«Иара иааԥсаны иҟоу амч ииҭоит»
2018-тәи ашықәс иазалху ажәеинраала: «Иегова иқәгәыӷуа зегьы ҿыц амч роуеит» (ИСАИА 40:31).
1. Иарбан уадаҩрақәоу ҳара ҳзықәшәо, насгьы избан Иегова изиашоу имаҵзуҩцәа дзырзыразу? (Шәрыхәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьақәа.)
АРИ адунеи аҿы аԥсҭазаара имаҷымкәа ауадаҩрақәа ацуп. Иаҳҳәап, шәара шәҟынтә аӡәырҩы, ҳаҭыр зқәу аишьцәеи аиаҳәшьцәеи, ачымазара бааԥсқәа ирыхҟьаны шәгәаҟуеит. Егьырҭ рықәрахь инеихьеит, аха ибыргу рҭынхацәа ирхылаԥшлароуп. Даҽа шьоукы рҭаацәарақәа ныҟәыргаларц азы имаҷымкәа аџьабаа рбоит. Ҳара иаҳдыруеит шьоукы урҭ ауадаҩрақәа зегьы зныкала ишрықәшәо. Уи ирацәаны аамҭеи, амчи, аԥареи умнахуеит. Аха Иегова дышшәыцхраауа агәра жәгоит. Шәара ижәдыруеит аҭагылазаашьа шеиӷьхо, избанзар Анцәа уи ҳақәиргәыӷуеит. Шәара шәыгәрахаҵара ииашаҵәҟьаны Иегова даргәырӷьоит!
2. Ҳгәы шԥашьҭнахуеи Исаиа 40:29, аха иарбан гха ӷәӷәоу иҟаҳҵар ҳалшо?
2 Шәгәы ианаагахьома зныкыр шәзықәшәо ауадаҩрақәа хгашьа рымам ҳәа? Ааи акәзар, ус згәы иаанаго шәымацара шәакәӡам. Ажәытәан Анцәа изиашаз имаҵзуҩцәа шьоукы ус еиԥш иҟоу ацәаныррақәа рызцәырҵуан (1 Аҳцәа 19:4; Иов 7:7). Ирыцхраауази урҭ ахачҳара аарԥшра? Дара Иегова иқәгәыӷуан. Абиблиаҿы иануп Анцәа «иааԥсаны иҟоу амч ииҭоит» ҳәа (Исаиа 40:29). Илахьеиқәҵагоуп, аха иахьа Анцәа имаҵзуҩцәа рҟынтә шьоукы изықәшәо ауадаҩрақәа рыӡбарц азы, аамҭала Иегова имаҵ аура иаҟәыҵыр еиӷьхоит ҳәа ргәы иаанагоит. Дара Иегова имаҵ аура азылԥхарақәа раасҭа ауадаҩрақәа ацушәа рбоит. Убри аҟынтә урҭ Абиблиа аԥхьареи, аизарақәа рҭаареи, ажәабжьҳәареи иаҟәыҵуеит. Аҩсҭаагьы убри ауп ииҭаху.
3. а) Ишԥаҳалшо Аҩсҭаа иҿагылара? б) Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?
3 Аҩсҭаа ҳаӷәӷәазарц иҭахӡам. Иара идыруеит гәацԥыҳәарала Анцәа имаҵ анаҳуа, еиҳагьы ҳшыӷәӷәахо. Убри аҟынтә шәымч шәылӡаазшәа, даараӡа шәааԥсазшәа шәбозаргьы, Иегова шәицәыхарамхалан. Еиҳагьы шәизааигәахала. Абиблиа иаҳәоит: «Уи... алшареи ахачҳареи шәиҭоит» (1 Пиотр 5:10; Иаков 4:8). Ари астатиаҿы ҳара ҳалацәажәоит Исаиа 40:26—31 рҿы зыӡбахә ану Иегова илшарақәа ҳара ҳашдырӷәӷәо. Ҳара еилҳаргоит Иегова имаҵ аура иаҳԥырхагахар алшо ҩ-ҭагылазаашьак, насгьы еилаҳкаауеит абиблиатә принципқәа ауадаҩрақәа риааира ишҳацхраауа.
ИЕГОВА ИҚӘГӘЫӶУА ЗЕГЬЫ ҾЫЦ АМЧ РОУЕИТ
4. Еилаҳкаауазеи ҳара Исаиа 40:26 аҟынтә?
Иегова ауадаҩрақәа уриааирц азы амч уиҭар илшоит
4 Уаԥхьа Исаиа 40:26. Аӡәымзар-аӡәгьы илшом жәҩантәыла иҟоу аеҵәақәа зегьы рыԥхьаӡара. Аҵарауаа ирҳәоит ҳгалактика мацараҿы урҭ 400 миллиард раҟара шыҟоу. Ус шакәугьы, Иегова аеҵәақәа зегьы ахьӡқәа риҭоит. Иҳанаҳәозеи уи Иегова изкны? Иара ԥсы зхам аеҵәақәа рахь абри аҩыза аинтерес ааирԥшуазар, шәазхәыц шәара шаҟа хьаас шәимоу! Иара имаҵ зыжәуа ус иаҭахуп ҳәа акәӡам, аха бзиа дахьыжәбо азы ауп (Аԥсалом 18:2, 4, 15 [19:1, 3, 14, АдҾ]). Бзиа иаҳбо жәҩантәи Ҳаб ҳара иҳазкны зегь идыруеит. Абиблиаҿы иануп: «Уимоу шәара шәхахәыцқәа зегьы ԥхьаӡоуп» (Матфеи 10:30). Иегова ауаа цқьақәа «рымшқәа зеиԥшроу идыруеит», иара иҭахуп уи ҳдыруазарц (Аԥсалом 36:18 [37:18, АдҾ]). Ииашаҵәҟьаны, Иегова шәзықәшәо ауадаҩрақәа зегь ибоит, насгьы урҭ шәыриааирц азы иаҭаху амч шәиҭар илшоит.
5. Избан Иегова дышҳацхраауа агәра ганы ҳаҟазар зҳалшо?
5 Уаԥхьа Исаиа 40:28. Иегова мчы-лшарас иҟоу зегьы дырхыҵхырҭоуп. Иаҳҳәап, шәазхәыц иара амра шаҟа амч ду аиҭаз. Аҵарауаҩ-ашәҟәыҩҩы Деивид Боданис иҳәеит ес-секунд амра миллиардла атомтә бомбақәа аныԥжәо ирхылҿиаауа аенергиа аҟара ахылҿиаауеит ҳәа. Даҽа ҵарауаҩык иԥхьаӡеит секундк ала амра ауаа 200 000 шықәса ирызхаша аенергиа рнаҭар шалшо! Ҳәарада, амра абри аҟара амч азҭаз, Иегова, шәзықәшәо ауадаҩрақәа шәыриааирц азы амч шәиҭар илшоит.
6. Избан Иисус иуӷә маншәалоуп ҳҳәар зҳалшо, насгьы ишԥаҳныруеи ҳара уи?
6 Уаԥхьа Исаиа 40:29. Иегова имаҵ аура агәырӷьара ду ҳзаанагоит. Иисус иҵаҩцәа иреиҳәеит: «Ишәықәышәҵа Сара суӷә». Анаҩс иациҵеит: «Шәыԥсы раҳаҭыстәуеит. Аханатә Сара суӷә бзабаахәуп, сеидарагьы ласуп» (Матфеи 11:28—30). Ус иагьыҟаҵәҟьоуп. Зны-зынла аизарахь, ма ажәабжьҳәара ҳанцо амч ҳамамзар ҟалоит. Аха ҳхы шԥаҳбо ҳаныхынҳәуа? Ҳара агәырӷьара ҳаманы ҳгьежьуеит, насгьы ауадаҩрақәа рыхгаразы еиҳа амч ҳауеит. Ииашаҵәҟьаны Иисус иуӷә маншәалоуп.
7. Иаажәга Матфеи 11:28—30 иану шиашоу узырбо аҿырԥштәы.
