АҴАРАЗЫ АСТАТИА 1
Агәра ганы шәыҟоума Анцәа Иажәа шҵабыргу?
2023-ТӘИ АШЫҚӘС ИАЗАЛХУ АЖӘЕИНРААЛА: «Уажәа шынеибарку — иҵабыргуп» (АԤСАЛ. 119:160).
АШӘА 96 Анцәа Иажәа хазыноуп
АХҲӘААa
1. Избан иахьа аӡәырҩы Абиблиа агәра зырымго?
ИАХЬА аӡәырҩы аӡәгьы игәра ргаӡом. Дара пату зқәырҵо ауаа — аполитикцәа, аҵарауаа, абизнесменцәа — ирыхәаша ак ҟарҵап ҳәа иҟам. Иара убас адиннапхгаҩцәа рыгәра агара рцәыцәгьоуп. Адиннапхгаҩцәа Абиблиа иану ҟаҳҵоит ҳәа рҳәоит, убри аҟынтә иџьашьатәӡам, ауаа Абиблиагьы агәра ахьырымго.
2. Зыгәра ганы ҳаҟазар акәзеи ҳара, Аԥсалом 119:160 иану инақәыршәаны?
2 Иегова имаҵзуҩцәа раҳасабала ҳара агәраганы ҳаҟоуп: иара аҵабырг Анцәа шиакәу, насгьы ҳара ҳзы зегь иреиӷьу шиҭаху (Аԥсал. 31:5; Ис. 48:17). Ҳара Абиблиа иану агәра ҳгоит, избанзар «[Анцәа иажәа] шынеибарку — иҵабыргуп». (Шәаԥхьа Аԥсалом 119:160.) Абиблиа ҭҵааҩык ииҳәаз ҳақәшаҳаҭуп: «Анцәа ииҳәаз зегь ҵабыргуп, насгьы иажәақәа еснагь инаӡоит. Анцәа имаҵзуҩцәа ииҳәо зегь агәра ргоит, избанзар ихаҭагьы игәра ргоит».
3. Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?
3 Аха ҳрыцхраар шԥаҳалшо егьырҭ ауаа Анцәа Иажәа агәра агара? Шәааи еилҳаргап Абиблиа агәрагара ишаԥсоу узырбо х-мзызк. Ҳара еилаҳкаауеит Абиблиа атекст аҽшамԥсахыз, уа иану аԥааимбаражәақәа шынаӡо, насгьы уи ауаа рыԥсҭазаара шаԥсахуа.
АБИБЛИА АҼАМԤСАХӠАКӘА ҲАРА ҲҞЫНӠА ИААИТ
4. Избан шьоукы абиблиатә текст аҽшамԥсахыз агәрагара зырцәыцәгьоу?
4 Анцәа Иегова 40-ҩык раҟара гәыкала изыҟаз ахацәа ргәазҭеиҵеит Абиблиа иахәҭакхаз ашәҟәқәа рыҩра. Аха раԥхьатәи аҩырақәа рҟынтә акызаҵәыкгьы ҳаамҭа аҟынӡа имааиӡеит. Ҳара иҳамоу акопиақәа ркопиақәа роуп. Убри аҟынтә шьоукы ирызцәырҵуеит азҵаара: «Иахьа Абиблиа аҟынтә ҳзыԥхьо аԥхьанатә уа ианыз акәҵәҟьоума?» Иарбан шьақәырӷәӷәарақәоу иҳамоу Абиблиа атекст аҽшамԥсахыз, уи зқьышықәсақәа рыҩныҵҟа ишхырҩылаауазгьы?
Ауриатә Ҩырақәа рыхҩылаашьа зырҵаз ауаа аџьабаа ду рбеит, иҟарҵоз ахҩылаақәа рҿы Анцәа иажәақәа рҽырымԥсахырц азы. (Шәахәаԥш аабзац 5.)
5. Ишԥаҟарҵоз Ауриатә Ҩырақәа ркопиақәа? (Шәахәаԥш ацәаҿы иану асахьа.)
5 Иегова Иажәа ихьчарц азы, ижәлар Иԥшьоу Аҩыра акопиақәа ҟарҵаларц реиҳәеит. Анцәа Израиль аҳцәа дҵас ириҭеит Моисеи изакәан рхазы ихырҩылаарц, насгьы алевитцәа алихит ауаа азакәан ддырҵаларц (Ҩынтә. 17:18; 31:24—26; Неем. 8:7). Израильаа итҟәаны иахьыҟаз Вавилон аҟынтә ианыхынҳә ашьҭахь, аҩырақәа рыхҩылаашьа зырҵаз ауаа Ауриатә Ҩырақәа ркопиақәа рыҟаҵара иалагеит (Езд. 7:6, албаага). Убас, Ауриатә Ҩырақәа ркопиақәа рацәахеит. Урҭ ахҩылааҩцәа рус убриаҟара ҭакԥхықәрала иазнеиуан, атекст шыҟаҵәҟьаз ихырҩылаарц азы, аамҭак ашьҭахь ажәақәа рыдагьы, анбанқәагьы рыԥхьаӡо иалагеит. Аха ус ишыҟазгьы, ауаа ахьынаӡам иахҟьаны, аҩырақәа рҿы гха хәыҷқәак ҟалеит. Аха текстк акопиақәа ахьырацәаз абзоурала урҭ агхақәа рыԥшаара мариан. Ишԥа?
6. Ишԥарылшо аҵарауаа абиблиатә текст ахҩылаақәа рҿы агхақәа рыԥшаара?
6 Абиблиатә текст хызҩылаауаз иҟарҵаз агхақәа рыԥшаарц азы аҵарауаа знеишьа бзиак рхы иадырхәоит. Иарбану уи? Иаҳҳәап, ҳара 100-ҩык ауаа ҳрыҳәеит атекст даҟьак хырҩылаарц. Аха урҭ руаӡәк уи анхиҩылаауаз гхак ҟаиҵеит. Иуԥшаар шԥаулшо уи? Уи иҟаиҵаз ахҩылааи егьырҭ иҟарҵаз ахҩылаақәеи еиҿырԥштәуп. Убас еиԥшҵәҟьа аҵарауаагьы абиблиатә текст ахҩылаақәа еиҿдырԥшуеит, насгьы ахҩылааҩцәа гхак ҟарҵазар ма ак бжьарыжьзар, уи гәарҭоит.
7. Шаҟа ииашаны ихырҩылаауази абиблиатә текст?
7 Ахҩылааҩцәа абиблиатә текст ишаныҵәҟьаз ихырҩылаарц азы аџьабаа ду рбон. Абар ҿырԥштәык. Зегь реиҳа иажәу Ауриатә Ҩырақәа ихарҭәаау ахҩылаа — Ленинградтәи акодекс ауп, уи 1008-тәи ма 1009-тәи ашықәс ҳ. ҳ. азы иҟаҵан ҳәа иԥхьаӡоуп. Аха ааигәа ирыԥшааит Ленинградтәи акодекс ҟарҵаанӡа 1 000 шықәса шыбжьаз иҟаҵаз ахҩылаақәеи ахҩылаақәа рыхәҭақәеи. Аӡәы игәы иаанагар алшон, ашәышықәсақәа рыҩныҵҟа уи атекст зныкымкәа иахьхырҩылаахьаз азы, Ленинградтәи акодекс иануи урҭ ажәытә ҩырақәа ирнуи зынӡа еиԥшхаӡом ҳәа. Аха уи ус акәӡам. Аҵарауаа еиҳа иажәу аҩырақәеи еиҳа иҿыцу аҩырақәеи анеиҿдырԥш игәарҭеит, џьара-џьара аҳәоуқәа даҽакала ишеиҿартәоу, аха уи абиблиатә текст аҵакы зынӡагьы ишамԥсахыз.
8. Излеиԥшымзеи Ақьырсиантә Бырзен Ҩырақәа рыхҩылаақәеи ажәытәан иҟаҵаз егьырҭ аҩырақәа рыхҩылаақәеи?
8 Ауриатә Ҩырақәа хызҩылаауаз реиԥш, раԥхьатәи ақьырсианцәагьы Абырзен Ҩырақәа злашьақәгылоу 27 шәҟәы рыхҩылаара ҭакԥхықәрала иазнеиуан. Дара урҭ аизарақәа рҿы, насгьы ажәабжьҳәараҿы рхы иадырхәон. Ҵарауаҩык иахьа уажәраанӡа иаанхаз Абырзен Ҩырақәа рыхҩылаақәеи урҭ аамҭақәа рзы иҟаҵаз егьырҭ аҩырақәа рыхҩылаақәеи анеиҿирԥш, иҳәеит: «[Абырзен Ҩырақәа рыхҩылаақәа] еиҳа ирацәоуп... насгьы урҭ еиҳа ихарҭәаауп». Ашәҟәы «Анатомия Нового Завета» аҿы иануп: «Зеилкаара мариоу иахьатәи [Абырзен Ҩырақәа] реиҭага ҳанаԥхьо, ҳара ҳзыԥхьо ажәытәан авторцәа ирыҩуаз ахаҭаҵәҟьа ауп» (Anatomy of the New Testament).
9. Иаҳҳәар ҳалшозеи абиблиатә текст иазкны? (Исаиа 40:8).
9 Ашәышықәсақәа рыҩныҵҟа гәыкала аџьабаа збоз ахҩылааҩцәа рыбзоурала иахьа ҳара зыгәра угартә иҟоу абиблиатә текст аԥхьареи аҭҵаареи алшара ҳамоупb. Ҳәара аҭахума, Иегова Иажәа аҽамԥсахӡакәа ҳара ҳҟынӡа иааиртә иҟаиҵеит. (Шәаԥхьа Исаиа 40:8.) Аха аӡәы иҳәар ауеит: «Абиблиа аҽахьамԥсахыз мацара ишьақәнарӷәӷәаӡом уи Анцәа иҟынтә шакәу». Убри аҟынтә шәааи Абиблиа Анцәа Иажәа шакәу узырбо егьырҭ ашьақәырӷәӷәарақәагьы еилҳаргап.
АБИБЛИАТӘ ԤААИМБАРАЖӘАҚӘА АГӘРАГАРА ИАԤСОУП
Армарахь: C. Sappa/DeAgostini/Getty Images; Арӷьарахь: Image © Homo Cosmicos/Shutterstock
Абиблиатә ԥааимбаражәақәа ажәытәан инаӡон, иахьагьы ҳабла ишабо анаӡара иаҿуп. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 10, 11.)d
10. Иаажәга инаӡахьоу аԥааимбаражәақәа рҟынтә ҿырԥштәык, 2 Пиотр 1:21 иану шьақәзырӷәӷәо. (Шәрыхәаԥш асахьақәа.)
10 Абиблиаҿы инаӡахьоу аԥааимбаражәақәа рацәаны иануп. Урҭ рҟынтә ԥааимбаражәақәак ашәышықәсақәа анҵы инаӡеит. Аҭоурых уи шьақәнарӷәӷәоит. Ҳара уи џьаҳшьаӡом, избанзар абиблиатә ԥааимбаражәақәа Авторс ирымоу Анцәа Иегова ихаҭа иоуп. (Шәаԥхьа 2 Пиотр 1:21.) Шәааи еилҳаргап ажәытәтәи Вавилон иазку аԥааимбаражәа. VIII ашәышықәса ҳ. ҟ. азы аԥааимбар Исаиа иҳәахьан амчра ду змаз ақалақь Вавилон шрымпыҵадырхало. Уи ақалақь зымпыҵазырхало Кир шихьӡхогьы иҳәеит, насгьы ақалақь шырго иазкыз акәамаҵамарақәа зегь аниҵеит (Ис. 44:27—45:2). Иара убас Исаиа иҳәахьан, аамҭак ашьҭахь Вавилон шыхдырбгало, насгьы ишқьаԥҭахо (Ис. 13:19, 20). Убас иагьыҟалеит. 539 шықәса ҳ. ҟ. азы Вавилон мидааи персааи ирымпыҵадырхалеит. Анкьа зны уи ақалақь шыӷәӷәазгьы, уажәы еилабганы ишьҭоуп. (Аелектронтә хархәагаҿы шәахәаԥш ашәҟәы «Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы!» аурок 3, апункт 5 аҿы иаагоу авидеонҵамҭа «Абиблиа заа иаҳәахьан Вавилон шыргоз».)
11. Еиҭашәҳәа Даниил 2:41—43 иану ажәақәа иахьа анаӡара ишаҿу.
11 Абиблиатә ԥааимбаражәақәа ажәытәан мацара акәӡам ианынаӡоз. Ԥааимбаражәақәак шынаӡо иахьа ҳаблала иаҳбоит. Иаҳҳәап, адунеи зегь аҿы амчра змазаауа Великобританиеи Еиду Аштатқәеи реидгыла иазку иџьоушьаша Даниил иԥааимбаражәа. (Шәаԥхьа Даниил 2:41—43.) Уи аԥааимбаражәаҿы иҳәан урҭ реидгыла ганкахьала аиха еиԥш ишыӷәӷәазаауа, даҽа ганкахьала анышәаԥшь еиԥш ишыԥсыҽзаауа. Ишԥаадырԥшуеи Великобританиеи Еиду Аштатқәеи аиха еиԥшу амч шрымоу? Урҭ Адунеизегьтәи ҩ-еибашьрак раан аиааира агараҿы ихадоу ароль нарыгӡеит. Уи адагьы, дара иахьагьы аибашьрақәа рымҩаԥгаразы амч ду рымоуп. Аха урҭ аҳәынҭқаррақәа ирымоу амч ртәылауаа идырԥсыҽуеит. Дара рзинқәа рыхьчарц азы аҿагыларақәа шьҭырхуеит. Политологк ааигәа иҳәеит: «Иҟаӡам абас здемократиа ӷәӷәоу, аха Еиду Аштатқәа реиԥш зполитика еиҩшоу, насгьы иԥсыҽу даҽа ҳәынҭқаррак». Аха иаҳҳәар ҳалшозеи Великобританиа иазкны? Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы уи еиҳараӡак изырԥсыҽуа Европатәи аидгылеи иареи реизыҟазаашьақәа зеиԥшразар акәу иазкны ауаа ргәаанагарақәа ахьеиқәымшәо ауп. Уи Великобританиеи Еиду Аштатқәеи реидгыла рыгәҭакқәа рынагӡара ирԥырхагоуп.
12. Зыгәра ҳдыргозеи абиблиатә ԥааимбаражәақәа?
12 Инаӡахьоу абиблиатә ԥааимбаражәақәа агәра ҳдыргоит Анцәа аԥхьаҟа ҳзықәиргәыӷызгьы шынаигӡо. Ҳара аԥсаломшәаҳәаҩ ҳиқәшаҳаҭуп. Иара Иегова изы абас иҳәеит: «Сышԥазыԥшу санеиқәурхо, избанзар уажәа сақәгәыӷуеит» (Аԥсал. 119:81). Абиблиа ҳанаԥхьо Иегова ҳара ҳахь ақьиара шааирԥшуа ҳбоит, насгьы «аԥеиԥши агәыӷреи» ҳаиҭоит (Иер. 29:11). Ҳара ҳзықәгәыӷуа ауаа ракәымкәа Иегова иоуп. Шәааи, анаҩсгьы абиблиатә ԥааимбаражәақәа ҭаҳҵаалап, Анцәа Иажәахь ҳагәрагара ҳарӷәӷәаларц азы.
АБИБЛИА ИАНУ АЛАБЖЬАРАҚӘА МИЛЛИОНҨЫЛА АУАА ИРЫЦХРААУЕИТ
13. Избан ҳара Абиблиа агәра ҳгалар зҳалшо, Аԥсалом 119:66, 138 иану инақәыршәаны?
13 Ҳара Абиблиа агәра ҳгалар зҳалшо даҽа мзызкгьы ыҟоуп. Уа иану алабжьарақәа ҳхы ианаҳархәо, ахәарҭа ду ҳауеит. (Шәаԥхьа Аԥсалом 119:66, 138.) Иаҳҳәап, зны аилыҵра згәы иҭаз аҭаацәарақәа уажәы реизыҟазаашьақәа ахьыӷәӷәоу еигәырӷьоит. Ус еиԥш иҟоу ақьырсиантә ҭаацәарақәа рҿы ахәыҷқәа абзиабара рыгӡам, насгьы акгьы иацәшәаӡом (Еф. 5:22—29).
14. Иаажәга Абиблиа иану аҵабырг ауаа рыԥсҭазаара шаԥсахуа узырбо аҿырԥшы.
14 Абиблиа иану иҟәыӷоу алабжьарақәа ахаан зҽызымԥсахуа ҳәа изхәаԥшуа ацәгьаҟаҵаҩцәагьы рыԥсҭазаара аԥсахыр алшоит. Абар рыцҳашьарак зламыз Џьекc иҿырԥшы. Иара ашьра иқәҵаны абахҭа дҭаркит. Абахҭа иҭакыз рыбжьара иара зегь раасҭа ишәарҭоу ҳәа иԥхьаӡаз дреиуан. Аха зны Џьек Абиблиа аҵараҿы дыҟан. Иара игәаҵанӡа инеит аишьцәа иаадырԥшыз абзиабара, иаргьы Абиблиа аҵара иҭаххеит. Иара Анцәа Иажәа иану аҵабырг инақәыршәаны анхара далагеит, насгьы ихымҩаԥгашьа иԥсахит, ақьиара злаз уаҩны дҟалеит. Аамҭак ашьҭахь Џьек иӡаахым жәабжьҳәаҩны дҟалеит, нас аӡгьы иҽӡааихит. Иара абахҭа иҭакыз гәацԥыҳәарала Анцәа Иаҳра иазку ажәабжь рзеиҭеиҳәон, насгьы ԥшьҩык ирыдамзаргьы Абиблиа дирҵон. Дыршьыр анакәыз амш аҽны, Џьек зынӡа даҽа уаҩны дҟалахьан. Идукатцәа руаӡәк илҳәеит: «Ари 20 шықәса раԥхьа издыруаз Џьек иакәӡам. Иегова ишаҳаҭцәа рҵарақәа дрыԥсахит». Џьек иқәырҵаз ашьра шынарыгӡазгьы, иҿырԥшы ишьақәнарӷәӷәоит Анцәа Иажәа агәра ҳгалар шҳалшо, насгьы уи ауаа рыԥсҭазаара шеиӷьнатәуа (Ис. 11:6—9).
Абиблиа иану алабжьарақәа еиуеиԥшым ауаа рыԥсҭазаара аԥсахуеит. (Шәахәаԥш абзац 15.)e
15. Излареиԥшымзеи Иегова ишаҳаҭцәа егьырҭ ауаа, урҭ Абиблиа иану аҵабырг ала иахьынхо абзоурала? (Шәахәаԥш асахьа.)
15 Иегова имаҵзуҩцәа абиблиатә ҵабырг инақәыршәаны иахьынхо абзоурала акзаара рыбжьоуп (Иоанн 13:35; 1 Кор. 1:10). Урҭ ирыбжьоу аҭынчреи аҳәоуеиқәшәареи џьоумшьар залшом, еиҳараӡак ари адунеи аҿы ауаа рполитикатә хәаԥшышьеи, рмилаҭи, реиҟарамреи иахҟьаны акзаара шрымам анубо. Жан зыхьӡу иқәыԥшу ауаҩы игәаҵанӡа инеит Иегова ижәлар ирыбжьоу акзаара. Иара африкатәи тәылак аҿы изҳаит. Уа инхоз ауаа дара-дара еибашьуа ианалага, иара аибашьра дцеит, аха нас даҽа тәылак ахь дыбналеит. Уа иара Иегова ишаҳаҭцәа драбадырит. Абар иара ииҳәо: «Сара еилыскааит ииашоу адинхаҵара ныҟәызго ауаа аполитика рыҽшаладмырхәуа, аха акзаареи абзиабареи шрыбжьоу. Уаанӡа сара стәылазы сеибашьларц азы сынхон, уажәшьҭа аҵабырг еилыскааит, насгьы Иегова изы сынхоит». Жан шьаҭанкыла иҽиԥсахит. Уаанӡа иара даҽа милаҭк иатәыз ауаа ишьыргьы илшон. Аха уажәшьҭа ауаа еилымхӡакәа зегьы ажәабжь бзиа рзеиҭеиҳәоит. Ас еиԥш иҟоу ахҭысқәа иудырбоит Абиблиа ауаа зегьы ишрыцхраауа, урҭ змилаҭзаалакгьы. Уи ишьақәнарӷәӷәоит Анцәа Иажәа агәрагара ишаԥсоу.
АНАҨСГЬЫ АНЦӘА ИАЖӘА ИАНУ АҴАБЫРГ АГӘРА ЖӘГАЛА
16. Избан Анцәа Иажәахь ҳагәрагара ҳарӷәӷәалар зхадоу?
16 Ари адунеи еиҳа-еиҳа еицәахоит. Убри аҟынтә Анцәа Иажәа агәрагара еиҳа-еиҳа иаҳцәыцәгьахалоит. Ауаа агәыҩбара ҳазцәырыргалар рылшоит: Абиблиа агәрагара иаԥсамшәа, насгьы Иегова узықәгәыӷыртә иҟоу амаҵуҩ ҟәыш далимхызшәа. Аха ҳара Иегова Иажәа ахаан амц шамҳәо агәра ганы ҳаҟазар, ҳагәрахаҵара акгьы иарԥсыҽӡом. Ҳара иҳаӡбеит Иегова имҩақәҵарақәа есымша, ҳаԥсы ахьынӡаҭоу ҳарзыӡырҩларц (Аԥсал. 119:112). Ҳара ауаа аҵабырг рзеиҭаҳәареи уи инақәыршәаны инхаларц ргәазҭаҵареи ҳацәыԥхашьалаӡом (Аԥсал. 119:46). Иара убас агәырӷьара мырӡкәа, насгьы ачҳара аарԥшны аԥышәара ӷәӷәақәа, ашьҭашәарыцарақәагьы уахь иналаҵаны, рыхгара ҳалшоит (Кол. 1:11; Аԥсал. 119:143, 157).
17. Иаҳгәаланаршәалозеи 2023-тәи ашықәс иазалху абиблиатә жәеинраала?
17 Шаҟа ахә ҳаракны иаҳшьозеи Иегова аҵабырг ахьаҳзааиртыз! Уи ҳгәы арҭынчуеит, ҳаԥсҭазаара аҵакы анаҭоит, насгьы ауаа иҟарҵара ахьырзымдыруа адунеи аҿы, еилыкка иҟоу анапхгара ҳнаҭоит. Аҵабырг агәыӷра ҳнаҭоит Анцәа Иаҳра анапхгара аҵаҟа зеиԥшыҟам аԥсҭазаара шҳауа ала. 2023-тәи ашықәс иазалху абиблиатә жәеинраала иаҳгәаланаршәалааит Анцәа Иажәа шынеибарку — ишҵабыргу! (Аԥсал. 119:160).
АШӘА 94 Аџьшьара ааҳарԥшуеит Анцәа Иажәазы
a 2023-тәи ашықәс иазалху абиблиатә жәеинраала ҳагәрахаҵара арӷәӷәоит: «Уажәа шынеибарку — иҵабыргуп» (Аԥсал. 119:160). Ҳәарада, шәара уи шәақәшаҳаҭхоит. Аха аӡәырҩы агәра ргаӡом Абиблиа иану шиашоу, насгьы уи аԥсҭазаараҿы иухәар шалшо. Ари астатиаҿы ҳрыхәаԥшуеит х-шьақәырӷәӷәарак, гәыкала иҟоу ауаа Абиблиеи уа иану алабжьарақәеи рыгәра агара ишаԥсоу аилкаара ирыцхраауа.
b Абиблиа аҽамԥсахӡакәа ҳаамҭа аҟынӡа излааз атәы еиҳаны еилышәкаарц азы шәҭал асаит jw.org, насгьы аԥшааратә цәаҳәаҿы ианышәҵа «Абиблиеи аҭоурыхи».
c Хьыӡқәак ԥсахуп.
d АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Анцәа иҳәеит Вавилон аҟынтә аилабгарақәа рыда акгьы шаанымхо.
e АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Аишьцәа иқәдыргылаз ари асахьаҿы иаҳбоит, ҷкәынак уаҳа дшымеибашьуа. Иара Абиблиа аҟынтә еиликааит ҭынч анхаразы иҟаҵалатәу, егьырҭгьы убас анхара дрыцхраауеит.