Анцәа Иаҳра шәазиашаз
«Урҭ ԥсабаратәқәам [«адунеи иатәым», АдҾ]» (ИОАН. 17:16).
1, 2. а) Избан ақьырсианцәа Анцәа изиашазарц зхадоу, насгьы ишԥадҳәалоу уи анеитралитет? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.) б) Изызиашоузеи аӡәырҩы, насгьы иабананаго уи зны-зынла?
АЗИАШАРЕИ анеитралитети ирыдҳәалоу азҵаарақәа ииашоу ақьырсианцәа рҿаԥхьа еснагь игылоуп, аибашьра аан мацара акәымкәа. Избан? Избанзар Иегова зҽизызкыз имаҵзуҩцәа зегьы бзиа дшырбало, ишизыӡырҩло, насгьы азиашара шаадырԥшло ала ажәа ирҭеит (1 Иоан. 5:3). Ҳара ҳазхылҵшьҭразаалакгьы, ҳазмилаҭзаалакгьы, ҳахьынхозаалакгьы, насгьы иарбан культуроу ҳазҵазкуазаалакгьы, гәык-ԥсык ала иаҳҭахуп аиашара иадҳәалоу Анцәа инормақәа рықәныҟәара. Ҳара ҳзы Иегова Иаҳреи иареи рызиашара еиҳа ихадоуп, ҳара еиӷьаҳшьо, ма ҳзышьцылоу ак аасҭа (Матф. 6:33). Убри аҟынтә ақьырсианцәа ари адунеи аконфликтқәа ирылахәымзар ауп (Ис. 2:4; шәаԥхьа Иоанн 17:11, 15, 16).
2 Ҳагәрахаҵара ҳацеиҩызымшо ауаа ртәыла, рыжәлар, ркультура, иара убас рмилаҭтә спорттә командаҵәҟьагьы даараӡа ирызиашазар ауеит. Лассы-лассы уи аицлабрахь инанагоит, аха зынӡа ианахдырҟьо — ашьакаҭәареи агеноциди рахь. Ҳара ауаа ҳрыланхоит аҟынтә, иаҳҭахы-иаҳҭахым ус еиԥш иҟоу аидысларақәа ҳҭаацәеи ҳареи иаҳкьыслар ауеит. Анцәа ауаа аиашара ацәанырра рылаҵаны ишеит аҟнытә, ауаатәыҩсатә еиҳабыра рхымҩаԥгашьа ҳаргәамҵуазар алшоит (Аҟаз. 1:27; Ҩынтә. 32:4). Ҳхы шԥамҩаԥаҳго ҳара ари аҭагылазаашьаҿы? Ганк аанкыланы, иҳазгәамҭаӡакәа ари адунеи аконфликтқәа ҳрыланагалар ҟалоит.
3, 4. а) Избан ақьырсианцәа анеитралитет зырыхьчо? б) Еилаҳкаауазеи ҳара ари астатиа аҟынтәи?
3 Аиҳабыра зны-зынла агәра ҳдыргоит ахдырра змоу атәылауаа конфликтк анцәырҵуа аганахь имгылалароуп ҳәа. Аха ақьырсианцәа уи иақәшаҳаҭхаӡом. Ҳара ари адунеи аполитикатә еимак-еиҿакқәа ҳхы рылаҳархәӡом, насгьы абџьар шьҭаҳхӡом (Матф. 26:52). Ҳара Аҩсҭаа идунеи ахәҭак аасҭа даҽа хәҭак еиӷьуп ҳәа иҳаԥхьаӡаӡом, уи мчыла иҳадырцалозаргьы (2 Кор. 2:11). Ҳара ари адунеи ҳатәӡам, убри аҟынтә анеитралитет ҳахьчоит. (Шәаԥхьа Иоанн 15:18, 19.)
4 Аха ҳанамӡара иахҟьаны, ҳара зны-зынла иаҳцәыцәгьоуп ажәытәтәи ҳхаҭара иаҷыдаҟазшьоу, иҳалоу аиӷара азгагара ааныжьра (Иер. 17:9; Ефес. 4:22—24). Ари астатиаҿы ҳара ҳарзааҭгылоит ари ацәанырра аиааираҿы иҳацхраауа принципқәак. Иара убас ҳара еилҳаргоит Анцәа Иаҳра ҳазиашаны ҳаанхарц азы ҳахшыҩ шазыҟаҵатәу, насгьы ҳаламыс шааӡатәу.
ҲАРА АНЕИТРАЛИТЕТ ЗАҲАХЬЧО
5, 6. Дышԥазыҟаз Иисус еиуеиԥшымыз ауаа дахьрыланхоз, насгьы избан?
5 Шәақәшәахьоума шәара аҭагылазаашьа, иҟашәҵо шәзымдыруа шәанықәхо? Усҟан иҟәыӷарахон шәазхәыцызҭгьы: «Ихы шԥамҩаԥигарыз Иисус сара сҭыԥ аҿы?» Иара Иудеиеи, Галилеиеи, Самариеи, егьырҭ аҭыԥқәеи рҟынтәи ауаа дрыланхон. Абиблиаҿы иҳәоуп арҭ аҭыԥқәа рҿы инхоз ауаа бзиа еибабаӡомызт ҳәа (Иоан. 4:9). Иара убасгьы аимак-аиҿак рыбжьан афарисеицәеи асаддукеицәеи; аԥагьареи ахышьҭыхреи зламыз ажәлари ашәахтә алхыҩцәеи; раввинтәи аҵара заузи уи змаузи (Матф. 9:11; Иоан. 7:49; Аус. 23:6—9). Актәи ашәышықәсазы Израиль напхгара азыруан римаа, аха урҭ рыҟазаара аҭыԥантәи ауааԥсыра иргәаԥхомызт. Иисус Анцәа изкыз аиаша ӷәӷәала дадгылан, насгьы аиқәырхара ахьынтәиаауа ауриацәа рҟынтәи шакәыз идыруан, аха иара иҵаҩцәа ргәазҭеиҵомызт егьырҭ ауаа раҵкыс рхы ҳаракны ирбаларц (Иоан. 4:22). Аха иара ауаа зегьы ирзааигәоу реиԥш бзиа ирбаларц иааиԥхьон (Лука 10:27).
6 Избан Иисус аиудеиаа рыбжьара иҟаз ауаа реилыхра дзадымгылоз? Избанзар Иабгьы иаргьы ари адунеи аконфликтқәа рҿы аӡәгьы иган ааныркылаӡом. Иегова иԥа дицырхырааны ахаҵеи аԥҳәыси аниша, ирхылҵуа адгьыл ҭдырҭәаарц иҭахын (Аҟаз. 1:27, 28). Анцәа убас ауаа ишеит, еиуеиԥшым арасақәа рхылҵыр рылшон. Иеговеи Иисуси расак, милаҭк, ма бызшәак алхны ирымам (Аус. 10:34, 35; Аатр. 7:9, 13, 14). Ҳара урҭ рҿырԥшы наӡа ҳақәныҟәалар ауп (Матф. 5:43—48).
7, 8. а) Иарбан зҵаароу иҟоу ақьырсианцәа апозициа ӷәӷәа аанкылара ахьрыхәҭоу? б) Еилыркаалар акәзеи ақьырсианцәа асоциалтә, насгьы аполитикатә уадаҩрақәа рыӡбара аганахь ала?
7 Аха иҟоуп азҵаара, апозициа ӷәӷәа аанкылара ахьҳахәҭоу,— ари Иегова имчра иадҳәалоу азҵаара ауп. Едемтәи абаҳчаҿы Аҩсҭаа Анцәа анапхгара аҟаҵара азин шимоу гәрамгарҭас ишьҭихит. Убри нахыс досу ихала иӡбоит иалихша: Иегова идигало акәу, мамзаргьы Аҩсҭаа идигало акәу. Шәазхәыц: шәрықәныҟәома шәара Иегова инормақәеи изакәанқәеи, уи ала ари аимактә зҵаараҿы иган аанкыло, мамзаргьы шәара ишышәгәаԥхо иҟашәҵоу? Агәра жәгома шәара ауаатәыҩсатә уадаҩрақәа зыӡбо Аҳра шакәу? Мамзаргьы ауаатәыҩсатә напхгара қәҿиара амазаауеит ҳәа ишәыԥхьаӡоу? (Аҟаз. 3:4, 5).
8 Шәара иаанышәкыло аган иҳәаақәнаҵоит анаҩс шәхы шымҩаԥыжәго, аӡәы еиуеиԥшым, еиҿагыло азҵаарақәа рганахьала шәгәаанагара еиликаарц аниҭаххо. Аполитикцәа, активистцәа, насгьы ареформаторцәа ажәлар еилызхуа аилкаареи уи апроблема аҿагылареи иаҿуижьҭеи акрааҵуеит. Иҟалап урҭ рҽазышәарақәа цәгьара ҳәа акгьы рыҵамзаргьы. Аха ақьырсианцәа еилыркаауеит ауаа рыуадаҩрақәа зыӡбо, насгьы аиашараҵәҟьа шьақәзыргыло Анцәа Иаҳра мацара шакәу. Ҳара ҳзықәгәыӷуа Иегова иоуп. Шәазхәыц, еиҩымшаӡози аизара, ақьырсианцәа рҟынтә досу иара ииашоуп ҳәа ииԥхьаӡо аӡбара дадгылозҭгьы?
9. Иарбан уадаҩроу ицәырҵыз актәи ашәышықәсазы коринфтәи ақьырсианцәа рыбжьара, насгьы дышԥарылабжьеи урҭ апостол Павел?
9 Актәи ашәышықәсазы инхоз ақьырсианцәа ҽнак зны аиҩшарахь иназгаз ауадаҩра иақәшәеит. Коринфтәи аизара алахәылацәа шьоукы ирҳәон: «„Сара Павел ситәуп“, „Сара Аполлос ситәуп“, „Сара Кифа ситәуп“, „Сара Христос ситәуп“». Арҭ аилибамкаарақәа мзызс ирымазаалакгьы, апостол Павел уи игәы инархьит. Иара дҵааит «Христосгьы хаз-хазы иҽишама» ҳәа? Изыбзоурахазеи урҭ ақьырсианцәа уқәызхуа ари ахәыцшьа ахьаанрыжьыз? Павел урҭ ааиԥхьон: «Сашьцәа, Иҳақәиҭу Иисус Христос ихьӡала сшәыҳәоит, ишәҳәо шәажәа акызарц, шәыбжьара хаз-хазы, шәеиҟәша-еиҟәшаны шәҟамларц, доуҳак аҿы, хәыцырҭак аҿы шәеилаҵәаны шәыҟазарц». Иахьагьы ақьырсиантә еизараҿы аиҟәшарақәа ҭыԥ рымамзароуп (1 Кор. 1:10—13; шәаԥхьа Римаа рахь 16:17, 18).
10. Иарбан ҿырԥшу апостол Павел иааигаз, ақьырсианцәа анеитралитет шырыхьчаша дирбарц азы?
10 Павел Анцәа идоуҳала иалху Филиппқәа рҿы инхоз ақьырсианцәа ааиԥхьон рхәыцрақәа, ргәаҳәарақәа дгьылтәымзарц, жәҩантәи рынхарҭа рхадмыршҭларц (Флп. 3:17—20)a. Дара Христос ицҳаражәҳәаҩцәа реиԥш рхы мҩаԥыргалар акәын. Ацҳаражәҳәаҩцәа ахьдәықәҵоу атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рхы рыладырхәуам. Дара рхатәы ҳәынҭқарра иазишаны иаанхоит (2 Кор. 5:20). Адгьылаҿтәи агәыӷра змоу ақьырсианцәа Анцәа Иаҳра иатәылауаауп, убри аҟынтә ари адунеи аконфликтқәа рҿы аӡәгьы иган аанырымкылалар ауп.
ИЕГОВА ИАХЬ АЗИАШАРА ААШӘЫРԤШЛА
11, 12. а) Избан иахьа ақьырсианцәа Анцәа Иаҳрахь азиашара аарԥшра зырзымариам? б) Иарбан уадаҩроу дзықәшәаз қьырсиан ԥҳәыск, насгьы дышԥаиааи уи лара?
11 Атәылақәа жәпакы рҿы инхо ауаа еиднакыло иреиуоуп еицырзеиԥшу аҭоурыхи, акультуреи, абызшәеи, уи дара даара иазгәдууп. Убри аҟынтә ақьырсианцәа рыхшыҩ азыҟарҵалароуп, насгьы рыламыс рааӡалароуп, анеитралитет иадҳәалоу азҵаарақәа анцәырҵуа ииашаны рхы мҩаԥыргаларц. Аха ишԥаҟаҵатәу уи?
12 Ҳахәаԥшып ԥыхьатәи Иугославиа атерриториаҿы иҟоу атәылақәа руак аҿы инхо аиаҳәшьа Мирьетаb лҿырԥшы. Дшыхәыҷыз инаркны лара асербцәа рахь ацәымӷра лыларааӡон. Иегова еилых шыҟаимҵо, насгьы арасатә уадаҩрақәа зыхҟьо Аҩсҭаа шиакәу анеилылкаа, лара лҽазылшәеит егьырҭ амилаҭқәа рахь илымаз ацәымӷра аиааира. Аха лара дахьынхоз аҭыԥ аҿы амилаҭеилыхра иахҟьаны аконфликт ианалага, уаанӡа асербцәа рахь илымаз ацәымӷра лызцәырҵит, убри аҟынтә асербцәа ажәабжь рзеиҭаҳәара лцәыцәгьахеит. Мирьета еилылкааит арҭ ацәанырра бааԥсқәа рхала ишмиасуа. Лара ари ауадаҩра даиааирц азы, Иегова диҳәон. Иалҳәон еиҳаны ажәабжь лҳәаларц, насгьы пионерс дҟаларц шылҭаху. «Сара еилыскааит зегь раасҭа исыхәо амаҵзура шакәу,— лҳәоит Мирьета.— Ажәабжь анысҳәо, Иегова иҿы абзиабара аарԥшышьа сҵоит. Ԥыҭрак ашьҭахь сара игәасҭеит иҽеим сцәаныррақәа сшыриааиз».
13. а) Иарбан ҭагылазаашьоу иаҳәшьак дзықәшәаз, аха иҟалҵазеи лара? б) Иаҳнарҵозеи ҳара ари аиаҳәшьа дзықәшәаз?
13 Абар Мексика инхо Соила зыхьӡу аиаҳәшьа лҿырԥшы. Лара уажәы европатәи ҳәынҭқаррак аҿы аизарахь дныҟәоит. Алатинтә Америка егьырҭ ахәҭақәа рҿы инхо аишьцәа шьоукы лара лхатә ҳәынҭқарреи, лҵасқәеи, лмузыкаҵәҟьеи иатәамбакәа ирыхцәажәон. Шәхы шԥамҩаԥыжәгарыз шәара, Соила лҭыԥ аҿы шәыҟазҭгьы? Еилкаауп уи лара лгәы шылнархьуаз. Арҭ ацәаныррақәа лхылгарц азы, лара Иегова иҿы ацхыраара дашьҭалеит. Аиаша ҳҳәозар, иҟоуп урҭ рҩызцәа ауадаҩрақәа ирықәшәо аишьцәеи аиаҳәшьцәеи. Аха ҳара ҳажәақәеи ҳусқәеи аизараҿы аиҟәшара цәырнагар, насгьы ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи, иара убас егьырҭгьы аӡә иган аанкылара ргәазҭаҳҵар ҳҭахӡам (Рим. 14:19; 2 Кор. 6:3).
14. Ишԥарылшо ақьырсианцәа рыхшыҩ азыҟарҵар, насгьы рыламыс рааӡар, амилаҭеилыхра иадҳәалоу ацәаныррақәа анрызцәырҵуа?
14 Иҟалап шәара шәтәыла, ма шәахьынхо аҭыԥ азиашара шәхы иахьҭаргалоз шәрааӡозҭгьы. Ишәзынхама шәара урҭ ацәаныррақәа? Ақьырсианцәа иалдмыршозар ауп милаҭк е́иҳа даҽа милаҭк еиӷьуп ҳәа иҟоу агәаанагара дара егьырҭ ишырзыҟоу ианырыр. Аха иҟаҵатәузеи, шәара ишәмилаҭым, зтәыла, зкультура, збызшәа, зраса шәара шәтәы иеиԥшым ауаа рахь иҽеим ацәаныррақәа шәгәаҿы макьана иаанханы ишыҟоу жәбозар? Усҟан иазхәыцтәуп Иегова атәамбареи амилаҭеилыхреи дшырзыҟоу. Ари атема ахатәы ҭҵаараҿы, ма аҭаацәаратә мҵахырхәараан иҭҵаазар бзиахоит. Анаҩс Иегова шәиҳәа, ари азҵаарахь иара ихәаԥшышьа шәоурц азы дшәыцхраарц. (Шәаԥхьа Римаа рахь 12:2.)
Иегова ҳизиашаны ҳаанхозар, аԥышәара дуқәа раан ҳҽырӷәӷәаны ҳаҟазаауеит (Шәрыхәаԥш абзацқәа 15, 16.)
15, 16. а) Ҳазыԥшума ҳара ауаа ҳқьырсиантә неитралитет ахь аилкаара аадырԥшуеит ҳәа? Иҳаилшәыркаа. б) Ишԥарылшо аҭаацәа рхәыҷқәа ирыцхраар ақьырсиантә неитралитет иадҳәалоу апозициа ахьчара?
15 Знымзар-зны Иегова имаҵзуҩцәа рҟынтәи досу убри аҩыза аҭагылазаашьа дақәшәоит, иламыс егьырҭ ауаа рхы шымҩаԥырго еиԥш ихы мҩаԥимгаларц ианиҵанаҳәо, иаҳҳәап: аус ицызуа, ашкол аҿы аҵара ицызҵо, агәылацәа, ауацәа, иара убас егьырҭгьы (1 Пиот. 2:19). Ииашаҵәҟьаны, ҳара егьырҭ реиԥш ҳаҟамзар ауп! Ҳара иџьаҳшьаӡом ҳпозициа азы ҳахьырцәымӷу, избанзар ус шыҟало Иисус заа иҳәахьан. Аҵабырг иаҿагыло реиҳараҩык ирзеилкааӡом ақьырсиантә неитралитет иадҳәалоу азҵаарақәа шаҟа ихадоу. Аха ҳара ҳзы урҭ раԥхьатәи аҭыԥ ааныркылоит.
16 Иегова ҳизиашаны ҳаанхозар, аԥышәара дуқәа раан ҳҽырӷәӷәаны ҳаҟазаауеит (Дан. 3:16—18). Ауаа рҿаԥхьа ашәара зегьы ирызцәырҵлар ауеит, аха еиҳараӡак иқәыԥшу роуп изцәыцәгьоу иаарыкәыршаны иҟоу ауаа рхымҩаԥгашьа аҿагылара. Шәхәыҷқәа абираҟ арҳаракра, мамзаргьы аҳәынҭқарратә ныҳәақәа рыҽрыладырхәырц рыдыргалозар, цхыраарада инышәмыжьын. Аҭаацәаратә мҵахырхәара аан шәхәыҷқәа анеитралитет зыхьчалатәу аилкаара шәрыцхраала. Уи агәымшәара рнаҭоит. Иазыҟашәҵа еилыкка, насгьы патуқәҵарыла зыгәра рго егьырҭ деилыркаара рылшартә еиԥш (Рим. 1:16). Шәара шәхәыҷқәа шәрыцхраар шәылшоит заа арҵаҩцәа шәрацәажәар, уи ада ԥсыхәа ыҟамзар.
ИЕГОВА ИИШАЗ ЗЕГЬЫ АХӘ ҲАРАКНЫ ИШӘШЬАЛА!
17. Иарбан гәаанагароу иҳамамзар акәу, насгьы избан?
17 Еилкаауп ҳтәыла, ҳкультура, ҳбызшәа, ҳафатә ҳара еиҳа иаҳзааигәазар. Аха «ҳара зегьы ҳреиӷьуп» ҳәа ҳгәы иаанамгозар ауп. Иегова иишаз зегь аҿы ахкеиԥшымра ҳбоит, уи ҳара агәырӷьара ҳнаҭоит (Ԥс. 104:24; Аатр. 4:11). Иахәҭоума нас ҳзышьцылахьоу — зегь раасҭа еиӷьуп ҳәа агәаанагара егьырҭ рыдцалара?
18. Иарбан зылԥхарақәоу иҳауа, зегьы Иегова ихәаԥшышьала ҳрыхәаԥшуазар?
18 Анцәа иҭахуп ауаа зегьы ииашоу адырреи наунагӡатәи аԥсҭазаареи роурц (Иоан. 3:16; 1 Тим. 2:3, 4). Ҳалаԥшҳәаа ҳарҭбаауазар, насгьы ииашоу агәаанагарақәа шыҟоу еилаҳкаауазар, уи ҳара доуҳала аизҳара иҳацхраауеит, насгьы ақьырсиантә акзаара ахьчоит. Иегова иахь азиашара ааҳарԥшуазар, ари адунеи аконфликтқәа ҳхы рылаҳархәӡом. Ҳара ҳгәаанагара мацара ауп ииашоу ҳәа ҳҳәалаӡом. Ҳара даараӡа Иегова иҭабуп ҳәа иаҳҳәоит Аҩсҭаа иахьатәи идунеи иаларҵәоу аԥагьареи, аиӷареи, аицлабреи рҽацәыхьчара дахьҳацхраауа! Шәааи аԥсаломшәаҳәаҩ имаз агәазыҟашьа бзиа еизҳарҳалап, уи иҳәеит: «Шаҟа ибзиоузеи, насгьы шаҟа гәахәара дуузеи, аишьцәа акзаара рыманы ианеицынхо!» (Ԥс. 133:1).
a Филиппқәа римтәи аколониақәа ракәын. Аизара алахәылацәа шьоукы егьырҭ ирымамыз римтәи атәылауаҩра иамаз иалкаау зинқәак рымазар ҟаларын.
b Хьыӡқәак ԥсахуп.