АҴАРАЗЫ АСТАТИА 38
«Шәааи Сара сахь... шәсырраҳаҭуеит»
«Шәааи Сара сахь, игәаҟуа, аидара хьанҭа иаҵоу — шәсырраҳаҭуеит» (МАТФ. 11:28).
АШӘА 17 «Исҭахуп»
АХҲӘААa
1. Иарбан зеиԥшыҟам қәыргәыӷроу Иисус ажәлар ириҭаз, Матфеи 11:28—30 иану инақәыршәаны?
ИИСУС изыӡырҩуаз ажәлар зеиԥшыҟам агәыӷра рызҭоз ажәақәа реиҳәеит: «Шәааи Сара сахь... шәсырраҳаҭуеит». (Шәаԥхьа Матфеи 11:28—30.) Иара уи ус баша имҳәаӡеит. Шәазхәыц ачымазара бааԥс иаргәаҟуаз аԥҳәыс илзыҟаиҵаз.
2. Иҟаиҵазеи Иисус ичмазаҩыз аԥҳәыс лзы?
2 Уи аԥҳәыс ацхыраара дазгәаҟуан. Лара лҽылхәышәтәырц азы аҳақьымцәа зегь еимылдахьан, аха акгьы лмыхәеит. 12 шықәса рыҩныҵҟа лчымазара дшаргәаҟыц даргәаҟуан. Иегова Моисеи ила ижәлар ириҭаз Азакәан излаҳәоз ала, лара дыцқьамызт (Алев. 15:25). Аха лара илаҳаит Иисус ауаа шихәышәтәуаз, убри аҟынтә длыԥшаарц лыӡбеит. Данылыԥшаа, хыхьтәи имаҭәа акалҭ далакьысит, иаразнак лчымазарагьы лыхгеит! Аха Иисус уи лыхәышәтәра адагьы, хаала длацәажәеит, уи ала бзиа дшибоз, патугьы шлықәиҵоз ааирԥшит. Иаҳҳәап, данлацәажәоз «сыԥҳа» ҳәа леиҳәеит. Шаҟа лгәы шьҭнахзеи уи лара! (Лука 8:43—48).
3. Иарбан зҵаарақәоу еилҳарго?
3 Игәашәҭ, аԥҳәыс лхаҭа Иисус длыԥшааит. Уи лара лхала илыӡбеит. Ҳаргьы иахьа Иисус иахь ҳнеирц азы ҳхаҭа ак ҟаҳҵар ауп. Иахьатәи аамҭазы Иисус иахь инеиуа ауаа џьашьахәыла ихәышәтәӡом. Аха иахьа уажәраанӡагьы ааԥхьара ҳаиҭоит: «Шәааи Сара сахь... шәсырраҳаҭуеит». Ари астатиаҿы ҳара хә-зҵаарак рҭак ҟаҳҵоит: иҟаҳҵар акәзеи Иисус иахь ҳнеирц азы? Ииҳәарц ииҭахызи Иисус «ишәықәышәҵа сара суӷә» ҳәа аниҳәаз? Иаҳнарҵозеи Иисус иҿырԥштәы? Избан Иисус иҳадиҵаз аус ҳгәы зышьҭнахуа? Иҟаҳҵалар акәзеи Иисус иуӷә ҳахьаҵоу анаҩсгьы агәырӷьара ҳзаанагаларц азы?
«ШӘААИ САРА САХЬ»
4, 5. Ишԥаҳалшо Иисус иааԥхьара шҳадаҳкылаз аарԥшра?
4 Ҳара Иисус иааԥхьара шҳадаҳкылаз ааҳарԥшуеит иажәақәеи иусқәеи ирызкны иахьынӡалшо еиҳаны аилкаара ҳҽазаҳшәозар (Лука 1:1—4). Уи ҳара ҳзы аӡәгьы изыҟаҵаӡом. Ҳара ҳхаҭа иҭаҳҵаароуп Иисус изкны Абиблиа иану. Иара убас ҳара Иисус иахь ҳнеит, ҳаҽӡааҳхырц, насгьы Иисус иҵаҩ ҳакәхарц анаҳаӡба.
5 Ацхыраара анаҳҭаху аизара аиҳабацәа рахь ҳнеиуазар, убри алагьы иааҳарԥшуеит Иисус иааԥхьара шҳадаҳкылаз. Иисус урҭ «ауаа аҳамҭақәа» ихы иаирхәоит иуасақәа дреиҷаҳаларц азы (Еф. 4:7, 8, 11; Иоанн 21:16; 1 Пиотр 5:1—3). Урҭ рыцхыраара ҳаурц азы ҳара ҳауп раԥхьатәи ашьаҿа ҟазҵаша. Ҳара еилаҳкаауеит аизара аиҳабацәа ҳгәы иҭоу шырымбо, насгьы иаҳҭаху шырзымдыруа. Абар Џьулиан зыхьӡу аиашьа ииҳәо: «Сгәамбзиара иахҟьаны сара Вефиль аҿы амаҵ аура саҟәыҵыр акәхеит, убри аҟынтә сҩыза исеиҳәеит аизара аиҳабацәа сгәы шьҭырхырц срыҳәар бзиахоит ҳәа. Раԥхьа сара уи уиаҟара исҭахымшәа збеит. Аха ԥыҭрак ашьҭахь уеизгьы ацхыраара саҳәеит. Урҭ рҭаара сара сзы зегь иреиӷьу ҳамҭахеит». Џьулиан иҭааз аишьцәа реиԥш азиашара аазырԥшуа аизара аиҳабацәа «Христос иҟәыӷара» аилкаара иҳацхраар рылшоит, даҽакала иаҳҳәозар, Иисус ихәыцшьеи игәызыҟашьеи зеиԥшраз ҳдырбоит, насгьы уи аҿыԥшра иҳацхраауеит (1 Кор. 2:16; 1 Пиотр 2:21). Уи зегь иреиӷьу ҳамҭоуп.
«ИШӘЫҚӘЫШӘҴА САРА СУӶӘ»
6. Ииҳәарц ииҭахызи Иисус «ишәықәышәҵа сара суӷә» ҳәа аниҳәа?
6 Иисус «ишәықәышәҵа сара суӷә» ҳәа аниҳәа, иҟалап «аԥхьагылаҩ иеиԥш шәысзыӡырҩла» ҳәа иҳәар иҭахызҭгьы. Мамзаргьы уи иаанагозар алшон: «Сызҵагылоу ауӷә шәаргьы шәаҵагыл, усҟан Иегова имаҵ еицаҳаулоит». Ишыҟазаалакгьы, ҳара Анцәа имаҵ аура ҳҽазаҳшәалароуп.
7. Иарбан усу иҳаду Матфеи 28:18—20 иану инақәыршәаны, насгьы зыгәра ганы ҳаҟазар ҳалшозеи ҳара?
7 Ҳаԥсҭазаара Иегова ианизаҳкуа, насгьы аӡы ҳҽанӡааҳхуа, ҳара Иисус иааԥхьара ҳадаҳкылоит. Уи ааԥхьара зегьы ирыҭоуп — Иисус ахаангьы мап рцәикӡом гәыкала Анцәа имаҵ аура зҭаху (Иоанн 6:37, 38). Христос ишьҭанеира иалагаз зегьы аҳаҭыр ду раҭәашьоуп — дара ирылшоит Иегова Иисус идиҵаз аус анагӡара рҽаладырхәыр. Агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит Иисус уи аус анагӡара еснагь дышҳацхраало. (Шәаԥхьа Матфеи 28:18—20.)
«АҴАРА ШӘҴАЛА САРА СҾЫ»
Иисус иеиԥш егьырҭ ргәы шьҭышәхла (Шәрыхәаԥш абзацқәа 8—11.)b
8, 9. Избан ахынраалара злаз ауаа Иисус иахь изнеиуаз, насгьы иарбан зҵаарақәоу ҳхы иаҳҭар ҳахәҭоу?
