Шәрыцхраала ахҵәацәа гәырӷьарыла Иегова имаҵ аура
«Иегова атәым дгьыл аҿы инхо ихьчоит» (АԤСАЛ. 146:9, АдҾ).
1, 2. а) Иарбан уадаҩрақәоу ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи шьоукы зықәшәо? б) Иарбан зҵаарақәоу уи иадҳәаланы ицәырҵуа?
«БУРУНДИ аибашьра ианалагаз аҽны, сҭаацәеи сареи араионтә конгресс аҿы ҳаҟан,— игәалашәоит аиашьа Лиие.— Ҳара иаҳбеит ишхысуаз, насгьы ауаа џьара иҩны ишцоз. Сҭаацәеи, 10-ҩык сашьцәеи, саҳәшьцәеи, сареи ҳаԥсы еиқәҳархарц азы ҳабналар акәхеит. Иаҳгаз амаҭәақәа зынӡа имаҷын. Ҳҭаацәара аҟынтә шьоукы Малави иҟаз ахҵәацәа рлагер аҟынӡа анеира рылшеит, уанӡа 1 600 километра бжьан. Егьырҭ ахьыҟаз узымдыруа еиԥхьытта иҟан».
2 Адунеи ахьынӡанаӡааӡо аибашьреи ашьҭашәарыцарақәеи ирыхҟьаны 65 миллионҩык ауаа рыҩны аанырмыжьыр ада ԥсыхәа рымамкәа иҟалеитa. Урҭ рахьтә зықьҩыла Иегова ишаҳаҭцәа роуп. Аӡәырҩы рыуацәеи рҭынхацәеи, насгьы рмазара аиҳарак рцәыӡит. Иарбан уадаҩрақәоу еиҭа урҭ рахьтә шьоукы ирызцәырҵыз? Ишԥаҳалшо, урҭ аишьцәеи аиаҳәшьцәеи агәаҟрақәа ишрықәшәазгьы, Иегова гәырӷьарыла имаҵ аура ҳрыцхраар? (Аԥсал. 99:2 [100:2, АдҾ]). Иҳацхраауазеи ҳара Иегова дыззымдыруа ахҵәацәа қәҿиарала ажәабжь бзиа рзеиҭаҳәара?
АХҴӘАЦӘА РЫԤСҬАЗААШЬА
3. Избан Иисус, насгьы иҵаҩцәа аӡәырҩы иахьынхоз рҭыԥқәа аанрыжьыр закәхаз?
3 Зны Иегова имаалықь Иосиф игәиҽаниҵеит Ирод Иисус дишьырц шиҭахыз. Усҟан Иисус иҭаацәа Мысраҟа ицеит. Дара Ирод дыԥсаанӡа уа инхон (Матф. 2:13, 14, 19—21). Ажәашықәсақәа рышьҭахь ашьҭашәарыцарақәа ирыхҟьаны, Иисус иҵаҩцәа «Иудеиеи Самариеи иахьрыҵаркуаз еихеит, иқәҵит» (Аус. 8:1). Иисус идыруан ишьҭанеицәа аӡәырҩы рыҩнқәа рааныжьра шрықәшәоз. Иара иҳәеит: «Қалақьк аҿы шәаныԥхадырслакь, егьи ашҟа шәыҩ» (Матф. 10:23). Ауаҩы иҩны ааныжьра зиқәшәо иарбан мзыззаалакгьы, лассы-лассы уи даара имариам.
4, 5. Иарбан шәарҭарақәоу ахҵәацәа зықәшәо: а) амҩа ианықәу? б) алагер аҿы?
4 Ахҵәацәа амҩа ианықәу изықәшәо ашәарҭарақәа даара ирацәоуп. Аха алагер аҿгьы имаҷымкәа ашәарҭарақәа ыҟоуп. Абар Гад зыхьӡу Лиие иашьа еиҵбы ииҳәо: «Ҳара шәҩыла икажьыз аԥсцәа ҳархысуа, мчыбжьқәак амҩа ҳақәын. Усҟан сара 12 шықәса схыҵуан. Сшьапқәа даара ичит аҟынтә, сҭаацәа сааныжьны ицаларц расҳәеит. Саб аилаҩынтра иалахәыз срымгарц азы сышьҭыхны сигеит. Иегова иахь иҳамаз агәрагареи анцәаиҳәареи ҳацхраауан есыҽны ҳзықәшәоз ауадаҩрақәа рыхгара. Иҟан амшқәа, амҩан иҿаҳхуаз аманго мацара ада акгьы анаҳамфоз» (Флп. 4:12, 13).
5 Лиие иҭаацәара реиҳараҩык шықәсыла ООН зыцхыраауаз ахҵәацәа рлагер аҿы инхон. Аха уагьы рыԥсҭазаара ашәарҭара иҭагылан. Абар иахьа раионтә хылаԥшҩыс амаҵ зуа Лиие ииҳәо: «Аусура змаз зынӡа имаҷын. Уа иҟаз ауаа уҳәан-сҳәан рҳәон, иржәуан, алашыҩкратә хәмаррақәа рыҽрыладырхәуан, иӷьычуан, иара убас гәаԥхашәадарала рхы мҩаԥыргон». Иҽеим анырра рҽацәырыхьчарц азы, урҭ алагерқәа рҿы инхоз Иегова ишаҳаҭцәа рхы азышьҭны аизара аусқәа рыҽрыладырхәлар акәын (Аур. 6:11, 12; 10:24, 25). Дара ирҭахын доуҳала иӷәӷәаны иаанхаларц, убри аҟынтә раамҭа ииашаны рхы иадырхәон. Аӡәырҩы пионерс амаҵ руан. Ирыцхраауази ииашоу агәазыҟашьа ахьчара? Дара иргәаладыршәон израильаа ацәҳәыраҿы ишаанымхаз еиԥш, даргьы алагер аҿы еснагь ишнымхало (2 Кор. 4:18).
АХҴӘАЦӘА РАХЬ АБЗИАБАРА ААШӘЫРԤШЛА
6, 7. а) Ҳгәы зызҭанаҵозеи Анцәа иахь иҳамоу абзиабара арыцҳара иақәшәаз аишьцәа рганахь ала? б) Иаажәга аҿырԥштәы.
6 Анцәа иахь абзиабара бзиа аибабара ҳгәазҭанаҵоит, еиҳарак иуадаҩу аамҭақәа раан. (Уаԥхьа 1 Иоанн 3:17, 18.) Актәи ашәышықәсазы Иудеиа инхоз ақьырсианцәа амлакра ианаргәаҟуаз, аишьцәа урҭ ацхыраара роурц еиҷаҳаит (Аус. 11:28, 29). Апостолцәа Павели Пиотри ақьырсианцәа асасдкылара аадырԥшларц ргәазҭарҵон (Рим. 12:13; 1 Пиотр 4:9). Ҳаизарахь сасра иааз ақьырсианцәа рахь асасдкылара ааҳарԥшуазар, иҳахәҭаӡами зыԥсҭазаара аиқәырхаразы зтәыла аанзыжьыз, ма ашьҭашәарыцарақәа ирықәшәаз рахь уи еиҳагьы аарԥшра? (Уаԥхьа Ажәамаанақәа 3:27.)b
7 Ааигәа Украина мрагыларатәи ахәҭаҿы зықьҩыла Иегова ишаҳаҭцәа — ахацәеи, аҳәсеи, ахәыҷқәеи — аибашьреи ашьҭашәарыцарақәеи ирыхҟьаны рыҩнқәа аанрыжьыр акәхеит. Иҟоуп иҭахазгьы. Аха реиҳараҩык ахыҵакырҭа рыԥшааит Украина иаҵанакуаз еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҿы инхоз рыгәрахаҵара рыцеиҩызшоз аишьцәеи аиаҳәшьцәеи рыҩнқәа рҿы. Урыстәыла инхо Иегова ишаҳаҭцәагьы ахҵәацәа аӡәырҩы рыдыркылеит. Аҩ-тәылак рҿы аишьцәа иргәалашәон ари адунеи ишатәым, убри аҟынтә анеитралитет рыхьчон, иара убас анаҩсгьы «Анцәа иажәа рыладырҵәон» (Иоанн 15:19; Аус. 8:4).
АХҴӘАЦӘА РЫГӘРАХАҴАРА АРӶӘӶӘАРА ШӘРЫЦХРААЛА
8, 9. а) Иарбан уадаҩрақәоу ахҵәацәа атәым тәылаҿы изықәшәо? б) Избан ачҳара аарԥшны ҳрыцхраалар зҳахәҭоу?
8 Шьоукы ртәыла иаҵанакуа даҽа ҭыԥк ахь аиасра рықәшәеит, аха егьырҭ атәым тәылаҟа ицар акәхеит. Уатәи аԥсҭазаара дара зынӡа изышьцыламыз акәын. Зны-зынла аиҳабырақәа ахҵәацәа афатәи ашәҵатәи рырҭоит, анхарҭа рзырыԥшаауеит, аха дара зышьцылахьоу афатә зынӡа иҟамзар алшоит. Атәыла ԥхаррақәа рҿы инхоз раԥхьаӡа акәны ахьҭа закәу еилыркаазар ауеит, рыҽшеиларҳәашагьы рзымдыруазар алшоит. Ақыҭақәа рҿы инхоз абзазаратә техника ҿыцқәа рхархәашьа анырзымдыруа ыҟоуп.
9 Тәылақәак рҿы аҭагылазаашьа ҿыцқәа рышьцыларазы аҳәынҭқарратә программақәа ыҟоуп. Аха лассы-лассы мызқәак рышьҭахь дара рхала рхы аныҟәгара иалагар ауп. Ус еиԥш иҟоу аиҭакрақәа цәеижьлеи емоциалеи даара удырааԥсоит. Шәхаҿы иаажәг дара зныкала шаҟа рҵаша: абызшәа ҿыц ҵатәуп, ахымҩаԥгашьа аганахь ала аҭыԥантәи аҵасқәа ирықәшәалатәуп, ашәахтәқәеи, ашкол аҿы аҵареи, ахәыҷқәа рааӡареи рганахь ала азакәан ҿыцқәа ирышьцылатәуп. Ишәылшарызма шәара ачҳареи апатуқәҵареи аарԥшны уи аҿы аишьцәеи аиаҳәшьцәеи рыцхраара? (Флп. 2:3, 4).
10. Ишԥаҳалшо ихҵәаз аишьцәеи аиаҳәшьцәеи рыгәрахаҵара арӷәӷәара? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.)
10 Уи адагьы, зны-зынла аиҳабыра ихҵәаз Иегова ишаҳаҭцәа аизарақәа рыԥшаара ирԥырхагоуп. Ҳашьцәа аизара аҭаара ирԥырхагоу аусура мап анацәыркуа, ачынуаа шьоукы уаҳа ацхыраара шрырымҭо рарҳәоит. Иҟан аҭагылазаашьақәа аишьцәа шәаны уи аҩыза аусура ианақәшаҳаҭхоз. Убри аҟынтә ҳара иахьынӡазалшо ирласны ҳтәылахь иааз Иегова ишаҳаҭцәа ҳаԥшаар ауп. Даара ихадоуп гәхьаас ишҳамоу дырбара. Иааҳарԥшуа агәрыцҳашьареи ацхыраареи рыгәрахаҵара арӷәӷәар алшоит (Ажәам. 12:25; 17:17).
АХҴӘАЦӘА АУС АҾЫ ШӘРЫЦХРААЛА
11. а) Изызгәаҟуазеи ахҵәацәа раԥхьаӡа иргыланы? б) Ишԥарылшо ахҵәацәа аҭыԥантәи аишьцәа рыцхырааразы аџьшьара рыҭара?
11 Раԥхьаӡа иҟалап еиҷаҳатәызар аишьцәа афатәи, ашәҵатәи, иара убас зда ԥсыхәа рымам даҽак рымазарц. Уиаҟара ихадам аҳамҭа, иаҳҳәап, агалстук, аиашьа изы даара акраҵанакуазар алшоитc. Ахҵәацәа егьырҭ рҟынтә акы иазымԥшкәа аџьшара анаадырԥшуа, дара аишьцәеи аиаҳәшьцәеи иҟарҵо азы агәырӷьара роулартә ирыцхраалоит. Ҳәарада, ахҵәацәа егьырҭ рыцхыраара мацара ала инхалар, уи дара рыхпатуқәҵареи рашьцәеи дареи реизыҟазаашьақәеи ԥхасҭанатәыр алшоит (2 Фес. 3:7—10). Аха уеизгьы, урҭ ацхыраара рҭахуп.
