Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w22 ииун ад. 20—25
  • «Иегова уиқәгәыӷла»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • «Иегова уиқәгәыӷла»
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • АҨСҬАА ИОВ ИГӘЫӶРА ИМИХЫРЦ ИҬАХУП
  • ИШԤАҲАЛШО ИОВ ҲАИҾЫԤШЛАР?
  • АГӘЫӶРА АМЧ ШӘНАҬОИТ
  • Дызусҭадаз Иов?
    Учимся на примерах из Библии
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
w22 ииун ад. 20—25

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 27

«Иегова уиқәгәыӷла»

«Иегова уиқәгәыӷла, агәымшәара аарԥшла, уҽырӷәӷәа» (АԤСАЛ. 27:14).

АШӘА 128 Аҵыхәтәанынӡа ачҳара

АХҲӘААa

1. а) Ҳзықәиргәыӷуазеи Иегова? б) Иаанагозеи Иегова иқәгәыӷра? (Шәахәаԥш «Жәақәак рҵакы».)

ИЕГОВА бзиа дызбо зегьы аԥсҭазаара бзиа иақәиргәыӷуеит. Иаарласны иара ачымазарақәеи, агәырҩеи, аԥсреи рҵыхәтәа ԥиҵәоит (Аат. 21:3, 4). Иара инапхгара аҵаҟа ауаа ҟәымшәышәқәа адгьыл џьанаҭны иҟарҵоит (Аԥсал. 37:9—11). Усҟан иареи ҳареи ҳаиҩызара еиҳагьы иҳарӷәӷәар ҳалшоит. Анцәа иқәыргәыӷрақәа шынаӡо ҳаназхәыцуа ҳгәы гәырӷьарала иҭәуеит! Аха избан уи агәра ҳгалар зҳалшо? Иегова еснагь иажәа наигӡоит. Ус анакәха ҳиқәгәыӷларb ҳалшоит (Аԥсал. 27:14). Убри аҟынтә ҳара ачҳара аарԥшны, насгьы агәырӷьара мырӡкәа, Иегова ҳзықәиргәыӷыз анынаигӡо аамҭа ҳазыԥшызаауеит (Ис. 55:10, 11).

2. Ишԥашьақәирӷәӷәо Иегова еснагь иажәа шынаигӡо?

2 Иегова еснагь иажәа шынаигӡо шьақәирӷәӷәахьеит. Абар ҿырԥштәык. Ашәҟәы Аатра аҿы Иегова ҳақәиргәыӷит ҳаамҭақәа рзы «абшьҭрас, хылҵшьҭрас, жәларыс» иҟоу рҟынтә ауаа шеизиго, насгьы урҭ аӡәк еиԥш имаҵ шыруло. Уи иҷыдоу агәыԥ «ҵҩа змамыз» ажәлар ҳәа рызҳәоуп (Аат. 7:9, 10). Уи агәыԥ адунеи ахьынӡанаӡааӡо инхо, еиԥшым ауаа рыла ишьақәгылоуп, аха дара абзиабара зыбжьоу ҭаацәара дук роуп (Аԥсал. 133:1; Иоанн 10:16). Уи адагьы, дара гәацԥыҳәарала ажәабжь бзиа рҳәоит. Урҭ рзыӡырҩра зҭаху ауаа ргәыӷра атәы рзеиҭаҳәара еснагь иазхиоуп (Матф. 28:19, 20; Аат. 14:6, 7; 22:17). Шәара ҵҩа змам ажәлар рахь шәаҵанакуазар, ҳәарада, уи агәыӷра ахә ҳаракны ишәшьоит.

3. Хықәкыс имоузеи Аҩсҭаа?

3 Аҩсҭаа иҭахуп Анцәа имаҵзуҩцәа агәыӷра рымихырц. Иара хықәкыс имоу Иегова хьаас ҳимамшәа, насгьы иқәыргәыӷрақәа рынагӡара игәгьы иҭамшәа агәра ҳаргара ауп. Уи агәыӷра ҳамихыр агәымшәара ҳцәыӡуеит, Анцәа имаҵ аурагьы ҳаҟәыҵыр алшоит. Убас ауп Аҩсҭаа Иовгьы ишизиуз. Аҩсҭаа Иов агәыӷра ицәирӡырц далагеит, уи Иегова диҭиирц азы.

4. Еилҳаргозеи ари астатиаҿы? (Иов 1:9—12).

4 Ари астатиаҿы Аҩсҭаа Иов Иегова дицәхьаҵырц азы ихы иаирхәаз атактика ҳалацәажәоит. (Шәаԥхьа Иов 1:9—12.) Иара убас Иов иҿырԥшы иаҳнарҵар алшо ҳбоит. Уи адагьы, Иегова бзиа ҳшибо, насгьы ҳзықәиргәыӷыз зегь шынаигӡо ҳхаҳмыршҭлар зҳахәҭоу еилаҳкаауеит.

АҨСҬАА ИОВ ИГӘЫӶРА ИМИХЫРЦ ИҬАХУП

5, 6. Ихьзеи Иов аамҭа кьаҿк иалагӡаны?

5 Иов аԥсҭазаара бзиа иман. Иеговеи иареи еиҩызцәан. Иара бзиа еибабоз аҭаацәара ду дырхагылан, насгьы амал ду иман (Иов 1:1—5). Аха мышкы заҵәык ала Иов имаз зегь ицәыӡит. Раԥхьа имал ицәыӡит (Иов 1:13—17). Нас ихәыҷқәа зегь имҵәеит. Ажәала иузҳәом зхәыҷы дыԥсыз аҭаацәа шаҟа игәырҩо. Шаҟа ргәы ҿнакаазеи Иов иԥҳәыси иареи жәаҩык рхәыҷқәа шыԥсыз анраҳа. Ихы ахьигара изымдыруа Иов имаҭәа ишәхаԥижәан, адгьыл иҽнықәижьит (Иов 1:18—20).

6 Уи ашьҭахь Аҩсҭаа Иов уаҩ дзимыхәаԥшуа ачымазара бааԥс иирхьит (Иов 2:6—8; 7:5). Уаанӡа ауаа Иов пату иқәырҵон, ажәа ҟәышк раҳарц анырҭахызгьы иара иахь инеиуан (Иов 31:18). Аха уажәшьҭа Иов аӡәгьы диҭахӡамызт. Иашьцәа, иҩызцәа, имаҵуҩцәаҵәҟьагьы иааигәа анеира рҭахӡамызт (Иов 19:13, 14, 16).

Иегова ишаҳаҭцәа аӡәырҩы Иов ицәаныррақәа бзианы еилыркаауеит, избанзар рхаҭақәагьы урҭ рҩызцәа аԥышәарақәа ирықәшәахьеит. (Шәахәаԥш абзац 7.)d

7. а) Изхареиҵар илшодаз Иов дзықәшәаз агәаҟрақәа, аха иҟаимҵазеи иара? б) Шәахәаԥш асахьа. Дзықәшәар алшозеи ақьырсиан иԥсҭазаараҿы?

7 Аҩсҭаа иҭахын Иов Иегова акала игәы иирхьызшәа игәы иаанагаларц. Иаҳҳәап, иара аԥша ӷәӷәа арсны Иов ихәыҷқәа ахьыҟаз аҩны еилаҳартә иҟаиҵеит (Иов 1:18, 19). Иара убас ажәҩан аҟынтә амца лбаашьҭны Иов ирахә-ишәахә, насгьы урҭ зыхьчоз ахьчацәа ықәигеит (Иов 1:16). Иов игәы иаанагар алшон: «Аԥшеи амцеи ажәҩан аҟынтә илбаазар, урҭ аазышьҭыз Иегова иоуп. Ус анакәха, Анцәа акала игәы исырхьзар?» Иов изцәырҵуаз ахәыцрақәа ҳаздырӡом, аха иара жәҩантәи Ҳаб димшәииӡеит. Иара Иегова изыҟаиҵахьаз абзиарақәа зегьы ихамышҭӡеит. Убри аҟынтә, Иов абри аҩыза алкаа ҟаиҵеит: Анцәа иузааиго зегь бзиоуп. Иара иҳәеит: «Иегова ихьӡ аҽхәаԥхьыӡ агымхааит» (Иов 1:20, 21; 2:10). Аԥышәара ӷәӷәақәа дышрықәшәазгьы, Иов Анцәа даанимыжьӡеит. Аха Аҩсҭаа уи аҿы аангылара игәы иҭаӡамызт.

8. Иҟаиҵазеи Аҩсҭаа анаҩс?

8 Аҩсҭаа Иов акгьы даԥсамшәа игәы иаанагалар иҭахын. Уи азы иара Иов ицәнымхозшәа зхы аазырԥшуаз хҩык ахацәа ихы иаирхәеит. Дара Иов агәнаҳақәа ҟаиҵошәа, насгьы ихьыз зегьы иара ихароушәа иаҳәара иалагеит (Иов 22:5—9). Дара агәра идыргарц рҭахын иԥсҭазаараҿы ирацәаны абзиарақәа ҟаиҵахьазаргьы Анцәа уи хьаас имамшәа (Иов 4:18; 22:2, 3; 25:4). Урҭ ирҭахын Иов игәы иаанагаларц Анцәа бзиа димбошәа, димеиҷаҳауашәа, насгьы имаҵ аура иаԥсамшәа. Урҭ ахацәа ражәақәа Иов игәыӷра зынӡа ицәнарӡыр алшон.

9. Изҭози Иов агәымшәареи амчи?

9 Шәхаҿы иаажәг Иов шаҟа ицәыцәгьаз. Иара ахәа дылатәоуп, насгьы ахьаа ӷәӷәа имоуп (Иов 2:8). Иара зныкала ирацәаны аԥышәарақәа дрықәшәеит. Ихәыҷқәа зегь ԥсит, игәы тҟәацны ицоит. Мышқәак рыҩныҵҟа иара ажәакгьы изҳәомызт. Уи ашьҭахь иҩызцәа иҟоу зегь иаҳәара иалагоит (Иов 2:13—3:1). Иҟалап, ҿымҭӡакәа дахьтәаз иҩызцәа ргәы иаанагозҭгьы уажәшьҭа уи Анцәа иӡбахә иаҳаргьы иҭахӡам ҳәа. Шаҟа агха рыхьзеи урҭ! Аха нас Иов ихы ҩышьҭыхны, иҩызцәа днарыхәаԥшны абас реиҳәоит: «Сыԥсы ҭанаҵы иаансыжьуам сара сыцқьара!» (Иов 27:5). Изҭазеи Иов абриаҟара агәымшәареи амчи? Иара зынӡа игәы каҳаны даныҟазгьы игәыӷра ирӡӡомызт. Дзықәшәаз агәаҟрақәа зегьы Анцәа рҵыхәтәа ԥиҵәоит ҳәа дгәыӷуан. Иара идыруан: дыԥсыргьы Иегова иԥсы ҭеиҵоит (Иов 14:13—15).

ИШԤАҲАЛШО ИОВ ҲАИҾЫԤШЛАР?

10. Иаҳнарҵозеи Иов иҭоурых?

10 Иов иҭоурых иаҳнарбоит Иегова даанҳажьырц азы Аҩсҭаа егьа ҟаиҵаргьы уи шилымшо, насгьы Иегова ҳзықәшәо зегь шидыруа. Шәааи, Иов иҭоурых иҵегь иаҳнарҵо еилаҳкаап.

11. Зыгәра ганы ҳаҟазар ҳалшозеи Иегова еснагь ҳиқәгәыӷлар? (Иаков 4:7).

11 Иов иԥсҭазаара ишьақәнарӷәӷәоит Иегова еснагь ҳиқәгәыӷлар, ҳзықәшәо аԥышәара зеиԥшразаалакгьы уи ҳхаҳгар, насгьы Аҩсҭаа ҳаиҿагылар шҳалшо. Усҟан, Абиблиа агәра шаҳнарго еиԥш, Аџьныш даҳԥырҟьаны дцоит. (Шәаԥхьа Иаков 4:7.)

12. Ишԥаицхраауаз Иов аԥсҭалара шыҟало агәра ахьигоз?

12 Ҳара агәра ганы ҳаҟазароуп аԥсҭалара шыҟало. Ҳазхысыз астатиа аҟынтә ишеилаҳкааз еиԥш, Анцәа даанҳажьырц азы Аҩсҭаа аԥсра аҿаԥхьа иҳамоу ашәара ихы иаирхәоит. Иов изгьы иара иҳәон уи иԥсы еиқәирхарц азы акгьы дшамеигӡо, Анцәагьы дшиҭиуа. Шаҟа агха ихьзеи Аҩсҭаа! Иов аԥсра данхықәгылазгьы Иегова даанимыжьӡеит. Иара агәра ганы дыҟан Анцәа дышқьиоу, насгьы зегь шириашо. Иов уи игәы шьҭнахуан. Иара агәра игон Иегова уажәы димыцхрааргьы, аԥхьаҟа иԥсы шҭеиҵо. Иов агәра ганы дыҟан аԥсҭалара шыҟало. Ҳаргьы аԥсҭалара шыҟало агәра ганы ҳаҟазар, аԥсра абла ҳҭаԥшуазаргьы, Иегова даҳҭиӡом.

13. Избан Аҩсҭаа Иов данԥишәоз ихы иаирхәоз атактика ҳдыруазар зхадоу?

13 Ҳара ибзианы иаҳдыруазароуп Аҩсҭаа Иов данԥишәоз ихы иаирхәоз атактика. Избанзар иахьагьы уи ихы иаирхәоит. Иазгәашәҭ, Аҩсҭаа ауаа ирыдиҵаз ахара: «Ауаҩы [Иов идагьы] иԥсы еиқәирхарц азы акгьы деигӡаӡом» (Иов 2:4, 5). Даҽакала иаҳҳәозар, Аҩсҭаа ишьақәирӷәӷәоит ҳара Иегова бзиа дҳамбошәа, насгьы ҳаԥсы еиқәҳархарц азы ҳицәхьаҵуашәа. Аҩсҭаа ишьақәирӷәӷәоит Анцәа бзиа ҳаибаӡом ҳәа, насгьы ахаан игәы ҳзыҟаҵом ҳәа. Ҳара Аџьныш хықәкыс имоу ҳдыруеит. Убри аҟынтә уи амц ахаан агәра ҳгаӡом.

14. Иаҳдырбар алшозеи аԥышәарақәа? Иаажәга аҿырԥштәы.

14 Ҳара аԥышәарақәа ҳзеиԥшра уаҩу аилкаара иҳацхраауа ак еиԥш ҳрыхәаԥшлароуп. Иов дзықәшәоз агәаҟрақәа игыз идырбеит, насгьы аҽыриашара ицхрааит. Иаҳҳәап, иара еиликааит ахынраалара шизымхоз (Иов 42:3). Аԥышәарақәа ҳзеиԥшра уаҩу аилкаара иҳацхраар алшоит. Николаиc зыхьӡу ҳашьа иӷәӷәаны дшычмазаҩызгьы абахҭа дҭаркит. Иара иҳәоит: «Абахҭа арентген иаҩызоуп. Уи ақьырсиантә ҟазшьақәа улоу-иуламу унарбоит». Иҳагу анаҳдыруа ауп ҳхы аус адулара анҳалшо.

15. Ҳаззыӡырҩлар ҳахәҭада ҳара, насгьы избан?

15 Ҳара Иегова ҳаизыӡырҩлароуп, ҳаӷацәа ракәымкәа. Анцәа Иов даниацәажәоз уи зҿлымҳарала дизыӡырҩуан. Иегова Иов абас еиԥш иҟаз азҵаарақәа ииҭеит ҳәа ҳҳәар ҳалшоит: «Урыхәаԥш сшамҭақәа. Сымч шаҟа идуу умбаӡои, мшәан? Сара иухуго зегь бзианы издыруеит. Усхашҭит ҳәа угәы иаанагаҵәҟьома?» Иов иҟаиҵаз аҭак иаҳнарбоит Иегова иара иахь иааирԥшыз ақьиара ахә ҳаракны ишишьоз: «Уаанӡа уӡбахә саҳахьан, аха уажәы сыблала узбоит» (Иов 42:5). Ианбеиҳәеи Иов арҭ ажәақәа? Иҟалап усҟангьы ахәа дылатәазҭгьы. Ицәа зегь бааны ацара иаҿын. Иов иҭагылазаашьа аҽамԥсахӡеит, аха Иегова бзиа дшибоз, насгьы дшизыразыз агәра ииргеит (Иов 42:7, 8).

16. Иаҳхаҳмыршҭлар акәзеи аԥышәарақәа раан, Исаиа 49:15, 16 иану инақәыршәаны?

16 Иахьагьы ауаа апатуқәҵара ҳаԥсамшәа иаҳзыҟоуп. Бзиа ҳзымбо ауаа ҳара, насгьы ҳорганизациа ахьӡ дырцәгьоит, насгьы иҟам-ианым ҳзырҳәоит (Матф. 5:11). Аха Иов иҭоурых иаҳнарбоит: Иегова агәра ганы дыҟоуп аԥышәарақәа раан ҳашицәхьамҵуа. Жәҩантәи Ҳаб бзиа ҳаибоит, насгьы иқәгәыӷуа ахаан иаанижьӡом. (Шәаԥхьа Исаиа 49:15, 16.) Шәазымӡырҩлан Анцәа иаӷацәа ирҳәо амц! Ҭырқәтәыла инхо Џьеимс иҭаацәара аԥышәара ӷәӷәақәа рхыргеит. Абар иара ииҳәо: «Ҳара еилаҳкааит Анцәа ижәлар ирзырҳәо амц ҳазыӡырҩлар, ҳгәы каҳар шалшо. Убри аҟынтә ҳара Иегова иҳаиҭо агәыӷра, насгьы Анцәа имаҵзура ҳхы азыҳашьҭит. Уи абзоурала агәырӷьара ҳцәымӡӡеит». Ҳара Иов ҳаиҿыԥшны Иегова ҳаизыӡырҩуеит. Анцәа иаӷацәа ирҳәозаалакгьы, иҳамоу агәыӷра ҳамхра рылшаӡом.

АГӘЫӶРА АМЧ ШӘНАҬОИТ

Иов Иегова гәыкала дизыҟан. Уи азы Анцәа дизылԥхеит. Иов иԥшәмеи иареи аԥсҭазаара иалагәырӷьо акыршықәса нырҵит. (Шәахәаԥш абзац 17.)e

17. Ишәнарҵозеи Ауриацәа рахь 11-тәи ахаҿы зыӡбахә ҳәоу Анцәа гәыкала изыҟаз ахацәеи аҳәсеи рҿырԥшы?

17 Ҳәарада, Иегова имаҵзуҩцәа рыбжьара аԥышәара ӷәӷәақәа раан агәымшәара аарԥшра зылшаз, насгьы зымч кәадамхаз, Иов заҵәык иакәӡам. Апостол Павел Ауриацәа рахь ииҩыз асаламшәҟәаҿы Анцәа гәыкала изыҟаз ирацәаҩны егьырҭ ауаагьы рыӡбахә иҳәеит, насгьы «арымӡааҩык ашаҳаҭцәа» ҳәа рзиҳәеит (Аур. 12:1). Дара зегьы аԥышәара ӷәӷәақәа рхыргеит, аха Иегова ицәхьамҵӡеит (Аур. 11:36—40). Урҭ баша аџьабаа рбама? Ҳәарада, мап! Дара Анцәа иқәыргәыӷрақәа шынаӡаз шырымбазгьы, гәык-ԥсыкала Анцәа иқәгәыӷуан. Урҭ Иегова дшырзыразыз рдыруан, убри аҟынтә иажәа шынаигӡо агәра ганы иҟан (Аур. 11:4, 5). Дара рҿырԥшы ҳаргьы еснагь Иегова иқәгәыӷра иҳацхраауеит.

18. Шәгәы зызҭанаҵазеи ари астатиа? (Ауриацәа рахь 11:6).

18 Ари адунеи аҿы ауаа еиҳа-еиҳа еицәахоит (2 Тим. 3:13). Аҩсҭаа Анцәа имаҵзуҩцәа ҭаха риҭом. Ҳара ирацәаны аԥышәарақәа ҳрықәшәар алшоит. Аха «зыԥсы ҭоу Анцәа» ҳиқәгәыӷуеит (1 Тим. 4:10). Шәааи ҳамч ҳамеигӡакәа имаҵ ҳаулап! Иов иоуз аҳамҭа агәра ҳнаргоит Иегова дышгәыбылҩу, дышрыцҳашьаҩу (Иак. 5:11). Шәаргьы Иов иеиԥш Анцәа гәыкала шәизыҟаз. Агәра ганы шәыҟаз: Иегова «гәык-ԥсыкала иԥшаара зҭаху» дшырзылԥхо! (Шәаԥхьа Ауриацәа рахь 11:6.)

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Иаанагозеи Иегова иқәгәыӷра?

  • Иҟаиҵози Аҩсҭаа Иов игәыӷра имихырц азы?

  • Ишԥаҳалшо Иов иҿыԥшра?

АШӘА 150 Уеиқәхарц Иегова дыԥшаала

a Аԥышәара ӷәӷәақәа зхызгаз Анцәа имаҵзуҩцәа ҳанрызхәыцуа, лассы-лассы Иов даҳгәалашәоит. Иаҳнарҵозеи ҳара Анцәа гәыкала изыҟаз уи ауаҩы иҭоурых? Аҩсҭаа жәҩантәи Ҳаб иааныжьра ҳадцалара илшаӡом. Уи адагьы, ҳара еилаҳкаауеит Иегова ҳзықәшәо зегьы бзианы ишидыруа. Иара Иов игәаҟрақәа рҵыхәтәа шԥиҵәаз еиԥш, ҳара ҳгәаҟрақәагьы рҵыхәтәа ԥиҵәоит. Иаадырԥшуама ҳусқәа уи агәра шаҳго? Ааи акәзар, Иегова ҳиқәгәыӷҵәҟьоит.

b ЖӘАҚӘАК РҴАКЫ. «Ақәгәыӷра» ҳәа еиҭагоу ауриатә ҟаҵарба, даараӡа иҟаларц иаҳҭаху акы «азыԥшра» ауп еиҳараӡак иаанаго. Уи, иара убас, акы аҵыхәтәанынӡа агәра ануго аанарԥшуеит (Аԥсал. 25:2, 3; 62:5).

c Хьыӡқәак ԥсахуп.

d АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Иов иԥшәмеи иареи арыцҳара ду иақәшәеит: рхәыҷқәа зегь нҵәеит.

e АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Иов аԥышәарақәа ихигеит. Иԥшәмеи иареи Иегова рҭаацәара дшақәныҳәаз иазхәыцуеит.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра