Аԥхьаҩцәа рызҵаарақәа
Ианбахыркәшахо ажәабжьҳәаратә ус?
Иисус иҳәеит: «Аҳра иазку ажәабжь бзиа адунеи зегь аҿы ирылаҳәахоит, ажәларқәа зегьы ираҳарц азы. Убасҟан иааиуеит аҵыхәтәа» (Матф. 24:14). Ари, насгьы 6-тәии 13-тәии ажәеинраалақәа рҿы игылоу абырзен ажәа те́лос «аҵыхәтәа» ҳәа еиҭагоуп. Арҭ ажәеинраалақәа рҿы ажәа «аҵыхәтәа» иаанарԥшуеит Аҩсҭаа идунеи Армагеддон аҿы ианықәгахо аамҭа (Аат. 16:14, 16). Ус анакәха, ҳара ажәабжь бзиа Армагеддон алагаанӡа ауаа ирылаҳҳәалоит. Ари иҿыцу аилкаара ауп.
Уаанӡа ҳгәы иаанагон арыцҳара ду аналагалак, даҽакала иуҳәозар Вавилон Ду ианақәлалак ашьҭахь, ажәабжь бзиа аҳәара ҳаҟәыҵуеит ҳәа (Аат. 17:3, 5, 15, 16). Ҳара ҳгәы иаанагон арыцҳара ду ианалагалак Иегова ауаа «данырзылԥхо аамҭа» хыркәшахоит ҳәа (Ис. 61:2). Иара убас ҳгәы иаанагон арыцҳара ду зхызго уи арыцҳара алагаанӡа Иегова ишизиашоу шьақәзырӷәӷәо ауаа заҵәык роуп ҳәа. Ҳара уи 607 шықәса ҳ. ҟ. азы иҟалаз ахҭысқәа ирыҿҳарԥшуан. Усҟан ауриацәа рҟынтә аиқәырхара зауз Иерусалим хдырбгалаанӡа Иегова имаҵ зуаз, ацәгьарагьы зцәымӷыз заҵәык ракәын (Иез. 5:11; 9:4). Аха уи аиҿырԥшра Матфеи 24:14 аҿы иану Иисус иажәақәа ирҿагылоит, избанзар урҭ ажәақәа инарықәыршәаны, ауаа Армагеддон алагаанӡа маҷк шагу ажәабжь бзиа рыдыркыларц азы алшара роур ауеит.
Матфеи 24:14 иану ажәақәа еиҳа еиӷьны иахьеилаҳкааз Аатра 16:21 иану ажәақәагьы еиҳа еиӷьны реилкаара иҳацхрааит. Аатра 16:21 аҿы акырцх ҟәаз иаҿырԥшу ажәабжь аӡбахә ануп. Арҭ аҩжәеинраалак еиҳа инарҵауланы ианҭаҳҵаа, рыҩбагьы рҿы зыӡбахә ҳәоу жәабжьк шакәу еилаҳкааит. Апостол Павел иажәақәа уи аҩыза алкаа аҟаҵара иҳацхрааит. Иара иҩит «еиқәхо» рзы Аҳра иазку ажәабжь шжәабжь бзиоу — «аԥсҭазаара афҩы» шакәу. Анцәа иаӷацәа рзы акәзар, уи шжәабжь бзиам — «аԥсра афҩы» шакәу (2 Кор. 2:15, 16). Урҭ ауаа Аҳра иазку ажәабжь рцәымӷуп, избанзар уи ажәабжь дара бзиа ирбо ари адунеи шыбжьысу, Аҩсҭаа инапаҿы ишыҟоу, насгьы иаарласны ишықәгахо аанарԥшуеит (Иоанн 7:7; 1 Иоанн 2:17; 5:19). Убасала, Матфеи 24:14, насгьы Аатра 16:21 рҿы зыӡбахә ҳәоу ауаа уи ажәабжь еиԥшымкәа ишақәҿырҭуа ауп.
Иахьа иаҳҳәо ажәабжь арыцҳара ду аан еиҳа иаартны иаҳҳәалар ҟалоит, усҟан Иегова ихьӡ ахаан ишыҟамлац еиԥш ирацәаҩны ауаа ираҳауеит (Иез. 39:7). Иҟалома Вавилон ду анықәгахалак ашьҭахь Аҳра иазку ажәабжь здызкыло ауаа, даҽакала иуҳәозар, уи афҩы хаа еиԥш изгәаԥхо? Иҟаларгьы ҟалоит. Иҟалап дара иргәалашәар, мамзаргьы раԥхьаӡакәны ираҳар Иегова ишаҳаҭцәа акыршықәса рыҩныҵҟа амцдинхаҵара шықәгахо ауаа ишрыларҳәоз. Усҟан дара лабҿаба ирбоит Иегова ишаҳаҭцәа ирҳәоз шынаӡаз.
Иаҳгәалаҳаршәап ажәытәан Египет иҟалаз. Иегова египтаа жәа-рыцҳарак ирықәиршәеит. Убасала «египтаа рынцәахәқәа зегьы рықәнага» иақәиршәеит. Уи ашьҭахь «егьырҭ ажәларқәа рҟынтә имаҷҩымкәа ауаа» израильаа рыҽрыдыркылеит (Ақәҵ. 12:12, 37, 38). Иҟалап ус зыҟарҵаз Моисеи ииҳәаз зегьы анаӡара ишаҿыз ахьырбаз азы акәзар.
Вавилон ду анықәгахалак ашьҭахьи Армагеддон ҟалаанӡеи апериод азы уи иеиԥшу ак ҟалар ауеит. Армагеддон алагаанӡа маҷк шагу адгьыл аҿы иаанханы иҟоу иԥшьоу адоуҳала иалху ақьырсианцәа жәҩантәи рҳамҭа роуеит. Вавилон Ду анықәгахалак ашьҭахь Иегова иган аанызкыло ауаа алшара роуеит иԥшьоу адоуҳала иалху ақьырсианцәа бзиарак рзыҟаҵара (Матф. 25:34—36, 40). Убри шьаҭас иҟаҵаны ауп Иисус ауаа рус аниӡбо ауаҩы «дуасоуп» ҳәа шиӡбо.
Ари иҿыцу аилкаара даҽазныкгьы ишьақәнарӷәӷәоит Иегова абзиабара дуӡӡеи арыцҳашьара дуӡӡеи шилоу. Иара «аӡә дҭахар иҭахӡам, зегьы рыгәнаҳақәа ирыхьхәырц ауп ииҭаху» (2 Пиотр 3:9).