Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w25 август ад. 26—30
  • Сара даара иԥхашьаҩыз уаҩын, аха миссионерс амаҵ аура сылшеит

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Сара даара иԥхашьаҩыз уаҩын, аха миссионерс амаҵ аура сылшеит
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2025
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ПИОНЕРС АМАҴ АУРА САЛАГОИТ
  • МИССИОНЕРС АМАҴ АУРА СҬАХХОИТ
  • АИБАШЬРАҚӘА АХЬЦО АТӘЫЛАҾЫ АМАҴ ҲУЕИТ
  • АДҴА ҾЫЦ
  • АГӘАМБЗИАРА
  • ИЕГОВА ИЦХЫРААРАЗЫ ҬАБУП ҲӘА ИАСҲӘОИТ
  • Иегова сымҩа ириашоит
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2025
w25 август ад. 26—30
Марианна Вертхольц.

АБИОГРАФИА

Сара даара иԥхашьаҩыз уаҩын, аха миссионерс амаҵ аура сылшеит

ЕИҬАЛҲӘЕИТ МАРИАННА ВЕРТХОЛЬЦ

САРА саныхәыҷыз даара сыԥхашьаҩын, аха хәыҷы-хәыҷла Иегова аԥхашьара аиааиреи ауаа бзиа рбареи дсыцхрааит, миссионерс амаҵ аурагьы сылиршеит. Ишԥаҟалеи уи? Еиҳарак уи зыбзоуроу саб иоуп. Иара убас сеизара аҟынтә иқәыԥшыз иаҳәшьак лҿырԥшы даара сархәыцит. Аҭаацәара саналала сыԥшәма иажәа ҟәышқәеи иажәа ԥхақәеи сыцхраауан. Уажәы зегь шәзеиҭасҳәоит.

Сара сиит 1951 шықәсазы Вена ақалақь аҿы (Австриа). Сҭаацәа католикцәан. Сара Анцәа дхасҵон, лассы-лассы иара сиҳәон. 9 шықәса анысхыҵуаз Иегова ишаҳаҭцәа саб Абиблиа ирҵара иалагеит. Ԥыҭрак ашьҭахь сангьы Абиблиа аҵара далагеит.

Саҳәшьа Елизабети (сышьҭахь дтәоуп) сареи

Хара имгакәа ҳара Вена аизара «Диоблинг» ҳаҭаауа ҳалагеит. Ҳара Абиблиа ҳаԥхьон, ҳазхәыцуан, аиԥыларақәа ҳарҭаауан, акогрессқәа рҿы ацхыраара ахьаҭахыз ҳхы ҳаигӡаӡомызт. Ажәакала, сҭаацәеи сареи аамҭа рацәаны еицаҳхаҳгон. Саб сшыхәыҷыз Иегова игәыбылра сиркит. Иара есымша иҭахын саҳәшьеиҵби сареи пионерс амаҵ ҳауларц, лассы-лассы уи азгьы Анцәа диҳәон. Аха усҟан сара схы иҭаз зынӡа даҽакын.

ПИОНЕРС АМАҴ АУРА САЛАГОИТ

Сара аӡы сыҽӡаасхит 14 шықәса анысхыҵуаз, 1965 шықәсазы. Аха ажәабжьҳәара сцәыуадаҩын, избанзар исзымдыруа ауаа рацәажәара алагара сцәыцәгьан. Уи адагьы, сықәлацәа среиԥшзар, урҭ срылагылазар сҭахын. Аӡы сҽанӡаасх ашьҭахь хара имгакәа, сара Иегова имаҵ зымуаз аҩызцәа сырҳаит. Урҭ аамҭа рыцыхгара даара исгәаԥхон, аха убри аамҭазгьы сыламыс саргәаҟуан, еилыскаауан Иегова имаҵ зымуа аамҭа рацәаны рыцыхгара ишаԥсам. Аха урҭ рааныжьрагьы сзыгәаӷьуамызт. Исыцхраазеи, нас, сара?

Марианнеи Доротии.

Дороти (армарахь) илҿысҵааз даара ирацәоуп

Уи аамҭазы ҳаизараҿы 16 шықәса зхыҵуаз До́роти жәабжьҳәаҩны дҟалеит. Лара ҩнаҭацыԥхьаӡа ажәабжьҳәара даара бзиа илбон. Уи даара сархәыцит. Сара Дороти маҷк слеиҳабын, аха уиаҟара ажәабжь сҳәаӡомызт. Сара схәыцуан: «Сҭаацәа Иегова ишаҳаҭцәа роуп, Дороти лҭаацәараҿы аӡәгьы Иегова имаҵ иуӡом. Лара ичмазҩыз лан дшылбозгьы, есымша ажәабжьҳәара дҭыҵуеит!» Дороти сахьлыхәаԥшуаз Иегова изы еиҳаны аҟаҵара сҭаххеит. Хара имгакәа Доротии сареи апионертә маҵзураҿы ҳаиҩызцәахеит. Зны ицхырааҩу пионерс, нас пионерс амаҵ аура ҳалагеит. Дороти илымаз агәацԥыҳәара сара сахьгьы ииасит. Лыцхыраарала саргьы абиблиатә ҵарак амҩаԥгара салагеит. Хәыҷы-хәыҷла ажәабжьҳәараҿы — ҩнаҭацыԥхьаӡоума, амҩадуқәа рҿоума, ма даҽаџьара — ауаа рацәажәара еиҳа исзымариахеит.

Пионерс амаҵ аура саналага ашықәс азы ҳаизарахь Хаинц зыхьӡыз аиашьа дааит. Иара Канада аҵабырг еиликааит, иашьа иахь сасра данца. Иашьа Иегова ишаҳаҭ иакәын. Хаинц ҳаизарахь иҷыдоу пионерк иаҳасабала даарышьҭит. Сара иаразнак дысгәаԥхеит. Аха Хаинц миссионерс амаҵ аура иҭахын, сара уи аҩыза ахықәкы сымаӡамызт. Убри аҟынтә раԥхьа сцәаныррақәа исырбаӡомызт. Аха ԥыҭрак ашьҭахь Хаинци сареи еиҳа иеиӷьны ҳаибадырырц ҳаӡбеит, нас ҳаибагеит, ҳпионертә маҵзурагьы иацаҳҵеит.

МИССИОНЕРС АМАҴ АУРА СҬАХХОИТ

Хаинц миссионерс амаҵ аура шиҭахыз лассы-лассы исеиҳәон. Саргьы уи азхәыцра исыцхраашаз азҵаарақәа сиҭон, аха исыдицалаӡомызт. Иаҳҳәап, иара абас иҳәон: «Ҳара ахәыҷқәа ҳамаӡам, иҳалымшаӡои Иегова изы еиҳаны иҟаҳҵалар?» Сара сшыԥхашьаҩызгьы, пионерс амаҵ зуан, аха миссионерс аҟалара даараӡа сшәон.Сара уи сымч ақәхаӡом ҳәа сгәы иаанагон. Аха Хаинц ачҳара ааирԥшуан, насгьы ҳмаҵзура ҳарҭбаар шҳалшо азхәыцра дсыцхраауан. Иара схы, насгьы сзыцәшәоз акәымкәа, ауаа срызхәыцларц сгәазҭеиҵон. Уи лабжьара бзиан.

Хаинц ихәыҷу иугославиатәи аизараҿы «Ахьчаратә бааш» мҩаԥигоит, Зальцбург (Австриа). 1974-тәи ашықәс

Хәыҷы-хәыҷла миссионерс амаҵ аура сҭаххо салагеит. Убри аҟынтә Галаад ашкол ахь арзаҳал ҳҩит. Аха афилиал аҿы амаҵ зуаз иашьак англыз бызшәа еиҳа еиӷьны исҵарц сабжьигеит. Хышықәса сгәы ақәкны уи аҵара саҿын. Аха нас ҳшымгәыӷӡоз За́льцбург (Австриа) иҟаз аиугослав еизарахь ҳаиасырц иҳаҳәеит. Бжьышықәса рыҩныҵҟа ҳара асерб-хорват бызшәала ауаа ажәабжь бзиа рылаҳҳәон, шықәсык араионтә маҵзураҿгьы ҳаҟан. Асерб-хорват бызшәа аҵара ус имариамызт. Аха сгәы шьҭызхуазгьы ак ыҟан — абиблиатә ҵарақәа рацәаны иҳаман.

1979 шықәсазы ҳара Болгариаҟа «ԥсшьара» ҳрышьҭит. Уа Иегова ишаҳаҭцәа рус мап ацәкын аҟынтә, ажәабжь ҳҳәаӡомызт. Аха уеизгьы иҳалшеит Софиа (Болгариа аҳҭнықалақь) инхоз хәҩык аиаҳәшьцәа рзы Абиблиа шьаҭаз измаз алитература аекземплиар хәычқәа аҳәаа ахгара. Сара даара сшәон, аха Иегова уи адҵа анагӡара дсыцхрааит. Урҭ аиаҳәшьцәа рҿырԥшы сарӷәӷәеит. Урҭ ҭаркыр алшон, аха агәымшәара аадырԥшуан, агәырӷьарагьы рцәыӡӡомызт. Урҭ санрызхәыцуаз, Иегова иорганизациаҿы исырҭо иарбан дҵазаалак анагӡара сазхиан.

Ԥыҭрак ашьҭахь даҽа знык Галаад ашкол ахь арзаҳал ҳҩын, ааԥхьара ҳарҭеит. Ҳгәы иаанагон ашкол Еиду Аштатқәа рҿы англыз бызшәала имҩаԥыслоит ҳәа. Аха ноиабр, 1981 шықәсазы Висба́ден (Германиа) иҟаз афилиал аҿгьы Галаад ашкол амҩаԥгара иалагеит. Убри аҟынтә анемец бызшәала акәын аҵара шаҳҵоз. Уи сара сзы, ҳәарада, еиҳа имариан. Ҳабарышьҭи ашкол ҳаналга ашьҭахь?

АИБАШЬРАҚӘА АХЬЦО АТӘЫЛАҾЫ АМАҴ ҲУЕИТ

Ашьцәа Кениаҟа шәцоит ҳәа ҳарҳәеит. Аха кениатәи афилиал Уга́нда амаҵ аура шәҭахӡами ҳәа иҳазҵааит. Уи Кениа иазааигәан. 10 шықәса раԥхьа уа аинрал И́ди Ами́н амчра инапахьы иганы, напхгараура далагеит. Иара идиктатортә режим иахҟьаны Уганда инхоз миллионҩыла ауаа гәаҟуан, зықьҩыла ауаа ршьит. 1979 шықәсазы Иди Амин дықәыргеит. Шәхаҿы иаажәг шаҟа сшәоз аилаҩынтрақәа ахьыҟаз атәылахь ацара. Аха Галаад ҳаныҟаз иаҳдырҵон Иегова иқәгәыӷра шаҭаху, убри аҟынтә уахь ацара ҳақәшаҳаҭхеит.

Уганда ааузымдыруа иҟан. Абар Хаинц 2010 шықәсазы иҭыҵыз «Ежегодник» аҿы уи атәылаҿы иҟаз аҭагылазаашьа дшахцәажәоз: «Уа аӡи алашареи ыҟамызт. Аҭелқәа аус руӡомызт. Ауаа ршьуан, идырҳәуан, еиҳарак уахынла. Иааилахәлар, адәахьы уздәылҵӡомызт, даара ишәарҭан. Зегьы рыҩнқәа рҿы рыԥсы ӡаны, Анцәа иҳәо итәан, аӡәгьы дмааиндаз, аӡәгьы ҳимшьындаз ҳәа». Ус ишыҟазгьы, уа инхоз аиашьцәеи аиаҳәшьцәеи ахаҵара ӷәӷәа рыман, агәырӷьарагьы мырӡкәа Иегова имаҵ руан.

Ваисваа рыҩнаҭаҿы афатә ҟаҳҵоит

1982 шықәсазы Хаинци сареи Уганда аҳҭнықалақь, Кампа́лаҟа, ҳаиасит. Хәымз Ва́исва Семи Кристинеи рҿы ҳанхон. Дара хәҩык ахшара рыман, ԥшьҩык рыуацәагьы рыцынхон. Лассы-лассы Ваисваа рҭаацәара мышкахьы знык акәын акрахьырфоз, аха ирымаз есымша иҳацеиҩыршон. Урҭ иаадырԥшыз асасдкылара ҳгәаҵанӡа инеит. Хаинци сареи урҭ рҿы ҳахьынӡанхоз ирҿаҳҵааз рацәоуп, уи нас ҳмиссионертә маҵзураҿы иҳацхрааит — иаҳҳәап, имаҷны аӡы аныхшьа. Ҳҽызлаҳаӡәӡәоз аӡы ашьышьма аӡәӡәаразы ҳхы иаҳархәон. 1983 шықәсазы Хаинци сареи Кампала еиҳа иҭынчыз раионк аҿы анхарҭа ҭыԥ ҳаԥшааит, уахь нхарагьы ҳаиасит.

Уганда амаҵ аура даара иаҳгәаԥхон. Исгәалашәоит зны мызкала 4 000 инареиҳаны ажурналқәа шаҳшаз! Аха зегь реиҳа ҳгәы иахәоз ауаа ажәабжь бзиа ишақәҿырҭуаз ауп. Дара Анцәа ицәшәон, насгьы Абиблиа аӡбахә алацәажәара ргәаԥхон. Хаинци сареи жәаба-жәаба, жәохә-жәохә Абиблиа ҵарақәа мҩаԥаҳгон. Абиблиа зҳарҵоз ҳхаҭагьы ирҿаҳҵаауаз рацәан. Урҭ ахаан ргәы карыжьӡомызт. Есымчыбжьа дареи ҳареи аизарақәа рахь ҳаиццон. Дара ахаан иашшӡомызт, есымша игәырӷьаҵәа иҟан.

1985-тәии 1986-тәии ашықәсқәа рзы Уганда даҽа ҩ-еидысларак ҟалеит. Ахәыҷқәа арра иргон. Урҭ амҩадуқәеи аблокпостқәеи рҿы автоматқәа кны лассы-лассы иаҳбон. Уи хьаас имкыкәа ажәабжьҳәара ҳцон. Анцәа ҳиҳәон агәҽанызаара аарԥшреи агәҭынчра ахьчареи дҳацхраарц азы. Иеговагьы ҳаҳәарақәа рҭак ҟаиҵон. Абиблиа ахь аинтерес аазырԥшуаз ауаа анҳақәшәоз, ҳшәара ниаӡаа ицон.

Хаинци, сареи, Татианеи (агәҭаны)

Ҳара атәымтәылауаагьы ажәабжь рзеиҭаҳҳәон. Убас Татарстан иатәыз Ибату́ллин Мура́ти Дильба́ри ҳрабадырит, Абибблиа дырҵарагьы ҳалагеит. Мурат дҳақьымын. Мурати Дильбари аӡы рыҽӡаархит, иахьа уажәраанӡагьы гәацԥыҳәарала Иегова имаҵ руеит. Иара убас адепрессиа ӷәӷәа змаз, аҽшьрагьы зҭахыз, Украина иатәыз Татиана Виле́искаa слабадырит. Лара аӡы лҽанӡаалх ашьҭахь лтәылахь дхынҳәит. Ԥыҭрак ашьҭахь аукраин бызшәала ҳлитература аиҭагараҿгьы далахәын.

АДҴА ҾЫЦ

1991 шықәсазы Австриа ҳаныҟаз аҭыԥантәи афилиал аҟынтә асаламшәҟәы ҳзааит. Уа Болгариаҟа ҳшырышьҭуа анын. Мрагыларатәи Европа акоммунизм анхыбгала ашьҭахь Болгариа Иегова ишаҳаҭцәа ажәабжь аҳәаразы азин роуит. Уаанӡа ишысҳәахьаз еиԥш, уа ҳус мап анацәкыз Хаинци сареи уахь ҳцахьан, аиҳәшьцәа маӡала алитература рызнаҳгарц азы. Аха уажәы уахь ажәабжь аҳәаразы ҳрышьҭит.

Аишьцәа ҳаԥсшьарамшқәа анынҵәалак ашьҭахь иаразнак Болгариаҟа ҳцарц иҳаҳәеит. Ҳара ҳамаҭәақәа еидаҳкыларц, ҳҩызцәагьы абзиараз ҳәа раҳҳәарц азы амиссионертә ҩнахьы ахынҳәха ҳамамызт. Зны Германиа иҟаз Вефиль ахь ҳцеит. Уа амашьына ҳарҭан, Болгариаҟа ҳҿынаҳхеит. Софиа ҳахьнеиз, 20-ҩык раҟара ажәабжьҳәаҩцәа ахьыҟаз гәыԥ хәыҷык аҿы амаҵ аура ҳалагеит.

Болгариа ауадаҩра ҿыцқәа ҳрықәшәеит. Ҳара абызшәа ҳаздыруамызт. Уи адагьы, аболгар бызшәала иҟаз ҩ-публикациа заҵәык ракәын — «Истина, ведущая к вечной жизни», насгьы «Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы». Иара убас Абиблиа аҵара алагара цәгьан. Ус ишыҟазгьы, ҳгәыԥ хәыҷ гәацԥыҳәарала ажәабжь рҳәон. Уи аҭыԥантәи ауахәама амаҵзуҩцәа иргәамԥхеит. Убасҟан ауп ауадаҩрақәа ианрылагаҵәҟьа.

1994 шықәсазы аиҳабыра Иегова ишаҳаҭцәа рус мап ацәыркит. Уа инхоз ауаагьы ҳорганизациа сектак еиԥш иахәаԥшуа иалагеит. Агазеҭқәа рҿы, ателехәаԥшрала Иегова ишаҳаҭцәа ирызкны амц рыладырҵәо иалагеит: ҳхәыҷқәа ҳшьуошәа, ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи аҽшьра ргәазҭаҳҵозшәа рҳәон. Ажәабжь аҳәара даараӡа ицәгьахеит. Аӡәырҩы ҳарцәымыӷӷхеит, иҳақәыҳәҳәон, ҳанырбоз аполициа ирыԥхьон, иаарԥыхьашәоз зегь ҳгәыдырҵон. Атәылахь алитература узаагаӡомызт. Аизарақәа рымҩаԥгаразы азалқәа арендала ргарагьы цәгьахеит. Зны ҳконгресс шцоз, аполициа ааин, амҩаԥгаха ҳарымҭаӡеит. Хаинци сареи абри аҩыза ахаангьы ҳақәымшәаӡацызт. Уганда ҳанынхоз ӡынӡа даҽакала иҟан. Уа Абиблиа аҵара зҭахыз ауаа рацәаҩын. Аха иҳацхрааи ҳгәы камыжьӡакәа аҭагылазаашьа ҿыц аҽақәыршәара?

Аҭыԥантәи аишьцәеи аиҳәшьцәеи аамҭа ахьрыцаҳхаҳгоз амч ҳнаҭон. Дара аҵабырг даара бзиа ирбон, ҳџьабаагьы ахә ршьон. Ҳара аӡәи-аӡәи ҳзы ҩызцәа бзиақәаны ҳаҟан, ҳагәгьы шьҭибахуан. Ҳара еилаҳкааит адҵа иагьа ицәгьазаргьы, ауаа бзиа иаҳбалар, мыцхәы ҳауадаҩрақәа ҳарзымхәыцкәа ауаа еиҳа ҳрызхәыцлар, еснагь агәырӷьара шҳамазаауа.

Вертхольц Марианнеи Хаинци.

Болгариатәи афилиал аҿы. 2007-тәи ашықәс

Ԥыҭрак ашьҭахь аҭагылазаашьа еиӷьхеит. 1998 шықәсазы ажәабжьҳәаразы азин ҿыц иҳарҭеит, аболгар бызшәала алитературагьы еиҳа ирацәахеит. 2004 шықәсазы Софиа афилиал дыргылан, Иегова изыркит. Иахьа Болгариа 57 еизара ыҟоуп, уа 2 953-ҩык ажәабжьҳәаҩцәа амаҵ руеит. 2024 шықәсазы Христос иԥсра агәаларшәара иазку аиԥылара 6 475-ҩык аҭааит. Уаанӡа Софиа 5-ҩык аиҳәшьцәа ракәын иҟаз, уажәы 9-еизарак ыҟоуп. Ҳара лабҿаба иаҳбеит Исаиа 60:22 иану аԥааимбаражәа шынаӡаз. Уа иануп: «Имаҷу агәыԥ аҟынтәи зықьҩык ҟалоит».

АГӘАМБЗИАРА

Сара сгәабзиара иадҳәалаз ауадаҩрақәа рацәаны исыман. Изныкымкәа аопухоль сыдырбалеит, руак схы иаман. Сара лучеваиа терапиа ҳәа изышьҭоу акурс сахысит, нас Индиа 12 сааҭ ицоз аоперациа сзыҟарҵеит, схы иамаз аопухоль абжеиҳарак амырхит. Сымчқәа ҭалаанӡа индиатәи афилиал аҿы ҳанхон, нас Болгариаҟа ҳхынҳәит.

Убри аамҭазы Хаинц шамахамзар иуԥымло, шьҭрала иара иахь ииасыз, Ха́нтингтон ичымазара ҳәа изышьҭоу ачымазара изцәырҵит. Иара аныҟәареи ацәажәареи ицәыуадаҩхеит. Уи ачымазара илаҽцыԥхьаӡа Хаинц еиҳа-еиҳа ихы дзамыхәо дҟалон. Зны-зынла сыԥшәма ибара сылымшошәа сгәы иабон. Лассы-лассы Бо́би зыхьӡыз иқәыԥшыз аиашьа Хаинц ажәабжьҳәара дҭигалон. Боби Хаинц дицәыԥхашьаӡомызт, уи ииҳәоз цқьа ишузеилымкаауазгьы, днапҟьа-шьапҟьо дшыҟазгьы. Хаинц ибара ансылымшоз, Боби есымша дсыцхраауан. Сыԥшәмеи сареи ари адунеи аҿы ахәыҷқәа ҳмоурц ҳаӡбеит, аха Иегова аԥа дҳаиҭеит — Боби (Марк 10:29, 30).

Уи адагьы, Хаинц акьыба идырбалеит. 2015 шықәсазы бзиа избоз сыԥшәма дыԥсит. Уи даара дыгәхьаазгон, акыраамҭагьы уи дшыԥсыз сызхаҵомызт. Лассы-лассы Хаинц сизхәыцуеит, сгәалашәарақәа рҿы уажәгьы иԥсы ҭоуп (Лука 20:38). Амш аҩныҵҟа сусқәа санырҿу иажәа ҟәышқәеи иажәа хаақәеи сгәалашәоит. Иегова ҭабуп ҳәа иасҳәоит Хаинци сареи амаҵзураҿы иаҳхаҳгаз ашықәсқәа рзы.

ИЕГОВА ИЦХЫРААРАЗЫ ҬАБУП ҲӘА ИАСҲӘОИТ

Ауадаҩрақәа санрықәшәоз Иегова еснагь дсыцын. Уаанӡа сара иԥхашьаҩыз ӡӷабын, аха иара ауаа бзиа избо миссионерк иаҳасабала амаҵ аура дсыцхрааит (2 Тим. 1:7). Иегова ибзоурала саҳәшьеиҵби сареи ҳаамҭа зегь амаҵзура иазаҳкуеит. Саҳәшьа лыԥшәмеи лареи араионтә маҵзура нарыгӡоит, Европа иҟоу сербиатәи аизарақәа ирҭаауеит. Акыршықәса раԥхьа саб Анцәа диҳәон иԥҳацәа пионерсцәас амаҵ руларц. Иегова саб иҳәара аҭак ҟаиҵеит.

Сара Абиблиа аԥхьареи аҭҵаареи бзиа избоит — уи сгәы арҭынчуеит. Уадаҩрак ансымоу, Иисус иеиԥш сӷьаҵәыӷьаҵәуа Анцәа сиҳәоит (Лука 22:44). Сара избоит Иегова сыҳәарақәа рҭак шыҟаиҵо. Софиа иҟоу «Агәыӷра» захьӡу сеизара аҟынтә аишьцәеи аиҳәшьцәеи сгәы шьҭырхуеит. Дара даара ргәы ҭбаауп — сасра снарыԥхьоит, бзиа сшырбо, насгьы смаҵзура ахә ҳаракны ишыршьо сарҳәоит. Уи агәырӷьара ду снаҭоит.

Сара лассы-лассы аԥсҭалара сазхәыцуеит. Сҭаацәара зегьы адунеи ҿыц аҿы ишызбо схаҿы иаазгоит. Сҭаацәа аҩны аԥхьа игылоуп — иԥшӡаӡа, рчара амш аҽны еиԥш. Саҳәшьа ихаау ак ҳзыҟалҵоит. Хаинц аҽы инапы ахьшьуа дадгылоуп. Убри зегьы схаҿы ианаазго, сылахь еиқәызҵо ахәыцрақәа наҟ ицоит, сгәы ԥхаррак ныҵалоит. Иегова ҳамҭас исиҭаз зеиԥшыҟам агәыӷразы иҭабуп ҳәа иасҳәоит!

Сыԥсҭазаара саназхәыцуа, иара убас Иегова исызирхиаз ԥхьаҟатәи аԥеиԥш схаҿы ианаазго, Аԥсалом 27:13, 14 иану Давид иажәақәа сгәалашәоит: «Сабаҟазаауаз сара, сыԥсы ҭанаҵы Иегова иқьиара шызбо агәра зымгозҭгьы? Иегова уиқәгәыӷла, агәымшәара улаз, угәы ӷәӷәаз. Ааи, Иегова уиқәгәыӷла».

a Шәахәаԥш 2000 шықәса, декабр 22 рзы иҭыҵыз «Пробудитесь!» аҿы иаагоу Татиана Вилеиска лбиографиа, адаҟьақәа 20—24.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • Аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра