Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w17 ииуль ад. 29—32
  • Шәыхшыҩ азы ицо аибашьра шәаиааила

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Шәыхшыҩ азы ицо аибашьра шәаиааила
  • Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2017
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ШАҞА ИШӘАРҬОУЗЕИ АПРОПАГАНДА?
  • ШӘЫГӘРАХАҴАРА ШӘЫРӶӘӶӘАЛА
  • АКЗААРА ШӘЫБЖЬАЗ
  • АНЦӘА ИОРГАНИЗАЦИАХЬ ИШӘЫМОУ АГӘРАГАРА ШӘЦӘЫӠЫРТӘ АЛШӘМЫРШАН
  • ШӘДЫРШӘАРТӘ АЛШӘМЫРШАН
  • ҞӘЫӶАРАЛА ШӘХЫ МҨАԤЫЖӘГАЛА, НАСГЬЫ ЕСНАГЬ ИЕГОВА ШӘИЗЫӠЫРҨЛА
  • Шәырҿагыл Аџьныши игьангьашу иусқәеи
    «Анцәа ибзиабараҿ шәыҟаз»
  • Шәлахҿыхыз! Аҩсҭаа шәылбааидарц иҭахуп
    Ахьчаратә бааш 2015
Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2017
w17 ииуль ад. 29—32

Шәыхшыҩ азы ицо аибашьра шәаиааила

ШӘАРА ашәақь аԥынҵа шәкылакны шәыркуп. Шәаӷа, Аҩсҭаа, абџьар ӷәӷәа ихы иаирхәоит. Изакәызеи уи? Апропаганда. Ари абџьар хықәкыс иамоу шәышьра акәӡам, аха шәыхшыҩ аиааира ауп.

Апостол Павел ибзианы еиликаауан Аҩсҭаа ипропаганда шаҟа ишәарҭоу, аха актәи ашәышықәсазы инхоз ақьырсианцәа рҟынтә зегьы иара иеиԥш уи рзеилкаауамызт. Убас коринфтәи аизара иаҵанакуаз аишьцәеи аиаҳәшьцәеи рхы иақәгәыӷцәо иалагеит: дара ргәы иаанагон рыгәрахаҵара даара иӷәӷәоуп, насгьы ахаангьы ихьаҵуам ҳәа (1 Кор. 10:12). Убри азоуп Павел изиҳәаз: «Аха сшәоит, Ева амаҭ гызмалрала дшажьаз аиԥш, шәара шәыхдыррагьы гәык-ԥсыкала, цқьарала Христос изыҟазаара ацынхәрас, даҽаџьара даҽакы имҩахнаҟьар ҳәа» (2 Кор. 11:3).

Павел иажәақәа иаҳдырбоит мыцхәы ҳхы ҳақәгәыӷлар шҳахәҭам. Ҳахшыҩ азы ицо аибашьра ҳаҵамхарц азы, иахәҭоуп апропаганда шәарҭарас иаҵоу аилкаара, насгьы уи аҽацәыхьчара.

ШАҞА ИШӘАРҬОУЗЕИ АПРОПАГАНДА?

Изакәызеи апропаганда? Ари астатиаҿы апропаганда ауаа ржьаразы ма рхәыцшьеи рхымҩаԥгашьеи напхгара аҭаразы рхы иадырхәо ииашам, узырҩашьо аинформациа ауп иаанаго. Ашәҟәы «Пропаганда и внушение» ишаҳәо ала, апропаганда иашам, насгьы аԥхасҭа узаанагоит. Ауаа уи иадырҳәалоит «амц, афактқәа рырҩашьара, аманипулиациа, ауаа рхәыцшьа анырра аҭара, насгьы аԥсихологиатә еибашьра» (Propaganda and Persuasion).

Шәарҭарас иаҵоузеи апропаганда? Уи аԥшшәи афҩи змам ашҳам злоу агаз иаҿурԥшыр алшоит. Апропаганда ауаа рыхшыҩ хәыҷы-хәыҷла ауп ишаныруа. Ауаҩы ихымҩаԥгашьа ҭызҵаауа аексперт Венс Паккард иҩит: «Апропаганда ауаа ирызгәамҭакәа ирныруеит». Ҵарауаҩык излеиҳәаз ала, апропаганда зныруа ауаа «ухаҿы иузаамго аус хәымгақәа рыҟаҵара рзымариан», иаҳҳәап, агеноциди аибашьрақәеи, насгьы араса ма адин иахҟьаны аҿагыларақәа рыҽрыладырхәуан (Easily Led—A History of Propaganda).

Ауаа ҳгәаанагара аԥсахра рылшозар, иаҳҳәар ҳалшозеи Аҩсҭаа изы? Иара урҭ рхымҩаԥгашьа дара аншаз аахыс иҭиҵаауеит. Иахьа адунеи зегь инапаҵаҟа иҟоуп. Уи имц рыларҵәаразы ииҭаху зегь ихы иаирхәар илшоит (1 Иоанн 5:19; Иоанн 8:44). Иара ауаа рыхшыҩ ирлашәит, убри аҟынтә адунеи зегь ажьара даҿуп (2 Кор. 4:4; Аат. 12:9). Ишԥаҳалшо уи ипропаганда аҿагылара?

ШӘЫГӘРАХАҴАРА ШӘЫРӶӘӶӘАЛА

Абиблиаҿы иануп апропаганда аҿагылара иҳацхраауа имариоу апринцип. Иисус иҳәеит: «Убасҟан аҵабырг закәу шәзаатуеит, уи аҵабырг ахақәиҭра шәнаҭоит» (Иоанн 8:31, 32). Аибашьраҿы аиаша аԥшаара цәгьоуп, убри аҟынтә еибашьуа дарбанзаалак аруаҩ иеиԥш, аӷа шәимжьарц азы шәара ииашоу зыгәра угартә иҟоу аинформациа ахьыԥшаатәу шәдыруазароуп. Иегова уи ҳаԥшаар ахьҳалшо ҳирбоит. Уи Абиблиа ауп, уа Аҩсҭаа ипропаганда анырра ҳаҿагылар шҳалшо ануп (2 Тим. 3:16, 17).

Аҩсҭаа уи ибзианы идыруеит. Убри аҟынтә Абиблиа аԥхьареи аҭҵаареи ҳацәахиҟьарц азы инапаҿы иҟоу адунеи ихы иаирхәоит. Ицәҟьақәа шәҽырцәышәыхьчала! (Еф. 6:11). Аҵабырг еиӷьны аилкаара шәҽазышәшәала (Еф. 3:18). Уи азы аџьабаа батәуп. Аха абар Ноам Хомски зыхьӡу аҵарауаҩ иазгәеиҭаз: «Аиаша аӡәгьы шәхы иҭеиҵом. Уи шәхала ишәыԥшаароуп». Убри аҟынтә уи «ес-иаашар Аҩырақәа» ҭҵаауа ишәыԥшаала (Аус. 17:11).

Шәыхшыҩ азы ицо аибашьраҿы аиааира жәгарц азы апропаганда шәарҭарас иаҵоу еилышәкаалароуп, насгьы уи шәҽацәышәыхьчалароуп

Аҩсҭаа иҭахӡам шәара ииашаны шәхәыцлар, насгьы ииашоу алкаақәа ҟашәҵалар. Избан? Шәҟәык иаҳәо инақәыршәаны апропаганда «еиҳарак алҵшәа аиуеит ауаа... акритика аҟаҵара алшара анрырымҭо» (Media and Society in the Twentieth Century). Убри аҟынтә иахәҭам иҳарҳәо зегь иаразнак агәра агара (Ажәам. 14:15). Анцәа ишәиҭаз шәхәыцратә лшарақәеи шәыхшыҩи шәхы иархәаны, аҵабырг закәу агәра жәга (Ажәам. 2:10—15; Рим. 12:1, 2).

АКЗААРА ШӘЫБЖЬАЗ

Апропаганда зныруа аибашьцәа шәоит, насгьы аибашьра ацара рҭаххаӡом. Апропаганда анырра иахҟьаны аруаа дара-дара рыбжьара аибашьра иалагар, ма дара злоу ар иацәхьаҵыр рылшоит. Анемец аинралк иажәақәа рыла, Актәи адунеизегьтәи аибашьра аан Германиа заҵахаз амзызқәа ируаку аӷа ипропаганда ауп, уи ауаа агипноз еиԥш ирныруан. Аҩсҭаагьы ақьырсианцәа рыбжьара акзаара еилеигарц азы уи атактика ихы иаирхәоит. Иаҳҳәап, иара аишьцәа рыбжьара аилибамкаара цәыригоит, мамзаргьы урҭ ргәазҭеиҵоит Иегова иорганизациа агәра агара иаԥсам ҳәа ихәыцларц, насгьы иаанрыжьырц.

Шәыржьартә алшәмыршан! Анцәа Иажәа иану алабжьарақәа шәрықәныҟәала, насгьы аишьцәеи аиаҳәшьцәеи рҿы акзаара шәыхьчала. Абиблиа иҳанеибажьларц, насгьы ҳаилибамкаарақәа иаарласны иҳаӡбаларц ҳгәазҭанаҵоит (Кәал. 3:13, 14; Матф. 5:23, 24). Абиблиа еилыкка иаҳәоит аизара ацәхьаҵра шҳахәҭам (Ажәам. 18:1). Аҩсҭаа ипропаганда шәацәыхьчоу шәацәыхьчаму гәашәҭ. Шәхы шәазҵаа: «Схы шԥамҩаԥызгеи, аизараҿы аӡәы ааскьа сандиргәааз? Исныруази сара: адунеи адоуҳа акәу, Анцәа идоуҳа акәу?» (Гал. 5:16—26; Еф. 2:2, 3).

АНЦӘА ИОРГАНИЗАЦИАХЬ ИШӘЫМОУ АГӘРАГАРА ШӘЦӘЫӠЫРТӘ АЛШӘМЫРШАН

Аруаҩ икомандир игәра анимго, аибашьраҿы илшо зегь ҟаиҵалаӡом. Убри аҟынтә апропагандистцәа аруаа ркомандир иахь агәрагара рцәыӡырц аҟаҵара хықәкыс ирымоуп. Дара ирҳәалар ауеит: «Шәкомандирцәа рыгәра агара ҟалом!» мамзаргьы «Урҭ шәҭадырхоит!» Урҭ ажәақәа еиҳа амч роурц азы, дара акомандирцәа иҟарҵоз гхақәак азгәарҭалар рылшоит. Аҩсҭаагьы убасҵәҟьа ҟаиҵоит. Иара иҽазишәоит Иегова ижәлар напхгара рыҭара здиҵаз рахь ҳагәрагара ҳцәыӡыртә аҟаҵара.

Ҳхы ҳахьчар шԥаҳалшо? Иегова иорганизациа ӷәӷәала шәадгылала, насгьы напхгара зуа аишьцәа шәрызиашаз, урҭ агхақәа шыҟарҵо жәбозаргьы (1 Фес. 5:12, 13). Аизара иаҵәхьаҵызи егьырҭ ауаа цәгьақәеи урҭ аишьцәа рахь шәыгәрагара арԥсыҽра рҽазыршәалар рылшоит. Дара ражәақәа рыгәра угартә иҟазшәа шәнарбар ауеит, аха урҭ рыгәра шәымгалан (2 Фес. 2:2; Тит 1:10). Апостол Павел Тимофеи ииҭаз алабжьара шәықәныҟәала: «Иуоуз агәрахаҵара уазиашаз, уазықәгылаз, уи аҵара-дырра зҿуҵааз зусҭцәоу аханатә иудыруеит» (2 Тим. 3:14, 15). Ҳара аиаша мҩала ацара иҳацхрааларц азы Иегова шәышықәса раҟара ихы иаирхәо игәрагоу атәы игәра агаразы амзызқәа зегь ҳамоуп (Матф. 24:45—47; Аур. 13:7, 17).

ШӘДЫРШӘАРТӘ АЛШӘМЫРШАН

Аха Аҩсҭаа ипропаганда анубарҭоугьы ыҟоуп. Иара зны-зынла шәиршәоит, уи «раԥхьаӡа рхы иадырхәоз апропаганда аформақәа ируакуп» (Easily Led—A History of Propaganda). Британиатәи апрофессор Филип Теилор излеиҳәо ала, ассириаа раӷацәа дырԥсыҽырц азы урҭ «ашәара рызцәырыргон, насгьы апропаганда рыладырҵәон». Аҩсҭаа дышәиааирц, насгьы Иегова имаҵ аура шәаҟәихырц азы ауааи, ашьҭашәарыцарақәеи, аԥсреи рҿаԥхьа ашәара шәызцәыригоит (Ис. 8:12; Иер. 42:11; Аур. 2:15).

Аҩсҭаа шәиршәартә илшәмыршан! Иисус иҳәеит: «Шәырцәымшәан ацәеижь аҭархарада уаҳа акагьы злымшауа» (Лука 12:4). Агәра ганы шәыҟаз Иегова дшышәхылаԥшло, ишәымоу амч аасҭа еиҳау «амч-алшара» шшәиҭо, насгьы ашәара аҽамҭара дышшәыцхраауа (2 Кор. 4:7—9; 1 Пиотр 3:14).

Ҳәарада, аԥсҭазаараҿы шәзықәшәо еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа шәгәы карыжьыр, насгьы ашәара шәзааргар алшоит. Аха ишәхашәмыршҭлан Иегова Иисус Навин иеиҳәаз: «Иуасымҳәаӡази: „Агәымшәара аарԥшла, уҽырӷәӷәа“? Умшәан Унцәа Иегова уахьцалакгьы дуцуп» (Иис. Н. 1:9). Акы ӷәӷәала шәгәы иҵхозар, иаразнак Иегова шәиҳәала. Агәра ганы шәыҟаз Анцәа иҭынчра шәгәы-шәыԥсы шахьчо, насгьы Аҩсҭаа ипропаганда аҿагыларазы амч шышәнаҭо (Флп. 4:6, 7, 13).

Ишәгәалашәома изакәытә пропагандоу ассириатәи аҳ иишьҭыз арабсак Анцәа ижәлар иршәарц азы ихы иаирхәаз? Даҽакала иуҳәозар уи иҳәеит: «Ассириаа рҟынтә аӡәгьы шәизыхьчом. Шәынцәа Иеговагьы шәыцхраара илшом». Уи адагьы иара иҳәеит: «Иегова ихаҭа исеиҳәеит: „Уи адгьыл уақәланы ихырҵәа“». Аха Иегова иҳәеит: «Ассириа Аҳ имаҵзуҩцәа сызладырџьоз ажәақәа урцәымшәан» (2 Аҳ. 18:22—25; 19:6). Анаҩс иара амаалықь дааишьҭит, уи уахык ала 185 000-ҩык ассириаа ишьит (2 Аҳ. 19:35).

ҞӘЫӶАРАЛА ШӘХЫ МҨАԤЫЖӘГАЛА, НАСГЬЫ ЕСНАГЬ ИЕГОВА ШӘИЗЫӠЫРҨЛА

Иҟалап шәара аӡәы дахьыржьо афильм шәахәаԥшхьазар. Шәара уи еилышәкаауан, насгьы алшара шәымазҭгьы иашәҳәон: «Агәра умган! Урҭ уржьоит!» Уажәшьҭа шәхаҿы иаажәг амаалықьцәа шәаргьы ишшәарҳәо: «Аҩсҭаа ужьара илумыршан!»

Аҩсҭаа ипропаганда шәазымӡырҩлан (Ажәам. 26:24, 25). Иегова ииҳәо шәазыӡырҩла, насгьы шәусқәа зегь рҿы еснагь шәиқәгәыӷла (Ажәам. 3:5—7). Абзиабара зныԥшуа иажәақәа шәыдышәкыл: «Уҟәышыз, сара сԥа, насгьы сыргәырӷьала» (Ажәам. 27:11). Усҟан шәыхшыҩ азы ицо аибашьраҿы аиааира жәгоит.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра