АҴАРАЗЫ АСТАТИА 41
Шәара анасыԥҵәҟьа шәымазар шәылшоит
«Насыԥ имоуп Иегова ицәшәо, насгьы иара имҩала ицо» (АԤСАЛ. 128:1).
АШӘА 110 «Иегова игәырӷьара»
АХҲӘААa
1. Ҵакыс ирымоузеи Матфеи 5:3 (АдҾ) аҿы Иисус ииҳәаз ажәақәа, насгьы ишԥадҳәалоу уи анасыԥ?
АНАСЫԤ — уи иахьа иҟоу, уаҵәы иҟамлар алшо агәалаҟазаара бзиа акәӡам иаанаго. Анасыԥ ауаҩы иԥсы ахьынӡаҭоу имазар алшоит. Иисус ашьхараҿы ииҳәаз ажәахә аҿы иҳәеит: «Насыԥ рымоуп Анцәа ида ԥсыхәа шрымам еилызкаауа ауаа» (Матф. 5:3, АдҾ). Ииҳәарц ииҭахызи Иисус? Иара идыруан, ауаа Ҳазшаз, Анцәа Иегова, иеилкаареи имҵахырхәареи агәаҳәара рылаҵаны ишишаз. Иегова — насыԥ змоу Нцәоуп, убри аҟынтә имаҵ зуагьы насыԥ рымазар рылшоит (1 Тим. 1:11).
«Насыԥ рымоуп аиашара азы изышьҭашәарыцо» (Матф. 5:10, АдҾ). (Шәрыхәаԥш абзацқәа 2, 3.)d
2, 3. а) Насыԥ змада, Иисус излеиҳәаз ала? б) Еилҳаргозеи ари астатиаҿы, насгьы избан уи зхадоу?
2 Уадаҩрак змам роума анасыԥ змоу? Мап! Еицырдыруа Иисус иажәахә аҿы иџьоушьаша даҽакгьы иҳәеит: «Насыԥ рымоуп игәырҩо». Ус анакәха, ауаҩы дгәырҩозаргьы, насыԥ имазар алшоит, — уи дызгәырҩо игәнаҳақәа, ма дзықәшәо ауадаҩрақәа ирыхҟьаны акәзаргьы. Уи адагьы, Иисус иҳәеит, «аиашара азы изышьҭашәарыцо», насгьы иара ихьӡ азы изхыччо насыԥ шрымоу (Матф. 5:4, 10, АдҾ, 11). Аха ишԥаҳалшо арҭ рҩызцәа аҭагылазаашьақәа рҿы насыԥ ҳамазар?
3 Иисус иҳәон, анасыԥ змоу уадаҩрак змам ракәымкәа, Анцәа деилызкаауа, насгьы изааигәахо шракәу (Иак. 4:8). Аха иҟаҵалатәузеи уи азы? Ари астатиаҿы ҳара ҳрылацәажәоит анасыԥҵәҟьа аиура иҳацхраауа х-шьаҿак.
АДОУҲАТӘ ФАТӘ ШӘЫДЫШӘКЫЛАЛА
4. Иарбан раԥхьатәи шьаҿоу анасыԥ аиуразы иҟаҵатәу? (Аԥсалом 1:1—3).
4 АКТӘИ АШЬАҾА. Ҳара анасыԥ ҳамазарц азы адоуҳатә фатә ҳадаҳкылалароуп. Ауаагьы аԥстәқәагьы мԥсырц азы акрырфалароуп. Аха ауаа мацара роуп адоуҳатә фатә здызкылалар зылшо. Ҳара уи ада ԥсыхәа ҳамаӡам. Убри азоуп Иисус абас зиҳәаз: «Чала мацара акәым ауаҩы иԥсы злаҭоу, уи ԥсҭазаара имоуп Анцәа иҿы иааҭшәауа иарбан ажәазаалакь алагьы» (Матф. 4:4). Убри аҟынтә, зыхә ҳараку Анцәа Иажәа, Абиблиа, ҳамыԥхьаӡакәа мышкгьы мцалароуп. Абар уи аӡбахә аԥсаломшәаҳәаҩ ишиҳәаз: «Насыԥ имоуп... Иегова изакәан [иалагәырӷьо], уахгьы-ҽынгьы... уи [иаԥхьо]». (Шәаԥхьа Аԥсалом 1:1—3.)
5, 6. а) Иҳаилнаркаауазеи Абиблиа? б) Иҳацхраар шԥалшо Абиблиа аԥхьара?
5 Иегова даараӡа бзиа ҳаибоит. Убри аҟынтә Абиблиаҿы ианиҵеит, анасыԥ ҳамазарц азы иҟаҵалатәу. Абиблиа иаҳзаанартит Анцәа ҳара ҳҟынтә дыззыԥшу, ҳаиҩызахар шҳалшо, насгьы ҳагәнаҳақәа ҳанажьхарц азы иҟаҵалатәу. Уи адагьы, ҳара ԥхьаҟатәи аԥсҭазааразы агәыӷра бзиа ҳауит (Иер. 29:11). Ари зегьы злеилаҳкааз Анцәа Иажәа аҭҵаара абзоуралоуп, уи ҳагәқәа гәырӷьарала иарҭәуеит.
6 Ишаҳдыруа еиԥш, Абиблиа есыҽны иҳахәо, иҟәыӷоу алабжьарақәа рацәаны изну шәҟәуп. Ҳара урҭ ҳрықәныҟәозар, анасыԥ ҳауеит. Шәзықәшәо ауадаҩрақәа шәгәы анкарыжьуа, Иегова Иажәа аԥхьареи азхәыцреи еиҳаны аамҭа рзалшәхла. Иисус иҳәеит: «Бзазара рымоуп Анцәа иажәа заҳауа, иацныҟәауа» (Лука 11:28).
7. Иҟаҵалатәузеи Абиблиа аԥхьара еиҳа ахәарҭа шәзаанагаларц азы?
7 Анцәа Иажәа шәыццакны шәамыԥхьалан — агьама жәбала. Шәақәшәахьоума шәара абри аҩыза аҭагылазаашьа? Зегь раасҭа бзиа ижәбо фатәык шәзыҟарҵеит. Аха иҟалап, шәахьыццакуаз азы, ма акы шәахьазхәыцуаз азы, уи имжаҳәаӡакәа илбаажәдазар. Шәсаан анҭацәы шәара еилышәкааит, ус ирласны ишыфатәымыз. Агьама жәбарц азы ҭынч ифатәын. Иҟалап, зны-зынла убас еиԥш Абиблиа ирласны шәаԥхьозҭгьы, уи иахҟьаны шәзыԥхьоз шәзеилымкаауазҭгьы, насгьы уи агәахәара шәзаанамгозҭгьы. Абиблиа аԥхьара агәахәара шәзаанагаларц азы аамҭа алшәхла. Шәхаҿы иаажәгала шәзыԥхьо ахҭысқәа, абжьқәа шшәаҳауа, насгьы шәзыԥхьо шәазхәыцла. Убас шәаԥхьалар, еиҳа анасыԥ шәымазаауеит.
8. Ишԥанаигӡо «узықәгәыӷыртә иҟоу амаҵуҩ ҟәыш» иду адҵа? (Шәахәаԥш иара убас албаага.)
8 Иисус «узықәгәыӷыртә иҟоу амаҵуҩ ҟәыш» далихит, ианаамҭоу адоуҳатә фатә ҳаиҭаларц азы (Матф. 24:45, АдҾ)b. Ҳара еснагь меигӡарахда адоуҳатә фатә ҳамоуп. Амаҵуҩ ҟәыш иҳазирхио адоуҳатә фатә злаҟарҵо ихадоу аингредиент — Иԥшьоу Аҩыра ауп (1 Фес. 2:13). Убри азоуп амаҵуҩ ҟәыш иҳаиҭо адоуҳатә фатә Абиблиа иану Иегова ихәыцрақәа реилкаара изҳацхраауа. Убри аҟынтә «Ахьчаратә бааш», «Пробудитесь!», насгьы jw.org аҿы иану астатиақәа ҳрыԥхьоит. Уи адагьы, ҳара аизарақәа зегьы ҳҽырзыҟаҳҵоит, насгьы есымза иҭыҵуа JW Broadcasting® апрограмма ҳахәаԥшуеит, уи ҳбызшәала иҭыҵуазар. Ибеиоу адоуҳатә фатә анасыԥҵәҟьа ҳазҭо аҩбатәи ашьаҿа аҟаҵара иҳацхраауеит.
ИЕГОВА ИНОРМАҚӘА РЫЛА ШӘЫНХАЛА
9. Шәалацәажәа анасыԥ ҳазҭо аҩбатәи ашьаҿа.
9 АҨБАТӘИ АШЬАҾА. Анасыԥ ҳамазарц азы Иегова инормақәа рыла ҳанхалароуп. Аԥсаломшәаҳәаҩ иҩит: «Насыԥ имоуп Иегова ицәшәо, насгьы иара имҩала ицо» (Аԥсал. 128:1). Апатуқәҵара зныԥшуа ашәара Иегова ицәымӷу зегьы аҽацәыхьчара иҳацхраауеит (Ажәам. 16:6). Убри аҟынтә Абиблиа иану ацәгьеи абзиеи ирызку Анцәа инормақәа рыла ҳанхаларц азы иҳалшо зегь ҟаҳҵоит (2 Кор. 7:1). Ҳара Иегова бзиа иибо ҟаҳҵозар, насгьы ицәымӷу ҟаҳамҵозар, еиҳа анасыԥ ҳамазаауеит (Аԥсал. 37:27; 97:10; Рим. 12:9).
10. Дыззыԥшузеи Иегова ҳара ҳҟынтә, Римаа рахь 12:2 иану инақәыршәаны?
10 Шәаԥхьа Римаа рахь 12:2. Ауаҩы идыруазар ауеит Иегова ацәгьеи абзиеи ирызку анормақәа рышьақәыргылара азин шимоу, аха уи адагьы, иара урҭ дрықәныҟәалароуп. Иааҳгап ҿырԥштәык. Ауаҩы идыруазар ауеит, аҳәынҭқарцәа азин шрымоу амашьынаныҟәцаҩ шаҟанӡа аццакыра шьҭихлар илшо ашьақәыргылара. Аха урҭ аԥҟарақәа рықәныҟәара иҭахымзар ауеит, убри аҟынтә амҩа данану есымша дыццакцәоит. Ҳхымҩаԥгашьа иаанарԥшуеит, Иегова инормақәа зегьы иреиӷьуп ҳәа ҳаԥхьаӡоу-иаҳмыԥхьаӡоу (Ажәам. 12:28). Давид убасҵәҟьа иԥхьаӡон ҳәа ҳҳәар ҳалшоит, избанзар иара Иегова абас иеиҳәеит: «Уара аԥсҭазаара амҩа сурбоит. Уааигәара аҟазаара гәырӷьара дууп. Уарӷьараҿы аҟазаара насыԥуп наӡаӡа» (Аԥсал. 16:11).
11, 12. а) Избан ҳгәы каҳаны ҳаныҟоу, ма ҳгәы ак аныҵхо ҳгәаҳҽанызар зҳахәҭоу? б) Ишԥаҳацхраауеи Филиппаа рахь 4:8 (АдҾ) аҿы иану агәырҿыхагақәа ралхра?
11 Ҳара ҳгәы каҳаны ҳаныҟоу, мамзаргьы ҳгәы ак аныҵхо, уи ҳхазыршҭыр алшо ак аҟаҵара ҳҭаххар ауеит. Уи еилкаауп. Аха ҳара ҳгәаҳҽанызароуп, Иегова ицәымӷу ак ҟаҳамҵарц азы (Еф. 5:10—12, 15—17).
12 Апостол Павел филиппаа ирзиҩыз асаламшәҟәаҿы ақьырсианцәа иреиҳәеит, «ииашоу, ицқьоу, бзиа ибатәу... ибзиоу» еснагь иазхәыцларц. (Шәаԥхьа Филиппаа рахь 4:8, АдҾ.) Араҟа Павел агәырҿыхагақәа рыӡбахә имҳәаӡеит, аха иажәақәа урҭ ҟәыӷарыла ралхра иҳацхраауеит. Шәаԥхьа ари ажәеинраала абас: «Еснагь шәрызхәыцла ицқьоу ашәақәа, ибзиоу афильмқәеи ашәҟәқәеи, арҽхәара иаԥсоу авидеохәмаррақәеи». Уи иалаҳхуа агәырҿыхагақәа Иегова ихәаԥшышьала ибзиоу-ибзиаму аилкаара иҳацхраауеит. Ҳара иаҳҭахуп, Иегова иҳараку инормақәа рыла ҳанхаларц (Аԥсал. 119:1—3). Усҟан ҳаламыс цқьазаауеит, насгьы анасыԥҵәҟьа аиура иҳацхраауа ахԥатәи ашьаҿа ҟаҳҵар ҳалшоит (Аус. 23:1).
ИЕГОВА ИМАҴ АУРА ШӘЫԤСҬАЗААРАҾЫ ЗЕГЬ РААСҬА ИХАДАЗ
13. Иарбан ахԥатәи шьаҿоу анасыԥ ҳазҭо? (Иоанн 4:23, 24).
13 АХԤАТӘИ АШЬАҾА. Иегова имаҵ аура шәыԥсҭазаараҿы зегь раасҭа ихадазарц азы ишәылшо зегь ҟашәҵала. Иегова — Ҳазшаз иоуп, убри аҟынтә иара заҵәык имаҵ ҳауларц даԥсоуп (Аат. 4:11; 14:6, 7). Ус анакәха, Анцәа имаҵ аура ҳаԥсҭазаараҿы зегь раасҭа ихадазароуп. Иегова иҭахуп иԥшьоу адоуҳа ацхыраара ҳадкыланы, насгьы иара изку аҵабырг инақәыршәаны имаҵ ҳауларц. (Шәаԥхьа Иоанн 4:23, 24.) Анцәа имаҵ анаҳуа иԥшьоу адоуҳа иҳанаҭо анапхгара ҳақәныҟәалароуп. Убасҟан ҳмаҵзура Абиблиа иану аҵабырг иақәшәалоит. Иегова имаҵ аура ҳаԥсҭазаараҿы зегь раасҭа ихаданы иҟазароуп, ҳахьынхо атәылаҿы Иегова имаҵ зуа ирышьҭашәарыцозаргьы. Иахьатәи амш азы 100-ҩык инареиҳаны ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи абахҭа иҭакуп, Иегова Ишаҳаҭцәа ахьракәу мацаразыc. Аха дара агәырӷьара дырӡӡом, насгьы рҭагылазаашьақәа рҿы ирылшо зегь ҟарҵоит. Урҭ Анцәа и́ҳәоит, Абиблиа ҭырҵаауеит, насгьы Анцәеи иара Иаҳреи рыӡбахә егьырҭ ирзеиҭарҳәоит. Ҳара иаҳхыччозаргьы, иҳашьҭашәарыцозаргьы, анасыԥ ҳамоуп, избанзар иаҳдыруеит, Иегова дышҳацу, насгьы аԥхьаҟа ҳамҭада ҳшаанимыжьуа (Иак. 1:12; 1 Пиотр 4:14).
АԤСҬАЗААРА АҞЫНТӘ АҾЫРԤШЫ
14. Дзықәшәазеи Ҭаџьықьсҭан инхо иқәыԥшу иашьак, насгьы избан?
14 Иҟалахьоу ахҭысқәа ишьақәдырӷәӷәоит, еилҳаргаз х-шьаҿак, аԥсҭазаараҿы ҳзықәшәо аҭагылазаашьақәа зеиԥшразаалакгьы, анасыԥ аиура ишҳацхраауа. Абар Ҭаџьықьсҭан инхо, 19 шықәса зхыҵуаз Џьовидон Бобоџьонов арра ацара мап ахьацәикыз азы дзықәшәаз. Октиабр 4, 2019 шықәсазы иара мчыла аҩны ддәылган дыргеит, насгьы мызқәак рыҩныҵҟа дҭакны дрыман, цәгьарак зуз аӡә иеиԥшгьы изныҟәон. Уи ахҭыс егьырҭ атәылақәа рҿгьы ирылаҩит. Ирҳәон, иара ҭоуба иурц, насгьы ар маҭәа ишәиҵарц азы дрыпҟон ҳәа. Анаҩс ашықәс иқәҵаны аколониахь дрышьҭит. Аха аҵыхәтәаны атәыла апрезидент Џьовидон дрыцҳаишьан, доурышьҭит. Ари аԥышәара анихигоз Џьовидон Анцәа гәыкала дизыҟан, насыԥгьы иман. Ишԥаилшеи уи иара? Уи ихеиршҭӡомызт Анцәеи иареи реизыҟазаашьақәа ирӷәӷәалар шихәҭоу.
Абахҭаҿы Џьовидон адоуҳатә фатә идикылон, Анцәа инормақәа рыла дынхон, насгьы Иегова имаҵ аура зегь раасҭа ихаданы иԥхьаӡон. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 15—17.)
15. Ишԥаидикылоз Џьовидон адоуҳатә фатә абахҭа данҭакыз?
15 Џьовидон абахҭа данҭакыз Абиблиеи ҳлитературеи шимамызгьы, адоуҳатә фатә адкылара даҟәымҵӡеит. Ҟалашьас иамази уи? Аишьцәеи аиҳәшьцәеи афатәқәа изнаргон, насгьы апакетқәа рҿы амш иазалхыз абиблиатә жәеинраала анырҵон. Убри аҟынтә иара есыҽны Абиблиа аԥхьареи уи азхәыцреи алшара иман. Абар даноурышьҭ ашьҭахь иара ииҳәаз: «Ашьҭашәарыцара ӷәӷәақәа макьана ирықәымшәац рзы еиҳараӡак ихадоуп, ирымоу ахақәиҭра Иеговеи дареи реизыҟазаашьақәа дырӷәӷәаларц азы рхы иадырхәалар, Анцәа Иажәеи ҳлитературеи иаԥхьаны».
16. Дзызхәыцуази Џьовидон?
16 Џьовидон Иегова инормақәа рыла дынхон. Иара иҽеим агәаҳәарақәа иҽриҭаӡомызт, насгьы ихы пату ақәҵаны имҩаԥигон. Ҳашьа есымша Иегова дизхәыцуан, насгьы уи изы зыхә ҳараку дазхәыцуан. Џьовидон Анцәа ишамҭақәа рыԥшӡара дазхәыцуан. Иара игәалаиршәоит: «Шьыжьымҭанла аҵарақәа рашәаҳәабжь саанарԥшуан, уахынла амзеи аеҵәақәеи рыԥшӡара сахәаԥшуан. Арҭ Иегова иҳамҭақәа сдыргәырӷьон, амчгьы сырҭон». Иегова иҳамҭақәа рзы, адоуҳатә фатәгьы уахь иналаҵаны, ҭабуп ҳәа иаҳҳәозар, ҳгәы гәырӷьарыла иҭәызаауеит, уи ауадаҩрақәа зегь рыхгара иҳацхраауеит.
17. Избан иаҳҳәар зҳалшо Џьовидон дзықәшәаз аҩыза иақәшәаз ауаҩы 1 Пиотр 1:6, 7 аҿы иану ажәақәа изкуп ҳәа?
17 Џьовидон изы Иегова имаҵ аура зегь раасҭа ихадан. Иара идыруан, иҵабыргу Анцәа аҵыхәтәанынӡа гәыкала ҳаизыҟазар шаҟа ихадоу. Иисус иҳәеит: «Иуқәиҭу Унцәа уиеихырхәала, убри Аӡәк имаҵ ула» (Лука 4:8). Аофицерцәеи асолдатцәеи ирҭахын, Џьовидон игәрахаҵара мап ацәикырц. Аха иара есыҽны, насгьы есыуаха дӷьаҵәыӷьаҵәуа Иегова диҳәон, димҭиирц азы амч ииҭарц. Иара иахь рыцҳашьарак шаадмырԥшуазгьы, Џьовидон игәаанагара имԥсахӡеит. Уажәы иара анасыԥ имоуп, избанзар абахҭахь дыргаанӡа, дрыпҟаанӡа, насгьы дҭаркаанӡа имамыз иоуит, — иӡрыжәу агәрахаҵара. (Шәаԥхьа 1 Пиотр 1:6, 7.)
18. Иҟаҵалатәузеи насыԥ ҳамазарц азы?
18 Иегова анасыԥҵәҟьа ҳамазарц азы иаҳҭаху идыруеит. Ари астатиаҿы еилҳаргаз х-шьаҿак анасыԥҵәҟьа аиуреи ауадаҩра ӷәӷәақәа ҳанрықәшәогьы уи амырӡреи иҳацхраауеит. Убасҟан ҳара иаҳҳәар ҳалшоит: «Насыԥ рымоуп Иегова Нцәас дызмоу ауаа!» (Аԥсал. 144:15).
АШӘА 89 Аӡырҩра азылԥхарақәа аанагоит
a Аӡәырҩы ауаа анасыԥҵәҟьа рзыԥшааӡом, избанзар уи ахьыҟам иашьҭоуп. Дара уи агәырҿыхагақәа рҿы, амал аҿы, ахьӡ-аԥшаҿы, ма амчраҿы иашьҭоуп. Аха Иисус иҳәеит, анасыԥ ахьыԥшаатәу. Ари астатиаҿы ҳара ҳрылацәажәоит анасыԥҵәҟьа аиура иҳацхраауа х-шьаҿак.
b Шәахәаԥш 2014 шықәса, август 15 азы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» аҿы иану астатиа «Получаете ли вы „пищу вовремя“?».
c Еиҳаны аинформациа шәыԥшаар шәылшоит асаит jw.org аҿы. (Аԥшааратә цәаҳәаҿы ианышәҵа «в тюрьме за веру».)
d АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Аишьцәа иқәдыргылаз ари асахьаҿы иаҳбоит, аишьцәеи аиҳәшьцәеи абахҭа иҭаку, аӡбарҭахь ирго аиашьа игәы шышьҭырхуа.