АЦӘА́ АҞЫНТӘ ИААГОУ АТЕМА | ИАԤСОУМА ИАШАРЫЛА АНХАРА?
Аиашамра шаҳныруа
«Аԥсҭазаараҿы имариам аҭагылазаашьақәа ҟалар алшоит, урҭ рыӡбараҿы зны-зынла амцҳәара уцхраауеит» (Саманта, Аладатәи Африка).
Шәрықәшаҳаҭума шәара арҭ ажәақәа? Саманта леиԥш, ҳаргьы аамҭа-аамҭала имариам аҭагылазаашьақәа ҳрықәшәоит. Убасҟан ҳхы шымҩаԥаҳго иаанарԥшуеит ҳаԥсҭазаараҿы еиҳа зыхә ҳшьо. Иаҳҳәап, ҳрепутациа ахьчара ҳара ҳзы зегь реиҳа ихадазар, усҟан ҳгәы иаанагар алшоит уи анагӡараҿы амцҳәара ҳацхраауеит ҳәа. Аха аиаша анаатлак, уи алҵшәа бааԥсқәа аанагар алшоит.
АИАШАМРА АИЗЫҞАЗААШЬАҚӘА БЖЬНАХУЕИТ
Ауаа реизыҟазаашьақәа рҿы агәреибагара даара ихадоуп. Ҩыџьа ауаа агәреибагара анрыбжьо, усҟан дара реиҩызара абаагәара еиԥшхоит. Аха агәреибагара иаразнак ицәырҵуам. Ауаа агәреибагара рыбжьалоит аамҭа анеицырхырго, аиаша анеибырҳәо, насгьы рхатә феида ианашьҭам. Аха мцык азы рџьабаа зегь аӡы иагар алшоит. Агәреибагара анырцәыӡлак, уи аиҭашьақәыргылара даара иуадаҩхоит.
Шәижьахьома шәара зныкыр аҩыза гәакьа ҳәа ишәыԥхьаӡоз ауаҩы? Ааи акәзар, иарбан цәаныррақәоу уи ишәызцәырнагаз? Ҳәарада, уи шәгәы шәнархьит, насгьы шәырҭиизшәа шәхы жәбон. Шәцәаныррақәа еилкаауп. Ииашаҵәҟьаны, уи аҩыза аҭагылазаашьаҿы иуцәыӡыр алшоит ибзиоу аизыҟазаашьақәа зырӷәӷәо агәреибагара.
АИАШАМРА АИАШАМРА АРҾИОИТ
Калифорниатәи ауниверситет аҿы аус зуа аекономика апрофессор Роберт Иннес имҩаԥигаз аҭҵаарақәа иаадырԥшит «аиашамра аҿкы ишаҩызоу». Уи иаҿурԥшыр ҟалоит авирус — амц зҳәо ауаа заҟа лассы-лассы урацәажәо, убриаҟара еиҳахоит уи «авирус акра» ашәарҭара.
Иҟаҵатәузеи, ари ацәҟьа ҳаҿамшәарц азы? Уи аҿы иҳацхраауеит Абиблиа. Шәааи ҳарзааҭгылап абиблиатә принципқәак.