Зхықәкы назыгӡо ажәабжьҳәаразы аиԥыларақәа
1. Хықәкыс ирымоузеи ажәабжьҳәаразы аиԥыларақәа?
1 Зны Иисус 70-ҩык иҵаҩцәеи иареи еиқәшәеит, урҭ ажәабжьҳәара идәықәиҵаанӡа (Лука 10:1—11). Урҭ ргәы шьҭихит, иргәалаиршәеит рхала ишаанымхо, «абҵатәы Иақәиҭу» Иегова напхгара шриҭало. Уи адагьы, иара ажәабжьҳәара аус шымҩаԥыргаша реиҳәеит, насгьы «ҩыџьа-ҩыџьа» ишьҭит. Иахьа ажәабжьҳәара ҳцаанӡа имҩаԥаҳго аиԥыларақәагьы уи ауп хықәкыс ирымоу — агәышьҭыхра, амҩақәҵара, анапхгара аҭара.
2. Шаҟаамҭа имҩаԥыслар акәзеи ажәабжьҳәаразы аиԥылара?
2 Уажәы ажәабжьҳәаразы аиԥыларақәа 10—15 минуҭ имҩаԥысуеит, ажәабжьҳәаҩцәа ҩыџьа-ҩыџьала иршоит, атерриториақәа рырҭоит, насгьы Анцәа иҳәоит. Ари аиҿкаара аԥсахрақәа алагалахоит. Апрель амза инаркны ажәабжьҳәаразы аиԥыларақәа мҩаԥыслоит 5—7 минуҭ. Уи аиԥылара аизара ашьҭахь имҩаԥысуазар, еиҳагьы иркьаҿтәуп, избанзар аизара иалахәу ргәы шьҭызхша абиблиатә хәыцрақәа раҳахьеит. Икьаҿу ажәабжьҳәаразы аиԥыларақәа иҳалдыршоит ажәабжьҳәара еиҳаны аҽалархәра. Уи адагьы, ажәабжьҳәаҩцәеи апионерцәеи аиԥылара иалагаанӡа ажәабжьҳәара иалагахьазар, рмаҵзура кыраамҭа иааныркылар акәхаӡом.
3. Ишԥеиҿкаатәу ажәабжьҳәаразы аиԥыларақәа ажәабжьҳәаҩцәа уи еиҳау ахәарҭа рзаанагарц?
3 Ажәабжьҳәаразы иҟоу аиԥыларақәа ажәабжьҳәаҩцәа ахәарҭа рзаанагаларц еиҿкаазароуп. Еиҳараӡак ажәабжьҳәаразы агәыԥқәа егьырҭ агәыԥқәа ирыдымлакәа, рхатәы еиԥыларақәа мҩаԥыргалар еиӷьуп. Усҟан ажәабжьҳәаҩцәа аиԥылара ахьымҩаԥысуа, насгьы ртерриториахь ацара рзымариахоит. Уи адагьы, ажәабжьҳәаҩцәа ҩыџьа-ҩыџьала ршара мариахоит, насгьы агәыԥ ахылаԥшҩы игәыԥ иаҵанакуа рахь еиҳа азҿлымҳара аарԥшра илшоит. Аизара аиҳабацәа рхеилак аҭыԥантәи аҭагылазаашьақәа ирызхәыцны еиҳа ишеиӷьу рыӡбоит. Аиԥылара анцәаиҳәарала ихдыркәшаанӡа зегьы ирдыруазароуп иахьцо, насгьы изыццо.
4. Избан изиашам ахәыцра ажәабжьҳәаразы аиԥыларақәа егьырҭ аиԥыларақәа реиԥш ихадам ҳәа?
4 Егьырҭ аизарақәа реиԥш ихадоуп. Ажәабжьҳәаразы аиԥыларақәа ажәабжьҳәарахь ицо рзы еиҿкаауп аҟынтә, уахь зегь неиӡом. Аха уи иаанагаӡом уи аиԥылара хырҩа азутәуп, насгьы егьырҭ аиԥыларақәа реиԥш ихадам ҳәа. Егьырҭ аиԥыларақәа реиԥш, ажәабжьҳәаразы аиԥылара — ари абзиабареи аус қьиақәеи рахь ҳгәазҭазҵо Иегова иеиҿкаара ауп (Аур. 10:24, 25). Убри аҟынтә уи мҩаԥызго ибзианы иҽазыҟаиҵароуп дзыхцәажәо Иегова ҳаҭыр изаанагаларц, насгьы аӡырҩцәа хәарҭа рнаҭарц. Ажәабжьҳәара ацара згәы иҭоу рҽазыршәароуп иахьынӡалшо уи аиԥыларахь анеира.
Ажәабжьҳәаразы аиԥыларақәа ҭакԥхықәрала ирызнеитәуп, егьырҭ аиԥыларақәа раҟара ихадам ҳәа иԥхьаӡатәым
5. а) Ишԥаихәҭоу амаҵзуратә хылаԥшҩы ажәабжьҳәаразы аиԥыларақәа еиҿикаар? б) Ишԥалыхәҭоу аиаҳәшьа ажәабжьҳәаразы аиԥыларақәа рымҩаԥгара?
5 Амҩаԥгаҩ иҽшазыҟаиҵо. Аизараҿы аиашьа имоу адҵа ибзианы инаигӡарц азы, уи адҵа заа иҭатәуп. Уахь ажәабжьҳәаразы аиԥыларақәагьы аҵанакуеит. Ҳәарада, ажәабжьҳәаразы агәыԥқәа хазы ианеизо, уи мҩаԥигоит агәыԥ ахылаԥшҩы, ма уи ицхырааҩ. Аха гәыԥқәак рҽеидкыланы имҩаԥыргозар, усҟан амаҵзуратә хылаԥшҩы имҩаԥызго далихуеит. Амаҵзуратә хылаԥшыҩцәа шьоукы аизарақәа реихшанҵа амҩаԥгаҩцәа зегьы ирырҭоит, насгьы алаҳәаратә ӷәаҿы икыдырҵоит. Амаҵзуратә хылаԥшҩы амҩаԥгаҩцәа аналихуа аҟәыӷара ааирԥшыроуп, избанзар аиԥыларақәа шымҩаԥысуа зхьыԥшу уи мҩаԥызго ирҵаратә ҟазара ауп. Аизара аиҳабы, амаҵзуратә цхырааҩ, ма ианаало иӡааху аиашьа аиԥылара рзымҩаԥымгозар, амаҵзуратә хылаԥшҩы ианаало иӡааху аиаҳәшьа илыдиҵоит. (Уахә. астатиа «Аиаҳәшьа ианымҩаԥылго».)
6. Избан ажәабжьҳәаразы аиқәшәарақәа амҩаԥгара зду ибзианы иҽазыҟаиҵалар зихәҭоу?
6 Атеократиатә маҵзура ашкол аҿы, ма амаҵзуратә еиԥылараҿы адҵа анҳаулак, ҳара ҳахшыҩ азышьҭны, ибзианы ҳҽазыҟаҳҵоит. Аизарахь амҩа ҳанықәу аизара аҽазыҟаҵара ҳалагаӡом. Убасҵәҟьа ҳарзыҟазароуп ажәабжьҳәаразы аиқәшәарақәа рымҩаԥгарагьы. Ажәабжьҳәаразы аиԥыларақәа кьаҿхоит аҟынтә, ибзианы аҽазыҟаҵара еиҳагьы ихадахоит: уи абзоурала аиԥылара интересхоит, ианаамҭоугьы иалгалоит. Аҽазыҟаҵара бзиа иара убас иаҵанакуеит ажәабжьҳәаразы атерриториақәа заа рырхиара.
7. Дызлацәажәар илшозеи амҩаԥгаҩ?
7 Излацәажәатәу. Еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҿы аҭагылазаашьақәа еиԥшым аҟынтә, игәрагоу атәы ажәабжьҳәаразы аиԥыларақәа зегьы рзы аплан имырхиаӡеит. Арамка «Ажәабжьҳәаразы аиԥылараҿы шәызлацәажәар алшо» аҿы вариантқәак аагоуп. Ишаԥу еиԥш, аиԥыларақәа мҩаԥыслароуп ахцәажәара ала. Зны-зынла уаҟа идурбар улшоит ибзианы еиҿкаау адемонстрациа, ма ианаало авидеоролик асаит jw.org аҟынтә. Амҩаԥгаҩ ажәабжьҳәаразы аиԥыларақәа иҽанырзыҟаиҵо, ажәабжьҳәаҩцәа ргәы шьҭызхуа, насгьы уи амш азы хәарҭа рызҭаша дазхәыцуеит.
Амҩаԥгаҩ ажәабжьҳәаразы аиԥылара иҽаназыҟаиҵо, дазхәыцуеит ажәабжьҳәара ицо ргәы шьҭызхша, насгьы ирыхәаша
8. Иарбан хәарҭа узҭо темақәоу амҩаԥгаҩ дызлацәажәар илшо ажәабжьҳәаразы аиԥылараҿы асабшеи амҽышеи?
8 Иаҳҳәап, асабша еиҳараҩык ажәабжьҳәаҩцәа ауаа аброшиурақәа рыдыргалоит. Асабша ажәабжьҳәара зҽалазырхәуа аӡәырҩы, амчыбжь аҩныҵҟа ажәабжьҳәара ицаӡом, убри аҟынтә урҭ ирцәыцәгьазар алшоит аҭаацәаратә мҵахырхәараҿы идырхиаз адгалара агәаларшәара. Убри аҟынтә амҩаԥгаҩ иӡбар илшоит «Иԥшьоу ҳмаҵзура» аҵыхәтәантәи адаҟьаҿы иаагоу адгаларақәа руак еиҭах ргәаларшәара. Иара убас, иара далацәажәар илшоит адгаларақәа шырыԥсахша аҭыԥантәи ажәабжьқәеи, ахҭысқәеи, аныҳәақәеи инарықәыршәаны, ма идирбар илшоит ауаҩы аброшиура игозар даҽазны аҭааразы ашьаҭа шышьҭаҵатәу. Ажәабжьҳәаразы аиԥылара иалахәу изаамҭанытәу аброшиурақәа ауаа ирыдыргалахьазар, амҩаԥгаҩ урҭ дрыҳәар илшоит угәы шьҭызхуа ахҭысқәа еиҭарҳәарц. Абас еиԥш иҟоу азнеишьа амҩаԥгаҩ ихы иаирхәар илшоит амҽышагьы ари амзазы иршо алитература аганахь ала. Аҵаразы ацхыраагӡа, иаҳҳәап аброшиурақәа «Ажәабжь бзиа», «Анцәа уизыӡырҩла», насгьы ашәҟәы «Иаҳнарҵаҵәҟьозеи Абиблиа», ауаа ирыдыргалалар ҟалоит еснагь, убри аҟынтә амҩаԥгаҩ иааркьаҿны урҭ руак шрыдгалатәу дирбар илшоит.
9. Дызлацәажәар илшозеи амҩаԥгаҩ аԥсшьарамшқәа раан, аизара иҷыдоу акампаниа ианалахәу?
9 Аизара иҷыдоу акампаниа иалахәзар, амҩаԥгаҩ аԥсшьарамшқәа раан еилиргар илшоит аброшиурақәа ааԥхьара, ма абуклет ацҵаны ишрыдгалатәу, ма ҳзацәажәо аинтерес ааирԥшызар иҟаҵатәу. Уи адагьы, амҩаԥгаҩ еиҭеиҳәар илшоит ус еиԥш иҟоу акампаниақәа шхадоу узырбо ахҭысқәа.
10, 11. Иҟарҵалар акәзеи ажәабжьҳәаҩцәа, ажәабжьҳәаразы аиԥыларақәа алҵшәа бзиа рымазарц?
10 Ажәабжьҳәаҩцәа рыҽшазыҟарҵо. Ажәабжьҳәаразы аиԥыларақәа алҵшәа бзиа рымазарц, ажәабжьҳәаҩцәагьы рҽаладырхәроуп. Дара ажәабжьҳәара заа рҽазыҟарҵозар, иаҳҳәап, аҭаацәаратә мҵахырхәараҿы, усҟан ирылшоит ихәарҭоу азхәыцрақәа еиҭарҳәар. Амаҵзура ибзианы иазхиазарц, ажәабжьҳәаразы аиԥыларахь инеиаанӡа аброшиурақәеи рхы иадырхәаша алитературеи ргароуп. Усҟан аишьцәеи аиаҳәшьцәеи зегьы иаразнак ажәабжьҳәара ицар рылшоит.
11 Иара убас ихадоуп ажәабжьҳәаразы аиԥыларахь минуҭқәак шагу анеира. Ҳәарада, ҳара аизарақәа зегь рахь ианаамҭоу анеира ҳҽазаҳшәоит. Аха ажәабжьҳәаразы аиԥылара аӡә данагхо, уи иҷыдоу ауадаҩрақәа цәырнагоит. Избан? Амҩаԥгаҩ игәыԥ аҿы иҟоу ажәабжьҳәара идәықәиҵаанӡа, иара фақторқәак дрызхәыцуеит. Иҟоу ажәабжьҳәаҩцәа рацәаҩымзар, амҩаԥгаҩ иӡбар илшоит агәыԥ маҷк аус зыдулоу атерриториахь ицарц. Аиԥыларахь иааз ажәабжьҳәаҩцәа шьоукы шьапыла иҟазар, насгьы ртерриториа харазар, урҭ амашьына змоу ажәабжьҳәаҩцәа ирыциҵар илшоит. Атерриториа ахьыҟоу аҭыԥ аҿы ацәгьаурақәа рацәазар, аишьцәа дрыҳәар илшоит аиаҳәшьцәа ирыцны ицарц, ма рзааигәара иҟазарц. Згәабзиара уашәшәыроу ажәабжьҳәаҩцәа ирыдиҵар илшоит аҩадарақәеи албаарҭақәеи ахьыҟам аҭыԥқәа, ма амардуанқәа рыла ахалара рацәаны иахьаҭахым аҩнқәа рҿы ажәабжьҳәара. Ааигәа ажәабжьҳәаҩс иҟалаз еиҳа аԥышәа змоу аӡәы дициҵар илшоит. Аха ажәабжьҳәаҩцәа агхозар, лассы-лассы акы аиагара, ма апланқәа зынӡаск рыԥсахра аҭаххоит. Ҳәарада, иҟазар алшоит аиԥылара ҳзагхо амзызқәа. Ус шакәугьы, ҳара лассы-лассы ҳагхозар, ҳрызхәыцроуп уи зыхҟьо амзызқәа: иҟалап ҳара аџьшьара ҳзымхозар, мамзаргьы ҳусқәа бзианы иаҳзеиқәмыршәозар.
12. Иарбан хықәкқәоу иқәдыргылар рылшо, ажәабжьҳәаразы аиԥылара ҟалаанӡа заа изыццо зыӡбахьоу?
12 Ажәабжьҳәаразы аиԥыларахь иаауа ажәабжьҳәаҩцәа заа дара-дара еицны ишцо еибырҳәар рылшоит, ма аиԥылараҿы аҩыза дырзалырхыр алшоит. Уара заа еибуҳәозар, иулшома уара амаҵзураҿы аҽырҭбаара, уҩызцәа мацара ракәымкәа егьырҭгьы рыццара? (2 Кор. 6:11—13). Иулшома уара аамҭа-аамҭала ааигәа ажәабжьҳәаҩс иҟалаз аӡәы амаҵзурахьы уиццар, насгьы арҵаратә ҟазара аизырҳара уицхраар? (1 Кор. 10:24; 1 Тим. 4:13, 15). Азҿлымҳара аарԥшны уӡырҩла акы анудырҵо, иаҳҳәап ажәабжьҳәара уахьалагаша аҭыԥ. Аиԥылара ианалгалак, иуцырҵаз аҩыза, ма иурҭаз атерриториа рыԥсахра уаламган, аамҭа мгакәа ажәабжьҳәара уца.
13. Иарбан хәарҭоу иаарго ажәабжьҳәаразы аиԥыларақәа, зегьы ламысцқьарала урҭ ирзыҟазар, насгьы ишахәҭоу еиԥш рҽазыҟарҵозар?
13 Иисус ажәабжьҳәара иишьҭыз 70-ҩык аҵаҩцәа «гәырӷьарала ихынҳәит» (Лука 10:17). Ҳәарада, дара ажәабжьҳәара ицаанӡа Иисус ириҭаз алабжьарақәа ақәҿиара аиура ирыцхрааит. Иахьагьы ажәабжьҳәаразы аиԥыларақәа убасҵәҟьа ахәарҭа ааргар алшоит. Зегьы ламысцқьарала ажәабжьҳәаразы аиԥыларақәа ирзыҟазар, насгьы ишахәҭоу еиԥш рҽазыҟарҵозар, урҭ аиԥыларақәа ҳгәы шьҭырхлоит, ҳамҩақәырҵоит «ажәларқәа зегьы» рзышаҳаҭхаразы иҳамоу адҵа наҳагӡаларц (Матф. 24:14).