Ҳаҳратә зал — Анцәа ҳахьимҵахырхәо ҭыԥуп
«Уҩны агәцаракра Сара ҭаха снаҭом» (ИОАН. 2:17).
1, 2. а) Иарбан мҵахырхәарҭа ҭыԥқәоу Иегова имаҵзуҩцәа ажәытәан ирымаз? б) Дышԥазыҟаз Иисус Иерусалимтәи ауахәама? в) Ҳаззааҭгылозеи ҳара ари астатиаҿы?
ЖӘЫТӘ-НАТӘ аахыс Анцәа имаҵзуҩцәа ицқьоу амҵахырхәаразы иалкаау аҭыԥқәа рыман. Иҟалап Авель Анцәа аҳамҭа ахьизнеигаз аныҳәарҭаҭыԥ ҟаиҵазар (Аҟаз. 4:3, 4). Иегова аныҳәарҭа иззыргылоз иреиуан иара убасгьы Нои, Авраам, Исаак, насгьы Иакови Моисеи (Аҟаз. 8:20; 12:7; 26:25; 35:1; Ақәҵ. 17:15). Анцәа ииҳәаз инақәыршәаны, израильаа иԥшьоу ақьала ҟарҵеит (Ақәҵ. 25:8). Ԥыҭрак ашьҭахь Иегова имҵахырхәаразы дара ауахәама дыргылеит (1 Аҳ. 8:27, 29). Вавилонтәи атәра аҟынтәи ианыхынҳә, аиудеицәа иааиԥмырҟьаӡакәа асинагогақәа рҿы еизо иалагеит (Мар. 6:2; Иоан. 18:20; Аус. 15:21). Раԥхьатәи ақьырсианцәа рхаҵара рыцеиҩызшоз рыҩнқәа рҿы еиқәшәон (Аус. 12:12; 1 Кор. 16:19). Иахьатәи аамҭазы Анцәа ижәлар адырра роуеит, насгьы Иегова имҵахырхәоит адунеи ахьынӡа-наӡааӡо жәанызқьла идыргылахьоу Аҳратә залқәа рҿы.
2 Иисус бзиа ибон Иерусалим иҟаз Иегова иуахәама. Убри аҟынтә иџьашьатәым Иисус иҵаҩцәа уи инадҳәаланы иахьыргәалашәоз аԥсаломшәаҳәаҩ анаҩстәи иԥааимбаражәақәа: «Уҩны агәцаракра Сара ҭаха снаҭом» (Ԥс. 69:9; Иоан. 2:17). Ҳәарада, иахьатәи Аҳратә залқәа «Иегова иҩны» ҳәа узрыхьӡҵом Иерусалимтәи ауахәама иамаз аҵакы аҭаны (2 Ашықәс. 5:13; 33:4). Аха уеизгьы Абиблиаҿы иаагоуп амҵахырхәарҭа ҭыԥқәа патуқәҵарала ииашаны ҳхы иаҳархәар шҳалшо узырбо апринципқәа. Ари астатиаҿы ҳара еилҳаргоит Аҳратә залқәа инарыгӡо арольи, аргылареи, ахылаԥшреи ирыдҳәалоу принципқәак, насгьы урҭ еиҳа еиӷьны ҳхы ишаҳархәаша ҳазхәыцуеитa.
ИИАШОУ АМҴАХЫРХӘАРАХЬ АПАТУҚӘҴАРА ААРԤШРА
3—5. Иарбан рольу инарыгӡо Аҳратә залқәа, насгьы ишԥаныруеи уи уа имҩаԥысуа аиԥыларақәа ҳшырзыҟоу?
3 Аҳратә зал — ари ауаа Анцәа ишигәаԥхо еиԥш иахьимҵахырхәо ҭыԥуп. Аҳратә зал аҿы есымчыбжьа Иегова аҵара ҳирҵоит, насгьы доуҳала ҳирчоит. Уброуп ҳара иорганизациа аҟынтә адоуҳатә лахҿыхреи анапхгареи ахьҳауа (Матф. 24:45). Ҳаизара иаҭаауа Иегова Иԥеи иареи иҟарҵо ааԥхьара рыдыркылеит ҳҳәар ҳалшоит. Иегова иеишәа аҟынтәи акрыфара ааԥхьара зегьы ишроуагьы, ҳара уи ҳзышьцылахьоу ак еиԥш ҳазымнеилароуп (1 Кор. 10:21).
4 Иегова идыруеит имҵахырхәареи агәышьҭибахреи рзы ҳшеизалар акәу. Убри аҟынтә апостол Павел ила ҳгәазҭеиҵеит ҳаизара аанҳмыжьларц. (Шәаԥхьа Ауриацәа рахь 10:24, 25.) Иааҳарԥшуама ҳара Иегова иахь апатуқәҵара ҭагылазаашьа ӷәӷәак ҳақәымшәакәа, ақьырсиантә еизарақәа бжьаҳажьуазар? Ҳара аизарақәа ҳҽырзыҟаҳҵозар, насгьы активла ҳаҽрылаҳархәуазар, уи ала Иегова даара бзиа дшаҳбо, насгьы иаҳзыҟаиҵо зегь ахә ҳаракны ишаҳшьо ааҳарԥшуеит (Ԥс. 22:22).
5 Ҳара Аҳратә зал ишахәҭоу еиԥш пату ақәҵара ҳахәҭоуп — иара ахыбра ахаҭа еиԥш, уа имҩаԥысуа адоуҳатә усмҩаԥгатәқәагьы. Ҳара ҳхымҩаԥгашьала Аҳратә залқәак рҿы икыдҩылоу Анцәа ихьӡ ҳаҭыр шақәаҳҵо убарҭазароуп. (Еиҿшәырԥш 1 Аҳцәа 8:17.)
6. Ишԥарыхцәажәо шьоукы Ҳаҳратә залқәа, насгьы урҭ ирҭаауа? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.)
6 Амҵахырхәарҭа ҭыԥқәа пату шрықәаҳҵо ҳагәрахаҵара ҳацеиҩызымшогьы игәарҭоит. Иаҳҳәап, Ҭырқәтәылантәи хаҵак иҳәеит: «Сара иџьасшьеит, Аҳратә зал аҿы иҟаз ацқьареи аиҿкаареи анызба. Еиқәҷаб еилаҳәаз ауаа гәаартыла иҿаԥха-ҿаччо исԥылеит. Уи сара ахаангьы исхашҭуам». Уи ахаҵа иааиԥмырҟьаӡакәа аизарахь аныҟәара далагеит, насгьы хара имгакәа аӡы иҽӡааихит. Индонезиа ақалақьқәа руак аҿгьы аҭыԥантәи аизара ажәабжьҳәаҩцәа Аҳратә зал Иегова изыркаанӡа, ачынуааи агәылацәеи рзы иаарту ашәқәа рымш еиҿыркааит. Ари аусмҩаԥгатә даҭааит ақалақь ахадагьы. Иара ахыбра ахаҭеи инанагӡо афункциақәеи, насгьы абаҳча ԥшӡеи даара игәаԥхеит. «Ари азал аҿы иҟоу ацқьара шәара агәрахаҵараҵәҟьа шшәымоу аанарԥшуеит»,— иҳәеит иара.
Аизараҿы ҳхымҩаԥгашьа Анцәа иахь апатуқәымҵара аныԥшлар алшоит (Шәрыхәаԥш абзацқәа 7, 8.)
7, 8. Изызхәыцларц рыхәҭоузеи аизара иаҭаауа зегьы?
7 Ақьырсиантә еиԥыларақәа рахь ааԥхьара ҳазҭо Иегова ихаҭа иоуп, убри аҟынтә ҳҽеилаҳәашьеи, ҳҭеиҭыԥши, ҳхымҩаԥгашьеи рыла иара дҳараҳклар ауп. Анцәа пату иқәҵара иара убасгьы иаанагоит ахырҟьацәара шаҭахым. Аӡәы иҟалап мыцхәы илеишәа цәгьазар, аизараҿы ззин ыҟоу-иҟаму аниӡбо. Иҟоуп даҽа шьоукгьы, зхымҩаԥгашьа уиаҟара иацкламԥшуа. Ҳәарада, Иегова иҭахуп имаҵзуҩцәеи аизара иаҭаауа егьырҭ ауааи Аҳратә зал аҿы рхы бзианы ирбаларц. Аха ишабалак ҳҽеилаҳҳәозар, аизара шцо СМС-аацҳарақәа ҳашьҭуазар, ҳцәажәозар, акраҳфозар, уи аиԥыларақәа рҵакы ланарҟәуеит. Аҭаацәа рхәыҷқәа ирарҳәалар ауп Аҳратә зал ахәмарреи а́ҩреи рзы ишҭыԥым (Еккл. 3:1).
8 Иисус Анцәа иуахәамаҿы ахәаахәҭра шцоз аниба, уи даара игәы ԥнажәеит, насгьы ахәаахәҭыҩцәа зегь дәылицеит (Иоан. 2:13—17). Ҳара Ҳаҳратә залқәагьы Анцәа имҵахырхәара цқьеи адоуҳатә рҵареи ирызку ҭыԥқәоуп. Убри аҟынтә уа адоуҳатә усқәа ирыҵанамкуа азҵаарақәа рыӡбара ахәҭам. (Еиҿшәырԥш Неемиа 13:7, 8.)
АҲРАТӘ ЗАЛҚӘА РЫРГЫЛАРА
9, 10. а) Иҟарҵозеи Аҳратә залқәа рыргыларазы, насгьы иарбан лҵшәақәоу уи иаанаго? б) Иарбан цхыраароу ироуа рхатә ԥарала Аҳратә зал аргылара злымшоз аизарақәа?
9 Иегова иорганизациаҿы аизарақәа иӡыргацәам рхатәы залқәа рымазарц азы, иҟарҵо рацәоуп. Азалқәа апроект аздырхиоит, идыргылоит, еиҭашьақәдыргылоит хатәгәаԥхарала аџьабаа збо ажәабжьҳәаҩцәа. Иарбан еихьӡароу уи абзоурала иҟаҵаз? 1999 шықәса, ноиабр 1 инаркны адунеи зегь аҿы Анцәа имҵахырхәаразы иргылан 28 000 инареиҳаны иԥшӡоу ахыбрақәа. Уи иаанагоит аҵыхәтәантәи 15 шықәса рыҩныҵҟа бжьаратәла иргылан Аҳратә зал ҿыцқәа хәба ҳәа.
10 Аҳратә залқәа рыргыларазы аишьцәа афинанстә, ма даҽа цхыраарак роуеит, уи аџьабаа ӷәӷәа ацуп. Убасала инаӡоит аӡәы имоу-ибзоу, ибеиара егьырҭ ирыгу-ирыбзоу ханарҭәаауеит, «абри ауп еиҟаразаарас иҟоугьы» ҳәа Абиблиа иану апринцип. (Шәаԥхьа 2 Коринфаа рахь 8:13—15.) Уи иабзоураны, цхыраарада рхатә ԥарала Аҳратә зал аргылара злымшоз аизарақәа уажәшьҭа ирымоуп ииашоу Анцәа имҵахырхәаразы иԥшӡоу ахыбрақәа.
11. Иахырҳәаауазеи аишьцәеи аиаҳәшьцәеи шьоукы ирыздыргылаз Аҳратә зал ҿыц, насгьы иарбан цәаныррақәоу уи иҳазцәырнаго?
11 Абар ирҩыз убри аҩыза ацхыраара зауз Коста-Рикатәи аизарақәа руак аҟынтә ажәабжьҳәаҩцәа: «Ҳаҳратә зал ҳанахәаԥшуа, ҳабла иабо ҳазхаҵом! Уи ԥхыӡушәа иаҳбоит. Ари Азал ссир аргылара аамшы заҵәык роуп иагаз! Уи зегь зыбзоурахаз Иегова изылԥхареи, иорганизациа ацхыраареи, ҳашьцәа рыцхыраареи роуп. Амҵахырхәара иазку ари аҭыԥ — хәы змоу Иегова иҳамҭоуп. Ҳара гәырӷьарыла ҳҭәуп». Шаҟа угәы иахәозеи абарҭ рҩызцәа аџьшьара ажәақәа ануаҳауа, насгьы адунеи еиуеиԥшым акәакьқәа рҿы аишьцәа урҭ рҩызцәа ацәаныррақәа шрымоу анудыруа. Иаҳбарҭоуп Аҳратә залқәа рыргылара — ари Иегова иус шакәу. Лассы-лассы иубаратәы иҟоуп згәы аарту ауаа рацәа Ҳазшаз еиҳа еиӷьны деилыркаарц азы ҿыц иргылоу Азалқәа рахь ишнеиуа (Ԥс. 127:1).
12. Ишԥаҳалшо Аҳратә залқәа рыргылара адгылара?
12 Аишьцәеи аиаҳәшьцәеи аӡәырҩы агәырӷьара рзаанагеит Аҳратә залқәа рыргылараҿы рхы ахьаладырхәуаз. Аргыларақәа рҿы ацхыраара рыҭара ҳалша-иҳалымша, ҳара зегьы иҳамоуп алшара ари аус адгылара хатәгәаԥхаралатәи аҭарала. Ажәытәан Анцәа имаҵзуҩцәа ицқьоу амҵахырхәарахь иаадырԥшуаз агәацԥыҳәара иабзоураны, аргыларазы иаҭахыз зегьы еизган. Иахьагьы ари аҩыза агәазыҟашьа Иегова дҳаранакуеит (Ақәҵ. 25:2; 2 Кор. 9:7).
АҲРАТӘ ЗАЛҚӘА РЕИЛЫРГАРА
13, 14. Иарбан библиатә принципқәоу иаҳзырбо Аҳратә зал цқьаны иҳамазар шакәу?
13 Иегова — аиҿкаара Анцәа иоуп, убри аҟынтә Аҳратә зал аханатә инаркны ицқьазар ауп. (Шәаԥхьа 1 Коринфаа рахь 14:33, 40.) Абиблиа адоуҳатә цқьареи аԥшьареи ацәеижьтә цқьара иаднаҳәалоит (Аатр. 19:8). Убри азоуп Анцәа изиашазарц зҭаху ауаа иара убас агигиена иацклаԥшуазар зрыхәҭоу.
14 Ари инақәыршәаны, аиԥыларақәа рахь аинтерес аазырԥшуа ауаа анааҳаԥхьо, агәра ганы ҳаҟазар ауп Ҳаҳратә зал ахаҿра еиҭаҳҳәо ажәабжь бзиа аԥшӡара шаныԥшуа. Усҟан дара иаарласны адгьыл џьанаҭны иҟазҵо иԥшьоу Анцәа имаҵ шаҳуа рбоит (Ис. 6:1—3; Аатр. 11:18).
15, 16. а) Избан зны-зынла Аҳратә зал цқьаны ахьчара зымариам, аха изхадоузеи уи? б) Ишԥеиҿыркаауеи Аҳратә зал аилыргара, насгьы иарбан лшароу зегьы иҳамоу?
15 Ауаа ацқьара иадҳәалоу азҵаара ишахәаԥшуа еиԥшым. Ауаҩы шаҟа ибзианы ауада еилирго зхьыԥшу уи дшааӡоу, насгьы адәахьы иҟоу асабеи агәами, амҩақәа рҭагылазаашьеи, аӡи аӡәӡәагатә хархәагақәеи ауаҩы имоу-имаму роуп. Ишыҟазаалакгьы Ҳаҳратә зал ҿырԥшыгазароуп, избанзар уи Иегова ихьӡ ахуп, насгьы ицқьоу амҵахырхәаразы иҟоу ҭыԥуп (Ҩынтә. 23:14).
16 Аҳратә зал иааиԥмырҟьаӡакәа аилыргара ахәҭоуп. Аизара аиҳабацәа рхеилакқәа зегьы аилыргаразы аграфик аиҿкаара рыхәҭоуп, насгьы амҵахырхәарҭа ҭыԥқәа ишахәҭоу еиԥш реилыргаразы арыцқьагатә хархәагақәеи аинвентари ыҟазарц иахылаԥштәуп. Иҟоуп аизара ашьҭахь еснагь имҩаԥгатәу аилыргара иадҳәалоу аусқәа, аха иҟоуп зны-зынла мацара имҩаԥгатәугьы. Убри аҟынтә акгьы бжьамхарц азы, зегьы бзианы еиҿкаатәуп. Азал аилыргара — ари ҳаҭыр дууп; уи рҽаладырхәыр рылшоит аизара алахәылацәа зегьы.
АҲРАТӘ ЗАЛҚӘА РХЫЛАԤШРА
17, 18. а) Ишԥеиҷаҳауаз Анцәа имаҵзуҩцәа ицқьоу амҵахырхәарҭа ҭыԥқәа абиблиатә аамҭақәа раан? б) Избан изхадоу Аҳратә залқәа ишахәҭоу еиԥш рхылаԥшра?
17 Иегова имаҵзуҩцәа Анцәа иахьимҵахырхәо аҭыԥқәа ибзианы ирыцклаԥшуеит, иаҭаху аремонт зегь ҟаҵазарц. Абас, Иудеиатәи аҳ Иоас аԥшьаҩцәа адҵа риҭеит Иегова иҩнаҿы хатәгәаԥхарала иҟарҵоз аҭара рхы иадырхәарц «аҩны иамаз аԥхасҭа, зехьынџьара иарбан ԥхасҭазаалакгьы» дырҽеиларц (2 Аҳ. 12:4, 5). Уи ашьҭахь 200 шықәса ааҵхьан еиԥш, аҳ Иосиа адҵа риҭеит иҟаҵаз аҭара ауахәама аремонт ахь ирышьҭырц. (Шәаԥхьа 2 Ашықәсынҵа 34:9—11.)
18 Афилиалқәа ишаарыцҳауа ала, тәылақәак рҿы ахыбрақәеи амаҭәахәқәеи иааиԥмырҟьаӡакәа хылаԥшра азыруӡом. Иҟалап урҭ аҭыԥқәа рҿы ауаа уи аҩыза аусқәа рзы иахәҭоу адыррақәеи аԥареи рзымхозар. Аха еилкаауп, Аҳратә зал ишахәҭоу еиԥш ахылаԥшра азумзар, уи иаарласны ухы иузамырхәо иҟалоит, насгьы ааигәа-сигәа инхо рҿаԥхьа шаҳаҭра бзиахом. Убасҵәҟьа аизара алахәылацәа Аҳратә зал ишахәҭоу ахылаԥшразы ирылшо зегь аныҟарҵо, уи Иегова дҳаранакуеит, насгьы хатәгәаԥхарала иҟарҵо аҭара еиҳа имаҷны иныххоит.
Аҳратә зал аилыргареи ахылаԥшреи хырҩа рзутәым (Шәрыхәаԥш абзац 16, 18.)
19. Ишәымоузеи шәара иӡбаны Анцәа ҳахьимҵахырхәо аҭыԥқәа рганахь ала?
19 Аҳратә зал — ари Иегова изку хыброуп. Убри аҟынтә уи аӡәы итәуп, ма аизара иатәуп ҳәа ҳазҳәаӡом, уи закәанла аԥшәма дамазаргьы. Ақьырсиантә принципқәа ҳрықәныҟәо, ҳара зегьы Азал зеиԥшроу, насгьы уи иамоу ахықәкы ишақәшәо ҳацклаԥшуазар ауп. Ҳара амҵахырхәарҭа ҭыԥқәа рахь апатуқәҵара ааҳарԥшлар ҳалшоит, аргыларазы хатәгәаԥхарала аҭара ҟаҳҵозар, насгьы Аҳратә залқәа цқьаны, ишахәҭоу еиԥш иҟазарц азы ҳаамҭеи ҳамчи ҳамеигӡозар. Убас ҳара, Иисус иеиԥш, Иегова ҳахьимҵахырхәо аҭыԥ ахь агәцаракра ааҳарԥшуеит (Иоан. 2:17).
a Ари астатиаҿы еиҳараӡак зыӡбахә ҳәоу Аҳратә залқәа роуп, аха ара иаагоу апринципқәа Аконгресстә залқәеи ицқьоу амҵахырхәаразы ҳхы иаҳархәо егьырҭ ахыбрақәагьы ирыҵанакуеит.