Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц» Аӡбаҩцәа. Ахҳәаа АӠБАҨЦӘА АХҲӘАА 1 Иудеи Симеони рабшьҭрақәа иргаз аиааирақәа (1—20) Иевусаа Иерусалим иқәцаӡам (21) Иосиф ихылҵқәаз Вефиль рнапаҿы иааргоит (22—26) Израильаа ханаанаа зегь ықәрымцаӡеит (27—36) 2 Иегова имаалықь израильаа ргәырҽаниҵоит (1—5) Иисус Навин дыԥсуеит (6—10) Анцәа израильаа еиқәзырхо аӡбаҩцәа риҭоит (11—23) 3 Иегова израильаа ԥишәоит (1—6) Раԥхьатәи аӡбаҩ — Отниил (7—11) Аӡбаҩ Ехуд аҳ Еглон дишьуеит (12—30) Аӡбаҩ Шамгар (31) 4 Ханаантәи аҳ Иавин израильаа иргәаҟуеит (1—3) Аԥааимбарԥҳәыс Девореи аӡбаҩ Вараки (4—16) Иаель ар реиҳабы Сисара дылшьуеит (17—24) 5 Девореи Вараки аиааира ашәа рҳәоит (1—31) Аеҵәақәа Сисара иабашьуан (20) Аӡиас Кишон хышхыҵәоит (21) Иегова бзиа дызбо амреиԥш икаҷҷоит (31) 6 Мадианаа израильаа дыргәаҟуеит (1—10) Амаалықь Гедеон дышицхраауа иеиҳәоит (11—24) Гедеон Ваал икәырбаннагарҭа ԥыххааса иқәиҵоит (25—32) Гедеон Анцәа идоуҳа иоуеит (33—35) Аласа ала аԥышәара (36—40) 7 Гедеони 300-ҩык аруааи (1—8) Гедеон ируаа мадианаа ԥыххааса иқәырҵоит (9—25) «Ари Иеговеи Гедеони реибашьра ауп!» (20) Мадианаа рлагер хыла-гәыла еилалоит (21, 22) 8 Ефремаа ргәы ԥжәаны Гедеон ажәа имаркуеит (1—3) Мадиантәи аҳцәа ркуеит, иагьыршьуеит (4—21) Гедеон израильаа рхагылара дақәшаҳаҭхаӡом (22—27) Гедеон иԥсҭазаара ахҳәаа (28—35) 9 Авимелех Шехем аҳас дҟалоит (1—6) Иофам иажәамаана (7—21) Авимелех инапхгара цәгьа (22—33) Авимелех Шехем дабашьуеит (34—49) Аԥҳәыс хыхьынтәи Авимелех алу иқәлыжьуеит; иара дыԥсуеит (50—57) 10 Аӡбаҩцәа Толеи Иаири (1—5) Израильаа Анцәа иҿагылоит, нас иахьхәуеит (6—16) Аммонаа Израиль иақәлоит (17, 18) 11 Иеффаи дықәырцоит, ԥыҭрак ашьҭахь ԥхьагылаҩыс дҟарҵоит (1—11) Иеффаи аммонаа ҭакс ириҭо (12—28) Иеффаи Анцәа ажәа ииҭоит; Иеффаи иԥҳа (29—40) Аҭаацәара иаламлаз Иеффаи иԥҳа лыԥсҭазаара (38—40) 12 Ефремаа Иеффаи иҿагылоит (1—7) Ефремаа ажәа «шибболет» рызҳәаӡом (6) Аӡбаҩцәа Ивцан, Елон, Авдон (8—15) 13 Манои иԥҳәыси иареи амаалықь дрызнеиуеит (1—23) Самсон диуеит (24, 25) 14 Аӡбаҩ Самсон филистимтәи аԥҳәызба ԥҳәысс дигоит (1—4) Самсон Иегова идоуҳа ацхыраарала алым ишьуеит (5—9) Самсон ачараҿы ацуфара реиҳәоит (10—19) Самсон иԥҳәыс даҽаӡәы дирҭоит (20) 15 Самсон ишьа иуеит (1—20) 16 Самсон Газа иҟаиҵаз (1—3) Самсони Далилеи (4—22) Самсон ишьа иуеит, дыԥсуеит (23—31) 17 Миха иидолқәеи иԥшьаҩи (1—13) 18 Дан ишьҭра иатәқәоу адгьыл иашьҭоуп (1—31) Миха иидолқәеи иԥшьаҩи имхны иргоит (14—20) Лаиш рымпыҵадырхалоит, Дангьы ахьӡырҵоит (27—29) Данаа аидол иамҵахырхәоит (30, 31) 19 Вениаминаа Гива иҟарҵаз ахәымгара (1—30) 20 Израильаа вениаминаа ирабашьуеит (1—48) 21 Вениаминаа рабшьҭра еиқәырхоуп (1—25)