Шәаргьы аӡәы ишәҭар шәылшо имариоу азҵаара
Мариаa лыԥшәма Џьони лареи ахьынхо атәылахь аԥара арҳаразы Филиппинантәи ирацәаҩны ауаа аауеит. Урҭ рҟынтә аӡәырҩы Абиблиа иану ажәабжь бзиа азыӡырҩра ргәаԥхоит. Апандемиа COVID-19 аан Мариа лтәылаҿы адагьы егьырҭ атәылақәа рҿгьы абиблиатә ҵарақәа акымкәа-ҩбамкәа дрылагеит. Излалылшеи уи?
Мариа Абиблиа злырҵоз ауаа абас дразҵаауан: «Абиблиа аҵара зҭаху иҵегьы аӡәыр дыжәдыруазар?» Имариаз ари азҵаара лассы-лассы алҵшәа бзиақәа аанагон. Ааи ҳәа анларҳәоз, лара ус лҳәон: «Сшәыҳәоит, срабашәырдыр». Анцәа Иажәа ахә ҳаракны изшьо ауаа лассы-лассы еилыркаауа рҭынхацәеи рҩызцәеи ирзеиҭарҳәар рҭаххоит. Иарбан лҵшәоу Мариа лызҵаара иаанагаз?
Мариа Абиблиа злырҵоз Жасми́н зыхьӡу ԥҳәыск ԥшьҩык лҩызцәа драбалырдырит. Даргьы Абиблиа аҵара иалагар рҭахын. Урҭ руаӡәк Кристина лыхьӡуп. Лара абиблиатә урокқәа убриаҟара илгәаԥхеит, Мариа мчыбжьык ахь ҩынтә Абиблиа ллырҵаларц длыҳәеит. Мариа Кристинагьы Абиблиа аҵара зҭаху ӡәыр дыбдыруазар ҳәа данлазҵаа, лара илҳәеит: «Ааи, изҭаху ыҟоуп». Мчыбжьқәак рышьҭахь лара Мариа лҩызцәа драбалырдырит — раԥхьа ԥшьҩык, нас даҽа ԥыҭҩык. Урҭ рҟынтәгьы шьоукы Мариа Абиблиа иазкны еиҳаны еилызкаар зҭаху шырдыруа ларҳәеит.
Кристина илҭахын Филиппина инхо лҭынхацәагьы Абиблиа аҵара иалагарц. Убри аҟынтә Адриа́на зыхьӡу лыԥҳа длацәажәеит. Раԥхьа Адриана лгәы иаанагеит: «Иегова ишаҳаҭцәа сектоуп. Дара Иисус дхарҵаӡом, насгьы Ажәытә Уасиаҭ заҵәык ауп зыгәра рго». Аха раԥхьатәи абиблиатә ҵара ашьҭахьҵәҟьа уи ус шакәмыз еилылкааит. Адриана иҿыцыз акы анеилылкаауаз, ус илҳәон: «Абиблиаҿы ус анызар, ус акәҵәҟьоуп!»
Ԥыҭраамҭак ашьҭахь Адриана Мариа ҩыџьа лҩызцәеи аус лыцызуаз ԥҳәыски драбалырдырит. Урҭгьы Абиблиа аҵара иалагеит. Адриана лаб иаҳәшьа Анже́лагьы Абиблиа аҵара анымҩаԥысуаз дӡырҩуазаарын. Мариа уи атәы зынӡа илыздырӡомызт. Ҽнак зны Анжела Абиблиа аҵара шылҭаху Адриана илалҳәеит, убри аҟынтә Мариа длабалырдырырц длыҳәеит. Анжела еилылкаауаз даара илгәаԥхон. Мызкы ашьҭахь лара ирацәаны абиблиатә жәеинраалақәа ҿырҳәала илдыруан, насгьы Абиблиа аҵара мчыбжьык ахь ԥшьынтә илзымҩаԥыргаларц шылҭаху лҳәеит! Адриана лыцхыраарала лара аизарақәа бжьамыжьӡакәа авидеоконференциала дырҭаауан.
Кристина Абиблиа анылҵоз, лыԥшәма Џьо́шуа еснагь ааигәа дыҟан. Мариа уи анеилылкаа, иаргьы Абиблиа аҵара идылгалеит. Џьошуа ус иҳәеит: «Сара сышәзыӡырҩлоит. Амала азҵаарақәа сышәымҭалан. Ус шәалагар, иаразнак сгыланы сцоит». Аха хә-минуҭк рыла Кристина лаасҭагьы азҵаарақәа рацәаны изцәырҵит, Абиблиа аҵарагьы иҭаххеит.
Имариоу зҵаарак ацхыраарала Мариа ирацәаны абиблиатә ҵарақәа лыԥшааит. Ԥыҭрак ашьҭахь абиблиатә ҵарақәак егьырҭ ажәабжьҳәаҩцәа имҩаԥыргаларц дрыҳәеит. Иааизакны иуҳәозар, Мариа ԥшьтәылак рҿы 28 абиблиатә ҵарақәа дрылагеит.
Раԥхьа Абиблиа аҵара иалагаз Жасмин апрель 2021 шықәсазы лыҽӡаалхит, Кристина — маи 2022 шықәсазы. Нас Кристина Филиппинаҟа дхынҳәит. Анжела Кристина лышьҭахь мызқәак рыла лыҽӡаалхит. Уажәы лара пионерс амаҵ луеит. Кристина Мариа дзабалырдырыз ҩыџьа аҳәсагьы рыҽӡаархит. Кристина лыԥшәма Џьошуеи, рыԥҳа Адрианеи, ԥыҭҩык егьырҭ ауааи Абиблиа аҵареи Иеговеи дареи реиҩызара арӷәӷәареи иаҿуп.
Актәи ашәышықәсазы ажәабжь бзиа заҳауаз ауаа уи рҭынхацәеи рҩызцәеи ирзеиҭарҳәон (Иоанн 1:41, 42а; Аус. 10:24, 27, 48; 16:25—33). Ишәылшома Абиблиа зшәырҵо, мамзаргьы Абиблиахь аинтерес аазырԥшуа ауаа абас шәразҵаар: «Абиблиа аҵара зҭаху иҵегьы аӡәыр дыжәдыруазар?» Иџьашәшьар ҟалап абас имариоу азҵаарала шаҟа ирацәаны абиблиатә ҵарақәа шәрылагар шәылшо.
a Ахьӡқәа ԥсахуп.