Ихбыџу шәхәыҷқәа Иегова имаҵ аура иазыҟашәҵала
«Иисус ҟәыӷарала, қәрала изҳауан, Анцәагьы ауаагьы бзиа деицырбон» (ЛУКА 2:52).
1, 2. а) Иарбан гәҭынчымроу аҭаацәа ирымоу, рхәыҷқәа ианрызҳауа? б) Иарбан лшарақәоу иҟоу иқәыԥшцәоу ақьырсианцәа рзы?
ИҚЬЫРСИАНУ аҭаацәа рхәыҷы аӡы иҽшӡааихуа анырбо, ргәырӷьара ҳәаа амам. «Уи ухашҭыртә иҟамызт,— еиҭалҳәоит Бернис, лара ԥшьҩык лхәыҷқәа аӡы рыҽӡаархит 14 шықәса рхыҵаанӡа.— Даара угәы иахәоит ухәыҷқәа Иегова имаҵ аура ахьырҭаху. Аха ҳара еилаҳкаауан урҭ ирызҳар, еиуеиԥшым ауадаҩрақәа ишрықәшәо». Иҟалап шәаргьы Бернис деилышәкаауазар, шәхәыҷы дыхбыџзар, мамзаргьы уи дазааигәазар.
2 Ахбыџра аамҭа ахбыџқәа рхаҭа реиԥш, рҭаацәа рзгьы имариам аамҭоуп. Аха абар ахәыҷтәы психологиа аспециалист иазгәеиҭо: «Ахбыџра — ари мыцхәы ахагареи иҟәышым ахымҩаԥгашьеи раамҭа акәӡам». Ахәыҷы изы ари акрызҵазкуа периодуп, избанзар иара изцәырҵуеит ацәанырра ӷәӷәақәа, ихы злааирԥшыша алшарақәа дрышьҭоуп, насгьы аҩызцәа рыҿцәажәара иҭахуп». Шәхәыҷқәа анқәыԥшу ирылшоит Иеговеи дареи еизааигәоу аизыҟазаашьақәа реизырҳара, адоуҳатә хықәкқәа рықәыргылареи урҭ рынагӡареи, Анцәа рыԥсҭазаара изкреи ирыдыркылаз уи аӡбара инақәыршәаны анхареи. Иисус данқәыԥшыз еиԥш, ахбыџқәа рхаҵара дырӷәӷәарц азы ирылшо рацәоуп. (Шәаԥхьа Лука 2:52.) Анацәеи абацәеи, иарбан рольу инашәыгӡо шәхәыҷы иԥсҭазаараҿы акрызҵазкуа ари аамҭазы? Шәазхәыц Иисус иқәра анынаӡа ашьҭахь абзиабареи, ахынралаареи, агәеилых бзиеи шааирԥшуаз. Ишԥашәыцхраауеи арҭ аҟазшьақәа ихбыџу шәхәыҷы Иегова имаҵ аура игәазҭаҵара?
ИХБЫЏУ ШӘХӘЫҶЫ БЗИА ДЫЖӘБАЛА
3. Излардыруази апостолцәа Иисус дшырҩызаз?
3 Иисус абзиабара злаз, иҩызцәа ирызиашаз уаҩын. (Шәаԥхьа Иоанн 15:15.) Абиблиатә аамҭақәа раан абжьааԥны аԥшәма итәцәа ихәыцрақәеи ицәаныррақәеи рзеиҭеиҳәомызт. Аха Иисус ииашаз иапостолцәа рзы баша даԥшәымамызт, иара урҭ дырҩызан. Иисус дара аамҭа рыцихигон, гәаартыла драцәажәон, насгьы урҭ ргәы иҭаз анизеиҭарҳәоз зҿлымҳарыла дырзыӡырҩуан (Марк 6:30—32). Агәрагара зныԥшуаз абас еиԥш иҟоу аицәажәара абзоурала, Иисус иапостолцәеи иареи рыбжьара еизааигәоу аиҩызара ӷәӷәахон. Аҵыхәтәаны уи аҵаҩцәа ирыцхрааит Анцәа имаҵ аураҿы аҭакԥхықәра зцу адҵақәа рынагӡара.
4. Ишԥарылшо аҭаацәа рхәыҷқәа ирҩызахар, уи аамҭазы рҿаԥхьа ирымоу авторитет мырӡкәа? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.)
4 «Ҳәарада, аҭаацәа, рхәыҷқәа рықәлацәа рцынхәрас изыҟалом,— иҳәоит ҩыџьа ахәыҷқәа ирабу Маикл,— аха урҭ ҳарҩызцәахар ҳалшоит». Аиҩызцәа абжьааԥны аамҭа еицырхыргоит. Анцәа шәиҳәаны шәазхәыц шәусуреи егьырҭ аусқәеи шеиҿышәкааша, шәара шәхәыҷқәа еиҳа аамҭа рзышәкларц азы. Иара убас аиҩызцәа еицырзеиԥшу аинтересқәа рымоуп. Убри аҟынтә шәҽазышәшәала шәхәыҷы зинтерес имоу бзиа абара: амузыка, афильмқәа, аспорт хкқәа. Италиа инхо Илариа еиҭалҳәоит: «Сҭаацәа сара сыззыӡырҩуа амузыка иазҿлымҳан. Саб сҩыза гәакьа иакәхеит, уи иасҳәар сылшон зылацәажәара уиаҟара имариам атемақәагьы». Шәара ихбыџу шәхәыҷқәа шәырҩызахар, насгьы «Иегова иҿы еизааигәоу аизыҟазаашьақәа» реизырҳара шәрыцхраауазар, дара рҿаԥхьа ишәымоу авторитет лаҟәӡом (Аԥсалом 25:14, АдҾ). Ус шәара иаашәырԥшуеит шәхәыҷқәа бзиа ишыжәбо, насгьы пату шрықәышәҵо. Усҟан дара еиҳа ирзымариахоит рыгәҭыхақәа шәзеиҭаҳәара.
5. Дышԥарыцхраауаз Иисус иҵаҩцәа Иегова имаҵ аура иацу агәырӷьара рнырырц?
5 Иисус иҭахын иҵаҩцәа Иегова изку аԥсҭазаара иацу агәырӷьара рнырырц. Убри аҟынтә ргәазҭеиҵон гәацԥыҳәарала адоуҳатә усқәа нарыгӡаларц, ажәабжьҳәареи аҵаҩцәа разыҟаҵареи рҽалархәуа. Иара бзиабарала агәра диргеит ақәҿиарақәа роураҿы дышрыцхраауа (Матфеи 28:19, 20).
6, 7. Избан аҭаацәа рхәыҷқәа рзы адоуҳатә еиҿкаара ашьақәыргылара, насгьы уи ацклаԥшра зрыхәҭоу?
6 Хымԥада, шәара ишәҭахуп шәхәыҷы доуҳала дыӷәӷәазарц. Иқьырсиану аҭаацәа аҭакԥхықәра рыдуп рхәыҷқәа рааӡаларц, «Иҳақәиҭу игәаҳәаратә реилыркаауа» (Ефесаа 6:4). Уи иаанагоит шәара шәҭаацәараҿы адоуҳатә еиҿкаара шьақәшәыргылар ауп, насгьы ахәыҷқәа уи аиҿкаара ишацныҟәо шәацклаԥшлар ауп ҳәа. Иаҳҳәап, шәара ишәҭахуп шәхәыҷы ашкол аҿы аҵара бзианы иҵаларц, избанзар еилышәкаауеит уи шаҟа ихадоу. Шәара шәҽазышәшәоит шәхәыҷы аҵара бзиа ибарц. Убас еиԥш, зхәыҷқәа бзиа избо аҭаацәа ацклаԥшлоит рхәыҷы Иегова иҟынтә амҩақәҵарақәа иоуларц, иаҳҳәап, аизарақәа рҿы. Анцәа иҟынтә аҵара аԥсҭазаара ахьыԥшуп, убри аҟынтә шәхәыҷы шәицхраар ауп адоуҳатә усқәа бзиа рбара, насгьы Анцәа иҟынтә иоуа аҟәыӷара азы аџьшьара аарԥшра (Ажәамаанақәа 24:14). Иисус иҵаҩцәа дышрыцхраауаз еиԥш, шәрыцхраала ихбыџу шәхәыҷқәа амаҵзураҿы ақәҿиара рымазарц, бзиа ирбарц, насгьы уи иааиԥмырҟьаӡакәа рхы аладырхәларц.
