АЦӘА́ АҞЫНТӘ ИААГОУ АТЕМА | ИАԤСОУМА ИАШАРЫЛА АНХАРА?
Иашарыла анхара заԥсоу
«Ҳарҭ ҳаламыс ацқьара, ахирра агәра ҳгоит, иҟаҳҵо зегьы гәык-ԥсык ала, иаша-ҵабыргла иҟаҳҵоит» (Ауриацәа рахь 13:18).
Абиблиаҿы иуԥыло «аиашара» ҳәа еиҭагоу ажәытәбырзен ажәа иаанагоит «ибзиаҵәҟьоу». Иара убас уи ажәа иаанагар алшоит агәаԥхашәара аганахьала иԥшӡоу акы.
Ақьырсианцәа хшыҩзышьҭрала иазнеиуеит Анцәа идоуҳала иаԥҵоу апостол Павел иажәақәа: «Ҳарҭ... иҟаҳҵо зегьы гәык-ԥсык ала, иаша-ҵабыргла иҟаҳҵоит». Иаҵанакуазеи уахь?
АҨНЫҴҞАТӘИ АИҾАГЫЛАРА
Есышьыжь еиҳараҩык ауаа адәахьы идәылҵаанӡа асаркьа ианыԥшылоит. Избан? Избанзар рҭеиҭыԥш бзиазарц рҭахуп. Аха иҟоуп акы амода иақәыршәаны аҽеилаҳәареи ахцәыҟаҵареи раасҭа ихадоу. Аԥшӡара ҳазҭо, ма иҳамызхуа ҩныҵҟала ҳзеиԥшроу ауп.
Анцәа Иажәаҿы иаартны иануп ауаа ацәгьа аҟаҵарахь рхы шхо. «Дхәыҷаахыс [ауаҩы] игәы ацәгьарахь ихоуп»,— иануп Аҟазаара (Бытие) 8:21 аҟны. Убри аҟынтә ҳиашаны ҳаанхаларц азы иҳациз игәнаҳау агәазыҳәарақәа ҳарҿагылалароуп. Абар апостол Павел дшахцәажәаз иара ихаҭа агәнаҳа дшаҿагылоз: «Ҩнуҵҟала, аханатә, Анцәа изакәан сазыразуп; Аха сара сцәеижь аҿы аус ауеит даҽа закәанк, ари азакәан сара сыхшыҩ-сдырра иабашьуеит, уи сцәеижь ахәҭақәа зыххәыцуа агәнаҳаратә закәанԥҟарақәа тәыс ирымоу аӡә сакәны сҟанаҵоит» (Римаа рахь 7:22, 23).
Ҳгәы ицәгьоу ак аҟаҵара анҳаҵанаҳәо, насгьы ииашамкәа ахымҩаԥгара ҳаныхнахуа, ҳара уалс иҳадым ҳгәазыҳәарақәа рықәныҟәара. Ҳара еснагь иҳалшоит иаҳҭаху алаҳхыр. Ииашам ахәыцрақәа мап рыцәкуа ҳара ҳиашаны ҳаанхар ҳалшоит, иааҳакәыршаны аиашамра шыҟоугьы.
АИААИРА ШҲАЛШО
Иашарыла анхаразы ҳара иаҳҭахуп еилыкка иҟоу агәаԥхашәатә кодекс. Илахьеиқәҵагоуп, аха аӡәырҩы ауаа иршәырҵаша еиҳа иазхәыцуеит ргәаԥхашәатә ҭагылазаашьа аасҭа. Убри аҟынтә феида алгаразы аҭагылазаашьа анцәырҵлак, дара маҷк амцҳәара иақәшаҳаҭхоит. Абар уи иазкны шәҟәык аҿы иану: «Ишыҟаҵәҟьоу иуҳәозар, ҳара амцҳәаразы аҳәаа шьақәҳаргылоит, уи аҳәаа ҳанахымсуа ҳиашоуп ҳәа ҳаԥхьаӡоит» (The [Honest] Truth About Dishonesty). Аха иҟоума узықәгәыӷуа астандарт, аиашамра иамоу аҳәаа аилкаара иуцхраауа, уи аҩыза аҳәаа зынӡа иҟазар? Насыԥны, уи аҩыза астандарт ыҟоуп.
Миллионҩыла ауаа адунеи ахьынӡанаӡааӡо ирыԥхьаӡоит уи Абиблиа шакәу. Уа иануп зеиԥшыҟам агәаԥхашәатә кодекс (Аԥсалом 18:8 [19:7, АдҾ]). Абиблиа иаҳнаҭоит узықәгәыӷша анапхгара аҭаацәаратә ԥсҭазаара, аусура, агәаԥхашәатә, насгьы адоуҳатә ҭагылазаашьақәа рганахьала. Абиблиа аамҭа иԥнашәахьеит. Уа иану азакәанқәеи апринципқәеи амилаҭқәеи арасақәеи зегьы рзы ихәарҭо́уп. Абиблиа анҭаҳҵаауа, уа иану ҳаназхәыцуа, насгьы уи алабжьарақәа ҳхы ианаҳархәо, ҳгәы аиашара иаҳаршьцылоит.
Ус шакәугьы, аиашамра ҳаиааирц азы, Абиблиа аҟынтә адырра мацара азхом. Избанзар ҳара ҳанхоит иҽеим ахымҩаԥгара ҳадызгало иҟьашьу адунеи аҿы. Убри аҟынтә Анцәа ҳиҳәалароуп ацхыраара ҳаиҭаларц азы (Филиппаа рахь 4:6, 7). Усҟан ҳара иҳауеит агәымшәара ииашаны ахымҩаԥгаразы.
АИАШАРАЗЫ АҲАМҬА
Актәи астатиаҿы зыӡбахә аныз Хитоси ииашара алҵшәа бзиа изаанагеит. Уажәы иара аус иуеит ииашара ахә ҳаракны иахьыршьо аҭыԥ аҿы. Хитоси иҳәоит: «Сара даара сеигәырӷьоит уи аҩыза аусура ахьысыԥшааз, избанзар уи сыламыс цқьаны ахьчара исыцхраауеит!»
Иҟоуп ауаа ус еиԥш иҟоу ацәаныррақәа змоу. Ҳарзааҭгылап абиблиатә принципқәа хәарҭа ззаанагаз ауаа рҿырԥшқәа.
Аламыс цқьа
«13 шықәса анысхыҵуаз аӷьычцәа срыланагалан, ашкол аҿы аҵара аансыжьит. Исымаз амал зегь аҟынтә 95 процент ӷьычрала исырҳаз акәын. Ԥыҭраамҭак ашьҭахь сара аҭаацәара салалеит, схаҵеи сареи Иегова ишаҳаҭцәа рыцхыраарала Абиблиа аҵара ҳалагеит. Ҳара Анцәа Иеговаa аиашамра шицәымӷу анеилаҳкаа, иҳаӡбеит ҳаԥсҭазаара ҳаԥсахырц. 1990 шықәсазы ҳара ҳаԥсҭазаара Иегова изаҳкын, ишаҳаҭцәа реиԥш ҳаҽӡааҳхит (Ажәамаанақәа [Притчи] 6:16—19).
Уаанӡа сара сыҩны ҭәын иӷьычыз амаҭәахәқәа рыла, аха уажәы сыԥсҭазаараҿы зегь аҽаԥсахит, сыламысгьы цқьахеит. Иашамрала иҭәыз сыԥсҭазаара анысгәалашәо, Иегова сара сахь агәшаҭара ду ахьааирԥшыз азы ҭабуп ҳәа иасҳәоит. Сара сгәы рҭынчны сыцәоуп, избанзар издыруеит сыԥсҭазаашьа Иегова игәы ишахәо» (Шерил, Ирландиа).
«Сдиректор аахәаҩ аҵарҭыша имхра мап шацәыскыз анеиликаа, ус сеиҳәеит: „Унцәа ибзоуралоуп уара убас узиашоу. Ҳара даара ҳаигәырӷьоит ҳара ҳҿы аус ахьыууа!“ Сара сҽазысшәоит зегь рыла ииашаны ахымҩаԥгара, уи Иегова иҿаԥхьа сыламыс цқьаны ахьчара исыцхраауеит. Иара убас уи сара исылнаршоит сҭаацәеи егьырҭ ауааи иашарыла инхаларц ргәазҭаҵара» (Сонни, Гонконг).
Агәҭынчра
«Сара жәларбжьаратәи абанк аҿы аус зуеит. Уи аус аҿы амал аиашара аасҭа ихадоуп. Аӡәырҩы ирыԥхьаӡоит: „Хәыҷӡак аиашамра аӡәгьы иԥырхагам, уи аԥара узаанагозар, насгьы мыцхәы аԥара нумхыртә иуцхраауазар“. Аха иашарыла ахымҩаԥгара агәҭынчра узаанагоит. Иҟалалакгьы, сара исҭахуп еснагь иашарыла схы мҩаԥызгаларц. Аусураҿы сеиҳабацәа ирдыруеит ахаан дара шысымжьо, насгьы дара рзы амц шысымҳәо» (Том, Еиду Аштатқәа).
Ахпатуқәҵара
«Аус ахьызуа аҟәша анапхгаҩы дсыҳәеит тауарқәак шыӡыз сымҳәарц, аха сара мап скит. Аӷьычцәа анырыԥшаа, сусура аиҳабы амц ахьысымҳәаз ҭабуп ҳәа сеиҳәеит. Мцыла иҭәу адунеи аҿы иашарыла аанхаразы иаҭахуп агәымшәара. Аха аҵыхәтәаны аиашара абзоурала егьырҭ ҳагәра ргалоит, насгьы пату ҳақәырҵалоит» (Каори, Иапониа).
Аламыс цқьа, агәҭынчра, насгьы ахпатуқәҵара — арҭ аҳамҭақәа иаҳдырбоит иашарыла анхара шаԥсоу. Ус акәӡами?
a Абиблиа излаҳәо ала, Иегова — ари Анцәа ихьӡ ауп.