АҴАРАЗЫ АСТАТИА 35
Иегова ахынраалара аазырԥшуа имаҵзуҩцәа рыхә ишьоит
«Иегова... ахынраалара злоу дибоит» (АԤСАЛ. 138:6).
АШӘА 48 Есымша Иегова ҳицуп
АХҲӘААa
1. Дышԥарзыҟоу Иегова ахынраалара злоу ауаа? Иҳаилшәыркаа.
ИЕГОВА ахынраалара злоу ауаа бзиа ибоит. Ииашаҵәҟьаны ахынраалара злоу рымацара роуп Иегова иҩызцәахар зылшо, аха «зхы ҳаразкуа харантәи ауп дшидыруа» (Аԥсал. 138:6). Ҳара зегьы иаҳҭахуп Иегова дҳаргәырӷьаларц, насгьы ибзиабара ҳгәы арԥхаларц, убри аҟынтә ахынраалара еизҳарҳалароуп.
2. Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?
2 Ари астатиаҿы ҳара х-зҵаарак еилҳаргоит: 1) Изакәызеи ахынраалара? 2) Избан уи аҟазшьа еизҳарҳалар зҳахәҭоу? 3) Ианбацәгьахар алшо уи аарԥшра? Ҳара еилаҳкаауеит ахынраалара анааҳарԥшуа Иегова дышҳаргәырӷьо, ҳхаҭақәагьы уи ахәарҭа шаҳзаанаго (Ажәам. 27:11; Ис. 48:17).
ИЗАКӘЫЗЕИ АХЫНРААЛАРА?
3. Изакәызеи ахынраалара?
3 Ахынраалара злоу ауаҩы егьырҭ раасҭа деиӷьуп ҳәа иԥхьаӡаӡом, насгьы аԥагьара илаӡам. Абиблиа излаҳәо ала, ахынраалара злоу ауаҩы еиликаауеит Иегова иара иаасҭа акырӡа дшеиҳау. Иара убас уи еиликаауеит ауаа зегьы иара иаасҭа излаиеиӷьу ҟазшьак-ҟазшьак шрылоу (Флп. 2:3, 4).
4, 5. Избан ауаҩы ахынраалара илоушәа убозаргьы, уи ус акәымхар залшо?
4 Шьоукы уахьрыхәаԥшуа ахынраалара рылоушәа убоит. Иҟалап дара ԥхашьаԥхаҵо, иҭынчӡа иҟазар. Мамзаргьы ибзианы иахьааӡоу аҟынтә ауаа рахь аҳаҭырқәҵара аадырԥшуазар ауеит. Аха ииашаҵәҟьаны дара ԥагьазар алшоит. Уи знымзар-зны иумбар залшом (Лука 6:45).
5 Даҽа ганкахьалагьы зымчқәа рыгәра зго, насгьы згәаанагара аартны изҳәо ауаҩы ахынраалара илам ҳәа узҳәом (Иоанн 1:46, 47). Ишыҟазаалакгьы, ус еиԥш иҟоу ауаҩы игәиҽанызар ауп, избанзар мыцхәы ихы дақәгәыӷуа далагар алшоит. Ҳаԥхашьаҩызаргьы ҳаԥхашьаҩымзаргьы, ииашаҵәҟьоу ахынраалара еизҳарҳарц азы ҳара зегьы ҳхы аус адаҳулалар ауп.
Апостол Павел ахынраалара ааирԥшуан, насгьы егьырҭ раасҭа деиӷьуп ҳәа иԥхьаӡомызт (Шәахәаԥш абзац 6.)d
6. Иаҳнарҵозеи апостол Павел иҿырԥштәы, 1 Коринфаа рахь 15:10 иану инақәыршәаны?
6 Ҳазхәыцып апостол Павел иҿырԥштәы. Иара ицхыраарала Иегова еиуеиԥшым ақалақьқәа рҿы аизарақәа еиҿикааит. Амаҵзураҿы иара Иисус егьырҭ иапостолцәа зегь раасҭа еиҳаны аџьабаа ибазаргьы ҟаларын. Аха Павел егьырҭ раасҭа деиӷьуп ҳәа ахаангьы дхәыцӡомызт. Ахынраалара аарԥшны иара иҳәеит: «Сара Апостолцәа зегь рахьтә сҵыхәтәантәиуп, Дапостолуп ҳәа зласзуҳәаша аҳаҭыр саԥсам, избан акәзар Анцәа иуахәама саӷан, сазыӷьашкны сазықәгылан, сабашьуан» (1 Кор. 15:9). Анаҩс иара иҳәеит Иеговеи иареи реизыҟазаашьақәа зыбзоураз илаз аҟазшьақәа, мамзаргьы иибаз аџьабаа акәымкәа, Анцәа иааирԥшуаз дзыԥсам ақьиара шакәыз. (Шәаԥхьа 1 Коринфаа рахь 15:10.) Павел ахынраалара шаарԥшлатәу аганахь ала аҿырԥш бзиа ҳзынижьит. Иара Коринфаа асаламшәҟәы анырзиҩуаз, ихы ирҽхәаӡомызт, аизараҿы шьоукы дышдырџьозгьы (2 Кор. 10:10).
Анапхгаратә хеилак иалахәыз ахынраалара злаз аиашьа Карл Клеин (Шәахәаԥш абзац 7.)
7. Ишԥааирԥшуаз ахынраалара аҭакԥхықәра ду здыз аиашьа?
7 Аиашьа Карл Клеин ибиографиа згәы шьҭнахыз рацәаҩуп. Иара Анапхгаратә хеилак иалахәыз дыруаӡәкын. Ибиографиаҿы Карл ахынраалара аарԥшны еиҭеиҳәоит игхақәеи имаз ауадаҩрақәеи. Иаҳҳәап, 1922 шықәсазы раԥхьаӡакәны иара ҩнаҭацыԥхьаӡа ажәабжь аҳәара иҽазишәеит. Аха уи даараӡа ицәыцәгьан аҟынтә, ҩышықәса рыҩныҵҟа ҩнаҭацыԥхьаӡа уаҳа ажәабжьҳәара дҭымҵӡеит. Уи ашьҭахь, Вефиль аҿы амаҵ аниуаз, Карл алабжьара ирҭеит, аха иара уи ԥыҭраамҭак дацәгәаан дыҟан. Уи адагьы, астресси агәҭынчымреи ирыхҟьаны инервқәа чмазаҩхеит, аха аамҭак ашьҭахь дыбзиахеит. Ус шакәызгьы, иара имаҷымкәа аҭакԥхықәра дуқәа идын. Шәазхәыц шаҟа ахынраалара иҭахыз аҭакԥхықәра здыз аиашьа игхақәа абас иаартны дрылацәажәарц азы! Аишьцәеи аиаҳәшьцәеи аӡәырҩы аиашьа Клеин игәы ҭыӷьӷьаа еиҭеиҳәоз иҭоурых ианаԥхьо, ргәы иахәаны дыргәалашәоитb.
ИЗБАН АХЫНРААЛАРА ҲАЛАҲААӠАЛАР ЗҲАХӘҬОУ?
8. Ишԥаҳнарбо 1 Пиотр 5:6 иану ахынраалара анааҳарԥшуа Иегова дышгәырӷьо?
8 Зегь раԥхьаӡа иргыланы ахынраалара аизырҳара ҳгәазҭазҵо Иегова дҳаргәырӷьаларц ахьаҳҭаху ауп. Апостол Пиотр уи еилыкка иҳәеит. (Шәаԥхьа 1 Пиотр 5:6.) Абар ашәҟәы «Уааины усхьыԥшы, усыцла» аҿы Пиотр ииҳәаз иазкны иану: «Ахӡыргара ашҳам иаҩызоуп. Уи иунаҭо анырра уҭанархоит. Абаҩхатәра змоу ауааҵәҟьагьы Анцәа изы акгьы иаԥсамкәа иҟанаҵоит. Аха ахынраалара акәзар, ауаҩы дҳаранакуеит, насгьы иӡыргам ауаа Иегова изы зыхә ҳараку ракәны иҟанаҵоит... Ҳанцәа изы насыԥуп... [ахынрааларазы] аҳамҭа уҭара»c. Ааи, Иегова иргәырӷьара ҳара ҳзы зегь раасҭа ихадоуп (Ажәам. 23:15).
9. Избан ахынраалара ҳалазар егьырҭ бзиа ҳзырбало?
9 Ахынраалара еизҳарҳауазар, Иегова иргәырӷьара адагьы, уи ҳхаҭагьы ахәарҭа ҳзаанагоит. Ахынраалара ҳалазар, егьырҭ бзиа ҳарбалоит. Избан? Шәазхәыц: иарбан уаау шәара еиҳа ишәгәаԥхо? (Матф. 7:12). Ҳара иаҳгәаԥхаӡом еснагь зҳәатәы иазырго, насгьы алабжьара иазымӡырҩуа ауаа рацәажәара. Аха ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҳхьаа анҳацеиҩыршо, аиашьаратә бзиабареи, агәрыцҳашьареи, ахынраалареи анаадырԥшуа ҳгәы иахәоит (1 Пиотр 3:8). Ҳара иаҳгәаԥхоит ахынраалара злоу ауаа рацәажәара, ҳаргьы ахынраалара ааҳарԥшуазар, даргьы ҳацәажәара ргәаԥхалоит.
10. Избан ахынраалара злоу ауадаҩрақәа риааира еиҳа изырзымариоу?
10 Уи адагьы, ахынраалара ҳаԥсҭазаара армариоит. Зны-зынла ҳара ари адунеи аҿы аиашамра шыҟоу ҳбоит, мамзаргьы ҳхаҭа уи ҳақәшәоит. Иҟәыӷаз аҳ Соломон иҳәеит: «Сара избон аҽқәа ирықәтәан инеиуаз амаҵуҩцәеи амаҵуҩцәа реиԥш шьапыла инеиуаз аҭауадцәеи» (Еккл. 10:7). Зны-зынла аҟазара злоу ауаа изыԥсоу аҳаҭыр рықәырҵом, аха уи злам ракәзар, еиҳа ҳаҭыр рықәуп. Ус шакәугьы, Соломон иҳәеит аԥсҭазаара шыҟоу иҳадаҳкылалар шеиӷьу, аиашамра иахҟьаны ҳгәы каҳажьлар аасҭа (Еккл. 6:9). Уи аҿы ахынраалара ҳацхраауеит.
АХЫНРААЛАРА ААРԤШРА АНЫМАРИАМ
Избан абри аҩыза аҭагылазаашьаҿы ахынраалара аарԥшра ҳцәыцәгьахар залшо? (Шәрыхәаԥш абзацқәа 11, 12.)e
11. Иҟаҳҵар ҳахәҭоузеи алабжьара анҳарҭо?
11 Ахынраалара шҳалоу аарԥшразы ҳара есыҽны алшарақәа рацәаны иҳамоуп. Ҳрызхәыцып ҿырԥштәқәак. Алабжьара анҳарҭо. Ҳара иаҳгәалашәозар ауп аӡәы алабжьара ҳаиҭарц азы аамҭа алихзар, ус анакәха, иҟаҳҵаз агха ҳгәы ишаанаго еиԥш ихәыҷӡам. Аӡәы алабжьара анҳаиҭо, уи иаразнак мап ацәкра ҳҭаххар ауеит. Иҟалап уи ҳазҭаз, ма ишҳаиҭаз ак ахаҳҳәаауа ҳалагаргьы. Аха ахынраалара ааҳарԥшуазар, ҳара уи ииашаны адкылара ҳҽазаҳшәоит.
12. Избан алабжьара ҳазҭо ҭабуп ҳәа иаҳәара зҳахәҭоу, Ажәамаанақәа 27:5, 6 иану инақәыршәаны? Иаажәга аҿырԥштәы.
12 Ахынраалара злоу ауаҩы алабжьара ахә ишьоит. Иаҳҳәап, шәара аизараҿы аишьцәеи аиаҳәшьцәеи шәрыдгыланы шәрацәажәоит. Ус, руаӡәк шәнаскьаганы ишәеиҳәоит шәхаԥыц ак шыҵахаз. Ҳәара аҭахума, шәара шәыԥхашьоит. Аха убри аамҭазгьы уи ахьшәеиҳәаз шәеигәырӷьоит. Ҳәарада, заа ишәарҳәарцгьы шәҭаххон. Убас еиԥш, агәымшәара аарԥшны алабжьара ҳазҭо ҳашьа ма ҳаҳәшьа ҭабуп ҳәа раҳҳәалар ауп. Урҭ ҳҩызцәа роуп, ҳаӷацәа ракәӡам. (Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 27:5, 6; Гал. 4:16.)
Избан егьырҭ амаҵзураҿы адҵақәа анроуа ахынраалара ааҳарԥшлар зҳахәҭоу? (Шәрыхәаԥш абзацқәа 13, 14.)f
13. Ишԥаҳалшо ахынраалара аарԥшра, аизараҿы аӡәы аҭакԥхықәра аниоуа?
13 Егьырҭ амаҵзураҿы аҭакԥхықәрақәа анроуа. «Егьырҭ аҭакԥхықәрақәа шрыдырҵо анызбо, зны-зынла схәыцуеит: „Сара сеицәазма?“»,— иҳәоит Џьеисон зыхьӡу аизара аиҳабыс амаҵ зуа аиашьа. Шхәыцхьома шәаргьы убас? Иегова еиҳаны имаҵ аура агәаҳәара ҳамазар, уи даара ибзиоуп (1 Тим. 3:1). Аха ҳзызхәыцуа ҳацклаԥшлароуп. Ҳгәаҳҽанымзар, ҳгәаҿы аԥагьара еизҳар алшоит. Иаҳҳәап, аиашьа ахәыцра далагар ауеит аизараҿы иалкаау дҵак иара зегь раасҭа еиӷьны анагӡара илшоит ҳәа. Мамзаргьы аиашьа иԥҳәыс дхәыцыр ауеит: «Схаҵа ари адҵа еиҳа еиӷьны инааигӡар илшоит, уи аиашьа иаасҭа!» Аха ахынраалара ҳалаҵәҟьазар, ус ҳхәыцлаӡом.
14. Иаҳнарҵозеи ҳара Моисеи ихы шымҩаԥигаз, егьырҭ аҭакԥхықәра анроу?
14 Егьырҭ аҭакԥхықәрақәа анроуаз Моисеи ихы шымҩаԥигоз иаҳнарҵо рацәоуп. Иара израильтәи ажәлар дахьрыԥхьагылаҩыз ахә ишьон. Аха ихы шԥамҩаԥигеи инаигӡоз усқәак Иегова егьырҭ ианрыдиҵа? Моисеи урҭ рыҵашьыцра даламгаӡеит (Ахыԥхь. 11:24—29). Иара ахынраалара илан, убри аҟынтә ажәлар русқәа рыӡбараҿы егьырҭ ахацәа ицхрааларц азин риҭеит (Ақәҵ. 18:13—24). Убас ала ажәлар рымаҵ зуаз ахацәа еиҳахеит, уи абзоурала русқәагьы ирласны ирыӡбо иалагеит. Моисеи дзышьҭаз ауаа ирыхәашаз акәын, иара зегь раасҭа дхадазарц иҭахӡамызт. Изакәытә ҿырԥш бзиоузеи ҳара ҳзы! Иегова ихы ҳаирхәаларц ҳҭахызар, ҳара иаҳхаҳмыршҭлароуп иааҳарԥшуа ахынраалара иҳалоу абаҩхатәра аасҭа ишхадоу. Иегова дшыҳаракугьы, «ахынраалара злоу дибоит» (Аԥсал. 138:6).
15. Иарбан ԥсахрақәоу аишьцәеи аиаҳәшьцәеи шьоукы зықәшәаз?
15 Ҳҭагылазаашьақәа рҽанырыԥсахуа. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рыҩныҵҟа заамҭа зегь амаҵзура иазызкуа ақьырсианцәа аӡәырҩы даҽа маҵзура хкык рыдырҵеит. Иаҳҳәап, 2014 шықәсазы аобласттә хылаԥшҩыс амаҵ зуаз аишьцәеи урҭ рыҳәсеи даҽа маҵзурак нарыгӡаларц ирыҳәеит. Иара убас уи ашықәсазы ирыӡбеит аишьцәа 70 шықәса ианырҭыслак, уаҳа раионтә хылаԥшҩыс амаҵ шырмуло. Насгьы 80 шықәса ирҭысыз аиашьа уаҳа аизара аиҳабацәа рхеилак акоординаторс дышзыҟамло. Уи адагьы, Вефиль аҿы амаҵ зуаз аишьцәеи аиаҳәшьцәеи шьоукы апионертә маҵзура рыдырҵеит. Иҟоуп агәамбзиареи, аҭаацәаратә ҭакԥхықәрақәеи, егьырҭ ауадаҩрақәеи ирыхҟьаны змаҵзура ааныжьра зықәшәазгьы.
16. Ишԥаадырԥши аишьцәеи аиаҳәшьцәеи ахынраалара, рҭагылазаашьақәа рҽанырыԥсах?
16 Аишьцәеи аиаҳәшьцәеи аӡәырҩы аԥсахрақәа рыҽрықәыршәара рзымариамызт. Дара акыршықәса инарыгӡоз амаҵзура даараӡа бзиа ирбон, насгьы игәхьааргон. Убри аҟынтә шьоукы иҿыцу амаҵзура ашьцылара рцәыцәгьан. Аха уеизгьы уи рылшеит. Ирыцхраазеи дара? Зегь раԥхьаӡа иргыланы, Иегова иахь ирымаз абзиабара. Дара иргәалашәон рыԥсҭазаара ззыркыз инарыгӡоз амаҵзура акәымкәа, Иегова шиакәыз (Кәал. 3:23). Убри аҟынтә инарыгӡо амаҵзура зеиԥшразаалакгьы, Иегова имаҵ ахьыруа агәырӷьара рзаанагоит. Дара рыгәҭыхақәеи рхьаақәеи Анцәа инапы ианырҵеит, избанзар гәҭыха-хьаас ишимоу рдыруеит (1 Пиотр 5:6, 7).
17. Избан Анцәа иҭабуп ҳәа зиаҳҳәо Иажәа ахынраалара аарԥшра иахьҳацхраауа азы?
17 Ҳара Анцәа иҭабуп ҳәа иаҳҳәоит Иажәа ахынраалара аарԥшра иахьҳацхраауа. Ари аҟазшьа ааҳарԥшуазар, егьырҭ ҳацәажәара ргәаԥхалоит, насгьы иҳазцәырҵуа ауадаҩрақәа рыхгара ҳзымариахоит. Зегь раасҭа ихадоу, жәҩантәи Ҳаб ҳаизааигәахалоит. Шаҟа ҳгәы иахәозеи иара «зегь раасҭа Иҳараку, Идуу» шиакәугьы, ахынраалара злоу имаҵзуҩцәа бзиа иахьибо, насгьы рыхә ахьишьо (Ис. 57:15).
АШӘА 45 Сыгәҭахәыцрақәа
a Ахынраалара даара ихадоу аҟазшьақәа ируакуп. Изакәызеи ахынраалара? Избан уи аизырҳара зҳахәҭоу? Насгьы избан ҳҭагылазаашьақәа рҽанырыԥсахуа ахынраалара аарԥшра ҳцәыцәгьахар залшо? Ари астатиаҿы ихадоу абарҭ азҵаарақәа рҭак еилҳаргоит.
b Шәахәаԥш октиабр 1, 1984 шықәсазы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш», адаҟьақәа 21—28 (англ.), иара убас маи 1, 2001 шықәсазы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш», адаҟьа 31 (аурыс).
c Шәахәаԥш ахы 3, абз. 23.
d АСАХЬАҾЫ ИАҲБО: апостол Павел аиашьа иҩнаҿы хынрааларыла зегьы драцәажәоит, иара убас ахәыҷқәагьы.
e АСАХЬАҾЫ ИАҲБО: зықәра ыҟоу аиашьа иқәыԥшу аиашьа ииҭо Абиблиа шьаҭас измоу алабжьара идикылоит.
f АСАХЬАҾЫ ИАҲБО: зықәрахь инеихьоу уи аиашьа иқәыԥшу аиашьа аизараҿы аҭакԥхықәра ахьиду азы диҵашьыцӡом.