Ишԥаҳалшо ихҵәаз ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҳрыцхраар? (Шәрыхәаԥш абзацқәа 11—13.)
12, 13. а) Ҳрыцхраар шԥаҳалшо ахҵәацәа аус аҿы? б) Иаажәга аҿырԥштәы.
12 Ахҵәацәа рыцхрааразы ирацәаны аԥара аҭахӡам. Зегь реиҳа ихадоу — уи ирзаҳкуа аамҭеи аиҷаҳареи ауп. Ҳара иҳалшоит урҭ ирзеиҭаҳҳәар атранспорт рхы иадырхәар шрылшо, зхаҭабзиара ҳараку, аха зыхә цәгьам афатәқәа, мамзаргьы рхы аныҟәгара ирыцхраауа маҭәарк аархәар ахьрылшо (иаҳҳәап, аӡахыга машьынка, ма аҳаскьынрхыга). Аха зегь реиҳа ихадоу, шәара ишәылшоит урҭ аизара иахәҭакны рхы рбаларц шәрыцхраар. Алшара шәымазар, урҭ аизарахь машьынала рныҟәгара рыдыжәгал. Идеилшәыркаа шәахьынхо аҭыԥ аҿы ауаа Аҳра аӡбахә шырзеиҭаҳәалатәу. Ажәабжьҳәара ишәыццарц рыдыжәгалала.
13 Еизарак ахь ихҵәаз иқәыԥшыз ԥшьҩык аишьцәа аниас, аизара аиҳабацәа урҭ иддырҵеит амашьына аныҟәцашьа, акомпиутер ала акьыԥхьра. Иара убас ирарҳәеит аусура аԥшааразы иҟарҵаша, насгьы Иегова имаҵ аура раԥхьатәи аҭыԥ аҿы аргыларазы раамҭа рхы ишадырхәалаша (Гал. 6:10). Иаарласны рыԥшьҩык пионерцәас амаҵ аура иалагеит. Рхатә ҽазышәарақәеи аизара аиҳабацәа рыцхыраареи рыбзоурала, дара доуҳала еизҳаит, насгьы Аҩсҭаа идунеи иахәҭакхартә алдмыршеит.
14. а) Иарбан хыхроу ахҵәацәа зҿагылалар рыхәҭоу? б) Иаажәга аҿырԥштәы.
14 Егьырҭ ақьырсианцәа зегь реиԥш, ахҵәацәа рҽазыршәалар ауп аматериалтә мазара арҳаразы агәаҳәара Иеговеи дареи реизыҟазаашьақәа раасҭа еиҳа ихадамхарцd. Хыхь зажәақәа аагаз Лиие, насгьы уи иашьцәеи иаҳәшьцәеи иргәалашәоит рыҩны анаанрыжьуаз раб иреиҳәаз. Лиие еиҭеиҳәоит: «Иара уиаҟара иаҳҭахымыз зегьы акакала икаижьуан. Аҵыхәтәаны иҭацәыз асумка аашьҭихын, дааԥышәшәарччаны иҳәеит: „Ижәбома? Ишәҭаху абри ауп“». (Уаԥхьа 1 Тимофеи иахь 6:8.)
АХҴӘАЦӘА ЗЕГЬ РААСҬА ИХАДОУ РҬАХРАҚӘА ШӘХАШӘМЫРШҬЛАН
15, 16. Ишԥаҳалшо ахҵәацәа ҳрыцхраалар: а) доуҳала? б) емоциала?
15 Ахҵәацәа аматериалтә цхыраара аасҭа, доуҳалеи емоциалеи ацхыраара еиҳагьы ирҭахуп (Матф. 4:4). Аизара аиҳабацәа ирылшоит урҭ рбызшәала иҟоу апубликациақәа рзырыԥшаар, насгьы рбызшәа здыруа Иегова ишаҳаҭцәа ирабадырдырыр. Ахҵәацәа аӡәырҩы ирзааигәоу рҭынхацәеи, ргәылацәеи, реизареи аанрыжьыр акәхеит. Убри аҟынтә Анцәа ижәлар рыбжьара дара Иегова ибзиабери ирыцҳашьареи рбозар ауп. Мамзар дара ацхыраара рыԥшаалоит Иегова ишаҳаҭым рҭынхацәа, ма ркультуреи рыуадаҩрақәеи еилызкаауа рџьынџьуаа рҿы (1 Кор. 15:33). Урҭ аизара иахәҭакны рхы рбаларц ҳанрыцхраауа, ҳара атәым дгьыл аҿы инхо зыхьчо Иегова ҳаиҿыԥшлоит (Аԥсал. 146:9, АдҾ).
16 Иисус иҭаацәеи иареи реиԥш, ахҵәацәа ртәылаҿы ирышьҭашәарыцоз ауаа амчра ааныркылонаҵы уахь ахынҳәра алшара рымамзар ауеит. Уи адагьы, Лиие иҳәоит рыуацәа шыршьыз ма рцәа шԥырҽыз збаз аӡәырҩы ахҵәацәа рхәыҷқәа рыманы уи ахьыҟалаз аҭыԥ ахь ахынҳәра шырҭахым. Абас еиԥш иҟоу арыцҳарақәа зхызгаз ирыцхраарц азы, аҭыԥантәи аишьцәа ирыхәҭоуп ахӡыӡаареи, абзиабареи, агәрыцҳашьареи, ахынраалареи раарԥшра (1 Пиотр 3:8). Ашьҭашәарыцарақәа ирыхҟьаны, ахҵәацәа шьоукы аӡәы иацәажәара рҭахымкәа иҟалоит, иҟалап дара зықәшәаз аиҭаҳәара иацәыԥхашьозар, еиҳарак рхәыҷқәа ишраҳауа. Шәхы шәазҵаа: «Сара рҭыԥ аҿы сыҟазҭгьы, исызныҟәалар шԥасҭаххоз?» (Матф. 7:12).
ИЕГОВА ИШАҲАҬЦӘАМ АХҴӘАЦӘА АЖӘАБЖЬ БЗИА РЗЕИҬАШӘҲӘАЛА
17. Ишԥарыцхраауеи ахҵәацәа Аҳра иазку ажәабжь?
17 Ахҵәацәа аӡәырҩы иаанрыжьуа атәылақәа рҿы ажәабжьҳәаратә ус мап ацәкуп. Аха Иегова ишаҳаҭцәа гәацԥыҳәарала ажәабжь ахьырҳәо абзоурала зықьҩыла ахҵәацәа ахьиасуа аҭыԥқәа рҿы раԥхьаӡа акәны «Аԥсҳара иазку» раҳауеит (Матф. 13:19, 23). Даараӡа изцәыцәгьоу аӡәырҩы ҳаизарақәа рҿы агәҭынчра роуеит, дара ирҳәоит: «Ииашаҵәҟьаны, шәара Анцәа дшәыцҟоуп» (Матф. 11:28—30; 1 Кор. 14:25).
18, 19. Ишԥаҳалшо ахҵәацәа ажәабжь анырзеиҭаҳҳәо, аҟәыӷара аарԥшра?
18 Ахҵәацәа ажәабжь рзеиҭазҳәо агәҽанызаареи аҟәыӷареи аадырԥшлар ауп (Матф. 10:16; Ажәам. 22:3). Рыгәҭынчымрақәа анышәзеиҭарҳәо, зҿлымҳарыла шәырзыӡырҩла, аха аполитика шәаламцәажәалан. Егьырҭи шәареи шәыԥсҭазаара ашәарҭара иҭашәмыргыларц азы афилиали аҭыԥантәи амчрақәеи ишәырҭо амҩақәҵарақәа шәрықәныҟәала. Еилышәкаа ахҵәацәа зыгәра рго, рҵасқәа, насгьы ргәаанагарақәа пату рықәышәҵала. Иаҳҳәап, тәылақәак рҿы ауаа аԥҳәыс лыҽшеилалҳәалаша аганахь ала рхәаԥшышьақәа џьбароуп. Убри аҟынтә ахҵәацәа ажәабжь рзеиҭаҳәара шәгәы ианҭо, иргәамԥхар алшо амаҭәа шәшәышәымҵалан.
19 Иисус иажәамаанаҿы зыӡбахә иҳәоз самариатәи ахаҵа иеиԥш, ҳара игәаҟуа ҳрыцхраалар ҳҭахуп, урҭ Иегова ишаҳаҭцәа ракәымзаргьы (Лука 10:33—37). Зегь раасҭа еиӷьу — ажәабжь бзиа рзеиҭаҳәара ауп. Абар ахҵәацәа аӡәырҩы ирыцхрааз аизара аиҳабы ииҳәо: «Иаразнак иаҳҳәалар ауп Иегова ишаҳаҭцәа шҳакәу, насгьы зегь раԥхьаӡа иргыланы доуҳала ҳрыцхраар шаҳҭаху, аматериалтә цхыраара рыҭара акәымкәа. Ус ҟаҳамҵар, дара иаҳҩызцәахар зырҭаххо феида алгаразы мацара акәхар ауеит».
ЗЕИԤШЫҞАМ АЛҴШӘАҚӘА
20, 21. а) Иарбан лҵшәақәоу иаанаго ахҵәацәа рахь ақьырсиантә бзиабара ахьааҳарԥшуа? б) Еилҳаргозеи анаҩстәи астатиаҿы?
20 Ахҵәацәа рахь ақьырсиантә бзиабара анааҳарԥшуа, уи зеиԥшыҟам алҵшәақәа аанагоит. Ашьҭашәарыцарақәа ирыхҟьаны иаҳәшьак лҭаацәа Еритреантәи ақәҵра рықәшәеит. Лхәыҷқәа рҟынтәи ԥшьҩык аа-мшы ацәҳәыра иқәын. Имариамыз ари амҩа ианахыс, Судан инеит. Аиаҳәшьа илҳәоит: «Аҭыԥантәи аишьцәа урҭ рҭынхацәа реиԥш ирыдыркылеит. Дара афатә-ажәтә, амаҭәа, анхарҭеи амҩақьыреи рырҭеит. Дааиԥхьома аӡәыр иҩныҟа изымдыруа ауаҩы, Нцәак имаҵ ахьеицыруа мацара азы? Уи зылшо Иегова ишаҳаҭцәа заҵәык роуп!» (Уаԥхьа Иоанн 13:35.)
21 Иаҳҳәар ҳалшозеи зҭаацәа ирыцны даҽа тәылак ахь ииасуа ахәыҷқәа рзы? Анаҩстәи астатиаҿы еилҳаргоит ҳара зегьы урҭ гәырӷьарыла Иегова имаҵ аура ҳрыцхраар шҳалшо.
a Ари астатиаҿы «ахҵәацәа» ҳәа зыӡбахә ҳәоу аибашьрақәа ашьҭашәарыцарақәа, мамзаргьы аԥсабаратә рыцҳарақәа ирыхҟьаны зыҩнқәа ааныжьра зықәшәаз роуп. Дара ртәыла иаҵанакуа даҽа ҭыԥк ахь, мамзаргьы аҳәаанырцә аиасра рықәшәеит. Ахҵәацәа ирыцхраауа жәларбжьаратәи аорганизациа ишаанацҳауа ала, 113-ҩык рҟынтә аӡәы иҩны аанижьыр акәхеит.
b Шәахәаԥш аброшиура «Атәымтәылауаа рахь ақьиара аарԥшра шәхашәмыршҭлан» (bw575) аҿы астатиа «Атәымтәылауаа рахь ақьиара аарԥшра шәхашәмыршҭлан», адаҟьақәа 8—12.
c Аизара аиҳабацәа реизара иаҵанакуа атерриториахь ахҵәацәа шааз анраҳауа, дара ишрылшо еиԥш иаарласны ашәҟәы «Организованы, чтобы исполнять волю Иеговы» ахы 8, абзац 30 иану амҩақәҵарақәа ирықәныҟәароуп. Аизара аиҳабацәа егьырҭ атәылақәа рҿы иҟоу аизарақәа рыԥшаар рылшоит аҭыԥантәи афилиал ахь азыҳәамҭа шьҭны. Убри аамҭазы дара ирылшоит аҳаҭырқәҵара аарԥшны ахҵәаҩы иеизареи имаҵзуреи ртәы иазҵаар, уи идоуҳатә ҭагылазаашьа зеиԥшроу еилыркаарц азы.
d Шәахәаԥш аброшиура «Подражайте вере Мойсея» (bw545) аҿы астатиақәа «Никто не может служить двум господам», насгьы «Исполнитесь смелости, Иегова — ваш помощник!», адаҟьақәа 17—26.