7 Шәазхәыц ҳаҳәшьак лҿырԥштәы. Лара иухымгаӡо ааԥсара иахҟьо ачымазареи, адепрессиеи, ахыхь бааԥси лымоуп. Убри аҟынтә лара аизара аҭаара зны-зынла даара илцәыцәгьоуп. Ҽнак зны лара даара ишылцәыцәгьазгьы, аизарахь данца ашьҭахь илҩит: «Ажәахә агәкаҳара иазкын. Уи убас угәаҵанӡа инеиртә иҳәан, сылаӷырӡ сзаанкыломызт. Уи исгәаланаршәеит аизарақәа рыда ԥсыхәа шсымам». Лара аизара аҭааразы аџьабаа ахьылбаз, агәырӷьара ду лзаанагеит!
8, 9. Ииҳәарц ииҭахызи апостол Павел «санымчыдоу ауп сара саныӷәӷәоу» ҳәа аниҳәоз?
8 Уаԥхьа Исаиа 40:30. Ҳара еиуеиԥшым аҟазара ҳалазар алшоит, аха ҳхатә мчала иҟаҳҵар ҳалшо маҷуп. Уи зегьы еилаҳкаауазар ауп. Апостол Павел иҟаиҵар илшоз рацәан, аха ииҭахыз зегь изыҟаҵомызт. Иара ицәаныррақәа Иегова ианизеиҭеиҳәа, Иегова иҳәеит: «Сара сымч-сылшара ахьаасырԥшуа аԥсыҽраҿ ауп». Павел Иегова ииҳәаз еиликааит. Убри азоуп иара изиҳәаз: «Санымчыдоу ауп сара саныӷәӷәоу» (2 Коринфаа рахь 12:7—10). Ииҳәарц ииҭахызи уи?
9 Павел еиликааит зегь шилымшоз. Иара иҭахын имч аасҭа акырӡа еиҳау амч змаз иҟынтә ацхыраара. Павел имчқәа анизымхоз, Анцәа иԥшьоу идоуҳа амч инаҭар алшон. Уи инеиҳангьы, иԥшьоу адоуҳа Павел ицхраауан иара имчқәа рыла изыҟамҵоз аусқәа рынагӡара. Ҳара ҳзгьы ус уҳәар алшоит. Иегова иԥшьоу идоуҳа анҳаиҭо ҳаӷәӷәахоит!
10. Дышԥаицхраауаз Иегова Давид ауадаҩрақәа рыхгара?
10 Аԥсаломшәаҳәаҩ Давид лассы-лассы ибон иԥшьоу адоуҳа амч шинаҭоз. Иара иҳәон: «Уара уансыцу ар срабашьуеит, сагьыриааиуеит, Сынцәа имчала ацаҟьа схалоит» (Аԥсалом 17:30 [18:29, АдҾ]). Зны-зынла ҳауадаҩрақәа ацаҟьа ду еиԥшхар алшоит, убри аҟынтә урҭ ҳхала иаҳзыӡбом. Ҳара Иегова ицхыраара ҳҭахуп.
11. Ишԥаҳацхраауеи иԥшьоу адоуҳа ауадаҩрақәа рыхгара?
11 Уаԥхьа Исаиа 40:31. Ауарбажә ахатәы мчала акәӡам ишыԥыруа. Аҳауа ҟәанда хыхь ианхало, ауарбажәгьы ажәҩан ахь иханагалоит. Уи абзоурала ауарбажә хара иԥыруеит, аха уиаҟара амч ннахӡом. Убри аҟынтә ауадаҩра ӷәӷәақәа шәанрықәшәо, шәрызхәыц ауарбажәқәа. Анцәа шәиашьапкны шәиҳәала «ацхырааҩ, иԥшьоу адоуҳа» абзоурала амч шәиҭарц (Иоанн 14:26). Ҳара Иегова иԥшьоу адоуҳа ҳаиҭарц азы ианакәзаалакь ҳиҳәалар ҳалшоит, мышк аҩныҵҟа 24 сааҭ. Еиҳарак Анцәа ицхыраара шаҳҭаху ҳбозар ауеит аизараҿы ҳашьеи ма ҳаҳәшьеи ҳареи ҳабжьара аилибамкаара анцәырҵуа. Аха избан урҭ аилибамкаарақәа зцәырҵуа?
12, 13. а) Избан ақьырсианцәа рыбжьара зны-зынла аилибамкаарақәа зцәырҵуа? б) Иаҳнарҵозеи Иосиф иԥсҭазаара Иегова изкны?
12 Ҳара зегьы ҳнаӡам. Убри азоуп аилибамкаарақәа зцәырҵуа. Зны-зынла егьырҭ ирҳәо ма иҟарҵо ҳгәы ҳнархьыр алшоит, мамзаргьы ҳара егьырҭ ргәы дҳархьыр ауеит. Уи ԥышәара ӷәӷәахар алшоит. Аха уи Иегова иахь азиашара аарԥшразы алшара ҳнаҭоит. Ишԥа? Ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи аус рыцушьа ҳҵалар. Иегова урҭ агхақәа шыҟарҵогьы бзиа ибоит, ҳаргьы ус ҟаҳҵалар ауп.
Иегова Иосиф даанимыжьӡеит, уаргьы ахаан уаанижьӡом! (Шәахәаԥш абзац 13.)
13 Иегова имаҵзуҩцәа аԥышәарақәа рҟынтә ихьчаӡом. Уи Иосиф иԥсҭазаара иаҳнарбоит. Иара данқәыԥшыз иашьцәа иҵашьыцуа иалагеит. Дара Иосиф тәыс дырҭиит, убас иара Мысра днанагеит (Аҟазаара 37:28). Ҳәарада, Иегова зегьы ибон, насгьы иара изиашаз имаҵзуҩы, иҩыза, Иосиф абас еиԥш иахьизныҟәоз даара игәы инархьуан. Аха уеизгьы, иара уи иаҩижьит. Ԥыҭрак ашьҭахь Иосиф Потифар иԥҳәыс лцәа ԥиҽит ҳәа ахара анидырҵа, насгьы абахҭа данҭарк, Иегова Иосиф уи дацәимыхьчаӡеит. Аха даанижьма зынӡа Анцәа Иосиф? Мап. Абиблиаҿы иануп: «Иегова Иосиф дицын... Уи иааҟаиҵалакгьы, Иегова ақәҿиара ииҭон» (Аҟазаара 39:21—23).
14. Иарбан хәарҭоу иаҳзаанаго агәыԥжәара ҳҽанаҳамҭо?
14 Даҽа ҿырԥштәык ҳаиҭеит Давид. Уи ихигоз ауадаҩрақәа рҩызцәа зхызгахьоу маҷҩуп. Аха Анцәа ҩызас изыҟаз ари ауаҩ ахаан агәыԥжәара иҽеиҭомызт. Иара иҩуан: «Агәаара уаҟәыҵ, угәыԥжәара ааныжь; ацәгьара ууртә аҟынӡа улымбаан» (Аԥсалом 36:8 [37:8, АдҾ]). Агәыԥжәара аҽамҭара зегь раҵкыс ҳгәазҭазҵо Иегова иҿыԥшра ахьаҳҭаху ауп. Иара «ҳара иаҳуаз аиакәымрақәеи ҳагәнаҳарақәеи рыла» дҳазныҟәаӡом, аха ҳагхақәа ҳанаижьуеит (Аԥсалом 102:10 [103:10, АдҾ]). Агәыԥжәара ҳҽанаҳамҭо, уи егьырҭ аганқәа рҿгьы ахәарҭа ҳзаанагоит. Иаҳҳәап, агәыԥжәара ашьа́қәыӷәӷәара ханагалоит, иара убас аԥсыԥ алага-ҩагара иадҳәалоу ауадаҩрақәа цәырнагоит. Уи ауаҩы игәабзиара иазеицәоуп, насгьы афатә арсара иаԥырхагоуп. Уи инеиҳангьы агәыԥжәара ҳҽанаҳҭо, ҳара ииашаны ахәыцра ҳалшом. Усҟан егьырҭ ргәы дзырхьуа ак ҳҳәар ма иҟаҳҵар ауеит, насгьы уи иахҟьаны акыраамҭа ҳгәы каҳаны ҳаҟазаауеит. Акырӡа еиӷьуп аҭынчра ахьчара. Абиблиа иҳанаҳәоит: «Иҭынчу агәы — ацәеижь азы иԥсҭазаароуп» (Ажәамаанақәа 14:30). Нас иҟаҳҵар ҳалшозеи егьырҭ ҳгәы ҳдырхьзар, насгьы ишԥаҳалшо ҳзыргәааз ҳаинышәар? Ҳара Абиблиа иаҳнаҭо иҟәыӷоу алабжьарақәа ҳхы иаҳархәалар ҳалшоит.
