Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w18 сентиабр ад. 8—13
  • Анаҩсгьы иаашәырԥшла егьырҭ ргәы зырӷәӷәо абзиабара

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Анаҩсгьы иаашәырԥшла егьырҭ ргәы зырӷәӷәо абзиабара
  • Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2018
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ИЗБАН АБЗИАБАРА ИАХЬА АБАС ИЗХАДОУ?
  • ИЕГОВА ИБЗИАБАРА ҲГӘЫ АРӶӘӶӘОИТ
  • ҲАШЬЦӘЕИ ҲАҲӘШЬЦӘЕИ БЗИА ИАҲБАЛАРОУП
  • БЗИАБАРАЛА ЕГЬЫРҬ РГӘЫ ШЫШЬҬЫХЛАТӘУ
  • Аишьцәеи аиҳәшьцәеи рахь шәыбзиабара хьшәашәар жәымун
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2023
  • Иаҳирҵозеи Иисус бзиа иибоз аҵаҩы?
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
  • Иеговеи шәареи шәеиҩызара ахә шәшьала
    Иаҳнарҵозеи Абиблиа?
  • Абзиабара аизырҳара шәаҟәымҵлан
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2023
Шәахәаԥш еиҳаны
Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2018
w18 сентиабр ад. 8—13

Анаҩсгьы иаашәырԥшла егьырҭ ргәы зырӷәӷәо абзиабара

«Абзиабара акәзар — уи уаҩ дшьақәнаргылоит» (1 КОРИНФАА РАХЬ 8:1).

АШӘАҚӘА: 109, 121

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Избан ҳара ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ргәы шьҭаҳхлар зҳахәҭоу?

  • Ҳгәы шԥашьҭырхуеи Иеговеи Иисуси?

  • Иҟаҳҵалар ҳалшозеи ҳара егьырҭ ргәы шьҭаҳхларц азы?

1. Дызлацәажәози Иисус иԥсра уахык шагыз?

ИИСУС иԥсра уахык шагыз иҵаҩцәа данрацәажәоз 30-нтә раҟара абзиабара аӡбахә иҳәеит. Иара иҳәеит дара бзиа еибабалар шрыхәҭаз (Иоанн 15:12, 17). Урҭ рыбзиабара убас иӷәӷәазар акәын, инаԥшуаз ауаа уи гәарҭартә, насгьы Иисус Христос ишьҭанеицәа шракәу еилыркаартә еиԥш (Иоанн 13:34, 35). Иисус зыӡбахә иҳәоз абзиабара баша цәаныррам, уи иӷәӷәоу, насгьы ахамеигӡара зныԥшуа ҟазшьоуп. Иисус иҳәеит: «Иҟам зыԥсы зҩызцәа ирықәызҵаз ибзиабара иеиҳау даҽакы. Сара ԥҟарақәас ишәысҭауа ныҟәыжәгозар — Сара шәысҩызцәоуп» (Иоанн 15:13, 14).

2. а) Изларылукаауазеи Иегова ишаҳаҭцәа егьырҭ ауаа? б) Иарбан зҵаарақәоу ари астатиаҿы еилҳарго?

2 Иахьа Иегова ишаҳаҭцәа иаадырԥшуа ииашаҵәҟьоу ахамеигӡара зныԥшуа абзиабареи акзаареи рыла егьырҭ ирылукаартә иҟоуп (1 Иоанн 3:10, 11). Иегова имаҵзуҩцәа милаҭс изҵанакуазаалакгьы, излацәажәо иарбан бызшәазаалакгьы, иахьатәу аҭыԥ иарбанзаалакгьы, насгьы рааӡара зеиԥшразаалакгьы бзиа еибабоит. Избан абзиабара иахьа абас изхадоу? Ҳашԥарӷәӷәо Иеговеи Иисуси иаадырԥшуа абзиабара? Насгьы иааҳарԥшлар шԥаҳалшо ҳара абзиабара егьырҭ ргәы ҳарҭынчларц, насгьы иҳарӷәӷәаларц азы? (1 Коринфаа рахь 8:1).

ИЗБАН АБЗИАБАРА ИАХЬА АБАС ИЗХАДОУ?

3. Ишԥарныруеи ауаа ихьанҭақәоу арҭ аамҭақәа?

3 Ҳара ихьанҭоу аамҭақәа раан ҳанхоит, иара убас ҳаԥсҭазаара џьабаалеи чмазаралеи иҭәуп (2 Тимофеи иахь 3:1—5; Аԥсалом 89:10 [90:10, АдҾ]). Аӡәырҩы ауаа ирацәаны агәаҟрақәа ирықәшәоит аҟынтә даараӡа ргәы каҳаны иҟоуп. Есышықәса 800 000-ҩык ауаа инареиҳаны рҽыршьуеит, уи иаанагоит ес 40 секунд аӡәы иҽшишьуа. Илахьеиқәҵагоуп, аха ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи шьоукгьы агәкаҳара ӷәӷәа иахҟьаны рҽыршьит.

4. Изусҭцәада Абиблиаҿы зыӡбахә ҳәоу зны аԥсра иаҳәоз ауаа?

4 Ажәытәангьы Анцәа имаҵзуҩцәа шьоукы изықәшәоз ауадаҩрақәа ирыхҟьаны иԥсыр еиӷьыршьон. Иаҳҳәап, Иов абас иҳәартә еиԥш игәы каҳаит: «Сара аԥсҭазаара сцәымӷуп, наӡаӡа анхара сҭахӡам» (Иов 7:16; 14:13). Иона иакәзар, иҳәеит: «Уажәшьҭа, Иегова, аԥсра саҳәоит, сынхар аасҭа сыԥсыр еиҳа еиӷьуп» (Иона 4:3). Аԥааимбар Илиа агәыӷра ицәыӡит аҟынтә иҳәеит: «Уажәшьҭа иазхоуп! Иегова, ига сыԥсы» (1 Аҳцәа 19:4). Аха Иегова арҭ изиашаз имаҵзуҩцәа бзиа ибон, насгьы иԥсыр иҭахымызт. Иара урҭ дырмықәыӡбаӡеит. Уи аҭыԥан абзиабара аарԥшны иҽеимыз ацәаныррақәа риааира дрыцхрааит, уи абзоурала дара анаҩсгьы зиашарыла имаҵ рулар рылшон.

5. Избан ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рахь абзиабара ааҳарԥшлар зҳахәҭоу?

5 Иахьа ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи аӡәырҩы ауадаҩра ӷәӷәақәа ирықәшәоит, убри аҟынтә абзиабара аарԥшны ргәы шьҭаҳхлар ауп. Шьоукы ирхыччоит, мамзаргьы ирышьҭашәарыцоит. Егьырҭ ирықәмақаруеит, ма аус зцыруа уҳәан-сҳәан рзырҳәоит. Даҽа шьоукы ирацәаны аус руеит, мамзаргьы имариам аус нарыгӡоит аҟынтә рымчқәа рылӡаауеит. Иҟоуп аҭаацәараҿы ауадаҩра ӷәӷәақәа змоугьы. Иҟалап рхатә ҩыза Иегова имаҵ имуазар, насгьы еснагь акритика рзиуазар. Абарҭ ауадаҩрақәа ирыхҟьаны ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи аӡәырҩы уаҳа нарылымшо иҟоуп, уи инеиҳангьы акгьы иаԥсамшәа рбоит. Изыхәҭада урҭ рыцхраара?

ИЕГОВА ИБЗИАБАРА ҲГӘЫ АРӶӘӶӘОИТ

6. Ишԥарӷәӷәо Иегова имаҵзуҩцәа иааирԥшуа абзиабара?

6 Иегова имаҵзуҩцәа агәра диргоит уажәы бзиа ишибо, иара убас наӡаӡагьы бзиа ишибало. Шәазхәыц Израильаа рхы шырбаз Иегова абас анреиҳәа: «Уара сара сзы ухә ҳаракуп, аҳаҭыр уаԥсоуп, сара бзиа узбоит... Умшәан, избанзар сара суцуп!» (Исаиа 43:4, 5). Ҳара иаҳдыруеит Иегова изы хаҭала зегьы ҳахә шыҳаракуa. (Шәахәаԥш албаага.) Абиблиа агәра ҳнаргоит: «Иара дыӷәӷәоуп, уеиқәирхоит. Иара данухәаԥшло даараӡа дгәырӷьалоит» (Софониа 3:16, 17).

7. Излеиԥшузеи Иегова иааирԥшуа абзиабареи ан иаалырԥшуа абзиабареи? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.)

7 Иегова имаҵзуҩцәа агәра диргоит дара зықәшәо ауадаҩрақәа зеиԥшразаалакгьы дышрыцхраало, насгьы ргәы ширҭынчло. Иара иҳәеит: «Шәара шәышьҭыхны шәныҟәыргалоит, ршьамхы шәықәыртәаны шәрыжьжьалоит. Ауаҩы иан игәы шлырҭынчуа еиԥш, убас сара шәгәы сырҭынчлоит» (Исаиа 66:12, 13). Шәазхәыц ахәыҷы иан дышьҭыхны данылго, мамзаргьы даницыхәмаруа шаҟа игәы ҭынчу! Иегова даараӡа бзиа шәибоит, насгьы акгьы шәацәымшәаларц иҭахуп. Иегова изы шәыхә шыҳараку еснагь агәра ганы шәыҟаз (Иеремиа 31:3).

8, 9. Ҳашԥарӷәӷәо Иисус ибзиабара?

8 Абарҭ ажәақәагьы Иегова бзиа ҳшибо агәра ҳдыргоит: «Анцәа Ихшаазаҵә даиҭаратәы аԥсабара бзиа ибеит,— Иара дхазҵауа дарбанзаалакь дҭамхаразы, наӡаӡатәи аԥсҭазаара иауразы» (Иоанн 3:16). Иисус иԥсхҭынҵара ишьақәнарӷәӷәоит иаргьы иӷәӷәаны бзиа ҳшибо, уи ҳгәы арӷәӷәоит. Абиблиаҿы иануп иарбан гәырҩазаалакгьы, мамзаргьы уадаҩразаалакгьы Христос ибзиабара ҳамнахыр шалымшо (Римаа рахь 8:35, 38, 39).

9 Зны-зынла ауадаҩрақәа ирыхҟьаны ҳцәеижьтә ма ҳемоциатә гәабзиара еицәахар алшоит, мамзаргьы ҳмаҵзура уаҳа агәырӷьара ҳзаанамгалар ауеит. Аха Иисус шаҟа бзиа ҳаибо ҳхаҳмыршҭуазар, ауадаҩрақәа рыхгара ҳалшоит. (Шәаԥхьа 2 Коринфаа рахь 5:14, 15.) Иисус ибзиабара анаҩс анхаразы, насгьы Иегова имаҵ ауразы амч ҳнаҭоит. Уи ҳацхраауеит арыцҳарақәеи, ашьҭашәарыцарақәеи, егьырҭ ауадаҩрақәеи ҳанрықәшәо агәкаҳара аиааира.

ҲАШЬЦӘЕИ ҲАҲӘШЬЦӘЕИ БЗИА ИАҲБАЛАРОУП

Иисус иҿырԥшы ҳашьцәа рыцхраара ҳгәазҭанаҵар алшоит (Шәрыхәаԥш абзацқәа 10, 11.)

10, 11. Изыхәҭада згәы каҳаны иҟоу ргәы ашьҭыхра? Иҳаилшәыркаа.

10 Иегова бзиабарала ҳгәы шьҭихларц азы иара убас аизара ихы иаирхәоит. Ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рахь абзиабара анааҳарԥшуа Иегова бзиа дшаҳбо шьақәҳарӷәӷәоит. Ҳара иҳалшо зегь ҟаҳҵоит ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рыхә шҳараку, насгьы Иегова бзиа ишибо дҳарбарц азы (1 Иоанн 4:19—21). Апостол Павел иҩуан: «Ишыҟашәҵо еиԥш анаҩсгьы шәыгәқәа шьҭибахла, шәеибарӷәӷәала» (1 Фессалоникаа рахь 5:11, АдҾ). Уи аҟаҵара зылшо аизара аиҳабацәа рымацара ракәӡам. Ҳара зегьы иҳалшоит Иеговеи Иисуси ҳарҿыԥшны ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ргәы ашьҭыхра. (Шәаԥхьа Римаа рахь 15:1, 2.)

11 Адепрессиа ӷәӷәа, мамзаргьы агәҭынчымрақәа змоу ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи шьоукы аҳақьымцәа рыцхыраара рҭахызар алшоит (Лука 5:31). Аизара аиҳабацәеи егьырҭ ажәабжьҳәаҩцәеи еилыркаауеит дара шҳақьымцәамгьы, иҟарҵар рылшо ацхыраареи агәышьҭыхреи даара ишхадоу. Аизараҿы зегьы ирылшоит згәы каҳаны иҟоу, иԥсыҽу ргәы ашьҭыхра, зегь рахь ачҳара аарԥшра (1 Фессалоникаа рахь 5:14). Ҳара ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рцәаныррақәа еилаҳкааларц ҳҽазаҳшәалароуп. Ҳара иаҳҭахуп дара рахь ачҳара аарԥшра, насгьы ргәы каҳаны ианыҟоу ргәы шьҭызхша ажәақәа раҳәара. Шәҽазышәшәома шәара егьырҭ ргәы ашьҭыхра? Иҟашәҵар шәылшозеи егьырҭ еиҳа еиӷьны ргәы ашьҭыхра шәылшарц азы?

12. Иаҳзеиҭашәҳәа аизараҿы ацхыраара зыԥшааз аиаҳәшьа лҿырԥштәы.

12 Европа инхо аиаҳәшьа илҳәоит: «Зны-зынла сара аҽшьра сазхәыцуеит, аха ацхыраара сызҭо аҩызцәа бзиақәа сымоуп. Сеизара сыԥсҭазаара еиқәнархеит. Аишьцәеи аиаҳәшьцәеи еснагь сгәы шьҭырхуеит, насгьы абзиабара аадырԥшуеит. Адепрессиа шсымоу здыруа аӡәык-ҩыџьак роуп, аха аизараҿы зегьы сгәы шьҭырхуеит. Ҭаацәарак сара сзы сҭаацәа реиԥш исзыҟалеит. Дара даара исеиҷаҳауеит, исҳәар сылшоит 24 сааҭ рыҩныҵҟа ацхырааразы срыҳәар сылшоит ҳәа». Ҳәарада, зегьы ирылшом арҭ хаҵеи-ԥҳәыси реиԥш егьырҭ рыцхраара. Аха ҳара зегьы ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҳрыцхраарц азы иҟаҳҵар ҳалшо рацәоупb. (Шәахәаԥш албаага.)

БЗИАБАРАЛА ЕГЬЫРҬ РГӘЫ ШЫШЬҬЫХЛАТӘУ

13. Иҟаҳҵар ҳалшозеи ҳашьцәа ргәы шьҭаҳхларц азы?

13 Зҿлымҳарала шәашьцәа шәырзыӡырҩла. (Иаков 1:19). Агәрыцҳашьара аарԥшны ҳашьцәа ҳарзыӡырҩуазар, бзиа ишаҳбо ааҳарԥшуеит. Урҭ рцәаныррақәа реилкаара шәылшарц азы хаала азҵаарақәа рышәҭала. Шәхаҿсахьа мацаралагьы ирбар ауеит ииашаҵәҟьаны шәышреиҷаҳауа. Згәы каҳаны иҟоу ауаҩы шәаниацәажәо ачҳара аашәырԥшла, иажәа ԥымҟакәа ицәаныррақәа рҳәара илшәырша. Уи абзоурала шәара ицәаныррақәа еилышәкаар шәылшоит, насгьы иара шәыгәра игалоит. Усҟан шәицхраарц азы иашәҳәо азыӡырҩра еиҳа изымариахоит. Шәара ииашаҵәҟьаны егьырҭ шәреиҷаҳауазар, урҭ ргәы ашьҭыхра шәылшоит.

14. Избан егьырҭ рықәыӡбара зҳахәҭам?

14 Егьырҭ шәырмықәыӡбалан. Згәы каҳаны иҟоу ауаҩы ҳиқәыӡбоит ҳәа игәы иаанагозар еиҳагьы игәы каҳауеит. Усҟан ицхраара ҳцәыцәгьахоит. «Аӡәы дымхәыцӡакәа данцәажәо, а́ҳәа уахәызшәа уихәуеит. Иҟәыӷоу рыбз уахәшәтәуеит» (Ажәамаанақәа 12:18). Ҳәарада, згәы каҳаны иҟоу ауаҩы еиҳагьы игәы каҳажьыр ҳҭахӡам, аха ҳамхәыцӡакәа ҳцәажәозар игәы иҳархьыр ауеит. Ҳашьа ииашаҵәҟьаны иҭагылазаашьа аилкаара ҳаҽшазаҳшәо агәра игозар, ҳацхыраара идикылоит (Матфеи 7:12).

15. Иарбан мыругақәоу ҳхы иаҳархәар ҳалшо егьырҭ ргәы шьҭаҳхларц азы?

15 Егьырҭ ргәы шьҭышәхларц азы Анцәа Иажәа шәхы иашәырхәала. (Шәаԥхьа Римаа рахь 15:4, 5.) Абиблиа «ахачҳареи агәашьамх арҵарреи ҳазҭо» Анцәа Иажәа ауп, убри аҟынтә ҳара иџьаҳшьаӡом уа ҳгәы шьҭызхуа ажәақәа ахьаҳаԥшаауа. Иара убас ҳара иҳамоуп «Индекс публикаций Сторожевой Башни», насгьы «Путеводитель по публикациям». Арҭ амыругақәа рыбзоурала ҳара иҳалшоит ҳашьцәа ргәы шьҭызхша ажәеинраалақәеи апубликациақәеи рыԥшаара.

16. Иарбан ҟазшьақәоу згәы каҳаны иҟоу ргәы ашьҭыхра иҳацхраауа?

16 Абзиабареи агәрыцҳашьареи аашәырԥшла. Иегова агәыразреи агәыжьжьареи Рынцәа иоуп, иара имаҵзуҩцәа рыцҳаишьоит (Шәаԥхьа 2 Коринфаа рахь 1:3—6; Лука 1:78; Римаа рахь 15:13). Павел уи аҿы аҿырԥш бзиа ҳзынижьит, избанзар иара Иегова диҿыԥшуан. Павел иҳәеит: «Анаӡӡеи агәыҳәԥы зҿалҵо асаби дышихӡыӡаауа аиԥш, ҳшәыхӡыӡаауан. Ҳара убасҟак бзиа шәаҳбоит, Анцәа игәырӷьажәа шәаҭәашьара мацара акәымкәа, ҳхы-ҳаԥсы шәыхҭнаҳҵартә аиԥш» (1 Фессалоникаа рахь 2:7, 8). Иегова ҳаиҿыԥшны ахаара анааҳарԥшуа, ҳара ҳала ҳашьцәа ргәы шьҭихыртә илҳаршоит!

17. Иҳацхраауазеи ҳашьцәа ргәы ашьҭыхра?

17 Шәашьцәа рҟынтә анаӡара шәазымԥшлан. Шәашьцәеи шәаҳәшьцәеи инаӡоу ауаа реиԥш шәрыхәаԥшлар, шәгәы каҳар алшоит (Екклезиаст 7:21, 22). Ишәхашәмыршҭлан, Иегова ҳара ҳҟынтә иҳалымшо дазыԥшӡам. Убри аҟынтә ҳара зегьы егьырҭ рахь ачҳара ааҳарԥшлар ауп (Ефесаа рахь 4:2, 32). Ҳара иаҳҭахӡам ҳхымҩаԥгашьа иахҟьаны ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи иҟарҵо маҷуп ҳәа рыԥхьаӡалар, мамзаргьы егьырҭ ирыҿҳарԥшлар. Уи аҭыԥан ргәы шьҭаҳхуеит, насгьы ирымоу аҟазшьа бзиақәа гәаҳҭоит. Уи абзоурала дара рмаҵзураҿы насыԥ рымазаауеит (Галаҭаа рахь 6:4).

18. Избан егьырҭ ргәы зырӷәӷәо абзиабара ааҳарԥшлар заҳҭаху?

18 Иегова имаҵзуҩцәа зегьы хаҭала рыхә ҳаракны ишьоит. Иисус изгьы урҭ рыхә даара иҳаракуп (Галаҭаа рахь 2:20). Ҳара ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ӷәӷәала бзиа иаҳбоит, убри аҟынтә урҭ рахь ахаара ааҳарԥшлар ауп. Ҳара ҳҽазаҳшәоит «ҳамч-ҳалшара зегьы хирла, ҭынчрала аҟазаареи аҳәатәеиқәшәареи» рызкра (Римаа рахь 14:19). Ҳара ҳгәы хыҭ-ҳыҭуа ҳазыԥшуп џьанаҭ дгьыл аҿы аԥсҭазаара, усҟан аӡә игәы казыжьуа акгьы ҟалом! Ачымазарақәеи аибашьрақәеи уаҳа иҟалом! Ауаа агәнаҳа иаҵыҵуеит аҟынтә, уаҳа иԥслаӡом, ашьҭашәарыцарақәеи, аҭаацәаратә уадаҩрақәеи, ргәы казыжьуа ахҭысқәеи ирықәшәалаӡом. Зқьышықәсатәи анапхгара ашьҭахь ауаа зегь наӡахоит. Аҵыхәтәантәи аԥышәараан азиашара аазырԥшуа адгьыл аҿы инхо Иегова иԥацәаны иԥхьаӡахоит, абаара-аиаӡаара иацәыхьчахоит, насгьы Анцәа ихәыҷқәа ирымоу ахақәиҭра раҭәашьахоит (Римаа рахь 8:21). Убри аҟынтә шәааи егьырҭ ргәы зырӷәӷәо абзиабара ааҳарԥшлап, насгьы ҳаицхыраалап Анцәа ҳзықәиргәыз зеиԥшыҟам адунеи ҿыц аҟынӡа ҳнеирц азы.

a Шәахәаԥш ашәҟәы «Приближайся к Иегове», ахы 24.

b Аҽшьра иазхәыцуа шәрыцхраарц азы шәаԥхьа апрель 2014 шықәсазы иҭыжьыз «Пробудитесь» аҿы астатиа «Почему жить стоит. Три причины не сдаваться», насгьы ианвар 2012 шықәсазтәи «Пробудитесь» аҟны астатиа «Если не хочется жить...», иара убас октиабр 22, 2001 шықәсазы иҭыҵыз «Жить стоит!» захьӡу «Пробудитесь».

ЖӘАҚӘАК РҴАКЫ

  • Бзиабарала егьырҭ ргәы арӷәӷәара иаанагоит егьырҭ ргәы ашьҭыхра, насгьы ргәы арҭынчра, иара убас Иеговеи Иисуси рзы рыхә даара ишыҳарку агәра дыргара

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра