Ианвар 12 рзы иалаго амчыбжь аихшанҵа
ИАНВАР 12 РЗЫ ИАЛАГО АМЧЫБЖЬ
Ашәа 114, анцәаиҳәара
Аизараҿы Абиблиа аҵара
fy ахы 1, абз. 15—23 (30 мин)
Атеократиатә маҵзура ашкол
Абиблиа аԥхьара: Иисус Навин 21—24 (8 мин)
№ 1: Матфеи 2:1—12 (3 мин ма еиҵаны)
№ 2: Аныхамҵахырхәара Анцәа игәаԥхаӡом (it «Ахаз», № 1) (5 мин)
№ 3: Иегова — Зегьзымчу Ҳазшаз иоуп (igw ад. 2, абз. 4 — ад. 3, абз. 1) (5 мин)
Амаҵзуратә еиԥылара
Амза атема: Иҳақәиҭу имаҵ жәула атәцәа реиԥш, ахынраалара ду аарԥшуа (Аус. 20:19).
10 мин. Иҳақәиҭу имаҵ жәула атәцәа реиԥш, ахынраалара ду аарԥшуа. Ахцәажәара. Уаԥхьа Аусқәа 20:19. Анаҩс урыҳәа азыӡырҩцәа абарҭ азҵаарақәа рҭак ҟарҵарц: 1) Иаанагозеи «атәы иеиԥш амаҵ аура»? 2) Ишԥаҳалшо ҳара атә иеиԥш Иҳақәиҭу Иисус Христос имаҵ аура? 3) Изакәызеи ахынраалара? 4) Ишԥаҳацхраауеи ахынраалара ҳмаҵзура анагӡара?
20 мин. «Амаҵзураҿы иҳамоу аҟазара еиӷьаҳтәуеит. Згәы ԥжәаны иҟоу ауаҩы ишиацәажәатәу». Ахцәажәара. Астатиа аилыргара ашьҭахь еиҿкаа икьаҿу, аиаша иазааигәоу, ҩ-хәҭак рыла ишьақәгылоу адемонстрациа. Раԥхьа ажәабжьҳәаҩ згәы ԥжәаны иҟоу ауаҩы иҿаԥхьа ииашамкәа ихы мҩаԥигоит. Анаҩс ажәабжьҳәаҩ зегьы ииашаны иҟаиҵоит. Ргәазҭаҵа зегьы амза аҩныҵҟа иҳауа алабжьарақәа ирықәныҟәаларц.
Ашәа 76, анцәаиҳәара