Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w22 ноиабр ад. 26—30
  • «Сара Иегова изы аџьабаа збалар сҭахын»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • «Сара Иегова изы аџьабаа збалар сҭахын»
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
  • Ахеиҵақәа
  • АҨЫЗЦӘА БЗИАҚӘА АХЬСЫМАЗ ШСЫХӘАЗ
  • ИХӘАРҬОУ АУРОКҚӘА
  • ИҾЫЦУ АҬАКԤХЫҚӘРАҚӘА
  • ХЫНТӘ ЕИКӘЫРШОУ АШАХА
  • АХАТӘ ҨЫЗА, АБ, НАСГЬЫ АРАИОНТӘ ХЫЛАԤШҨЫ
  • ИНЫСҴЫЗ АԤСҬАЗААРА САНАЗХӘЫЦУА
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
w22 ноиабр ад. 26—30

АБИОГРАФИА

«Сара Иегова изы аџьабаа збалар сҭахын»

ЕИҬЕИҲӘЕИТ ДАНИЕЛ ВАН МАРЛ

СУРИНАМТӘИ ицәаакыроу атропикатә бнатоура иацәыхарамкәа иҟоу ақыҭа Гранбури аҟынтә ҳхынҳәуан. Уа гәыԥ хәыҷык ҳаҭаауан. Ҳара аишьцәеи аиҳәшьцәеи абзиараз ҳәа раҳәаны, амҿы иалхыз анышь ҳақәтәаны аӡиас Тапанахони ҳхылеит. Ԥыҭрак ашьҭахь, аӡиас ишәарҭаз аҭыԥқәа ҳанраҩсуаз, ҳмотор ахаҳә иахасит. Анышь аԥынҵа иаразнак иӡааҟәрылан, аӡы аҵахь ҳагеит. Сара сгәы ҭыԥсааит. Араионтә хылаԥшҩыс амаҵ аура салагеижьҭеи шықәсқәак рыҩныҵҟа акырынтә анышь сақәтәаны аӡиасқәа сшырхылахьазгьы аӡсашьа сыздыруамызт!

Уи ашьҭахь иҟалаз нас ишәзеиҭасҳәоит. Раԥхьа ишәзеиҭасҳәар сҭахуп саамҭа зегь амаҵзура иазыскуа сшалагаз.

Сара сиит 1942 шықәсазы, иблахкыгоу карибтәи адгьылбжьаха Киурасао аҿы. Саб шьҭрала Суринам датәуп, аха ари адгьылбжьахахьы аусуразы диасит. Сиира шықәсқәак шагыз саб Киурасао раԥхьаӡа аӡы зыҽӡаазхыз Иегова ишаҳаҭцәа дреиуахеитa. Есымчыбжьа иара ихәыҷқәа зегьы — ҳара хә-ҩык ҳаҟан — Абиблиа аҵаразы ҳаизигон, зны-зынла уи уиаҟара ишаҳҭахымызгьы. 14 шықәса анысхыҵуаз саб ҳиманы Суринамҟа диасит, зықәрахь инеихьаз иан дылхылаԥшларц азы.

АҨЫЗЦӘА БЗИАҚӘА АХЬСЫМАЗ ШСЫХӘАЗ

Суринам Иегова гәыкала имаҵ зуаз иқәыԥшыз аишьцәеи аиҳәшьцәеи срабадырит. Дара маҷк исеиҳабын, насгьы пионерс амаҵ руан. Урҭ ажәабжьҳәараҿы изықәшәоз ахҭысқәа анеиҭарҳәоз, рхы-рҿы агәырӷьара анубаалон. Аизарақәа рышьҭахь сҩызцәеи сареи Абиблиа аҟынтә атемақәа ҳрылацәажәон, зны-зынла еҵәала ихҩаз ажәҩан ҳаҵатәаны. Ҳаиҩызара аԥсҭазаараҿы исҭаху аилкаара исыцхрааит: Иегова изы аџьабаа абара. Убри аҟынтә 16 шықәса анысхыҵуаз аӡы сыҽӡаасхит, 18 шықәса анысхыҵуаз пионерс амаҵ аура салагеит.

ИХӘАРҬОУ АУРОКҚӘА

Парамарибо пионерс амаҵ зуеит

Пионерс амаҵ аура саналага исҵаз рацәоуп. Уи анаҩсгьы смаҵзураҿы исыхәеит. Иаҳҳәап, сара еилыскааит егьырҭ аҵара дырҵара шаҟа ихадоу. Пионерс саныҟала миссионерс иҟаз Виллем ван Сеиел сыцхраара далагеитb. Уи ибзоурала аизараҿы аҭакԥхықәрақәа шынагӡалатәу иазкны еилыскааз рацәоуп. Усҟан схаҿгьы исзаагомызт иаарласны уи шаҟа исыхәоз. Анаҩстәи ашықәс азы сара иҷыдоу пионерс сҟалеит, насгьы ицәаакыроу атропикатә бнатоураҿы иҟаз агәыԥқәа рыцхраара салагеит. Сара ахә ҳаракны исшьоит аишьцәа ианаамҭаз исырҭаз ацхыраара! Уи нахыс, урҭ сырҿыԥшны, егьырҭ иҿыцу ак дырҵара сҽазысшәоит.

Уи адагьы, сара еилыскааит иумоу узырхара, насгьы аиҿкаара улазар шаҟа ихадоу. Амза алагамҭазы пионерс амаҵ сыцызуази сареи ҳхарџь ҳаԥхьаӡон. Уи ашьҭахь ҳуаӡәк иаҳцәыхараз аҳҭнықалақь ахь дцаны иаҳҭахыз ааигон. Ҳара иҳамаз амза нҵәаанӡа иҳазҳархалар акәын, избанзар ак ҳцәынҵәазҭгьы, абнатоураҿы уи ҳаурымызт. Санқәыԥшыз исымаз сзырхареи зегь заа рызхәыцреи ахьысҵаз абзоурала акы сахнамго Иегова изы аџьабаа абара сылшеит.

Иара убас сара еилыскааит ауаа аҵабырг дырҵара рхатәы бызшәала еиҳа ишеиӷьу. Сара схәыҷаахыс нидерланд бызшәалеи, англыз бызшәалеи, папиаменто бызшәалеи, насгьы Суринам ирылаҵәоу сранан-тонго бызшәалеи сцәажәоит. Аха сара игәасҭеит, аџьунгли аҿы ауаа ажәабжь бзиа рхатәы бызшәала еиҳа ишрыдыркыло. Аха бызшәақәак рҵара сцәыцәгьан. Иаҳҳәап, сарамаккантәи. Уа иҳараку, насгьы илаҟәу абжьқәа рхы иадырхәоит. Аха аџьабаа абара иаԥсан! Аҭыԥантәи абызшәақәа ахьысҵаз абзоурала, еиҳаны ауаа аҵабырг дырҵара сылшеит.

Ҳәараҭахума, узырԥхашьоз аҭагылазаашьақәа санрықәшәозгьы ыҟан. Зны сарамаккантәи абызшәала ицәажәоз Абиблиа зҵоз ԥҳәыск лымгәа шлыхьуаз еилыскааит. Сара дшыҟоу сазҵаарц сҭаххеит, аха уи аҭыԥан бцәабтәымкәа быҟоума ҳәа слазҵаазаап! Уи шаҟа дацәыԥхашьаз еилышәкаазар акәхап. Ас еиԥш иҟаз аҭагылазаашьақәа сышрықәшәозгьы сахьцалакгьы ауаа рхатәы бызшәала ажәабжь рзеиҭаҳәара сҽазысшәон.

ИҾЫЦУ АҬАКԤХЫҚӘРАҚӘА

1970 шықәсазы сара араионтә хылаԥшҩыс сҟалеит. Уи ашықәс азы џьунгли иҟаз агәыԥқәа рацәаны сырҭааит. Усҟан «Иегова ишаҳаҭцәа адунеизегьтәи ихадоу русбарҭа аҭаара» темас измаз аслаидқәа дҳарбон. Урҭ аҭыԥқәа рахь ҳнеирц азы аишьцәеи ҳареи амҿы иалхыз, ихәхәаӡа иҟаз анышьқәа рыла агенератори, абылтәи, акеросин зҭарҭәоз алампақәеи, аслаидқәа зладҳарбоз ахархәагақәеи ҳаманы аӡиас ҳхылон. Нас уи зегь ҳаманы абна ҳалсны ҳцон. Аха еиҳараӡак исгәалашәо ауадаҩрақәа ракәымкәа, абнатоураҿы инхоз ауаа иҷыдаз урҭ апрограммақәа рыхә шыршьоз ауп. Сара даараӡа сгәы ҟанаҵон, урҭ сахьрыцхраауаз адгьыл аҿы иҟоу Иегова иорганизациа ахәҭеи иареи реилкаара. Иегова изы схы самеигӡакәа избоз аџьабаа алҵшәа шаанагоз анызбоз, даараӡа сеигәырӷьон.

ХЫНТӘ ЕИКӘЫРШОУ АШАХА

Етели сареи 1971 шықәса, сентиабр мзазы ҳаибагеит

Аҭаацәара сахьаламыз амаҵзураҿы ирацәаны аҟаҵара шсылнаршозгьы, аҭаацәара салалар сҭахын. Убри аҟынтә џьунгли аҿы амаҵ аура иадҳәалаз ауадаҩрақәа ирцәымшәалоз аԥҳәыс дсыԥшаарц азы Анцәа иҳәара салагеит. Шықәсык аҟара ашьҭахь Етел зыхьӡыз, зхы иамеигӡоз, иҷыдоу пионерс амаҵ зуаз аиаҳәшьеи сареи ҳаибадырырц азы ҳаиқәшәо ҳалагеит. Данқәыԥшыз инаркны лара апостол Павел иҿырԥшы лгәаԥхон, насгьы иара иеиԥш лыԥсҭазаара зегь ақьырсиантә маҵзура иазылклар лҭахын. Сентиабр мза, 1971 шықәсазы ҳара ҳаибагеит, насгьы Етел араионтә маҵзураҿы дсывагылеит.

Етел ибеиамыз аҭаацәараҿы илызҳаит, убри аҟынтә араионтә маҵзура иадҳәалаз ауадаҩрақәа дрыцәшәаӡомызт. Иаҳҳәап, џьунгли ҳалсны аизарақәа рахь ҳанцоз, рацәак амаҭәақәа ҳгаӡомызт. Ҳара аӡиасқәа рҿы ҳамаҭәақәа ҳаӡәӡәон, насгьы ҳҽаҳкәабон, иара убас аԥшәмацәа иаҳҿарҵоз ҳфон: игуан, апираниақәа, абнаҿы ирбоз, иара убас аӡиасқәа рҿы иркуаз даҽакы. Афатә знаҳҵоз анҳамамыз абанан абӷьқәа ирнаҳҵон, напыла акранаҳфозгьы ыҟан. Етели сареи ҳхы ҳамеигӡакәа Иегова изы аџьабаа анаҳбоз, иареи ҳареи хынтә еикәыршоу ашаха еиԥш ҳшыҟалоз ҳбон (Эккл. 4:12). Уи аҩыза аԥсҭазаара акгьы иаҭныҳаԥсахларымызт!

Еизарак ҳаҭааны ҳшыхынҳәуаз ауп, хыхь зыӡбахә сҳәаз ахҭыс ҳанақәшәа. Аӡиас ишәарҭаз аҭыԥ ҳанаҩсуаз, ҳнышь аӡы аҵаҟа ицеит, аха ирласны ихылеит. Шаҟа ибзиази аиқәырхага жилетқәа ахьаҳшәыз, насгьы анышь ҳахьҭымбгаз. Аха ҳнышь ӡыла иҭәит. Ҳара ҳачуанқәа ирҭаз афатә кажьны, урҭ рыла ҳнышь аҟынтә аӡы аҭгара ҳалагеит.

Ҳара фатәыда ҳаанхеит, убри аҟынтә аӡиас ҳхыланы ҳашцоз, аԥсыӡкра ҳалагеит, аха акгьы ҳзымкӡеит. Иегова уи амш азы иаҳфашаз ак ҳаиҭарц азы ҳиҳәеит. «Аминь» анаҳҳәа ашьҭахьҵәҟьа, иашьак аҵәгәыр ҭаиршәын, х-ҩык ахацәеи ҩыџьа аҳәсеи иҳазхашаз ԥсыӡ дук икит. Ҳара зегь ҳазхара ҳфеит.

АХАТӘ ҨЫЗА, АБ, НАСГЬЫ АРАИОНТӘ ХЫЛАԤШҨЫ

Араионтә маҵзураҿы хәышықәса амаҵ анаҳуы ашьҭахь, ҳзыргәырӷьаз ак ҟалеит: ахшара ҳаураны ҳшыҟаз еилаҳкааит. Сара даара сгәырӷьеит, аха уи ҳаԥсҭазаара ишаныԥшуаз сыздыруамызт. Етели сареи иахьынӡаҳалшоз ҳаамҭа зегь амаҵзура иазаҳклар ҳҭахын. 1976 шықәсазы раԥхьатәи ҳԥа Етниел диит, ҩышықәсеи бжаки рышьҭахь — Гьофанни.

Суринам мрагыларатәи ахәҭаҿы Годо Холо азааигәара иҟоу аӡиас Тапанахони аҿы аӡӡаахра шымҩаԥысуа сахәаԥшуеит. 1983-тәи ашықәс

Урҭ ашықәсқәа рзы Суринам араионтә хылаԥшыҩцәа азхаӡомызт, убри аҟынтә афилиал аҟынтә аишьцәа ақәшаҳаҭхеит, ахәыҷқәа рааӡареи араионтә маҵзуреи еиласыгӡаларц. Ҳаҷкәынцәа аныхәыҷқәаз ирацәаны аизарақәа зҵазымкуаз араионқәа рҭаара сыдырҵон. Уи абзоурала амза аҩныҵҟа мчыбжьқәак раионтә хылаԥшҩыс амаҵ зуан, егьи абжьарак сеизараҿы пионерс амаҵ зуан. Ҳаҩны иацәыхарамыз аизарақәа санырҭаауаз, Етели ҳаҷкәынцәеи сыцын. Аха ицәаакыраз атропикатә бнатоураҿы иҟаз аизарақәеи аконгрессқәеи санырҭаауаз, сымацара сцон.

Араионтә хылаԥшҩыс амаҵ анызуаз, ихароу аҭыԥқәа рҿы иҟаз аизарақәа сырҭаарц азы, лассы-лассы анышь ала аӡиас схыланы сцон

Исыдыз аҭакԥхықәрақәа рацәан, убри аҟынтә зегьы срыхьӡаларц азы сусқәа ибзианы еиҿыскаалар акәын. Сара ҳҭаацәаратә мҵахырхәара есымчыбжьа имҩаԥызгаларц азы исылшоз зегь ҟасҵон. Џьунгли аҿы иҟаз аизарақәа санырҭаауаз Етел ахәыҷқәа Абиблиа длырҵон. Аха ҳара лассы-лассы ҭаацәаныла аамҭа еицаҳхаҳгаларц ҳҽазаҳшәон. Уи адагьы, Етели сареи ахәыҷқәа ҳаԥсы рыцаҳшьон: ҳрыцыхәмаруан, ма аԥсабарахь иаҳгон. Сара лассы-лассы араион иадҳәалаз аусқәа ҵхыбжьонынӡа сырҿын. Етел, Ажәамаанақәа 31:15 аҿы зыӡбахә ҳәоу аԥҳәыс бзиа леиԥш, ашьыжь шаанӡа дгылон. Лара лыбзоурала, ахәыҷқәа ашкол ахь ицаанӡа, амш иазалхыз ажәеинраала аԥхьареи акрыфареи ҳахьӡон. Сара Иегова ҭабуп ҳәа иасҳәоит зхы иамеигӡо сыԥшәма лзы! Лара еснагь исыду аҭакԥхықәрақәа рынагӡара дсыцхраауан.

Аҭаацәара раҳасабала, ҳара иҳалшоз зегь ҟаҳҵон, ҳаҷкәынцәа Иеговеи имаҵ ауреи бзиа ирбарц. Ҳара иаҳҭахын, урҭ ианрызҳалак, раамҭа зегь амаҵзура иазыркларц, насгьы уи ҳара иаҳҭахуп ҳәа акәымкәа, дара рхала иалырхырц. Есымша ҳанрацәажәоз ираҳҳәон уаамҭа зегь амаҵзура ианазукуа шаҟа агәырӷьара уоуа. Ҳара ауадаҩрақәа рыӡбахәгьы ҳҳәон, аха Иегова ҳҭаацәара дшацхраауаз, насгьы дшақәныҳәоз раҳҳәон. Уи адагьы, ҳара иҳалшоз зегь ҟаҳҵон, ҳаҷкәынцәа Иегова зыԥсҭазаараҿы раԥхьатәи аҭыԥ аҿы дзыргылоз аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҩызцәас ирымазарц.

Ҳаҷкәынцәа ирызҳауанаҵы Иегова зда ԥсыхәа ыҟамыз зегь ҳаиҭон. Ҳәарада, саргьы аҭаацәараҿы исыдыз ароль анагӡаразы исылшоз зегь ҟасҵон. Иҷыдоу пионерс амаҵ анызуаз, аиҿкаашьеи ииашаны аԥара аныхшьеи сҵеит. Аха исылшоз зегь шыҟасҵозгьы, иаҳҭахыҵәҟьаз анҳамамызгьы ыҟан. Уи аҩыза аамҭақәа раан Иегова дышҳацхраауаз агәра ганы сыҟоуп. Иаҳҳәап, 1980-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭазы, 1990-тәи ашықәсқәа рылагамҭазы, Суринам ауаа дара-дара еиҿагыланы еибашьуан. Урҭ аамҭа цәгьақәа раан ахныҟәгара цәгьан. Аха Иегова ҳаанижьӡомызт (Матф. 6:32).

ИНЫСҴЫЗ АԤСҬАЗААРА САНАЗХӘЫЦУА

Арымарахьтә арӷьарахь: Етели сареи

Етниел иԥҳәыс Наталии иареи

Гьофанни иԥҳәыс Кристали иареи

Иегова еснагь даҳхылаԥшуан, насгьы ҳаԥсҭазаара акы иузадымкыло гәырӷьарала иҭәын. Ҳхәыҷқәа Иегова иҟынтә зеиԥшыҟам ҳамҭоуп. Урҭ рааӡара ҳара ҳзы ҳаҭыр дуун. Ажәала иҳазҳәом, даргьы раамҭа зегь амаҵзура азкра ахьырыӡбаз, шаҟа ҳгәы ҟанаҵо. Етниели Гьофаннии абиблиатә школқәа рҿы аҵара иахысит, уажәы рыҳәсеи дареи Суринам афилиал аҿы амаҵ руеит.

Етели сареи ҳақәрахь ҳнеихьеит, аха иҷыдоу апионерцәа раҳасабала, уажәгьы Иегова изы аџьабаа ҳбоит. Ҳара убриаҟара ҳаилахоуп, аӡсашьа аҵаразы уажәгьы аамҭа сзымԥшааӡацт. Аха сара акгьы сахьхәӡом! Инысҵыз аԥсҭазаара саназхәыцуа, исҳәар сылшоит: санқәыԥшыз саамҭа зегь амаҵзура иазыскырц ахьысыӡбаз, исыдыскылар алшоз аӡбарақәа зегьы иреиӷьхеит.

a Шәахәаԥш 2002 шықәсазы иҭыҵыз «Ежегодник Свидетелей Иеговы», адаҟьа 70.

b Виллем ван Сеиел ибиографиа «Превзойдённые ожидания» ануп 1999 шықәса, октиабр 8 азы иҭыҵыз «Пробудитесь!» аҿы.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра