥан иара «Аҩырақәа шеилкаатәу» рхы иҭеигалон (Лука 24:32, 45). Иисус Анцәа Иажәа даара бзиа ибон, насгьы алшара шиоулак ауаа уи аӡбахә рзеиҭаҳәара иҽазишәон.

20. а) Иаҳзырбозеи Иисус Иегова хьӡи-ԥшеи шииҭоз? б) Дызлаиеиԥшымзи аҳ Ирод Агриппа I Иисус?

20 Иисус иҿы иҭыҵуаз алыԥхажәақәа ауаа ишџьаршьозгьы, иара Ирҵаҩы Иегова иоуп урҭ рзы хьӡи-ԥшеи зиҭоз (Лука 4:22). Ибеиаз аӡәы Иисус «Арҵаҩы ҳалал» ҳәа иаҳәаны дҳареикырц аниҭахыз, Иисус хӡырымгарала иҳәеит: «Сара аҳалал ҳәа узсыԥхьоузеи? Анцәа заҵәык иоуп иҳалалу» (Марк 10:17, 18). Иисус аҳ Ирод Агриппа I зынӡа диеиԥшмызт. Ирод Иудеиа напхгара азура далагеит Иисус данԥсы аашықәса раҟара рышьҭахь. Зны Ирод «ԥсҳаҵас иҽеилаҳәаны» ажәлар еизигеит. Еизаз ажәлар рыбжьы ҭырҟьаны аҳәара иалагеит: «Ари Анцәа ибжьоуп, ауаҩытәыҩса итәы акәым». Ирод уи даара игәаԥхеит. Иҟалазеи анаҩс? Убри аамҭазҵәҟьа Иегова имаалықь даан Ирод дишьит, уи «Анцәа ибзырӡык ахьимҳәаз» азы. Иара «иԥсы ԥха шилаз ахәаҷа-маҷақәа ихалт», насгьы дыԥсит (Аус. 12:21—23). Ҳәарада, Иегова Ирод напхгаҩыс далимхӡеит. Аха Иисус ишьақәирӷәӷәеит иара шиакәу Анцәа напхгаҩыс иалихыз, насгьы Иегова, зегь иреиҳау Анапхгаҩы, еснагь хьӡи-ԥшеи ииҭон.

21. Еилҳаргозеи анаҩстәи астатиаҿы?

21 Иисус шықәсқәак рыҩныҵҟа акәӡам напхгаҩыс даныҟалашаз. Иԥсы анҭала ашьҭахь иара иҳәеит: «Ажәҩан аҿгьы адгьыл аҿгьы аҳра наӡа сыҭоуп. [...] Сара шәарҭ ԥымкрада сшәыцҟоуп» (Матф. 28:18—20). Аха Иисус иумбо доуҳатә хаҭараны дҟалеит. Нас ишԥаилшо адгьыл аҿы иҟоу ауаа напхгара рыҭара? Ихы иаирхәода Иегова ижәлар Христос ила напхгара рыҭаразы? Ишԥарылшо ақьырсианцәа Анцәа ихаҭарнакцәа реиҩдыраара? Арҭ азҵаарақәа анаҩстәи астатиаҿы еилҳаргоит.

a Иҟалап уи Моисеи инапала ииҩыз Азакәан ашәҟәы акәызҭгьы.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра