АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
Ажәабжьҳәаратә еиԥыларақәа хәарҭа ааргалартә еиԥш еиҿкаазароуп
Иегова иҭахуп аизарақәа зегь реиԥш ажәабжьҳәаратә еиԥыларақәагьы абзиабара аарԥшреи аус бзиақәа рыҟаҵареи ҳгәазҭарҵаларц (Аур. 10:24, 25). Ажәабжьҳәаратә еиԥылара 5—7 минуҭ ицоит. (Уи аизара ашьҭахь имҩаԥысуазар еиҳагьы икьаҿзароуп.) Уи аамҭа иалагӡаны аиԥылара мҩаԥызго аиашьа ажәабжьҳәаҩцәа ҩыџьа-ҩыџьала, ма гәыԥ-гәыԥла еициҵароуп, ажәабжьҳәаразы иҟоу атерриториақәа рзишароуп, насгьы Анцәа диҳәароуп. Аиԥылара мҩаԥызго аиашьа ажәабжьҳәаҩцәа иаразнак рхы иадырхәар рылшо адгалара рхианы имазароуп. Иаҳҳәап, асабшала имҩаԥысуа ажәабжьҳәаратә еиԥылара еиҳарак иаҭаауа мчыбжьык аԥхьа ажәабжь зҳәоз аишьцәеи аиҳәшьцәеи роуп. Убри аҟынтә зегь раасҭа еиӷьуп аицәажәара ишалагатәу дзырбо адгаларак дырбара. Дызлацәажәар илшозеи еиҭа аиашьа урҭ аиԥыларақәа рҿы?
Аусуратә тетрад «Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи» аҿы иаагоу аицәажәара ахкқәа.
Ааигәа иҟалаз ахҭысқәеи ажәабжьқәеи рыла аицәажәара ишалагатәу.
Шәҭыԥ аҿы лассы-лассы иуԥыло ажәаҿархьра ишаиааитәу.
Анцәа дхазымҵо, аеволиуциа агәра зго, даҽа бызшәак ала ицәажәо, ма шәҭыԥ аҿы рацәак ирзымдыруа адинхаҵара ныҟәызго ауаа ишрацәажәалатәу.
Асаит jw.org, апрограмма JW Library®, ма Абиблиа ҳхы ишаҳархәалаша.
Ажәабжьҳәаразы иҟоу амыругақәа ҳхы ишаҳархәалаша.
Еиуеиԥшым ажәабжьҳәаратә методқәа ҳхы ишаҳархәалаша. Иаҳҳәап, ҭелла ажәабжьҳәара, асаламшәҟәқәа рыҩра, астенд ала ажәабжь аҳәара, аиҭанеирақәа рыҟаҵара, ма абиблиатә ҵарақәа рымҩаԥгара.
Ажәабжьҳәараҿы агәҽанызаара шаарԥшлатәу, агәырӷьара шмырӡлатәу, аҭагылазаашьақәа рыҽшрықәыршәалатәу, аҟәымшәышәра, ма егьырҭ аҟазшьақәа шаарԥшлатәу.
Аброшиура «Аԥхьареи арҵареи рҿы уҟазара еиӷьтәла» аҟынтә аурок, ма авидеонҵамҭа ҳхы ишаҳархәалаша.
Ажәабжь зцаҳҳәо ҩыза бзианы ҳаизыҟалар шҳалшо.
Ажәабжьҳәара иадҳәалоу библиатә жәеинраалак, ма аинтерес зҵоу хҭыск.