Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • wp16 № 1 ад. 3
  • Аиашара. Ицахьоума уи амода?

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Аиашара. Ицахьоума уи амода?
  • Ахьчаратә бааш (аларҵәаразы аҭыжьымҭа) 2016
  • Иеиԥшу аматериал
  • Иашарыла анхара заԥсоу
    Ахьчаратә бааш (аларҵәаразы аҭыжьымҭа) 2016
  • Иҟауҵозаалак ламысцқьарала ухы мҩаԥгала
    «Анцәа ибзиабараҿ шәыҟаз»
  • Аиашамра шаҳныруа
    Ахьчаратә бааш (аларҵәаразы аҭыжьымҭа) 2016
  • Еснагь аиаша шәҳәала
    Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
Ахьчаратә бааш (аларҵәаразы аҭыжьымҭа) 2016
wp16 № 1 ад. 3
Аусура аиҳабы инацәкьыс иусуҩ иқәкны диқәмақаруеит

АЦӘА́ АҞЫНТӘ ИААГОУ АТЕМА | ИАԤСОУМА ИАШАРЫЛА АНХАРА?

Аиашара. Ицахьоума уи амода?

Хитоси Иапониа ауаа аусурҭа ахьырзырыԥшаауа аҭыԥ аҿы аҳасабеилыргаҩыс аус иуан. Афинанстә ҳасабырба ангәарҭоз, аусура аиҳабы Хитоси иеиҳәеит хыԥхьаӡарақәак ииашамкәа ианиҵарц. Аха Хитоси иҳәеит амцҳәара иламыс ишаҵанамкуа. Иара ус ҟаимҵар аусура дшамырхуа иарҳәеит, нас дагьамырхит.

Мызқәак ҵит. Хитоси даара игәнигон аусурҭа ахьизымԥшаауаз. Зны усурак аҿы дрыдыркыларц данрацәажәоз, иара иҳәеит аусураҿы амцҳәара дшақәшаҳаҭымхо. Уа дзацәажәоз ус иҳәеит: «Шәара шәхәыцшьа аилкаара цәгьоуп!» Хитоси иҩызцәеи иуацәеи игәазҭарҵон игәаанагара имԥсахырц, аха иара алак-ҩакра далагеит. Уи иҳәеит: «Иҟасҵара сыздырам, иаԥсоума иаразнак иаартны аҳәара сыгәрахаҵара аӡбахә?».

Илахьеиқәҵагоуп, аха Хитоси ихҭыс иаанарԥшуеит аиашаҳәара хара уагом ҳәа зыԥхьаӡо ауаа шыҟоу. Иаҳҳәап, шьоукы ирыԥхьаӡоит аусураҿы уи иуԥырхагоу ак ауп ҳәа. «Сара еснагь исықәшәоит амц зҳәо ауаа,— лҳәеит Аладатәи Африка аус зуа ԥҳәыск,— зны-зынла дара реиԥш схы мҩаԥызгап ҳәа ахәыцра салагоит».

Иахьа даара ирацәоуп амц зҳәо ауаа. Амхерст иҟоу Массачусетстәи ауниверситет аҿы аус зуа апсихолог Роберт Фельдман шықәсқәак раԥхьа имҩаԥигоз аҭҵаарақәа иаадырԥшит 60 процент зықәра наӡахьо ауаа жәа-минуҭк рахь знык, ма еиҳаны амц шырҳәо. «Имҩаԥгаз аҭҵаара иаҳнарбаз даара иџьоушьартә иҟан,— иҳәеит Фельдман.— Ҳара ҳгәы иаанагомызт амцҳәара убриаҟара ауаа ирылаҵәоуп ҳәа». Уамашәа иубаратәы иҟоуп: аӡәырҩы ауаа дара аныржьо рцәымӷуп, аха рхаҭа егьырҭ ауаа ржьоит.

Избан амцҳәара, аӷьычра, насгьы егьырҭ аус бааԥсқәа иахьа абас ауаа изрылаҵәо? Ишԥарныруеи аиашамра ауаа зегь адунеи аҿы? Аха еиҳарак ихадоу, ҳхы шԥацәаҳахьчари ҳара аиашамра?

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра