Амаҵзураҿы иҳамоу аҟазара еиӷьаҳтәуеит. Згәы ԥжәаны иҟоу ауаҩы ишиацәажәатәу
Уи зхадоу. Ирацәоуп ажәабжьҳәараҿы иаҳԥыло патуқәҵарыла зхы мҩаԥызго ауаа. Аха Иисус заа иҳәахьан ҳазцәымыӷхо шыҟало (Иоан. 17:14). Убри аҟынтә иџьашьатәым аӡәы игәы ҳзыԥжәозаргьы. Ус анакәха, ҳара убас ҳхы мҩаԥаҳгалар ҳҭахуп, ҳазхаҭарнаку Иегова, дҳаргәырӷьаларц (Рим. 12:17—21; 1 Пиот. 3:15). Ҳара агәыԥжәара еиҳа иҳарԥсыҽыр ҳалшоит. Уи адагьы, ҳара ҳхымҩаԥгашьала ҳзацәажәо ауаҩи иҳацклаԥшуеи ашаҳаҭра бзиа раҳҭар ҳалшоит, анаҩс урҭ Иегова ишаҳаҭцәа даҽазны ирықәшәар, ирзыӡырҩыр ауеит (2 Кор. 6:3).
Ухы иархәа амза аҩныҵҟа абри алабжьара:
Аҭаацәаратә мҵахырхәара аан ари аҩыза аҭагылазаашьа шәҽазыҟашәҵа.
Згәы ԥжәаны иҟаз ауаҩы шәаниацәажәа ашьҭахь, ажәабжьҳәара иуцу уҩызеи уареи шәалацәажәа уи еиҳа еиӷьны аҭак ишәҭар шалшоз.