8 Ахынраалара злаз ауаа Иисус иахь инеиуан (Матф. 19:13, 14; Лука 7:37, 38). Избан? Игәаҳҭап Иисуси афарисеицәеи злеиԥшымыз. Урҭ адиннапхгаҩцәа хаарак рыҵамкәа, рҽырԥагьаны иҟан (Матф. 12:9—14). Иисус абзиабареи ахынраалареи ааирԥшуан. Афарисеицәа аҭыԥ бзиа ахьрымаз иахыҽхәон, рхы шьҭырхуан. Иисус уи аҩыза ахымҩаԥгашьа дазыразымызт, иара иҵаҩцәа ахынраалара аарԥшышьеи егьырҭ рымаҵ аушьеи дирҵон (Матф. 23:2, 6—11). Ауаа афарисеицәа ирыцәшәон, дара уи рхы иархәаны ирҭахыз зегьы рыларыгӡон (Иоанн 9:13, 22). Иисус ауаа ргәы шьҭихуан, иажәақәеи иусқәеи рыла абзиабареи ақьиареи аарԥшуа.
9 Шәиҿыԥшуама шәара Иисус? Шәхы шәазҵаа: «Сырдыруама сара абзиабареи ахынраалареи аазырԥшуа аӡә иеиԥш? Сазхиома сара егьырҭ срыцхраарц азы уиаҟара ҳаҭыр зқәым аус анагӡара? Иаасырԥшума сара ақьиара?»
10. Ишԥарбоз Иисус ицыз ауаа амаҵ ицура?
10 Иисус амаҵ зциуаз рахь абзиабареи ахаареи ааирԥшуан, убри аҟынтә амаҵ ицура ргәаԥхон. Иара урҭ аҵара дирҵон, уи агәырӷьара изаанагон (Лука 10:1, 19—21). Иара иҵаҩцәа азҵаарақәа ирҭаларц ргәазҭеиҵон, насгьы ргәаанагара еиликаалар иҭахын (Матф. 16:13—16). Анап бзиа змоу абаҳчаҿы еизҳауа аҵиаа шышәҭуа еиԥш, Иисус иҵаҩцәа еизҳазыӷьон. Дара Иисус идирҵоз шьҭыркаауан, насгьы аҽаҩра бзиа ааргон, даҽакала иаҳҳәозар, аус қьиақәа ҟарҵон.
Аиҩызахара шәазхиаз, насгьы ақьиара аашәырԥшла
Агәацԥыҳәара аашәырԥшла
Ахынраалара аашәырԥшла, насгьы шәмаашьаланc
11. Иарбан зҵаарақәоу ҳхы иаҳҭар ҳахәҭоу?
11 Ишәымоума шәара амчра егьырҭ рҿаԥхьа? Ус акәзар, шәхы шәазҵаа: «Сышԥарзыҟоу сызцынхои аус зцызуа ауааи? Сҽазысшәома аҭынчра аизырҳара? Ргәазҭасҵома азҵаарақәа сырҭаларц? Сазхиоума урҭ ргәаанагара азыӡырҩра?» Ҳәара аҭахума, ҳара афарисеицәа ҳреиԥшзар ҳҭахӡам. Дара азҵаарақәа анрырҭоз рыԥсахы еибакуан, насгьы ргәаанагара иақәшаҳаҭмыз ирышьҭашәарыцон (Марк 3:1—6; Иоанн 9:29—34).
«ШӘЫԤСЫ РАҲАҬЫСТӘУЕИТ»
12—14. Избан Иисус иҳадиҵаз аус агәырӷьара заҳзаанаго?
12 Избан Иисус иҳадиҵаз аус агәырӷьара заҳзаанаго? Амзызқәа рацәоуп, аха шәааи мзызқәак еилҳаргап.
13 Ҳара зегь иреиӷьу ахылаԥшцәа ҳамоуп. Иегова зегь раасҭа дшыҳаракугьы, уи иџьбароу, насгьы зусзуҩцәа рџьабаа ахә зымшьо анапхгаҩцәа зынӡаск дреиԥшӡам. Иара изы ҳџьабаа ахә ҳаракуп (Аур. 6:10). Уи адагьы, иара иҳадиҵаз аус анагӡаразы иаҭаху амч ҳаиҭоит (2 Кор. 4:7; Гал. 6:5). Ҳаҳ, Иисус, егьырҭ ҳашрызныҟәалаша аганахь ала инаӡоу аҿырԥшы ҳирбеит (Иоанн 13:15). Иҳаиҷаҳауа аизара аиҳабацәа «ауаса-ԥсаса Рԥызаҩ ду» Иисус иҿыԥшра рҽазыршәоит (Аур. 13:20; 1 Пиотр 5:2). Дара анҳаиҷаҳауа, ақьиареи агәымшәареи аадырԥшуеит, насгьы ҳгәы шьҭырхуеит.
14 Ҳара иреиӷьу аҩызцәа ҳамоуп. Уаҳа аӡәгьы имаӡам абас еиԥш абзиабара аазырԥшуа аҩызцәеи аԥсҭазаара аҵакы азҭо ахықәки. Ҳара амаҵ рыцаҳуеит иҳараку анормақәа рыла инхо, аха егьырҭ раасҭа ҳаиӷьуп ҳәа змыԥхьаӡо ауаа. Уи ҳаҭыр дууп. Дара аҟазара рылоуп, аха уи иахыҽхәаӡом, насгьы рхы ҳараркӡом. Урҭ ҩызцәас ҳрыԥхьаӡоит, баша аус рыцызуа шьоук реиԥш акәӡам ишаҳзыҟоу. Дара рыԥсы ҳахҭнырҵартә еиԥшгьы бзиа ҳарбоит!
15. Ҳазыҟазар шԥаҳахәҭоу инаҳагӡо аус?
15 Ҳара иреиӷьу аус наҳагӡоит — Иегова изку аҵабырг ауаа идҳарҵоит, насгьы Аџьныш ииҳәаз шымцу ааҳартуеит (Иоанн 8:44). Аҩсҭаа ауаа ирзышьҭымхуа аидара иаҵаиҵоит. Иаҳҳәап, иара иҭахуп Иегова ҳагәнаҳақәа ҳанаижьӡом, насгьы бзиа ҳаибаӡом ҳәа ҳхәыцларц. Ари ауаа ргәы казыжьуа мцуп! Иисус иахь ҳаннеиуа ҳагәнаҳақәа ҳанажьхоит. Ииашаҵәҟьаны, Иегова ҳара иӷәӷәаны бзиа ҳаибоит (Рим. 8:32, 38, 39). Шаҟа агәырӷьара ҳзаанагозеи ауаа Иегова иқәгәыӷшьа ахьыдҳарҵо, насгьы рыԥсҭазаашьа шеиӷьартәуа ахьаҳбо!
ИИСУС ИУӶӘ АҴАҞА АНАҨСГЬЫ АГӘЫРӶЬАРА ШӘЫԤШААЛА
16. Излареиԥшымзеи Иисус иҳадиҵаз аҭакԥхықәра иҳаду егьырҭ аҭакԥхықәрақәа зегьы?
16 Иисус ҳазҵаиҵаз аидара ҳазҵоу егьырҭ аидарақәа зынӡаск иреиԥшӡам. Иаҳҳәап, ҳусура амш аҵыхәтәахьы ианнеиуа иҟалап ҳшааԥсаз адагьы, агәырӷьара шҳамам гәаҳҭозар. Аха Иеговеи Иисуси рымаҵ анаҳуа ҳгәы ҭгәырӷьаауеит. Иҟалап амш анҵәамҭазы ҳшьапқәа ҳмыхәо ҳааԥсаны ҳаҟазар, убри аҟынтә аизарахь мчыла ҳцозар, аха аизара ашьҭахь лассы-лассы ҳамчқәа ҭаны, ҳгәырӷьаҵәа ҳхынҳәуеит. Убас еиԥш ҳхы ҳбоит ажәабжьҳәара ҳанҭыҵуа, насгьы ҳхатә ҭҵаара анымҩаԥаҳго. Урҭ аусқәа ҳанырҿу иҳауа азылԥхарақәа иаҳбо аџьабаа аасҭа акырӡа еиҳауп.
17. Еилаҳкаалар ҳахәҭоузеи ҳара, насгьы изҳахәҭоузеи агәҽанызаара аарԥшра?
17 Ҳара зегьы еилаҳкаауазар ауп ҳамчқәа аҳәаа шрымоу. Убри аҟынтә урҭ ҟәыӷарала ҳхы иаҳархәалароуп. Иаҳҳәап, ҳамчқәа зегьы амал арҳара иақәҳарӡлар ауеит. Зны ибеиаз рԥыск Иисус дизҵааит: «Наӡаӡатәи аԥсҭазаара аиуразы иҟасҵарызеи?» Уи арԥыс Моисеи Изакәан наигӡон. Иҟалап иара дуаҩ бзиазҭгьы, избанзар Марк иевангелие аҿы иануп Иисус уи бзиа дибеит ҳәа. Шәазхьаԥш Иисус уи ҭакс ииҭаз: «Уцаны, иумоу зегьы ҭины... нас уааины сара усхьыԥшы». Уи арԥыс Иисус иҵаҩ иакәхарц иҭахын, аха имаз амал ааныжьра ицәыцәгьахеит (Марк 10:17—22). Убри аҟынтә иара Иисус иааԥхьара идимкылеит, Иисус иуӷә мап ацәикит, амазара тәыс дамазарц еиҳа еиӷьишьеит (Матф. 6:24). Иҟашәҵозеи шәара?
18. Иҟаҳҵалар ҳахәҭоузеи ҳара аамҭа-аамҭала, насгьы избан?
18 Аамҭа-аамҭала ҳара ҳхы гәаҳҭалароуп, ҳазхәыцлароуп ҳаамҭа еиҳа иззаҳкуа. Избан? Ҳамч ҟәыӷарала ҳхы иаҳархәоу иаҳмырхәоу гәаҳҭарц азы. Шәахәаԥш Марк зыхьӡу иқәыԥшу иашьак ииҳәаз: «Акыршықәса сара сыԥсҭазаашьа мариоуп ҳәа сыԥхьаӡон. Сара пионерс амаҵ зуан, аха саамҭеи сымчи реиҳарак зықәсырӡуаз аԥара арҳареи сыԥсҭазаара аиӷьтәреи ракәын. Сара исзеилкаауамызт сыԥсҭазаара агәырӷьара зысзаанамгоз. Аха анаҩс еилыскаааит сзышьҭаз схы шакәыз, насгьы Иегова исҭоз исцәынхоз аамҭеи амчи шракәыз». Марк еиҳаны Иегова имаҵ иуларц азы ихәыцшьеи иԥсҭазаашьеи иԥсахит. Иара иҳәоит: «Зны-зынла сара уеизгьы агәҭынчымра сызцәырҵуеит, аха Иеговеи Иисуси рыбзоурала сыуадаҩрақәа сыриааиуеит».
19. Избан ииашоу ахәаԥшышьа ҳамазар зхадоу?
19 Иисус иуӷә ҳахьаҵоу ҳара агәырӷьара ҳзаанагалоит, актәи, ииашоу ахәаԥшышьа ҳамазар. Ҳара инаҳагӡо Иегова иус ауп, убри аҟынтә уи иара ишиҭаху иҟаҵалатәуп. Ҳара Иегова иусзуҩцәа ҳауп (Лука 17:10). Иара иҳадиҵаз аус ҳара ҳтәала анагӡара ҳалагар, ҳхы ауадаҩра иалаҳҵоит. Иҵаку ацә бзиагьы ауӷә нада-аада иахозар, насгьы ацәаӷәаҩ иахьдәықәиҵо акәымкәа, даҽаџьара ицозар, ахәда цәнаҟьоит, ахгьы арааԥсоит. Аха Иегова иҳаиҭо анапхгара ҳақәныҟәозар, ахаангьы ҳхаҿы иаҳзаамгоз аусқәа наҳагӡоит, насгьы ҳхала ҳаззымиааирыз ауадаҩрақәа ҳариааиуеит. Ахаан ишәхашәмыршҭлан Иегова игәаԥхара аӡәгьы дышзаԥырхагамхо (Рим. 8:31; 1 Иоанн 4:4).
20. Ҳгәазҭазҵалар акәзеи Иисус иуӷә аҵалара?
20 Аҩбатәи, ииашоу агәазыҟашьа ҳамазароуп. Ҳара хықәкыс иҳамоу бзиа ҳазбо Ҳаб Иегова ахьӡ-аԥша иҭара ауп. Актәи ашәышықәсазы инхоз зхазы афеида иашьҭаз ауаа иаарласны агәырӷьара рцәыӡит, насгьы Иисус ишьҭанеира иаҟәыҵит (Иоанн 6:25—27, 51, 60, 66; Флп. 3:18, 19). Аха гәыкала Анцәеи ауааи бзиа избоз рыԥсы ахьынӡаҭаз игәырӷьаҵәа Иисус иуӷә иаҵан, ажәҩан аҿы Иисус амаҵ шицруло алагьы агәыӷра рыман. Убас еиԥш ҳаргьы ииашоу агәазыҟашьа ҳамазар, Иисус иуӷә ҳахьаҵо агәырӷьара ҳзаанагалоит.
21. Ҳаззыԥшузеи ҳара Иегова иҟынтә, Матфеи 6:31—33 иану инақәыршәаны?
21 Ахԥатәи, Иегова дышшәыцзаауа агәра ганы шәыҟаз. Ҳара имариам аԥсҭазааратә мҩа алаҳхит, ҳхы мап ацәаҳкит. Иисус иҳәеит ишҳашьҭашәарыцало. Аха агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит Иегова ауадаҩрақәа зегьы рыхгара дышҳацхраауа. Шаҟа уадаҩра ҳхаҳго аҟара, убри аҟара ҳаӷәӷәахоит (Иак. 1:2—4). Уи адагьы, ҳара агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит Иегова иҳагу-иҳабзоу шҳаиҭало, Иисус ҳшымҩақәиҵало, насгьы ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҳгәы шышьҭырхло. (Шәаԥхьа Матфеи 6:31—33; Иоанн 10:14; 1 Фес. 5:11.) Ааи, ҳара ауадаҩрақәа рыхгаразы иаҭаху зегь ҳамоуп!
22. Ҳзеигәырӷьозеи ҳара?
22 Иисус ичмазаҩыз аԥҳәыс данихәышәтәыз аҽныҵәҟьа лымчқәа ҭалеит. Аха лымчқәа лылымӡаарц азы Христос изиашоу иҵаҩцәа дыруаӡәкхар акәын. Дыруаӡәкхама лара урҭ? Лара Иисус иуӷә даҵаларц лыӡбазар, зеиԥшыҟам аҳамҭа лоуит — ажәҩан аҿы Иисус амаҵ ицызуа дыруаӡәкхеит! Христос дишьҭанеиларц азы мап зцәылкыз егьа ирацәазаргьы, илоуз аҳамҭа акырӡа еиҳахеит. Ҳара ҳзықәгәыӷуа наунагӡатәи аԥсҭазаара ажәҩан аҿы акәзаргьы, адгьыл аҿы акәзаргьы, Иисус «шәааи Сара сахь» ҳәа иҳаиҭаз ааԥхьара ахьҳадаҳкылаз даараӡа ҳаигәырӷьоит!
АШӘА 13 Христос — ҳара ҳҿырԥшы
a Иисус иара иахь ҳааиԥхьоит. Иҟаҳҵар акәзеи иааԥхьара ҳадаҳкыларц азы? Ари астатиа абри азҵаара аҭак ҳнаҭоит, иара убасгьы иаҳгәаланаршәоит Христос аус ицура агәырӷьара ҳзаанагаларц азы иҟаҵалатәу.
b АСАХЬАҾЫ ИАҲБО: Иисус еиуеиԥшым азнеишьақәа рыла ауаа ргәы шьҭихуан.
c АСАХЬАҾЫ ИАҲБО: Иисус иеиԥш, аиашьа еиуеиԥшым азнеишьақәа рыла аишьцәа ргәы шьҭихуеит.