ҲАШЬЦӘЕИ ҲАРЕИ АИЛИБАМКААРАҚӘА АНҲАБЖЬАЛО
15, 16. Иҟаҳҵалар акәзеи аӡәы ҳгәы анҳирхьуа?
15 Уаԥхьа Ефесаа рахь 4:26. Иегова имаҵ зымуа ауаа ииашамкәа ианҳазныҟәо ҳара уи џьаҳшьаӡом. Аха ҳагәрахаҵара ҳацеиҩызшо ма ҳҭаацәара аҟынтә аӡәы ҳгәы ҳзырхьуа ак аниҳәо ма ианыҟаиҵо, уи даара ҳгәы канажьыр ауеит. Иҟаҵатәузеи ҳзықәшәаз ҳхамышҭуазар? Ҳҽаҳҭома агәыԥжәара, насгьы акыршықәса ҳгәааны ҳныҟәалома? Мамзаргьы иаарласны уи азҵаара ҳаӡбарц азы аҟәыӷара зҵоу абиблиатә принципқәа ҳхы иаҳархәома? Ҳгәы ҳзырхьыз иацәажәаразы аамҭа ҳгацыԥхьаӡа, аинышәара еиҳагьы иаҳцәыцәгьахоит.
16 Иҟаҵатәузеи шәашьа шәгәы шәирхьзар, насгьы уи шәхамышҭуазар? Ишԥахьчатәу аҭынчра? Актәи, Иегова шәиҳәалар шәылшоит. Шәиҳәала Иегова шәашьа хаала иацәажәара шәылшарц азы. Ишәхашәмыршҭын, шәашьа Иегова иҩызцәа дшыруаӡәку (Аԥсалом 24:14 [25:14, АдҾ]). Анцәа уи бзиа дибоит. Иегова иҩызцәа рахь ақьиара ааирԥшуеит, ҳаргьы ус ҟаҳҵалоит ҳәа дазыԥшуп (Ажәамаанақәа 15:23; Матфеи 7:12; Кәаласаа рахь 4:6). Аҩбатәи, инарҵауланы шәазхәыц шәашьа иашәҳәарц ишәҭаху. Иара шәгәы шәирхьырц иҭахын ҳәа шәымхәыцлан. Иҟалап уи агха ихьзар, мамзаргьы шәара аҭагылазаашьа аҵыхәтәанынӡа ишәзеилымкаазар. Шәаргьы ишәхароу ак шыҟоу аҳәара шәазхиаз. Аицәажәара абас шәалагар шәылшоит: «Иҟалап мыцхәы сгәы иасырсзар, аха иацы ҳанеицәажәоз, сгәы иаанагеит...». Шәеиҿцәажәара аҭынчра аиҭашьақәыргылара ишәмыцхраазар, шәгәы кашәмыжьын. Шәиҳәала Анцәа шәашьа изы. Шәиҳәала Иегова иара дизылԥхарц, насгьы иҟазшьа бзиақәа ргәаҭара дшәыцхраарц азы. Агәра ганы шәыҟазар шәылшоит Иегова даараӡа игәы ишахәо шәашьеи шәареи шәыбжьара аҭынчра еиҭашьақәшәыргыларц азы гәык-ԥсыкала аџьабаа ахьыжәбо, избанзар иаргьы Анцәа иҩызцәа дыруаӡәкуп.
УААНӠА ИҞАҲҴАХЬАЗ АГХАҚӘА РЗЫ ҲХЫ АХАРА АНАДАҲҴО
17. Дышԥаҳацхраауеи Иегова агәнаҳа аныҟаҳҵо, насгьы избан уи ацхыраара ҳадаҳкылар закәу?
17 Шьоукы агәнаҳа ӷәӷәа ахьыҟарҵаз азы Иегова имаҵ аура иаԥсаӡам ҳәа ргәы иаанагоит. Ҳхы ахара анадаҳҵо, уи аҭынчреи, агәырӷьареи, амчи ҳамнахуеит. Аҳ Давид ус еиԥш иҟоу ацәаныррақәа изцәырҵуан, иара иҳәеит: «Анҿысымҭуаз, сыгәаҭеира, сҵәуара сыхьра иахҟьаны сыбаҩқәа хәарҽхеит. Избанзар уахгьы-ҽынгьы Уара унапы сықәыӷәӷәон Нцәа Ҳазшаз». Насыԥны, иара агәымшәара аарԥшны, Анцәа имаҵзуҩцәа рҟынтә дыззыԥшу ҟаиҵеит. «Аха сара сыгәнаҳара Уара иузаасыртит»,— иҳәеит иара.— «Уаргьы сыгәнаҳараз ахара исыдыз схухит» (Аԥсалом 31:3—5 [32:3—5, АдҾ]). Агәнаҳа ӷәӷәа ҟашәҵазар, Иегова шәанажьра дазхиоуп. Иара шәеизыҟазаашьақәа реиҭашьақәыргылара дшәыцхраарц иҭахуп. Аха шәара ишәыдышәкылар ауп иара аизара аиҳабацәа рыла ишәиҭо ацхыраара (Ажәамаанақәа 24:16; Иаков 5:13—15). Аамҭа шәымган! Наӡаӡатәи шәыԥсҭазаара уи иахьыԥшуп. Аха иҟашәҵаз агәнаҳа шәанажьхьазаргьы, уеизгьы шәхы ахара адышәҵалар ауеит. Иҟаҵатәузеи усҟан?
18. Ишԥарыцхраар алшо Павел иҿырԥштәы Иегова имаҵ аура иаԥсам ҳәа згәы иаанаго?
18 Апостол Павел уаанӡа иҟаиҵахьаз агәнаҳақәа рзы игәы анкаҳауаз ыҟан. Иара иҳәеит: «Абасала, сара Апостолцәа зегь рахьтә сҵыхәтәантәиуп, Дапостолуп ҳәа зласзуҳәаша аҳаҭыр саԥсам, избан акәзар Анцәа иуахәама саӷан, сазыӷьашкны сазықәгылан, сабашьуан». Аха анаҩс иара иациҵеит: «Аха Анцәа илыԥха-игәыԥхала иахьа сызлажәбо, сызлажәдыруа салаҟоуп» (1 Коринфаа рахь 15:9, 10). Иегова идыруан Павел дшынаӡамыз. Аха иара Павел дидикылеит, насгьы Павел уи агәра ганы дыҟазарц иҭахын. Иҟашәҵаз ииашаҵәҟьаны шәахьхәуазар, Иегова изеиҭашәҳәазар, насгьы иаҭахны иҟазҭгьы аизара аиҳабацәа ирашәҳәазар, Иегова, ҳәарада, ишәанаижьуеит. Агәра ганы шәыҟаз Иегова ишшәанаижьыз, насгьы уи анажьра шәыдышәкыл! (Исаиа 55:6, 7).
19. Иарбан жәеинраалоу 2018-тәи ашықәс иазалху, насгьы избан уи анаалоит ҳҳәар зҳалшо?
19 Ари адунеи аҵыхәтәа ааигәахацыԥхьаӡа, ҳара еилаҳкаауеит ауадаҩрақәа еиҳа ишырацәахо. Аха ҳара иаҳхаҳмыршҭлароуп Иегова «иааԥсаны иҟоу амч ииҭоит, насгьы мчы змам дирӷәӷәоит» ҳәа Абиблиа иану ажәақәа (Исаиа 40:29; Аԥсалом 54:23 [55:22, АдҾ]; 67:20 [68:19, АдҾ]). 2018-тәи ашықәс аҩныҵҟа аизара ҳаҭаацыԥхьаӡа ихадоу ари аҵабырг ҳгәалаҳаршәалоит, избанзар иаҳбалоит ашықәс иазалху ажәеинраала: «Иегова иқәгәыӷуа зегьы ҿыц амч роуеит» (Исаиа 40:31).