7 Ишԥаицхраар алшо ихбыџу ахәыҷы адоуҳатә еиҿкаара? Аладатәи Африка инхо Ерин зыхьӡу аиаҳәшьа еиҭалҳәоит: «Ҳаныхәыҷқәаз ҳара иаҳгәаԥхаӡомызт Абиблиа аҵара, аизарақәа рҭаара, насгьы ажәабжьҳәара аҽалархәра, убри аҟынтә ҳҟыж-ҟыжуан, ҳашшуан. Зны-зынлагьы аҭаацәаратә мҵахырхәара мҩаԥаҳамгарц цасҳәа ҳаԥырхагахон. Аха ҳҭаацәа уи иааннакыломызт». Ерин иацылҵоит: «Абас еиԥш иҟоу азыҟаҵара абзоурала, Анцәа имаҵ аура сазыҳаҵҳаҵо сҟалеит. Сдоуҳатә еиҿкаара иаԥырхаго аныҟоу, иаразнак ак аԥсахра сазыццакуеит. Ҳҭаацәа адоуҳатә еиҿкаара даҽакала иазыҟазҭгьы, сара абарҭ рҩызцәа аҟазшьақәа сзеизырҳаӡомызт, насгьы иахьа аизарақәа бжьасыжьлар ауан, адоуҳатә усқәагьы имаҷны схы рыласырхәуазар акәхарын».
ШӘҾЫРԤШЫ АЛА АХЫНРААЛАРА ААРԤШЫШЬА ДШӘЫРҴАЛА
8. а) Иабааԥшуаз Иисус илшози илымшози шидыруаз? б) Ишԥарныри аҵаҩцәа Иисус ихынраалара?
8 Иисус дшынаӡазгьы, илшози илымшози идыруан, насгьы ахынраалара аарԥшны Иегова диқәгәыӷуан. (Шәаԥхьа Иоанн 5:19.) Иалагама аҵаҩцәа уи азы Иисус еиҳа имаҷны пату иқәҵара? Ҳәарада, мап! Иегова дышиқәгәыӷуаз анырбоз, рырҵаҩы еиҳагьы игәра ргон. Аҵыхәтәаны даргьы убри аҩыза ахынраалара еиздырҳаит (Аусқәа 3:12, 13, 16).
9. Ишԥарныруеи ахәыҷқәа аҭаацәа ирылшои ирылымшои анеилыркаауа, насгьы ахынраалара аарԥшны агхақәа шыҟарҵо ианақәшаҳаҭхо?
9 Ҳара ҳалшарақәа аҳәаа рымоуп, уи адагьы Иисус иеиԥш акәымкәа, ҳнаӡам, насгьы агхақәа ҟаҳҵоит. Убри аҟынтә иҳалшо ҳдыруазар ауп, насгьы ахынраалара аарԥшны агхақәа шыҟаҳҵо ҳақәшаҳаҭхалароуп (1 Иоанн 1:8). Шәазхәыц, еиҳа пату зқәышәҵодаз? Дышиашам зҳәо аиҳаб иакәу, мамзаргьы аҭамзаара ахаангьы ишьҭазымҵо иакәу? Шәыгхақәа рзы аҭамзаара шышьҭашәҵо шәхәыҷы ианиаҳауа, ипатуқәҵара шәара шәахь еиҳа еизҳар ауеит. «Ҳара ҳашиашам аҳәара ҳацәыԥхашьаӡомызт, уи ҳхәыҷқәа ргәазҭанаҵон рыуадаҩрақәа ҳзеиҭаҳәара,— лҳәоит хҩык ахәыҷқәа зааӡаз Роузмари.— Ҳара зегь адырра шҳалымшо еилаҳкаауеит, убри аҟынтә зегь раасҭа еиӷьу аӡбара аԥшаара ахьрылшо рзеиҭаҳҳәеит. Ахәыҷқәа ацхыраара анырҭахыз, Абиблиа шьаҭас измоу ҳпублиакациақәа ҭырҵаарц алабжьара раҳҭон, насгьы Анцәа ҳаициҳәон».
10. Иабааирԥши Иисус ахынраалара, ишьҭанеицәа рзы аԥҟарақәа анышьақәиргылоз?
10 Иисус ишьҭанеицәа рзы аԥҟарақәа рышьақәыргылара амчра иман. Аха иара лассы-лассы ахынраалара аарԥшны ирзеиҭеиҳәон аԥҟарақәа рықәныҟәара зхадоу. Иаҳҳәап, иара Анцәа Иаҳреи ииашареи аԥшаара мацара акәӡам иреиҳәаз, аха Анцәа ирыгу зегь шриҭо агәра диргеит. «Шәмыӡбалан, ӡбатәысгьы шәроурым» ҳәа аниҳәоз, идеилиркааит ус зыҟаҵатәу: «Шәыӡбашьала шәыӡбахап; шәагас излашәшәауа ала шәаргьы ишәзыршәалап» (Матфеи 6:31—7:2).
11. Избан изҟәышроу аӡбара зшәыдышәкылаз, ма аԥҟара зышьақәшәыргылаз шәхәыҷқәа деилыркаара?
11 Ианалшо аԥҟарақәа зышьақәшәыргылаз, ма аӡбара зшәыдышәкылаз деилшәыркаала. Ахбыџ шәзыӡырҩра еиҳа дазхиазаауеит, ус зыҟашәҵо анеиликаауа. Ԥшьҩык ахәыҷқәа змоу Берри зыхьӡу ақьырсиан иҳәоит: «Ихбыџу шәхәыҷқәа амзызқәа андеилшәыркаауа, урҭ шәыгәра агара еиҳа ирзымариахоит. Дара ирбоит шәымчра шәыхшыҩ азышьҭны шәхы ишашәырхәо, насгьы шәемоциақәа ишәыҵарҳәо ала акәымкәа». Ари аҩыза азнеишьа ахбыџ ахәыцра ицхраауеит, уи ианизҳалак ахәарҭа изаанагоит. Берри иациҵоит: «Арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи рцәаныррақәа ракәымкәа, аилкаара рхы иархәаны рхы мҩаԥыргалар ауп» (Аԥсалом 118:34 [119:34, АдҾ]). Ахынраалара аарԥшны шәхәыҷқәа шәыӡбарақәа зшәыдышәкыло анырзеиҭашәҳәо, ахбыџ ибоит уажәшьҭа уи хәыҷҵас шәшизыҟам, иаргьы ихатәы ӡбарақәа рыдкылашьа иҵоит, ихшыҩ ихы иархәаны.
АГӘЕИЛЫХ БЗИЕИ АИЛКААРЕИ ААШӘЫРԤШЛА
12. Иабааԥши Иисус игәеилых бзиа, Пиотр ихәыцшьа анириашоз?
12 Иисус агәеилых бзиа иман, насгьы ибон иҵаҩцәа ацхыраара ахьырҭахыз. Иаҳҳәап, апостол Павел абзиара игәы иҭакны Иисус иабжьеигеит ихы рыцҳаишьарц, убасалагьы аԥсра дацәцарц. Иисус уи дицхраарц иҭахын, убри аҟынтә алабжьара ииҭеит, мыцхәы ухы арыцҳашьара шаҟа ишәарҭоу, насгьы ахамеигӡара зылԥхарақәас иаанаго аарԥшны (Матфеи 16:21—27). Пиотр ари аурок ахәарҭа алихит (1 Пиотр 2:20, 21).
13, 14. а) Иузырбозеи ихбыџу шәхәыҷы ихаҵара аԥсыҽхара ишалагаз? б) Ишԥашәыцхраауеи агәеилых бзиа шәхәыҷы ицәаныррақәа реилкаара, насгьы уи ицхраара?
13 Иегова шәиҳәала, аилкаара шәиҭарц азы, ихбыџу шәхәыҷы иахьицхраатәу жәбарц азы (Аԥсалом 31:8 [32:8, АдҾ]). Иаҳҳәап, ишԥеилкаатәу ахәыҷы ихаҵара шыԥсыҽхаз? Уиаҟара агәырӷьара имамзар ауеит, ихаҵара ицеиҩызшо акритика рзиуеит, оумак иҽцәыригом. Иаҭахым иаразнак алкаа аҟаҵара шәхәыҷы ҩ-ԥсҭазаашьак имоуп, агәнаҳа ӷәӷәа ҟаиҵеит ҳәаa. Аха убри аамҭазгьы уи аҩыза ахымҩаԥгашьа хьаԥшрада иааныжьтәым, ахәыҷы аицәажәара агәаҳәара имамзар, ацхыраара иҭатәым ҳәа иԥхьаӡатәым.
Шәхәыҷқәа ақьырсиантә еизараҿы аҩызцәа рыԥшаара шәрыцхраала (Шәахәаԥш абзац 14.)
14 Иисус шәиҿыԥшны, ақьиареи апатуқәҵареи аарԥшны, шәхәыҷы азҵаара ишәҭала. Аҵеџь аӡы ирласны иҭугар, абжеиҳара уцәкаҭәар ауеит. Убас еиԥш, ахәыҷы иҿахәы иҿышәхырц шәҭахызшәа шәиацәажәозар, иара ииашаҵәҟьаны дзызхәыцуа, ииҭаху аилкаара шәцәыцәгьахоит. (Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 20:5.) Хыхь зажәақәа аагаз Илариа илҳәоит: «Сара санхбыџыз аамҭазы, Анцәа имаҵ ауреи класск аҿы аҵара сыцызҵоз аамҭа рыцхгареи сеимаркуан. Ҩныҵҟала имҩаԥысуаз ари аиҿагылара сгәалаҟазаара ианыԥшуан, сҭаацәагьы уи гәарҭеит. Хәылбыҽхак зны исарҳәеит сгәалаҟазаара ҽеимызшәа шырбаз. Насгьы исазҵааит акыр быхьма ҳәа. Сара аҵәыуара салагеит, сҭагылазаашьа атәы расҳәеит, ацхыраарагьы саҳәеит. Сани саби сааргәыдрыҳәҳәалан, сцәаныррақәа шеилыркаауа рҳәеит, ишсыцхраауа сақәдыргәыӷит». Илариа лҭаацәа аамҭа мгакәа аизараҿы аҩызцәа лзыԥшаара иалагеит.
15. Еиҭашәҳәа Иисус агәеилых бзиа шааирԥшуаз.
15 Иисус даҽаџьарагьы агәеилых бзиа ааирԥшуан: уи иҵаҩцәа рҿы иибоз иԥсыҽыз аганқәа рымацара ракәмызт, аха иӷәӷәаз аганқәагьы азгәеиҭон. Иаҳҳәап, Нафанаил Иисус назаретынтәи дшааз аниаҳа, ус иҳәеит: «Иназареттәу хиррас иалоузеи?» (Иоанн 1:46). Ихышәҳәаарызи шәара Нафанаил, ииҳәаз ареплика шәахәаԥшуазар? Ишәҳәарызма шәара акритика аҟаҵара илоуп ҳәа? Ауаа еилихуеит ҳәа? Ахаҵара ицәмаҷуп ҳәа? Аха Иисус ибзиаз ак идибалеит. Уи «ҩысҭаарак злам Аизраил иашаҵәҟьа» ҳәа изиҳәеит (Иоанн 1:47). Иисус ауаҩы игәы иҭоу ибон, уи алшара ихы иаирхәон ауаа рҿы ибзиоу ак азгәаҭаразы.
16. Ишԥашәылшо ихбыџу шәхәыҷы аҟазшьа бзиақәа илааӡара шәицхраалар?
16 Ҳәарада, ҳара ауаа ргәы иҭоу ҳбаӡом. Аха Анцәа ицхыраарала агәеилых бзиа ҳаур ҳалшоит, ихбыџу ҳхәыҷы иҿгьы ибзиоу ҳбалоит. Аӡәгьы иҭахым цәгьарамзар бзиара ҟазымҵо ҳәа ахьӡ ихылар. Убри аҟынтә ахаангьы — ажәала ма гәаныла — шәхәыҷы «абунтҟаҵаҩ», мамзаргьы «зааӡара уадаҩу ахәыҷы» ҳәа ахьӡ ишәымҭан. Ихбыџу шәхәыҷы илеишәа цәгьазаргьы, иашәҳәала агәра шыжәго ииашаны ахымҩаԥгаразы агәаҳәара шимоу. Иазгәашәҭала даара имаҷу ақәҿиарақәагьы, урҭ рзы дшәырҽхәала. Шәхәыҷы шәицхраала аҟазшьа бзиақәа илааӡара, ианауа еиҳа аҭакԥхықәра зцу адҵақәа иҭаны. Иисусгьы убас ҟаиҵон. Уи Нафанаил (даҽакала Варфоломеи ҳәа зарҳәоз) раԥхьаӡа данибаз инаркны шықәсыки бжаки рышьҭахь, апостолс далихит. Нафанаил даара агәацԥыҳәара аазырԥшуаз қьырсианын (Лука 6:13, 14; Аусқәа 1:13, 14). Шәхәыҷы дшәырҽхәала, игәы шьҭышәхла. Убасала иара ихы ибалоит Иегова ихы иаирхәо, иргәырӷьара зылшо қьырсианны, иара иҟынтә иззыԥшу еснагь иназмыгӡо иакәымкәа.
АГӘЫРӶЬАРА УЗААЗГО АРҴАРА
17, 18. Избан аҽазышәарақәа заарԥшлатәу, ихбыџу ахәыҷы Иегова имаҵ аура амҩа даныларц азы?
17 Ҭаацәак раҳасабала, шәара зны-зынла ишәымазар ауеит адоуҳатә хшара рацәаны измаз апостол Павел имаз ацәаныррақәа. Ишдыру еиԥш, иара акырынтә игәы ихьхьан Коринф иҟаз бзиа иибоз иашьцәеи иаҳәшьцәеи рзы (2 Коринфаа 2:4; 1 Коринфаа 4:15). Ҩыџьа аԥацәеи аԥҳаи зааӡаз Виктор иҳәоит: «Ҳхәыҷқәа рыхбыџра аамҭа уадаҩрада ицомызт. Аха ибзиаз акырӡа еиҳан, ицәгьаз аасҭа. Иегова иҳаиҭоз ацхыраара абзоурала, ҳхәыҷқәеи ҳареи ҳаиҩызцәахеит».
18 Шәхәыҷқәа Иегова имаҵ аура амҩа ианыларц азы, ишәылшо зегь ҟашәҵала, бзиабарала ишәааӡала. Иаашәырԥшуа аҽазышәарақәа рзы азылԥхарақәа шәоуааит! Ииашаҵәҟьаны, ахәыҷы аҵабырг ԥсҭазааратә мҩаны ианалихуа, иашарала уи данықәныҟәо, ақьырсиантә ҭаацәара рыгәқәа ак иузадымкыло гәырӷьарыла иҭәуеит (3 Иоанн 4).
a Аҭаацәа рзы ибзиахон еилдыргар «Уара узҵаарақәа рҭак» захьӡу ашәҟәы, атом I, адаҟьа 317, иара убас атом II, адаҟьақәа 136—141 ирну аматериал (аурыс).