Аԥхьаҩцәа рызҵаарақәа
Илшома ақьырсиан аҩны абџьар имазар, иаҳҳәап, атапанча ма ашәақь, ацәгьоуҩы даниқәло ихы ихьчарц азы?
Ақьырсианцәа рыԥсҭазаара рыхьчарц азы иҟәыӷоу ашьаҿақәа ҟарҵалар рылшоит, аха убри аамҭазы иахәҭоуп абиблиатә принципқәа рызхәыцра. Урҭ апринципқәа инарықәыршәаны ҳара ацәгьоуцәа рҟынтә ҳхы ҳахьчарц азы атапанча, ашәақь ма даҽа бџьарк ҳхы иаҳархәаӡом. Шәааи урҭ рахьтә принципқәак еилҳаргап.
Иегова аԥсҭазаара ԥшьоуп ҳәа иԥхьаӡоит. Аԥсаломшәаҳәаҩ Давид иҩит Иегова «аԥсҭазаара ахыҵхырҭа» шиакәу (Аԥсал. 35:10 [36:9, АдҾ]). Убри аҟынтә ақьырсиан ихы ма имазара ахьчара иҽаназишәо, иара аӡәы ишьра иҽацәихьчароуп (Ҩынтә. 22:8; Аԥсал. 50:16 [51:14, АдҾ]).
Ҳәарада, ауаҩы ишьразы иарбанзаалак маҭәарк рхы иадырхәар алшоит, аха аҩны абџьар шәымазар, усҟан ацәгьоуҩы дшәамхашьыр алшоит, уи аҟаҵара шышәҭахымызгьыa. Уи адагьы, зыԥсахы еибакны иҟоу ацәгьоуҩы шәнапаҿы абџьар шышәку ибар, аҭагылазаашьа еиҳа еицәахар, насгьы ауаҩшьрахьы инанагар алшоит.
Иисус Христос иԥсра уахык шагыз иара иҵаҩцәа аҳәа ргарц реиҳәеит, аха иара имҳәаӡеит уи рхы рыхьчарц азы ирҭаххоит ҳәа (Лука 22:36, 38). Иисус урҭ аҳәа ргарц зреиҳәаз ихадоу аурок риҭарц азы акәын: ауаа абџьар кны иҳажәларгьы, ақәымчра аарԥшра ахәҭам (Лука 22:52). Пиотр аҳәа шьҭыхны аԥхьаԥшьаҩы итәы даниҿагыла, Иисус иеиҳәеит: «Уаса аҭыԥ ахь унах». Уи ашьҭахь Иисус Пиотр иеиҳәеит: «Аса шьҭызхыз, асала дҭахоит» (Матф. 26:51, 52). Ари Иисус ишьҭанеицәа иахьа изықәныҟәо ихадоу апринципқәа ируакуп.
Михеи 4:3 инақәыршәаны, Анцәа имаҵзуҩцәа «аҳәақәа ацәеихақәа рылырхит, насгьы аԥсақәа абаҳчаҿы рхы иадырхәо аҳәызбақәа рылырхит». Ииашоу ақьырсианцәа зларылукаауа ҟазшьак аазырԥшуа ари апринцип апостол Павел Анцәа идоуҳала иҩу иажәақәа ирықәшәоит: «Ацәгьа шәзызуа ацәгьара изыжәурц шәашьҭамлан. [...] Шәара шәганахьтә ала ишәзалыршараны иҟазар, хиррала, еизыразрала зегьы шәырзыҟаз» (Рим. 12:17, 18). Павел акырынтә ишәарҭоу аҭагылазаашьақәа дрықәшәон, абрагьцәагьы дрықәшәахьан, аха иара еснагь иажәақәа инарықәыршәаны ихы мҩаԥигон, насгьы ихы ихьчарц азы абиблиатә принципқәа еилеигомызт (2 Кор. 11:26). Иара Анцәа диқәгәыӷуан, насгьы Иажәа аҟынтә иҟәыӷоу алабжьарақәа ихы иаирхәон, урҭ «аибашьыгатә бџьар аасҭа» еиӷьуп (Еккл. 9:18).
Ақьырсианцәа аԥсҭазаара аматериалтә мазара аасҭа ахә ршьоит. «Ауаҩы иԥсҭазаара заҟа мазара рацәа имоу иадҳәалам» (Лука 12:15). Убри аҟынтә ақьырсиан абџьар зку ақәылаҩ даниқәло, уи иҟәымшәышәу ажәақәа рыла дизнымкылар, иахәҭоуп Иисус ииҳәаз апринцип ақәныҟәара: «Ацәгьара иамашәымкын». Иҟалап уи азы ақәылаҩ игарц ииҭаху зегь иҭатәхар (Матф. 5:39, 40; Лука 6:29)b. Аха, ҳәарада, еиӷьуп ишәарҭоу аҭагылазаашьа ҳмоурц азы иҳалшо зегь ҟаҳҵар. Ҳмазара ҳахымыҽхәозар, насгьы ҳгәылацәа Иегова ишаҳаҭцәа шҳакәу, насгьы аҭынчра бзиа ишаҳбо рдыруазар, ҳара ашәарҭара ҳҽацәыҳахьчар ҳалшоит (1 Иоанн 2:16; Ажәам. 18:10).
Акьырсианцәа аишьцәеи аиаҳәшьцәеи рцәаныррақәа ҳаҭырла ирызнеиуеит (Рим. 14:21). Ақьырсиан ацәгьоуцәа аниқәло ихы иаирхәарц азы иҩны абџьар шимоу раҳар, аишьцәеи аиаҳәшьцәеи шьоукы уи иаршанхар, мамзаргьы доуҳала ишьацәхныслар рылшоит. Абзиабара ҳгәазҭанаҵоит ҳхы акәымкәа, егьырҭ рызхәыцра, уи азы ҳгәаанагарала закәанла ззин ҳамоу мап ацәаҳкуазаргьы (1 Кор. 10:32, 33; 13:4, 5).
Ақьырсианцәа ҿырԥшыганы аҟазаара рҽазыршәоит (2 Кор. 4:2; 1 Пиотр 5:2, 3). Ақьырсиан аизара аиҳабацәа Абиблиа аҟынтә иаагоу алабжьара ширҭазгьы, ацәгьоуцәа рҟынтә ихы ихьчарц азы иҩны абџьар имазар, уи дҿырԥшыгоуп ҳәа узҳәом. Убри аҟынтә уи ақьырсиан аизараҿы аҭакԥхықәреи адҵақәеи рынагӡара зылшо рзы иҟоу аҭахрақәа уаҳа дрықәшәом. Уи апринцип аусураҿы абџьар ныҟәызго ақьырсиангьы иҵанакуеит. Уи ақьырсиан даҽа усурак иԥшаар еиӷьупc.
Ақьырсиан аус ахьиулашеи, насгьы занааҭс иалихшеи шииӡбо еиԥш, ихы, иҭаацәа, насгьы имазара ахьчаразы иҟаиҵо абжьааԥны ихала иӡбоит. Аха арҭ азҵаарақәа рҿы аӡбарақәа анидикыло, Анцәа иҟәыӷареи уи ҳара ҳахь иааирԥшуа абзиабареи зныԥшуа абиблиатә принципқәа дрызхәыцлар ауп. Урҭ апринципқәа пату рықәызҵо доуҳала ишәу ақьырсианцәа ацәгьоуцәа рҟынтә рхы рыхьчарц азы абџьар рыҩны ирҵәахлаӡом. Дара агәра ганы иҟоуп Анцәа иқәгәыӷуа, насгьы абиблиатә принципқәа ирықәныҟәо ауаа ҳаԥхьаҟа аҭынчреи ашәарҭадареи ахьыҟало адунеи аҿы ишынхало (Аԥсал. 96:10 [97:10, АдҾ]; Ажәам. 1:33; 2:6, 7).
Агәырҩа ду аан ақьырсианцәа абџьар шьҭыхны рхы рыхьчалаӡом, аха Иегова иқәгәыӷлоит
a Ақьырсиан абџьар аахәара иӡбар илшоит (иаҳҳәап, авинтовка ма ашәақь), ашәарыцаразы ма агыгшәыг аҟынтә ахыхьчаразы. Аха абџьар рхы ианадмырхәо аамҭазы еиӷьуп уи еиҵамҵакәа, еимыхны, насгьы абарқәам ахьаҿоу аҭыԥ аҿы иҟазар. Абџьар амазаара азин ахьыҟам ма уи амазааразы азакәан аҿы ҷыдарақәак ыҟазар, ақьырсианцәа уи иқәныҟәалароуп (Рим. 13:1).
b Ақәылаҩ иҟынтә шәхы шәыхьчар шшәылшо иазку аинформациа шәыԥшаар шәылшоит апрель 8, 1993 шықәсазы иҭыҵыз ажурнал «Пробудитесь!» аҿы иҟоу астатиа «Как это можно предотвратить» аҿы.
c Абџьар ахьныҟәырго аусураҿы ақьырсиан аус иулар илшоу илымшоу иазкны еиҳаны аинформациа шәыԥшаар шәылшоит ноиабр 1, 2005 шықәсазы иҭыҵыз ажурнал «Сторожевая башня», адаҟьа 31, насгьы февраль 1, 1984 шықәсазы иҭыҵыз «Сторожевая башня», адаҟьақәа 18—19 рҿы.