Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w17 ииун ад. 9—14
  • Адоуҳатә хазынақәа рыхә шәшьала

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Адоуҳатә хазынақәа рыхә шәшьала
  • Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2017
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • АНЦӘА ИАҲРА ДААРА ЗЫХӘ ҲАРАКУ АБЫРЛАШ ИАҨЫЗОУП
  • АԤСҬАЗААРА ЕИҚӘЗЫРХО АМАҴЗУРА
  • АДОУҲАТӘ ҴАБЫРГҚӘА АХЬЫҴӘАХУ ҲХАЗЫНАҬРА
  • ШӘДОУҲАТӘ ХАЗЫНАҚӘА ШӘЫХЬЧАЛА
  • Ишәзыԥшаама «зыхә ҳаракӡоу абырлаш»?
    Абиблиа ауаа рыԥсҭазаашьа аԥсахуеит
  • Иумбо, аха зыхә ҳаракӡоу аҳамҭақәа!
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2020
  • «Уи азоуп Анцәа сзааишьҭыз»
    «Усышьҭаланы уаала»
Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2017
w17 ииун ад. 9—14

Адоуҳатә хазынақәа рыхә шәшьала

«Шәмазара ахьыҟоу шәыгәгьы ыҟоуп» (ЛУКА 12:34).

АШӘАҚӘА: 76, 59

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Анцәа Иаҳра ахә ҳаракны иаҳшьозар, ҳгәы зызҭанаҵозеи уи?

  • Иааҳарԥшыр шԥаҳалшо ҳаԥсҭазаареи егьырҭ рыԥсҭазаареи еиқәзырхо ҳмаҵзура ахә ҳаракны ишаҳшьо?

  • Иҳарҭәлар шԥаҳалшо ҳхазынаҭра адоуҳатә ҵабыргқәа рыла, насгьы иарбан хәарҭоу уи иаҳзаанаго?

1, 2. а) Иарбан доуҳатә хазынақәоу Иегова ҳамҭас иҳаиҭаз? б) Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?

ЖӘҨАНТӘЫЛА зегь аҿы Иегова иаҵкыс амал змоу аӡәгьы дыҟам (1 Аш. 29:11, 12). Иара згәы ҳалалу Аб иеиԥш адоуҳатә мазара ахә ҳаракны изшьо зегьы дамеигӡакәа ириҭоит. Ҳара даара ҳаигәырӷьоит адоуҳатә хазынақәа ҳамҭас иахьҳаиҭаз! Ус еиԥш иҟоу ахазынақәа рахь иаҵанакуеит: 1) Анцәа Иаҳра, 2) ҳаԥсҭазаареи егьырҭ рыԥсҭазаареи еиқәзырхо ҳмаҵзура, 3) Анцәа Иажәа аҟынтә зыхә ҳараку аҵабырг. Аха агәҽанызаара ааҳмырԥшлар, ҳара урҭ ахазынақәа шаҟа рыхә ҳараку ҳхашҭыр алшоит. Уи аҩыза ҟамларц азы даараӡа ихадоуп урҭ еснагь рыхә ҳаракны ашьара, насгьы урҭ рахь ҳабзиабара арӷәӷәара. Иисус иҳәеит: «Шәмазара ахьыҟоу шәыгәгьы ыҟоуп» (Лука 12:34).

2 Ари астатиаҿы ҳара еилҳаргоит Аҳреи, амаҵзуреи, аҵабырги рахь абзиабара аизырҳара, насгьы рыхә ашьара шҳалшо. Ахцәажәараан шәазхәыц шәара хаҭала урҭ адоуҳатә хазынақәа еиҳа бзиа рбара ишәыцхраауа.

АНЦӘА ИАҲРА ДААРА ЗЫХӘ ҲАРАКУ АБЫРЛАШ ИАҨЫЗОУП

3. Иҟаиҵарц ииҭахызи Иисус иажәамаанаҿы зыӡбахә иҳәоз аҭуџьар, даара зыхә ҳаракыз абырлаш аиуразы? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.)

3 Уаԥхьа Матфеи 13:45, 46. Иисус еиҭеиҳәеит абырлаш зыԥшаауаз аҭуџьар изку ажәамаана. Иҟалап акыршықәса рыҩныҵҟа иара абырлашқәа рацәаны иҭихьазҭгьы. Абар уи аҭуџьар даара иссирыз бырлашк иԥшааит. Аха уи абырлаш ааихәарц азы имаз зегь иҭиир акәхеит. Шәхаҿы иаажәг иара изы уи ахә шаҟа иҳаракыз!

4. Ҳзызхиоузеи ҳара Анцәа Иаҳра азы?

4 Иаҳнарҵар алшозеи ари ажәамаана? Анцәа Иаҳра иазку аҵабырг зыхә ҳараку абырлаш иеиԥшуп. Аҭуџьар уи абырлаш дшазыҟаз еиԥш аҵабырг ҳазыҟазар, уи ҳацхраауеит Аҳра тәылауааны аҟалара иаҳԥырхагахо зегьы мап ацәкра. (Уаԥхьа Марк 10:28—30.) Шәааи убас ҟазҵоз ҩыџьа ауаа рҿырԥштәқәа еилҳаргап.

5. Ишԥааирԥши Закхеи Аҳра иазку аҵабырг ахә шишьоз?

5 Закхеи аҳазалхыҩцәа рхылаԥшҩы иакәын. Иара ауаа мцҳәарыла ашәахтә рықәҵаны амал ирҳаит (Лука 19:1—9). Аха амц зҳәоз ари ауаҩы Иисус ирылеиҳәоз Аҳра иазку ажәабжь аниаҳа, уи шаҟа ахә ҳаракыз еиликааит, убри аҟынтә иҽиԥсахырц иӡбеит. Иара Иисус иеиҳәеит: «Смазара абжара арыцҳацәа ирысҭоит, ишакәым згәы нсырхахьоу аӡәыр дыҟазар, ԥшьынтә рыла еиҳаны изысшәоит». Иара лак-ҩакрада мцҳәарыла ирҳаз амал ааныжьны, иԥсыцәгьара даиааит.

6. Иарбан ԥсахрақәоу ԥҳәыск лыԥсҭазаараҿы иҟалҵаз Анцәа Иаҳра датәылауаҩны дҟаларц, насгьы избан?

6 Шықәсқәак раԥхьа ԥҳәыск Аҳра аӡбахә еилылкааит. Уи аԥҳәыс длесбианын, насгьы агомосексуалистцәа рзин иазықәԥоз аорганизациа дахагылан. Абиблиа анҭылҵаауаз лара еилылкааит Анцәа Иаҳра иазку аҵабырг шаҟа ахә ҳараку. Лара илбеит лыԥсҭазаашьа шьаҭанкыла илыԥсахыр шлыхәҭоу (1 Кор. 6:9, 10). Уи аԥҳәыс иаанылкылоз аҭыԥ аанлыжьырц лыӡбеит, насгьы лҩызаӡӷаб дкалыжьит. 2009 шықәсазы уи аӡы лыҽӡаалхит, анаҩстәи ашықәс азы пионерс амаҵ аура далагеит. Лара ус еиԥш иҟоу аԥсахрақәа ҟалҵеит, избанзар лцәеижьтә гәазыҳәарақәа раасҭа Иегова бзиа дылбеит (Марк 12:29, 30).

7. Иҳацхраауазеи Анцәа Иаҳрахь абзиабара ахьчара?

7 Анцәа Иаҳра ҳатәылауаахарц азы ҳара ҳҟынтә аӡәырҩы рыԥсҭазаараҿы аԥсахра дуқәа ҟарҵеит (Рим. 12:2). Аха ҳара уи аҿы ҳаангылом. Амазара аизырҳареи, игәаԥхашәадоу агәазыҳәарақәеи, ма даҽакы иахҟьаны Аҳра иазку аҵабырг ахь иҳамоу абзиабара ҳцәымӡырц азы иҳалшо зегь ҟаҳҵалар ауп (Ажәам. 4:23; Матф. 5:27—29). Анцәа Иаҳрахь абзиабара ӷәӷәа ҳахьчаларц азы Иегова иҳаиҭеит зыхә ҳараку даҽа хазынак.

АԤСҬАЗААРА ЕИҚӘЗЫРХО АМАҴЗУРА

8. а) Избан апостол Павел ҳмаҵзура «анышәаԥшь ҳаԥшьаҿы» иҵәаху ахазына изаҿирԥшыз? б) Ишԥааирԥшуаз Павел имаҵзура ахә ҳаракны ишишьоз?

8 Иисус Христос иҳадиҵеит Анцәа Иаҳра иазку ажәабжь бзиа рылаҳәара, насгьы ауаа аҵабырг дырҵара (Матф. 28:19, 20). Апостол Павел еиликаауан ус еиԥш иҟоу амаҵзура шаҟа ахә ҳаракыз. Иара уи «анышәаԥшь ҳаԥшьаҿы» иҵәаху ахазына ҳәа азиҳәеит (2 Кор. 4:7; 1 Тим. 1:12). Ҳара ҳнаӡаӡам аҟынтә, анышәаԥшь иалху аҳаԥшьа ҳаҿурԥшыр ауеит. Аха иаҳҳәо ажәабжь зыхә ҳараку ахазына иеиԥшуп, избанзар уи ҳара ҳаиԥш, иаҳзыӡырҩуа ауаагьы наӡаӡатәи аԥсҭазаара рзаанагоит. Убри азоуп Павел изиҳәаз: «Зегьы рзы зегьы сҽырхьысыгӡеит ма ԥыҭҩык раҟара еиқәсырхарц. Абарҭқәа зегьы ҟасҵоит Аевангелие азы» (1 Кор. 9:22, 23а). Павел амаҵзура бзиа ибон, уи аҵаҩцәа разыҟаҵаразы имч дамеигӡаларц игәазҭанаҵон. (Урыԥхьа Римаа рахь 1:14, 15; 2 Тимофеи иахь 4:2.) Иара амаҵзурахьы имаз абзиабара аҿагылара ӷәӷәа ахгара ицхраауан (1 Фес. 2:2). Иааҳарԥшыр шԥаҳалшо Павел иеиԥш амаҵзура бзиа ишаҳбо?

9. Ишԥаҳалшо амаҵзура ахә ҳаракны ишаҳшьо ааҳарԥшыр?

9 Павел амаҵзура бзиа ибон. Уи игәазҭанаҵон еснагь Аҳра аӡбахә ауаа рылаҳәара. Апостолцәеи егьырҭ раԥхьатәи ақьырсианцәеи реиԥш, ҳаргьы иформалтәым аҭагылазаашьақәа рҿы, ауаа рацәа ахьеизо аҭыԥқәа рҿы, насгьы ҩнаҭацыԥхьаӡа ажәабжь ҳҳәоит (Аус. 5:42; 20:20). Алшара ҳамазар, ҳара пионерс ма ицхырааҩу пионерс амаҵ аура ҳҽазаҳшәоит. Иара убас даҽа бызшәак ҳҵар ауеит, мамзаргьы ажәабжьҳәаҩцәа ахьазымхо аҭыԥ ахь — ҳтәылаҿы, ма даҽа тәылак ахь ҳаиасыр ҳалшоит (Аус. 16:9, 10).

10. Дышԥалзылԥхеи Иегова Аирин амаҵзураҿы иҟалҵоз аҽазышәарақәа рзы?

10 Еилҳаргап Еиду Аштатқәа рҿы инхо аҭаацәара иалам Аирин лҿырԥштәы. Лара урысшәала ицәажәоз аиммигрантцәа ажәабжь бзиа раҳәара даара илҭахын. 1993 шықәсазы лара Ниу-Иорк иҟаз аурыс гәыԥ ахь диасит, уа 20-ҩык раҟара ажәабжьҳәаҩцәа ракәын иҟаз. Абар 20 шықәса инареиҳаны Аирин гәацԥыҳәарала урысшәала ицәажәо ауаа ажәабжь бзиа рзеиҭалҳәоит. Лара илҳәоит: «Сара уи абызшәа даараӡа ибзианы издыруеит ҳәа сызҳәом». Ус шакәугьы, Иегова уи аиаҳәшьеи егьырҭ ажәабжьҳәаҩцәеи рҽазышәарақәа дырзылԥхеит. Уажәшьҭа Ниу-Иорк аурыс еизарақәа фба ыҟоуп. Аирин Абиблиа злырҵоз 15-ҩык рыҽӡаархит. Аирин илҳәоит: «Ҳәарада, егьырҭ ахықәкқәа рынагӡара сҽазысшәалар сылшон, аха агәра ганы сыҟоуп егьырҭ ахықәкқәа уиаҟара агәырӷьара шысзаарымгоз». Ишаҳбо еиԥш, Аирин лмаҵзура ахә ҳаракны илшьоит.

Ахә ҳаракны ишәшьома шәмаҵзура, насгьы иубарҭоума уи шәаамҭа шәхы ишашәырхәо ала? (Шәрыхәаԥш абзацқәа 11, 12.)

11. Иарбан лҵшәақәоу иаарго ашьҭашәарыцарақәа ҳарцәымшәакәа ажәабжьҳәара ҳахьаҟәымҵуа?

11 Ҳмаҵзура ахә ҳаракны иаҳшьозар, апостол Павел иеиԥш ашьҭашәарыцарақәа ҳарцәымшәакәа ҳааҟәымҵӡакәа ажәабжь ҳҳәалоит (Аус. 14:19—22). 1930-тәи ашықәсқәа рзы, насгьы 1940-тәи ашықәсқәа рылагамҭазы Еиду Аштатқәа рҿы инхоз аишьцәа игәымбылџьбараз ашьҭашәарыцарақәа ирықәшәон. Ус шакәызгьы, дара Павел иеиԥш Анцәа изиашаны иаанхон, насгьы рмаҵзура нарыгӡон. Аиҳабыра ажәабжьҳәаратә ус ааныркыларц анырҭахыз, аишьцәа изныкымкәа аусӡбарҭақәа рҿы аиааира ргон. 1943 шықәсазы аиашьа Неитан Норр иажәахә аҿы далацәажәеит Еиду Аштатқәа Иреиҳаӡоу аӡбарҭаҿы иргаз иааирак. Иара иҳәеит аишьцәа ажәабжьҳәара иаҟәыҵызҭгьы аӡбарҭаҿы ускгьы еилыргахомызт, насгьы урҭ аусқәа рыбзоурала имаҷымкәа атәылақәа рҿы ажәабжьҳәаҩцәа ажәабжьҳәаразы азин роуит ҳәа. Егьырҭ атәылақәа рҿгьы Иегова ишаҳаҭцәа ахачҳара аадырԥшуан, уи дара ус еиԥш иҟаз аӡбаратә усқәа риааира ирыцхрааит. Ааи, ажәабжьҳәара бзиа иаҳбозар, уи аԥышәарақәа раангьы ажәабжь бзиа аҳәара иҳацхраауеит.

12. Шәышԥазыҟоу шәмаҵзура?

12 Ажәабжьҳәара Иегова иҳаиҭаз хәы змам аҳамҭа еиԥш ҳазыҟазар, аҳасабрба ианаҳҵо асааҭқәа мацара ракәӡам ҳзызхәыцло. Уи аҭыԥан ҳара «Анцәа иажәабжь, ажәабжь бзиа — Аевангелие ауаа ирыларҵәауа» иҳалшо зегь ҟаҳҵалоит (Аус. 20:24; 2 Тим. 4:5). Аха иарбан ҵабыргқәоу ҳара ауаа идҳарҵо? Шәааи еилҳаргап иарбан хазыноу Анцәа иҟынтә еиҭа иҳауз.

АДОУҲАТӘ ҴАБЫРГҚӘА АХЬЫҴӘАХУ ҲХАЗЫНАҬРА

13, 14. Иарбан хазынаҭроу Иисус дызлацәажәоз Матфеи 13:52 аҿы, насгьы ишԥаҳалшо ҳара уи аизырҳара?

13 Ҳара даҽа хазынак ҳамоуп — уи Анцәа иаҳзааиртыз адоуҳатә ҵабыргқәа роуп. Иегова — аҵабырг Анцәа иоуп (2 Сам. 7:28; Аԥсал. 30:6 [31:5, АдҾ]). Иҳалалу Аб иеиԥш иара бзиа дызбо зегьы аҵабырг рзааиртуеит. Раԥхьаӡа аҵабырг анеилаҳкаа, ҳара адоуҳатә хазынақәа реизгара ҳалагеит Анцәа Иажәеи уи шьаҭас измоу алитературеи ҳрыԥхьо, иара убас аконгрессқәеи есымчыбжьа имҩаԥысуа аизарақәеи ҳарҭаауа. Аамҭақәак рышьҭахь ҳара, инықәырԥшны иуҳәозар, ахазынаҭра ҳауит, уа Иисус излеиҳәаз ала иҿыцу, иара убас иажәу аҵабыргқәа ҳахьчоит. (Уаԥхьа Матфеи 13:52.) Ҳара урҭ аҵабыргқәа иҵәаху ахазынақәа реиԥш иҳаԥшаауазар, Иегова ҳхазынаҭра арҭәра дҳацхраауеит. (Уаԥхьа Ажәамаанақәа 2:4—7.) Аха ишԥаҳалшо урҭ рыԥшаара?

14 Ҳара еснагь инарҵауланы, насгьы иааиԥмырҟьаӡакәа Анцәа Иажәеи уи шьаҭас измоу апубликациақәеи ҭаҳҵаалароуп. Ус еиԥш иҟоу аҭҵаараҿы ҳара иҿыцу аҵабыргқәа ҳаԥшаар ҳалшоит (Иис. Н. 1:8, 9; Аԥсал. 1:2, 3). Ииуль 1879 шықәсазы раԥхьаӡа иҭыҵыз ажурнал «Сторожевая башня» аҿы иҳәан: «Аҵабырг — абнараҿы еизҳауа иӡыргам ашәҭ хәыҷы иеиԥшуп: уи аиҳарак мцыла еибарку аҳаскьын бааԥс иаҵәахит. Аҵабырг шәыԥшаар шәҭахызар уахи-ҽни шәҷаԥшьала. [...] Аҵабырг шәымазар шәҭахызар — шәхы ларҟәны иҿышәх. Аҵабырг ашәҭ цырак шәызшәмырхан. [...] Еизыжәгала, шәааҟәымҵӡакәа ишәыԥшаала». Ҳара еснагь еиҳаны аҵабыргқәа рыԥшаара ҳҽазаҳшәалароуп.

15. Избан ҵабыргқәак ажәуп ҳәа ҳҳәар зҳалшо, насгьы иарбан ҵабыргқәоу шәара еиҳа зыхә шәшьо?

15 Ҳара еилаҳкааит зыхә ҳшьо ҵабыргқәак Анцәа ижәлар ҳанрабадыр ашьҭахь. Убри аҟынтә урҭ ажәуп ҳәа ҳҳәар алшоит. Иарбан ҵабыргқәоу урҭ? Ҳара еилаҳкааит Зегьзшаз Иегова ауаа рганахь ала агәҭакы шимоу. Иара убас еилаҳкааит Анцәа Иԥа даашьҭны ҳара ҳахь абзиабара шааирԥшыз, насгьы агәнаҳаи аԥсреи рҟынтә ҳхы ҳшақәиҭитәыз. Иара убас еилаҳкааит Анцәа Иаҳра агәаҟрақәа зегь шықәнахуа, насгьы анасыԥи аҭынчреи ҳаманы наӡаӡа адгьыл аҿы ҳшынхало (Иоанн 3:16; Аат. 4:11; 21:3, 4).

16. Иҟаҳҵалар акәзеи, ҵабыргк аилкаашьа аҽанаԥсахуа?

16 Зны-зынла аԥааимбаражәақәа ма абиблиатә цыԥҵәахақәа рҿы еилкаарақәак рҽырыԥсахуеит. Еилкаара ҿыцк анҳауа, иахәҭоуп аамҭа азалхны инҭырҳәыцааны уи аҭҵаара, насгьы азхәыцра (Аус. 17:11; 1 Тим. 4:15). Аҵабырг аилкаараҿы ихадоу аԥсахрақәа рыдагьы, ҳахшыҩ азышьҭны аԥсахра уиаҟара иузгәамҭо ахәҭақәагьы ҭаҳҵаалароуп. Усҟан уи аҵабырг ҳхазынаҭраҿы иаанхоит. Избан урҭ аҽазышәарақәа алҵшәа заарго?

17, 18. Ишԥаҳацхраауеи иԥшьоу адоуҳа?

17 Иисус Христос иҳәеит Анцәа идоуҳа ишаҳгәаланаршәо уаанӡа еилаҳкааз аҵабыргқәа (Иоанн 14:25, 26). Иҳацхраар шԥалшо Анцәа идоуҳа ажәабжь бзиа анрылаҳҳәо? Абар Питер зыхьӡу аиашьа 1970 шықәсазы ихьыз. Усҟан иара 19 шықәса ракәын ихыҵуаз, насгьы уиаҟара ҵуамызт Великобританиа иҟоу Вефиль аҿы амаҵ иуеижьҭеи. Зны ҩнаҭацыԥхьаӡа ажәабжь аниҳәоз, ашә ааиртит 50 шықәса раҟара зхыҵуаз аԥаҵа зҿаз хаҵак. Питер уи ахаҵа Абиблиа еиӷьны аилкаара иҭахӡами ҳәа диазҵааит. Ахаҵа уи азҵаара даара иџьеишьеит, насгьы иеиҳәеит иҩнаҭаҿы аиудеитә раввинцәа шынхо. Уи Питер дԥишәарц азы диазҵааит: «Сыҷқәын, исаҳәа иарбан бызшәоу Даниил ишәҟәы злаҩыз?» — «Хәҭақәак арамеиа бызшәала»,— иҳәеит Питер. «Араввин даара иџьеишьеит аҭак ахьыздыруаз, аха уи схаҭагьы иџьасшьеит! Иабантәиздыруаз уи сара? Аҩныҟа санааи иаҳхысыз амзақәа рзы иҭыҵыз ажурналқәа „Сторожевая башня“, насгьы „Пробудитесь!“ рҿы исыԥшааит Даниил ишәҟәы хәҭак арамеиа бызшәала иҩуп ҳәа ахьаҳәоз астатиа» (Дан. 2:4, албаага). Ари аҿырԥштәы ишаҳнарбаз ала, иԥшьоу адоуҳа уаанӡа ҳзыԥхьаз, насгьы ҳхазынаҭраҿы иаҳҵәахыз ҳгәаланаршәар алшоит (Лука 12:11, 12; 21:13—15).

18 Ҳара Анцәа иҳаиҭо аҟәыӷара ахә ҳаракны иаҳшьозар, ҳхазынаҭра адоуҳатә ҵабыргқәа рыла арҭәра агәазыҳәара ҳауеит. Урҭ аҵабыргқәа шаҟа бзиа иаҳбо, насгьы рыхә ҳшьо аҟара, ажәабжьҳәараҿы ҳҟазара еиӷьаҳтәуеит.

ШӘДОУҲАТӘ ХАЗЫНАҚӘА ШӘЫХЬЧАЛА

19. Избан ҳдоуҳатә хазынақәа рыхьчара зҳахәҭоу?

19 Ари астатиа аҟынтә ҳара еилаҳкааит шаҟа ихадоу адоуҳатә хазынақәа рыхә ашьара. Аха ҳара агәҽанызаара ааҳарԥшлароуп, избанзар Аҩсҭаа идунеии иареи рҽазыршәоит урҭ ахазынақәа рахь иҳамоу абзиабара арԥсыҽра. Апостол Иоанн иҩуан ари адунеи, насгьы уи иҳаднагало зегьы шымҩасуа (1 Иоанн 2:15—17). Убри аҟынтә ҳара ҳамчқәа зегь азышьҭны адоуҳатә хазынақәа рахь абзиабара ҳахьчалароуп, насгьы урҭ рзы аџьшьара ааҳарԥшлароуп.

20. Шәзызхиоузеи шәара, адоуҳатә мазара ахьчаразы?

20 Анцәа Иаҳра иазку аҵабырг бзиа абара ишәԥырхагахар алшо зегьы мап ацәкра шәазхиаз. Шәмаҵзура ахә шәшьала, насгьы гәацԥыҳәарала ажәабжьҳәара шәҽалашәырхәла. Шәҽазышәшәала иҿыцу адоуҳатә хазынақәа рыԥшаара. Усҟан шәара амазара еизыжәгалоит аҩ иахьырымфо, аӷьыч дахьзымнеиуа — ажәҩан аҟны, «избан акәзар — шәмазара ахьыҟоу шәыгәгьы ыҟоуп» (Лука 12:33, 34).

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра