Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w21 ианвар ад. 31
  • Ижәдыруама шәара?

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Ижәдыруама шәара?
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
  • Иеиԥшу аматериал
  • Имоума Анцәа ахьӡ?
    Абиблиатә зҵаарақәа рҭак
  • Анцәа ихьӡ ахархәареи аҵаки
    Иаҳнарҵаҵәҟьозеи Абиблиа?
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
w21 ианвар ад. 31

Ахаҳә ҟьаҟьа иануп: «Дишәиааит Иахве Саваоф Хагав иԥа Хагаф»

Ижәдыруама шәара?

Ишԥашьақәнарӷәӷәо ажәытә напынҵамҭа Абиблиа агәра агара ишаԥсоу?

ИЕРУСАЛИМ иҟоу «Абиблиатә дгьылқәа» захьӡу амузеи аҿы анапынҵамҭа зну иҟьаҟьоу хаҳәк ыҟоуп. Аҵарауаа изларҳәо ала уи анапынҵамҭа ҟаҵан 700—600-тәи ашықәсқәа ҳ. ҟ. рзы. Уи ахаҳә ԥшаан Израиль, Хеврон азааигәара, аԥсы дахьыржуаз аҳаԥаҿы. Ахаҳә иануп: «Дишәиааит Иахве Саваоф Хагав иԥа Хагаф». Избан ари ахаҳә иану Абиблиа агәра агара ишаԥсоу шьақәнарӷәӷәоит ҳәа ҳҳәар зҳалшо? Избанзар уи иаҳнарбоит абиблиатә аамҭақәа раан Анцәа ихьӡ зегьы ишеицырдыруаз, насгьы есыҽны рхы ишадырхәоз. Ауриа бызшәаҿы Анцәа ихьӡ атетраграмматон ҳәа изышьҭоу ԥшь-нбанк рыла ишьақәгылоуп. Аԥсуа бызшәаҿы урҭ анбанқәа ИХВХ роуп. Ԥсыжырҭаҵас рхы иадырхәоз егьырҭ аҳаԥқәа рыҭӡамцқәа рҿгьы лассы-лассы иуԥылоит Анцәа ихьӡи Анцәа ихьӡ иахаршалаз ауаа рыхьӡқәеи.

Абар урҭ анапынҵамҭақәа ирызкны Џьорџьиа (Еиду Аштатқәа) иҟоу ауниверситет аҿы аус зуа абызшәақәа ҭызҵаауа апрофессор Реичел Набулси илҳәо: «Ахьӡ ИХВХ акырынтә иахьуԥыло иҳаилнаркаауа даара ирацәоуп. Анапынҵамҭақәа иаҳдырбоит Изральи Иудеи рыԥсҭазаараҿы уи ахьӡ ныҟәызгоз ихадоу аҭыԥ шааникылоз». Абиблиа иахәҭаку Ауриатә Ҩырақәа рҿы Анцәа ихьӡ акырынтә иуԥылоит. Иара убасгьы уа иуԥылоит Анцәа ихьӡ иахаршалоу ауаа рыхьӡқәа. Ажәытә напынҵамҭақәа ишьақәдырӷәӷәоит Абиблиа агәра агара ишаԥсаҵәҟьоу.

Ахаҳә иану «Иахве Саваоф» иаанагоит «Ар реиҳабы Иегова». Ари иаҳнарбоит абиблиатә аамҭақәа раан ауаа Анцәа ихьӡ анырҳәоз ихатәы хьыӡгьы рхы ишадырхәоз, «Ар реиҳабы Иегова» ҳәагь шырҳәоз. Уигьы Абиблиа агәра агара ишаԥсо шьақәнарӷәӷәоит. Абиблиаҿы, Ауриатә Ҩырақәа рҿы, Иегова «Ар реиҳабы» ҳәа 283-нтә изҳәоуп. Еиҳарак Исаиеи, Иеремиеи, Захариеи рышәҟәқәа рҿы.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра