АЖӘАБЖЬ 36
Ахьы иалхыз аҳәыс
ҞОҲ, иҟарҵо закәузеи арҭ уажәы? Аҳәыс иамҵаныҳәоит! Аха избан?
Моисеи акыраамҭа ашьха аҟынтә длымбааит, ажәларгьы ирыӡбеит: ‘Ихьыз ҳаздыруам Моисеи. Шәааи, убри аҟынтә, абри адгьыл ҳалзгаша анцәа дҟаҳҵап’.
— Бзиоуп,— дақәшаҳаҭхоит Аарон, Моисеи иашьа.— Шәлымҳақәа ахьтәы лымҳарыҩқәа рымхны арахь исзаажәга.— Ажәлар алымҳарыҩқәа аннаргалак, урҭ Аарон ирҭәаны, ахьы иалхны аҳәысгьы ҟаиҵоит. Ажәларгьы ҽаарҭоит: ‘Абар, Мсыр ҳалзгаз ҳ-Анцәа’. Убри ашьҭахь израилаа аныҳәа ду ҟарҵоит, ахьы иалхыз аҳәысгьы иеихырхәоит.
Иегова ари аниба, даара даргәааит. Уи Моисеи идиҵоит: ‘Улбаа ирласны. Ажәлар агәнаҳа дуӡӡа ҟарҵоит. Урҭ сзакәанқәа рхашҭит, ахьтәы ҳәысгьы иеихырхәоит’.
Моисеи ашьха дыццакны дылбаауеит. Абар иибо: ажәлар ахьы иалхыз аҳәыс акәша-мыкәша ишәаҳәоит, икәашоит! Ари убас Моисеи даргәаауеит, ихаҳә ҟьаԥсқәа наҟ инкаижьыртә еиԥш, урҭгьы ԥыххааса ицоит. Уи ашьҭахь уи ахьтәы ҳәыс ганы ирӡҭуеит. Иаанхаз ирхәашоит.
Ажәлар ацәгьара дуӡӡа ҟарҵеит. Убри аҟнытә Моисеи аӡәырҩы ахацәа ирыдиҵоит аҳәақәа шьҭырхырц. ‘Ишәшьы ахьы иалхыз аҳәыс еихырхәақәоз арҭ ауаа хәымгақәа’,— рыдиҵоит, иара. Урҭ рнапала 3000-ҩык ауаа ҭахоит. Иаҳнамырбаӡои ҳара ари ахҭыс, Иегова заҵәык иеихырхәара еснагь ҳшацклаԥшыша, амц нцәахәқәагьы ҳшырмеихырхәаша?