Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • rq аур. 12, ад. 24—25
  • Ашьеи аԥсҭазаареи реиҷаҳара

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Ашьеи аԥсҭазаареи реиҷаҳара
  • Ииҭахәузеи Анцәа ҳара ҳҟынтә?
  • Иеиԥшу аматериал
  • Ҳамҭас ишәыҭоу аԥсҭазаара ахә ҳаракны ишәшьала
    Иаҳнарҵозеи Абиблиа?
  • Анцәа аԥсҭазаара дшазыҟоу
    Иаҳнарҵаҵәҟьозеи Абиблиа?
  • Ахә ҳаракны иушьома уара аԥсҭазаара Анцәа иеиԥш?
    «Анцәа ибзиабараҿ шәыҟаз»
Ииҭахәузеи Анцәа ҳара ҳҟынтә?
rq аур. 12, ад. 24—25

12-тәи аурок

Ашьеи аԥсҭазаареи реиҷаҳара

Ахәшьара шԥаҳҭаша аԥсҭазаара? (1) аҽԥыргара? (1)

Ақьырсианцәа ашәарҭадара ишԥазықәԥауа? (2)

Аԥстәқәа рышьра азин ыҟоума? (3)

Иарбан шьцыларақәоу изныԥшуа аԥсҭазаара пату ақәымҵара? (4)

Ашьа иазкны Анцәа изакәанаҿы иаҳәозеи? (5)

Азакәанаҿы иаҳәо ашьа алаҵарагьы аҵанакуама? (6)

1. Иегова аԥсҭазаара дахыҵхырҭоуп. Зыԥсы ҭоу зегьы Анцәа илоуп излаҟала (Ԥсалом 35:10). Аԥсҭазаара ԥшьоуп Анцәа иҿаԥхьа. Иегова изы даара акраҵанакуеит мгәарҭа иҟоу, имиц аӡҟы иԥсҭазаарагьы. Уи аӡҟы идырны ишьра Анцәа иҿаԥхьа гәнаҳароуп (Ақәҵымҭа 21:22, 23; Ԥсалом 126:3).

2. Аиаша қьырсианцәа ашәарҭадара иазықәԥоит. Урҭ ирылшо ҟарҵоит, мшәарада амашьына арныҟәцаразы, мшәарада аҩны анхаразы (Ҩынтәзакәан 22:8). Анцәа имаҵуцәа қьафшақә, ма ацәанырра ӷәӷәақәа рзы мацара рыԥсҭазаара игәаӷьыуацәоу ашәарҭа иҭадыргылом. Убри аҟнытә урҭ рыҽрыладырхәӡом ауаа гәҭакыла ацәгьара ахьырзыруа аспорт хкқәа. Урҭ ақәымчрахь иуԥхьо агәырҿыхагақәа рҽырцәырыхьчоит (Ԥсалом 10:5; Иоанн 13:35).

3. Ҳазшаз иҿаԥхьа иԥшьоуп аԥстәқәа рыԥсҭазаарагьы. Аԥстәқәа рышьра иақәиҭуп ақьырсианцәа, фатәылеи маҭәалеи аҽеиқәыршәаразы, иара убас ачымазарақәеи ашәарҭареи раанкыларазы (Аҟазаара 3:21; 9:3; Ақәҵымҭа 21:28). Аха аспорттә интересазы, мамзаргьы гәырҿыхагас аԥстәқәа ишакәым рызныҟәареи рышьреи иашам (Ажәамаанақәа 12:10).

4. Ақьырсианцәа ирыхәҭам аҭаҭын ахара, аҳаскьын жәла ажаҳәара, қьафшақә анаркотикқәа рхархәара. Абарҭқәа зегь ҽеим, избанзар 1) абасеиԥш иҟоу ашьцыларақәа уртәыртәуеит, 2) агәабзиара иаԥырхагоуп, 3) ицқьам (Римаа рахь 6:19; 12:1; 2 Коринфаа рахь 7:1). Абарҭ ашьцыларақәа ркажьра даараӡа иуадаҩуп, аха уи ада ԥсыхәа амаӡам, Анцәа игәыҟаҵаразы.

5. Ашьагьы Анцәа иҿаԥхьа иԥшьоуп. Анцәа иҳәоит, ашьа шакәу ауаҩы иԥсҭазаара злоу. Ашьа афатә иалаҵаны афара иашахом. Иара убасгьы, ииашахом ишахәҭоу еиԥш зшьа рмышьҭыз ашьтәа акәац афара. Аԥстәы хәарны, ма ашьацҳәа иаҿыҵашәаны иԥсызар, уи фатәӡам. Аԥстәы а́ԥса аларҵазар, ма шәақьла иршьызар, ашьа шьҭтәуп, убысҟаноуп уи уфар аныҟало (Аҟазаара 9:3, 4; Алевит 17:13, 14; Аусқәа 15:28, 29).

6. Ашьа алаҵара ҟамлаӡои? Ижәдыруаз: Иегова иҭахуп, ҳара ашьа ҳҽацәнаҳкыларц. Ари иаанаго, аӡәы ишьа акәыз, мамзаргьы ҳара иҳалхны џьара иҵәахыз ҳшьа акәыз, ишакәзаалакгьы уи ҳцәа-ҳжьахьы иҳадаҳкылар ҟалаӡом ауп (Аусқәа 21:25). Убри аҟнытә аиаша қьырсианцәа ашьа алаҵара мап ацәыркуеит. Урҭ егьырҭ еиуеиԥшым ахәышәтәрақәа ирықәшаҳаҭуп, иаҳҳәап, ашьа злам апрепаратқәа рылаҵара. Ақьырсианцәа ирҭахуп аԥсҭазаара, аха Анцәа изакәанқәа еилаганы, рхатәы ԥсҭазаара аиқәырхара иашьҭам (Маҭфеи 16:25).

[Асахьақәа, адаҟьа 25]

Анцәа игәыҟаҵаразы ҳҽырцәаҳахьчалароуп: ашьа ала- ҵара, ицқьам ашьцыларақәа, хшыҩҵак змам агәыӷьра.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • Аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра