Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w15 1/7 ад. 16—21
  • «Иааскьеит шәҿыхра аамҭа»!

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • «Иааскьеит шәҿыхра аамҭа»!
  • Ахьчаратә бааш 2015
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • АГӘЫРҨА ДУ АЛАГАМҬА
  • АԤЫШӘАРЕИ АҚӘЫӠБАРЕИ РААМҬА
  • АУАА ИАШАҚӘА АҲРАҾЫ ИЛАШАЛОИТ
  • «Арыцҳара ду» аан Анцәа шәизиашаны шәаанхала
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2019
  • Ашәҟәы Аатра ԥхьаҟатәи ҳаԥсҭазаара иазкны иаҳәо
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
  • Изакәызеи арыцҳара ду?
    Абиблиатә зҵаарақәа рҭак
Ахьчаратә бааш 2015
w15 1/7 ад. 16—21

«Иааскьеит шәҿыхра аамҭа»!

«Шәҩагыланы, шәазгәырӷьаны шәыхқәа шәырҩах, избан акәзар иааскьеит шәҿыхра аамҭа» (ЛУКА 21:28).

АШӘАҚӘА: 133, 43

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Иарбан хҭысқәоу 66 шықәса ҳ. ҳ. аан иҟаз иреиԥшу ҳара иаҳзыԥшу?

  • Иарбан аԥышәарақәа ҳҭазыргыло аамҭоу иҟало «Вавилон ду» анықәгахалак ашьҭахь?

  • Иарбан еизгароу зыӡбахә ҳәоу Матфеи 24:31 аҟны?

1. Ишԥамҩаԥысуаз ахҭысқәа 66 шықәса рзы ҳ. ҳ аан? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.)

ШӘХАҾЫ иаажәг 66 шықәсазы ҳ. ҳ. аан Иерусалим инхоз Христос ишьҭанеицәа шәыруаӡәкушәа. Иаашәыкәыршаны шәгәы зырхыҭ-хыҭуа ахҭысқәа мҩаԥысуеит. Зегь зхылҿиааз убри ауп, римтәи апрокуратор Гесси Флор ахазынаҭра аҟынтәи 17 талант мчыла игеит. Уи заҳаз аиудеиаа аилаҩынтра шьҭырхит. Дара Иерусалим иҟаз римтәи агарнизон ԥыххаа иқәырҵеит, насгьы Рим ишахьыԥшым аадырԥшит. Рим иаразнак аҭак ҟанаҵеит. Хымз мҵыцкәа римынтә Сириа еиҳабыс иамаз Цести Галл инапаҵаҟа иҟаз 30-нызқьҩык злахәыз архәҭа Иерусалим иажәларц рҽеизыркуеит. Римаа Иерусалим аҳәаақәа ирласны рнапахьы иааргеит, аха аилаҩынтра иалахәыз аиудеиаа ирызкны иаҳҳәозар, урҭ ауахәама иаҵанакуаз атерриториаҿы рҽырҵәахуеит. Анаҩс римтәи аруаа ауахәама аҭӡамц аҵжаара иалагоит. Ақалақь аҿы аилаҩеиласра ҟалеит. Шәхы шԥажәбарыз шәара, абарҭқәа зегьы шәрылаԥшызҭгьы?

2. Иҟарҵар рыхәҭази ақьырсианцәа 66 шықәса рзы ҳ. ҳ. аан, насгьы ирылзыршазеи уи?

2 Ҳәарада, шәара ишәгәалашәон аевангелист Лука ианиҵаз Иисус иажәақәа: «Иерусалим ар акәшаны ишыҟоу шаажәбаз аиԥш, ижәдыруазааит уи ҭацәраны ианыҟоутәи аҿҳәара шааз» (Лука 21:20). Аха ишԥарықәныҟәатәу ари агәҽанҵара иадҳәаланы Иисус имҩақәҵарақәа? Иара иҳәеит: «Убасҟан Иудеиа иахны иҟоу ашьхақәа рышҟа еибарҩааит; ақалақь иахугьы — уалҵ; уи ааигәара иҟоу — уахь уаламлан» (Лука 21:21). Ишԥалҵтәу амацәаз иҭаку ақалақь? Ус шәыбла ишабо иааџьоушьаша ак ҟалоит: римтәи ар хьаҵуеит! Инаӡеит уи агәаҟра «амшқәа кьаҿхоит» ҳәа заа иҳәаз ажәақәа (Матф. 24:22). Уажәшьҭа шәара Иисус имҩақәҵарақәа рықәныҟәаразы алшара шәоуит. Аамҭа мгакәа, Иерусалим ишәыцынхо егьырҭ ииашоу ақьырсианцәеи шәареи аӡиас Иордан егьи ахықә ахь иҟоу ашьхақәа рахь шәыҩуеитa. 70 шықәса рзы ҳ. ҳ. аан римаа Иерусалимҟа еиҭахынҳәуеит, насгьы ақалақь ԥыххаа иқәырҵоит. Аха шәара шәхы шәыхьчеит, избанзар Иисус иажәақәа шәрықәныҟәеит.

3. Иарбан ҭагылазаашьоу изықәшәо иаарласны ақьырсианцәа зегьы, насгьы еилҳаргозеи ҳара ари астатиаҿы?

3 Иаарласӡаны ҳара зегьы уи аҩыза аҭагылазаашьа ҳақәшәараны ҳаҟоуп. Иисус Иерусалим шеилабгоз заа ргәырҽаниҵеит, аха уи адагьы, актәи ашәышықәсазы иҟаз ахҭысқәеи иаалырҟьаны «агәырҩа ду» аныҟало аамҭеи еиҿирԥшит (Матф. 24:3, 21, 29). Насыԥны, ҵҩа змам ажәлар уи аамҭа хьанҭа рхыргар рылшоит. (Шәаԥхьа Аатра 7:9, 13, 14.) Ҳара даара аинтерес ҳазцәырнагоит арҭ ахҭысқәа ирызкны Абиблиа иаҳәо, избанзар ҳаиқәырхара ауп зыӡбахә ҳәоу. Шәааи инарҭбааны ҳазааҭгылап ҳаԥхьаҟа иҟалараны иҟоу арҭ ахҭысқәа ҳара зегьы ишҳаҵанакуа.

АГӘЫРҨА ДУ АЛАГАМҬА

4. Излалагозеи агәырҩа ду, насгьы ишԥаҟало уи?

4 Излалагозеи агәырҩа ду? Аатра ашәҟәы ари азҵаара аҭак ҟанаҵоит «Вавилон ду» шықәгахо еиҭаҳәо (Аатр. 17:5—7). Уа амцтә динхаҵара акаҳԥы илҿырԥшуп. Шаҟа ибзианы еиҿырԥшузеи! Адинмаҵзуҩцәа, акаҳԥ леиԥш, ибжьыху ари адунеи аполитикатә напхгаҩцәа рхы рыдыргалоит. Иисус Иаҳреи иареи рахь азиашара аарԥшра аҭыԥан, адинмаҵзуҩцәа ауаатәыҩсатә напхгаҩцәа ирыдгылоит, насгьы амчра рыхьчарц азы, Анцәа ипринципқәа ирызхьаԥшӡом. Шаҟа еиԥшымзеи аԥҳәызба лҭыԥҳа цқьара зныԥшуа Анцәа идоуҳала иалху ақьырсианцәеи урҭ адинмаҵзуҩцәеи! (2 Кор. 11:2; Иак. 1:27; Аатр. 14:4). Иқәызгода акаҳԥы илеиԥшу ари аорганизациа? Иегова игәы иҭеикыз ахәыцра «иҟаԥшьы уаркалеиуаз агыгшәыг» иамоу «жәа-тәыҩак» рыла иаарԥшу ргәы иҭеиҵеит. Атәыҩа — Еидгылоу Амилаҭқәа Рорганизациа (ООН) — агыгшәыг иадгылоу зегьы аанарԥшуеит. (Шәаԥхьа Аатра 17:3, 16—18.)

5, 6. Иузырбозеи Вавилон ду адинхаҵарақәа анықәгахо уи алахәылацәа зегьы шымԥсуа?

5 Иҟаҵатәума алкаа Вавилон ду адинқәа анықәгахо, уахь иалахәыз зегьы ԥсуеит ҳәа? Иҟалап имԥсыргьы. Уи аамҭа иазкны Захариа аԥааимбаражәа иҳәон. Абар иара амцтә динхаҵарахь уаанӡа иаҵанакуаз ирызкны ииҩыз: «Урҭ рахьтә досу иҳәоит: „Сара сԥааимбарӡам. Сара сыдгьылқәаарыхҩуп, избанзар санқәыԥшыз аӡәы сааихәеит“. Иара иазҵаауеит: „Иабауоуи арҭ ахәрақәа?“ Иара аҭак ҟаиҵоит: „Сара даара бзиа сызбо рыҩнаҭаҿы срыпҟон“» (Зах. 13:4—6). Еилкаауп амцтә динхаҵара шкарыжьуа уи ахаҭарнакцәа шьоукгьы. Иара убас дара адинхаҵара ишалахәыз зынӡа мап ацәыркуа иалагоит.

6 Ирыхьуазеи усҟан Анцәа ижәлар? Иисус иҳәеит: «Убасҟан, убарҭ амшқәа кьаҿымхар, иарбан цәеижьзаалакь аҽазҿыхрымызт; аха иалкаау раҳаҭыр азы урҭ амшқәа кьаҿхоит» (Матф. 24:22). Хыхь ишаҳҳәаз еиԥш, 66 шықәса рзы ҳ. ҳ. аан агәаҟра амшқәа ркьаҿын. Уи иалкаау — доуҳала иалху ақьырсианцәа — ақалақьи уи акәша-мыкәшеи алҵра алшара рнаҭеит. Убасҵәҟьа агәырҩа ду раԥхьатәи аетап иалкаау рзы иркьаҿхоит. «Жәа-тәыҩак» рыла иаарԥшу аполитикатә мчрақәа Анцәа ижәлар рықәгара рылыршахаӡом. Уи аҭыԥан аамҭа кьаҿк иалагӡаны аԥсеивгара ҟалоит.

АԤЫШӘАРЕИ АҚӘЫӠБАРЕИ РААМҬА

7, 8. Иарбан лшароу амцтә динхаҵара анықәгахалак ашьҭахь ицәырҵуа, насгьы иалукаартә излаҟалозеи усҟан Анцәа имаҵзуҩцәа егьырҭ ауаа рҟынтә?

7 Амцтә динхаҵара анықәгахалак ашьҭахь, досу ҳгәы иҭоу еилкаахоит. Ауаа реиҳараҩык «шьхеи-хаҳәи» ирҿырԥшу ауаатәыҩсатә организациақәа рҿы рхы рыхьчарц иашьҭалоит (Аатр. 6:15—17). Аха Анцәа ижәлар Иегова иҿы ахыхьчарҭа рыԥшаалоит. Актәи ашәышықәсазы римаа анхьаҵ ашьҭахь, аиудеиаа рҟынтә ақьырсианра здызкылоз рацәаҩымызт. Усҟан ақьырсианцәа рзы аӡырҩра анаадырԥшыша аамҭан. Убасҵәҟьа еиԥш ҳаргьы ҳазыԥшымзароуп агәырҩа ду аан, Вавилон Ду анықәгахалак ашьҭахь, Анцәа иган аанызкыло ауаа рацәаҩхоит ҳәа. Усҟан Иегова ишаҳаҭцәа зегьы иара бзиа дшырбо ашьақәырӷәӷәареи Христос иашьцәа рыдгылареи алшара роуеит (Матф. 25:34—40).

8 Ҳара аҵыхәтәанынӡа иҳаздырӡом урҭ аԥышәарақәа раамҭазы иҟало. Аха ҳара еилаҳкаауеит ахамеигӡара ааҳарԥшлар шакәхо. Актәи ашәышықәсазы инхоз ақьырсианцәа рхы еиқәдырхарц азыҳәан, дара рмазара зегьы аанрыжьыр, насгьы ачҳара аарԥшны ауадаҩрақәа рхыргалар акәхеит (Мар. 13:15—18). Аха ҳазхиоума ҳара аматериалтә уадаҩрақәа рыхгара? Иҟаҳҵалома иҳалшо зегьы, Иегова ҳизиашаны ҳаанхарц азы? Шәазхәыц, усҟантәи аамҭазы ҳара ҳамацара ҳакәхоит аԥааимбар Даниил иеиԥш акгьы ҳамыхәаԥшӡакәа Анцәа имаҵ зуло (Дан. 6:10, 11).

9, 10. а) Иарбан жәабжьу Анцәа ижәлар аҵыхәтәа анааиуа аамҭазы ирыларҳәало? б) Ишԥарыдыркыло уи ажәабжь Анцәа ижәлар раӷацәа?

9 Усҟан иаамҭахаӡом Аҳра иазку ажәабжь бзиа ауаа рылаҳәара, избанзар аҵыхәтәа анааиуа аамҭа ааигәахоит (Матф. 24:14). Анцәа ижәлар уцәа уҭазырӡыӡо Анцәа иқәыӡбара, ицқьам Аҩсҭаа идунеи хымԥада ишықәгахо рыларҳәалозар ауеит. Абиблиа ари ажәабжь акырцх иаҿнарԥшуеит: «Ажәҩан ахьтә аҟәҟәа-ҟәҟәаҳәа, зеиԥш ахаан уаҩы иимбацыз акырцх-ҟәаз леиуан; ауааԥсыра абри акырцх иарҿиоз арыцҳарақәа рзыҳәа Анцәа изыӷьашкуан, рҿы иааҭашәоз изырҳәон, избан акәзар ари — рыцҳара хьанҭан, иуаӷеимшхаран» (Аатр. 16:21).

10 Ари зегьы ҳаӷацәа ирызгәамҭар залшом. Анцәа идоуҳа ацхыраарала аԥааимбар Иезекииль иҳаилиркаауеит ажәларқәа ркоалициа, Магог аҟынтә Гог иҟанаҵо: «Абас иҳәоит Зегьирхаку Иҳақәиҭу Иегова: „Уи аҽны абас ҟалоит: уара угәаҿы хәыцрақәак узцәырҵуеит, нас угәҭакы цәгьа шынаугӡо уӡбоит. Уара иуҳәоит: „Ихьчам ақыҭақәа змоу атәыла саҿагыларц сдәықәлоит. Ҭынч инхо срыжәлоит. Дара зегьы ҭӡамц рымамкәа инхоит, ргәашәқәа алыкә рымам, ашәқәа рызҿам“. Уи зегьы зыҟаҵоу аԥыхьашәа рацәаны агареи, арҳәреи рзы, насгьы ҿыц анхара иахьалагаз ақьаԥҭақәеи ажәларқәа рҟынтә еизгоу, адгьыл агәҭаны инхо, амал еизызго ажәлари рықәлара азы ауп» (Иез. 38:10—12). Адоуҳа аганахь ала Анцәа ижәлар егьырҭ ирылукаауа иҟалоит, убри аҟынтә ара иҳәоуп «адгьыл агәҭаны инхо» роуп ҳәа. Амилаҭқәа ари ақәшаҳаҭхара рҭаххаӡом, убри аҟынтә Иегова доуҳала иалихызи урҭ ирыцхраауа ақьырсианцәеи ирыжәларц рыӡбоит.

11. а) Иаҳгәалашәалар ҳахәҭоузеи ҳара агәырҩа ду аан ахҭысқәа реишьҭагылашьа иазкны? б) Ишԥақәҿырҭуеи ауаа жәҩантәи адыргақәа?

11 Уи аамҭа ҳаназхәыцуа, ҳара иаҳгәалашәозар ауп Анцәа Иажәаҿы анаҩстәи ахҭысқәа реишьҭагылашьа шамҳәо. Иҟалап хҭысқәак аамҭак иалагӡаны имҩаԥысыр. Ари асистема ахыркәшара иазкыз Иисус иԥааимбаражәаҿы иҳәеит: «Адыргақәа ҟалоит амраҿ, амзаҿ, аеҵәақәа рҟны, адгьыл аҿы — ажәлар рыгәкаҳара, иҟалаз змааноу азымдырра иртәны; амшынгьы гәрымышт, иеилацәқәырԥашт; Ауаа гәыҭҟьа-ԥсыҭҟьарала иԥслашт, аԥсабара иазыҟалараны иҟоу акаамеҭ, ауаӷеимшхара иацәшәаны, избан акәзар ажәҩан мчрақәагьы ҵысышт. Убасҟан дырбашт идуӡӡара иманы хьыӡла-ԥшала аԥҭақәа дрыла илбаауа Ауаҩытәыҩса Иԥа» (Лука 21:25—27; шәаԥхьа Марк 13:24—26). Иҟалома жәҩантәи арҭ адыргақәа лабҿаба? Уи аамҭа иаҳнарбоит. Ишыҟазаалакгьы, Иисус зыӡбахә иҳәоз адыргақәа ауаа дыршәаӡыӡоит, аилаҩеиласра рыбжьанаҵоит.

Ҳара агәазыҟашьа бзиа аарԥшуа ԥхьаҟа ҳаԥшлоит, аиқәырхара шааигәоу агәра го! (Шәрыхәаԥш абзацқәа 12, 13.)

12, 13. а) Иҟалозеи Иисус «идуӡӡара иманы хьыӡла-ԥшала» данааиуа? б) Иҟарҵозеи уи аамҭазы Анцәа имаҵзуҩцәа?

12 Иҟалозеи Иисус «идуӡӡара иманы хьыӡла-ԥшала» данааиуа? Анцәа изиашоу аҳамҭа роуеит, егьырҭ — ахьырхәра рзыԥшуп (Матф. 24:46, 47, 50, 51; 25:19, 28—30). Христос иаара иаҵанакуа еидкылоу адырга иазкны Матфеи иҟынтә Аевангелиаҿы иаагоу ацыԥҵәаха ауасақәеи аџьмақәеи ирызку ажәамаана ала инҵәоит. Иисус иҳәеит: «Идура дагәылашо Ауаҩытәыҩса Иԥа Амаалықь Ԥшьацәа зегьы ицны данааилакь, убасҟан Иара итәарҭа ҳарак дықәтәоит, Иҿаԥхьа еизоит ажәларқәа зегьы; урҭ шьоук анахь, шьоук арахь ҳәа еихишоит, ахьча ауасақәеи аџьмақәеи шеилихуа еиԥш. Ауасақәа иарӷьарахь иргылоит, аџьмақәа — иармарахь» (Матф. 25:31—33). Ирзыԥшузеи ауасақәеи аџьмақәеи? Иисус иациҵоит: «...[аџьмақәа] наӡаӡа иқәгахоит, ииашоу ауаа [ауасақәа] наӡаӡатәи аԥсҭазаара роуеит» (Матф. 25:46, АдҾ).

13 Рхы шԥамҩаԥырго аџьмақәа иреиԥшу ауаа, наӡаӡа ишықәгахо анеилыркаалак? Дара «еибарҵәыуашт» (Матф. 24:30). Рхы шԥамҩаԥырго уи аамҭазы Христос иашьцәеи аиашара аазырԥшуа урҭ рыцхырааҩцәеи? Иегова Иԥеи иареи рахь ирымоу агәрахаҵара ӷәӷәа аарԥшуа, дара Иисус имҩақәҵара иқәныҟәоит: «Абарҭқәа зегьы анынаӡауа аамҭазы шәҩагыланы, шәазгәырӷьаны шәыхқәа шәырҩах, избан акәзар иааскьеит шәҿыхра аамҭа» (Лука 21:28). Ҳара агәазыҟашьа бзиа аарԥшуа ԥхьаҟа ҳаԥшлоит, аиқәырхара шааигәоу агәра го!

АУАА ИАШАҚӘА АҲРАҾЫ ИЛАШАЛОИТ

14, 15. Иарбан усу аизгаразы имҩаԥгахо, Магог аҟынтә Гог Анцәа ижәлар данрықәлалак ашьҭахь, насгьы ишԥаҟало уи?

14 Иҟалозеи Магог аҟынтә Гог Анцәа ижәлар данрықәлалак ашьҭахь? Аевангелистцәа Матфеи Марки хҭыск иалацәажәоит. Ҳара ҳаԥхьоит: «Иагьааишьҭышт Иара [Ауаҩытәыҩса Иԥа] Имаалықьцәа,— аԥшьыԥшак ахьынӡанаӡааӡауа, адгьыли ажәҩани рхы-рҵыхәа зегьы рахьтә Иара иаликаахьоу еизигашт» (Мар. 13:27; Матф. 24:31). Арҭ ажәақәа Анцәа идоуҳала иалху раԥхьатәи амҳәыр анраархахо аамҭагьы, иара убас аҵыхәтәантәи амҳәыр анраархахо аамҭагьы ирыҵанакӡом (Матф. 13:37, 38). Доуҳала иалху ақьырсианцәа аҵыхәтәантәи амҳәыр раархахоит агәырҩа ду алагаанӡа (Аатр. 7:1—4). Иалкаау шеизиго ирызкыз Иисус иажәақәа наӡоит 144 000 рҟынтәи иаанхо жәҩантәи рҳамҭа анроулак ашьҭахь (1 Фес. 4:15—17; Аатр. 14:1). Уи иаарласны иҟалоит Магог аҟынтә Гог иқәылара ашьҭахь (Иез. 38:11). Усҟан, Иисус ишиҳәоз еиԥш, «аҵабыргцәа рхы-рҿы рхалашашт Раб Иԥсҳараҿы» (Матф. 13:43)b.

15 Иаанагома ари Анцәа идоуҳала иалху ақьырсианцәа рцәеижь шрымоу ихалоит ҳәа? Ари ақьырсиантә дунеи аҿы аӡәырҩы ихарҵоит цәеижьла ахалара, дара ргәаанагарала Христос иаара лабҿаба иҟалоит. Аха Абиблиаҿы еилыкка иануп «Ауаҩытәыҩса Иԥа идырга» ажәҩан аҿы ишцәырҵуа, насгьы Иисус «аԥҭақәа дрыла» дшаауа (Матф. 24:30). Арҭ аҩҳәамҭак иаадырԥшуеит ари ахҭыс лабҿаба иумбо ак акәны ишыҟало. Иара уи адагьы, «ашьеи ацәеижьи ракәым Анцәа Иԥсҳара иаџьынџьхо». Убри аҟынтә ажәҩан ахь игахо ҩаԥхьа рҽырыԥсахыр ауп «иаалырҟьаны, еимгеимцарак иалагӡаны, аҵыхәтәантәи абыкьыбжь анго аамҭазы»c. (Шәаԥхьа 1 Коринфаа рахь 15:50—53.) Анцәа идоуҳала иалху рахь ҳара ҳхы иаҳархәаӡом ажәа «ахалара», избанзар аӡәырҩы ауаа уи ибиблиатәым аҵарақәа ирыдыркылоит. Аха доуҳала иалху рҟынтәи адгьыл аҿы иаанханы иҟоу аамҭак иалагӡаны дара зегьы ажәҩан аҿы еизгахоит ҳәа ҳҳәар ҳалшоит.

16, 17. Иҟалар акәзеи ажәҩан аҿы Асыс аҭаацәалалара мҩаԥысаанӡа?

16 144 000 зегьы ажәҩан аҿы ианеизгахалак, Асыс ачаразы аҵыхәтәантәи аҽазыҟаҵарақәа ирылагахоит (Аатр. 19:9). Аха ари агәырӷьара зцу ахҭыс аҿаԥхьа еиҭах ак ҟалараны иҟоуп. Ишаадыруа еиԥш, 144 000-ҩык рҟынтә иаанхаз ажәҩан ахь иангахо аԥхьаҵәҟьа, Магог аҟынтә Гог Анцәа ижәлар дрыжәлоит (Иез. 38:16). Адгьыл аҿы иҟоу Анцәа имаҵзуҩцәа цхыраарак рымамкәа иаанхазшәа иҟалоит. Дара зықәныҟәало амҩақәҵарақәа аҳ Иосафат ихаан иҟаҵаз амҩақәҵарақәа ирҩызахоит: «Шәара шәеибашьлар акәхаӡом. Шәҭыԥ аанышәкыл, шәгылаз, насгьы шәыԥшла Иегова шәшеиқәирхо. Иуда, Иерусалим, шәымшәан, шәымшәаӡыӡан» (2 Ашықәс. 20:17). Аха иҟалозеи адоуҳатә сфераҿы? Аатра 17:14 аҿы иануп: «Дара [Анцәа ижәлар раӷацәа] Асыс иабашьраны иҟоуп, аха Асыс урҭ ириааиуеит; избан акәзар Уи мчы-лшара змоу Ирықәиҭу, аԥсҳацәа Ирыԥсҳау ауп, Иара иацҟазаауагьы Иара азхазҵо, Иара иалнакааз, ааԥхьара знаҭаз ракәхоит». Ааи, Иисус ажәҩан аҿы аҳра ицзуло 144 000-ҩык ицырхырааны, адгьыл аҿы иҟоу Анцәа иуаажәлар ацхыраара риҭоит.

17 Абри зегьы иԥшьоу Иегова ихьӡ ахьырҳаракхо Армагеддон захьӡу аибашьрахь инанагоит (Аатр. 16:16). Усҟан аџьмақәа иреиԥшхо ауаа зегьы «наӡаӡа иқәгахоит», насгьы адгьыл аҿы ацәгьара аҵыхәтәа ԥҵәахоит. Агәырҩа ду аҵыхәтәантәи аетап рхыргоит ҵҩа змам ажәлар рахь иаҵанакуа. Анаҩс ашәҟәы Аатра ахыркәшара ҟалоит — Асыс аҭаацәалалара (Аатр. 21:1—4)d. Армагеддон иахысуа зегьы Анцәа ибзиабара ду рныруеит, насгьы дахьырзыразу иаргәырӷьалоит. Шаҟа ҳазыԥшузеи ҳара ари ачара ду! (Шәаԥхьа 2 Пиотр 3:13.)

18. Иҳамазар акәзеи ҳара иӡбаны, заа зыӡбахә ҳәаз ахҭысқәа ҳгәы хыҭ-хыҭуа ҳарзыԥшуа?

18 Ҳаԥхьаҟа ҳгәы зырхыҭ-хыҭуа ахҭысқәа ҳзыԥшуп. Нас иҟаҳҵар акәзеи ҳара иахьа? Иегова апостол Пиотр игәазҭеиҵеит иҩырц: «Зегьы абас еиқәхашьа рымамкәа, еилаҟәыбаса ианцо аамҭазы, шәарҭ шәшыҟазаашатә акәзар, шәыҟазароуми ицқьоу ԥсҭазаарала,— Анцәа имш аара, агылара шәазыԥшны... Убри аҟнытә шәарҭ, гәы цаҳә-цаҳәла сыззыҟоу, Иара иаара шәазыԥшны иаашәылшо зегьы ҟашәҵала шәыԥсҭазаара шәытарак, гәнаҳарак амамкәа иҟазааразы, шәизыразны Иҿаԥхьа ацәырҵразы» (2 Пиот. 3:11, 12, 14). Шәааи ӷәӷәала иӡбаны иҳамаз доуҳала ҳацқьаны аанхара, насгьы аҭынчра Аҳ идгылара!

a Шәахәаԥш «Аԥа Иаб дааиртырц иҭахуп» захьӡу аброшиура, адаҟьақәа 25—26, аурыс.

b Шәахәаԥш «Иҳаҳә, ианбаҟалои убри?» захьӡу аброшиура, адаҟьақәа 13—14, аурыс.

c Уи аамҭазы адгьыл аҿы иаанханы иҟоу доуҳала иалху рцәеижь ажәҩан ахь ихагалахаӡом (1 Кор. 15:48, 49). Иҟалап дара рцәеижь Иисус ицәеижь шыӡыз еиԥш иӡыр.

d 45-тәи Ԥсалом аҿы иаагоуп убас еиԥш иҟоу ахҭысқәа реишьҭагылашьа: раԥхьа Аҳ деибашьуеит, анаҩс ичара ҟалоит.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра