Аԥхьаҩцәа рызҵаарақәа
Иҟалома ақьырсианԥҳәыс лцәалтәымкәа дҟамларц азы аказық (матка) иҭадыргыло асарч лхы иалырхәар?
Хаҵеи-ԥҳәыси ари азҵаара ианалацәажәо иҟоу афактқәеи абиблиатә принципқәеи инарҵауланы иҭырҵаароуп. Дара ирыдыркылароуп аӡбара, Анцәа иҿаԥхьа рыламыс цқьаны иаанхартә еиԥш.
Иегова раԥхьаӡатәи хаҵеи-ԥҳәыси ирыдиҵеит: «Шәыҿиала, шәеизҳала». Иара убарҭ ажәақәа дырҩегь иҳәеит Аӡхыҵра ду ашьҭахь, адгьыл аҿы ааҩы заҵәык рыда аныҟамыз. (Аҟаз. 1:28; 9:1). Аха Абиблиаҿы ианӡам ақьырсианцәа ари адҵа нарыгӡалар ауп ҳәа. Убри аҟынтә хаҵеи-ԥҳәыси ахшара рацәаны ирымазар рҭахымзар, мамзаргьы ахшара данроуа аамҭа рхала иалырхуазар, дара ирыӡбар рылшоит иарбан ацәалашәара иацәызхьчо маҭәашьар хкқәоу рхы иадырхәар рылшо. Изызхәыцыр рыхәҭоузеи дара?
Ақьырсианцәа аҽацәыхьчаразы иарбан маҭәашьар хку рхы иадырхәо анырыӡбо, абиблиатә принципқәа ирызхәыцлароуп. Иаҳҳәап, ахшара дырмоурц азы аҽԥыргара ақьырсианцәа рзы иҟалаӡом. Дара а́лашәа (зародыш) иԥсҭазаара ишырдыруа иҿахырҵәаӡом, избанзар уи аизҳара ауаҩԥсы иира ауп иаа́наго. Уи иаанарԥшуеит аԥсҭазаара аҳамҭахь апатуқәымҵара (Ақәҵ. 20:13; 21:22, 23; Аԥсал. 138:16 [139:16, АдҾ]; Иер. 1:5). Иаҳҳәар ҳалшозеи уи аганахь ала ацәалашәара рҽацәырыхьчарц азы аказық иҭадыргыло асарч азы?
Ари азҵаара аӡбахә ҳәан 1979 шықәса маи 15 рзы иҭыҵыз «Сторожевая башня» (адаҟьақәа 30—31, анг.) аҟныa. Усҟантәи аамҭазы ахархәара рацәа аман иԥсыҽыз, апластик иалхыз, аԥҳәыс лказық иҭадыргылоз асарч. Астатиаҿы иҳәан уи ахархәага аус аушьа аҵыхәтәанынӡа еилкаам ҳәа. Аӡәырҩы аҳақьымцәа ирыԥхьаӡон урҭ иԥсыҽу аҽацәыхьчагақәа аԥҳәыс лказық аҿы ианыҟоу аӷьа́жәла (сперматозоид) аха́цкәтаӷь (яйцеклетка) аҟынӡа изнеиӡом, насгьы аӷьа́ркра (оплодотворение) мҩаԥысӡом ҳәа. Аӷьаркра ҟамлозар, усҟан аԥсҭазаара ҿыц изалагом.
Аха зны-зынла ахацкәтаӷь уеизгьы иӷьаркуан. Алашәа ҿиалар алшон аказықтә, ма афаллопиатә трубақәа рҿы — уи аказық анҭыҵ иҟало ацәалашәара ҳәа иашьҭоуп,— мамзаргьы аказық аҩныҵҟа. Иара убас, асарч алашәа аказық аҭӡы адҷаблара иаԥырхагоуп, уи алашәа аҿиара алнаршом, даҽакала иуҳәозар аҽԥыргара иаҩызоуп. Астатиа анҵәамҭаҿы ақьырсианцәа ргәазҭарҵон уи азҵаара ҭакԥхықәрала иазнеирц, насгьы асарч рхы иадырхәаанӡа аԥсҭазаара шыԥшьоу аганахь ала абиблиатә хәаԥшышьа иазхәыцырц (Аԥсал. 35:10 [36:9, АдҾ]).
Ицама нас ԥхьаҟа анаукеи амедицинеи, ари астатиа 1979 шықәсазы ианҭыҵ ашьҭахь?
Ахархәара ду роуит даҽа асарч хкқәа ҩба. Жәашықәсақәак рышьҭахь ицәырҵуа иалагеит абҩа́ злаз асарчқәа, анаҩс шықәсқәак рышьҭахь агормонқәа злаз. Аус шԥаруеи урҭ?
Абҩа злоу асарч. Ари асарч хкы егьырҭ ахкқәа реиԥш аӷьажәла ахацкәтаӷь ахь анеира иаԥырхагоуп. Иара убас абҩа злоу асарч аӷьажәла иаԥырхагоуп, даҽакала иуҳәозар, ашҳам иаҩызоупb. Уи адагьы, абҩа злоу асарч аказық аҩныҵҟатәи аҭӡы — аендометриа иаԥырхагоуп ҳәа рыԥхьаӡоит.
Агормон злоу асарч. Ари асарч еиуеиԥшым ахкқәа ыҟоуп. Дара ацәалашәара иацәызыхьчо ахәшәқәа ирылоу рҩызцәа агормон маҭәашьарқәа рылоуп. Ари амаҭәашьар аказық аҩныҵҟатәи аҭыӡқәа зегьы еицеиԥшны ирыхьӡоит. Зны-зынла уи аҩыза асарч аовулиациа иаԥырхагоуп. Усҟан аӷьаркра зыҟалом. Уи адагьы, ари асарч иалоу агормонқәа аендометриа иазеицәоуп, уи аҭыӡқәа арҵаӷоитc. Иара убас дара аказық аҭыӡқәа рцәаакыра дыржәпоит, убри аҟынтә аӷьажәла аказық ахь изнеиуам. Насгьы агормон злоу асарч иԥсыҽу асарч хкқәа иреиԥшуп.
Убас, изларҳәо ала, арҭ асарч хкқәа рыҩбагьы аендометриа иазеицәоуп. Аха иҟалозеи аовулиациа ҟалар, насгьы ахацкәтаӷь ӷьаркыр? Усҟан иара аказық ахь инеир ҟалоит, аха аҭӡы изадҷаблаӡом. Ус аныҟало ацәалашәара алагамҭаҿы иҿахҵәоит. Аха иԥхьаӡоуп ус шамахамзар иҟалом ҳәа, ацәалашәара иацәызыхьчо ахәшәқәа анрыдыркыло еиԥш.
Аӡәгьы ишьақәырӷәӷәаны аҳәара илшаӡом агормон, ма абҩа злоу асарч рхы ианадырхәо ахацкәтаӷь ӷьаркыр залшом ҳәа. Аха анаукатә ҭҵаарақәа инарықәыршәаны, арҭ асарч хкқәа рхархәараан ацәалашәара алшара маҷуп, избанзар хыхь ари астатиаҿы ишҳәаз еиԥш, урҭ аказық иарҭо анырра хкқәа рацәоуп.
Хаҵеи-ԥҳәыси асарч рхы иадырхәарц рыӡбазар, дара уи азҵаараҿы аԥышәа ду змоу аҳақьым иацәажәар ауп. Уи хаҵеи-ԥҳәыси ирыҵеиҳәоит иарбан сарч хкқәоу дара ахьынхо аҭыԥ аҿы иҟоу, бзиарас ирылоу, насгьы аԥҳәыс лгәабзиара ианырыр шалшо. Аҭаацәара рзы аӡәгьы аӡбара идикылар ҟалом, уи аҳақьым ихаҭа иакәзаргьы (Рим. 14:12; Гал. 6:4, 5). Уи дара рхатә ӡбара акәзар ауп. Ақьырсианцәа ирыдыркыло аӡбарақәа рыла Анцәа ддыргәырӷьалар, насгьы иара иҿаԥхьа рыламыс цқьаны иаанхар рҭахуп. (Еиҿшәырԥш 1 Тимофеи иахь 1:18, 19; 2 Тимофеи иахь 1:3.)
a Ари астатиа урыс бызшәала икьыԥхьын 1999 шықәса февраль 15 рзы иҭыҵыз «Сторожевая башня», адаҟьақәа 30—31 рҟны.
b Англиатәи амилаҭ ргәабзиарахьчаратә ҟәша аматериалқәа рҿы иҳәоуп: «Абҩа рацәаны излоу асарч аус аушьа 99 процент еиҳауп. Уи иаанагоит шықәсык аҩныҵҟа уи асарч хкы зхы иазырхәо 100-ҩык аҳәса рҟынтә зцәа иалашәо рхыԥхьаӡара ԥҳәыск ишлеиҵо. Еиҳа имаҷны абҩа злоу асарч ус еиԥш аус ауам».
c Арҭ агормонқәа аказық аҭӡы — аендометриа арҵаӷоит аҟынтә, агормон злоу асарч аҭаацәара иалоу реиԥш, аҭаацәара иаламлац, аха ашьаҟәаҵра ӷәӷәа змоу аҳәсагьы зны-зынла ахархәара рабжьыргоит.