Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • fg аур. 15 азҵ. 1—4
  • Избан узыхьӡаз аҿы аангылара изаԥсам?

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Избан узыхьӡаз аҿы аангылара изаԥсам?
  • Ажәабжь бзиа Анцәа иҟынтә
  • Иеиԥшу аматериал
  • Ишԥашәылшо шәара Анцәа изааигәахара?
    Ажәабжь бзиа Анцәа иҟынтә
  • Ҳара ҳзы «Анцәа изааигәахара зылԥхароуп»!
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2025
  • Иеговеи шәареи шәеиҩызара ахә шәшьала
    Иаҳнарҵозеи Абиблиа?
  • Ишәыцхраар алшозеи анаҩсгьы Абиблиа аҵара?
    Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
Шәахәаԥш еиҳаны
Ажәабжь бзиа Анцәа иҟынтә
fg аур. 15 азҵ. 1—4

АУРОК 15

Избан узыхьӡаз аҿы аангылара изаԥсам?

1. Избан Абиблиа аҵара ацҵара аҵакы замоу?

Ҩыџьа аҳәса аусураҿы аԥсшьара аамҭазы Абиблиа ҭырҵаауеит

Ихадоу арҭ абиблиатә ҵарақәа́ иааркьаҿны рыхцәажәара, ҳәарада Иегова иахь шәыбзиабара арӷәӷәеит. Абзиабара иааиԥмырҟьаӡакәа аус адулалатәуп (1 Пиотр 2:2). Анцәа иеилкаареи иара Иажәа аҵареи шәааҟәымҵӡакәа шәаҿызар, наӡаӡа шәынхалар шәылшоит. (Шәрыԥхьа Иоанн 17:3; Иуда 21.)

Шәара Анцәа еиҳаны деилышәкаацыԥхьаӡа, шәыгәрахаҵара ӷәӷәахоит. Агәрахаҵара Анцәа игәы иахәо аҟаҵараҿы ишәыцхраауеит (Ауриацәа 11:1, 6). Уи шәара шәгәазҭанаҵоит ахьхәреи аԥсҭазаараҿы иаҭаху аҽыԥсахрақәа рыҟаҵареи. (Шәаԥхьа Аусқәа 3:19.)

2. Ишԥарыцхраауеи егьырҭ шәара Анцәа изкны ишәымоу адыррақәа?

Аԥҳәыс Анцәа диҳәоит

Иегова иашәҳәа шәиҩызахарц шышәҭаху

Ҳәарада, шәара еилышәкааз егьырҭ ирашәҳәарц шәҭаххоит, избанзар ҳара зегьы ажәабжь бзиақәа реиҭаҳәара ҳгәаԥхоит. Анцәа иеилкаара иацышәҵалар, шәара Абиблиа ацхыраарала шәыгәрагара егьырҭ реилыркаашьа шәҵоит. (Шәаԥхьа Римаа 10:13—15.)

Аӡәырҩы раԥхьа рҩызцәеи рҭынхацәеи роуп ажәабжь бзиа ззеиҭарҳәо. Аҳаҭырбара аашәырԥшла. Егьырҭ ирашәымҳәалан рдинхаҵара иашам ҳәа. Уи аасҭа Анцәа ҳзықәиргәыӷуа атәы рзеиҭашәҳәа. Ишәхашәмыршҭлан: шәара шәусқәа ауаҩы еиҳа инырыр алшоит шәажәақәа раасҭа. (Шәаԥхьа 2 Тимофеи 2:24, 25.)

3. Ишԥаныруеи Абиблиа аҵара Анцәеи шәареи шәеизыҟазаашьа?

Анцәа Иажәа аҵара доуҳала шәеизҳараҿ ишәыцхраауеит. Аамҭа анҵлак Иеговеи шәареи иҷыдоу аизыҟазаашьақәа шәоуеит. Шәара иара иҭаацәара шәахәҭакхаргьы шәылшоит. (Шәаԥхьа 2 Коринфаа 6:18.)

4. Ишәыцхраауазеи шәара аҵабырг аҿы анаҩстәи ашьаҿақәа рыҟаҵара?

Шәара доуҳала аизҳара шәҭахызар, шәзыхьӡаз аҿы шәаанымгылан (Ауриацәа 5:13, 14). Шәиҳәа Иегова Ишаҳаҭцәа руаӡәк Абиблиа аҵара шәыцымҩаԥигаларц. Шаҟа еиҳаны Анцәа Иажәа аҟынтә еилышәкаауа, убриаҟара шәыԥсҭазаара аҵакы аманы иҟалоит. (Шәаԥхьа Ԥсалом 1:1—3; 73:27, 28.)

Иегова ишаҳаҭцәа ауаа абиблиатә ҵара рыдыргалоит

Ажәабжь бзиа насыԥ змоу Анцәа Иегова иҟынтә ауп ишаауа. Шәара Анцәа еиҳа шәизааигәахар шәылшоит, иара ижәлар шәыҽрыдышәкылар (Ауриацәа 10:24, 25). Шәус бзиақәа рыла Иегова дшәыргәырӷьалар, шәара аԥсҭазаараҵәҟьа — наӡаӡатәи аԥсҭазаара шәазааигәахоит. Ишәырӷәӷәала Анцәеи шәареи шәеиҩызара. Уи ауаҩы имоу зегь раасҭа ахә ҳаракуп! (Шәаԥхьа 1 Тимофеи 1:11; 6:19.)

Еиҳаны аинформациа шәыԥшаарц шәылшоит ашәҟәы «Иаҳнарҵаҵәҟьозеи Абиблиа?», 18-тәи ахаҿы.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра