Иеиԥшума шәмаҵзура аӡаӡа?
ҲАРА ҳажәабжьҳәаратә маҵзура даара ахә ҳаракуп, насгьы акраҵанакуеит. Аха Анцәа иӡбахә ззеиҭаҳҳәо зегьы уи рзеилкаауам. Анцәа Иажәа иану ажәабжь аинтерес рымазаргьы, урҭ абиблиатә ҵара рзымҩаԥаҳгалар еснагь ирҭахӡам.
Убри ауп ихьыз Гевин зыхьӡу ахаҵа. Иара аизарақәа рҭаара далагеит, аха Абиблиа аҵара мап ацәикуан. Иара иҳәоит: «Сара Абиблиа иазкны издыруаз маҷын аҟынтә, акгьы ззымдыруа иеиԥш исыхәаԥшыр сҭахӡамызт. Амц сыржьар ҳәа сшәон, аҭакԥхықәрақәагьы схахьы ргара сҭахӡамызт». Ишәҳәарызи шәара, абас еиԥш иҟаз ауаҩы дшәықәшәазҭгьы? Шәгәы иаанагарызма ари ауаҩы иацәажәара баша аамҭа гагоуп ҳәа? Ҳәарада, мап. Иаҳгәалаҳаршәап абиблиатә ҵарақәа ауаҩы инырыр шрылшо. Ажәытәан Иегова ижәлар иреиҳәеит: «Ӡаӡаҵас икаҭәалоит сажәақәа, аҳаскьын илаҭәо ақәа хаа еиԥш» (Ҩынтә. [Втор.] 31:19, 30; 32:2). Шәааи аӡаӡа иамоу ҷыдарақәак еилҳаргап. Уи ауаа зегьы қәҿиарала ажәабжь раҳәара иҳацхраауеит (1 Тим. 2:3, 4).
ИШԤЕИԤШУ ҲМАҴЗУРА АӠАӠА?
Аӡаӡа татоуп. Аӡаӡа хәыҷы-хәыҷла ауп ишыҟало. Уи аҳауа цәыкәбар-цәыкәбарла ацәаакыра аналҵуа ауп. Иегова ижәлар иреиҳәоз ажәақәа аӡаӡа иаҩызан, избанзар урҭ ақьиареи, ататареи, аҳаҭырбареи рныԥшуан. Ҳара Анцәа ҳаиҿыԥшлар ҳалшоит, егьырҭ ргәаанагара пату ақәаҳҵалар. Амаҵзураҿы ауаа ргәазҭаҳҵоит рхала ихәыцларц, насгьы рхала алкаа ҟарҵаларц. Аҳаҭырбара ааҳарԥшлар, егьырҭ ауаа ҳажәақәа еиҳа еиӷьны ирыдыркылоит, амаҵзураҿгьы еиҳаны ақәҿиарақәа ҳауеит.
Аӡаӡа уарлахҿыхуеит. Ажәабжь анаҳҳәо, ҳара ауаа рырлахҿыхра ҳалшоит, ҳазларыцхрааша ҳазхәыцуазар. Хыхь зыӡбахә ҳәаз Гевин Абиблиа аҵара далагарц аӡәгьы идимцалаӡеит. Уи аҭыԥан Абиблиа аҵара идызгалаз Крис зыхьӡу аиашьа Анцәа Иажәа дызлалацәажәаша даҽа знеишьак иԥшааит. Уи иеилиркааит Абиблиаҿы ахы инаркны аҵыхәанӡа ихадоу атема ишаҵшьу, насгьы иеиҳәеит Гевин уи ҭиҵаар, аизараҿы излацәажәо еиҳа еиӷьны ишеиликаало. Анаҩс Крис Гевин изеиҭеиҳәеит Абиблиаҿы иану шҵабыргу иара ихаҭа агәра изыргаз абиблиатә ԥааимбаражәа. Уи ашьҭахь дара аԥааимбаражәақәа шынаӡо зныкымкәа иалацәажәеит. Уи зегьы Гевин даараӡа игәы шьҭнахит, аҵыхәтәаны Абиблиа аҵара дақәшаҳаҭхеит.
Аӡаӡа аԥсҭазааразы ихадоуп. Ажәытәан Израиль аарҩара аныҟаз, мызла ақәа амулар ауан. Аӡаӡа акәмызҭгьы, аҵиаақәа зегьы ҩаны иқәӡаауан. Иегова ишиҳәахьаз еиԥш, ҳара иахьа адоуҳатә аарҩара аныҟоу аамҭазы ҳанхоит (Ам. [Ам.] 8:11). Анцәа иара убас иҳәеит доуҳала иалху ажәабжьҳәаҩцәа «Иегова иҟынтә аӡаӡа еиԥш» иҟалоит ҳәа. Иашарала ирыдгылоу «егьырҭ ауасақәагьы» даргьы гәацԥыҳәарала Аҳра иазку ажәабжь рҳәалоит (Мих. [Мих.] 5:7; Иоанн 10:16). Ииашаҵәҟьаны, ажәабжь бзиа — адоуҳатә аарҩара аныҟоу Иегова иҳаиҭо аԥсҭазаара зыбзоуроу аӡаӡа иаҩызоуп. Ахә ҳшьома ҳара уи?
Аӡаӡа Иегова иҟынтә зылԥхароуп (Ҩынтә. [Втор.] 33:13). Иаҳҳәо ажәабжь здызкыло ауаа ҳмаҵзура Анцәа изылԥхарақәа рзаанагар алшоит. Гевингьы убасҵәҟьа ихьит. Абиблиа анҭиҵаауаз, изҵаарақәа зегьы рҭак иԥшааит. Иаарласны иара иҽӡааихит, уажәы иԥшәма Џьоиси иареи гәацԥыҳәарала Аҳра ажәабжь ауаа ирзеиҭарҳәоит.
Иегова ишаҳаҭцәа аԥсҭазаара злабзоуроу аӡаӡа иаҩызоу Аҳра иазку ажәабжь рыларҳәоит
ШӘМАҴЗУРА АХӘ ҲАРАКНЫ ИШӘШЬАЛА
Аӡаӡа иамоу аҷыдарақәа рызхәыцра ажәабжьҳәаратә ус аҿы иҟаҳҵо ахә ашьара иҳацхраауеит. Ишԥа? Цәыкәбарк иалшо маҷуп, аха миллионла аӡаӡа ацәыкәбарқәа адгьыл дырԥсасиуеит. Ҳаргьы ҳгәы иаанагозар алшоит амаҵзураҿы иҟаҳҵо зынӡа имаҷуп ҳәа. Аха Иегова имаҵзуҩцәа рыжәҩахыр еибыҭаны инарыгӡо амаҵзура абзоурала, ажәларқәа зегьы шаҳаҭра роуеит (Матф. 24:14). Иҟалома ҳмаҵзура егьырҭ рзы Иегова иҟынтә зылԥхараны? Иҟалоит, ҳажәабжь аӡаӡа иаҩызахар — итатазар, аԥсҭазаара зыбзоуроу акәзар, насгьы уарлахҿыхуазар!