«Шәаҿыԥшла урҭ рыгәрахаҵара»
1. Иарбан шәҟәу ҳазхысло аизараҿы Абиблиа аҵараан ианвар 11 рзы иалаго амчыбжь инаркны?
1 2016 шықәса ианвар 11 рзы иалаго амчыбжь инаркны аизараҿы Абиблиа аҵараан ҳахыслоит ашәҟәы «Шәаҿыԥшла урҭ рыгәрахаҵара». Ари апубликациаҿы рыӡбахә аҳәоит 14-ҩык абиблиатә персонажқәа — Анцәа изиашаз аҳәсеи ахацәеи. Ари ашәҟәы убас ишьақәгылоуп, аперсонажқәа ҳанрызхәыцуа, ҳхаҿы рыԥсы ҭалоушәа ҳбоит, насгьы Иегова имаҵ аныруаз ауадаҩрақәа ирықәшәоз иҟаҵәҟьоу ауаа реиԥш ҳрыхәаԥшуеит. Ашәҟәаҿы иара убас иаагоуп ҳара ҳзы акрызҵазкуа аурокқәа (Аур. 6:12).
2. Еиқәышәыԥхьаӡа ашәҟәы «Шәаҿыԥшла урҭ рыгәрахаҵара» иамоу ҷыдарақәак.
2 Аҷыдарақәа. Ашәҟәаҿы иаагоуп аперсонаж данынхоз, насгьы дахьынхоз аилкаара иҳацхраауа аамҭарбагатә шкала, иара убас ахсаалақәа. Ахқәа зегьы рҿы иҟоуп арамка «Изызхәыцтәу», уи ҳзыԥхьаз ҳазхәыцыртә, насгьы еилаҳкааз ҳхы иаҳархәартә ҳгәазҭанаҵоит. Ашәҟәаҿы иаагоуп иԥшӡоу, ибзианы еиқәыршәоу асахьақәа, урҭ ахҭысқәа ҳхаҿы аагара иҳацхраауеит.
3. Иҟаҳҵалар ҳалшозеи, ари апубликациа аҵара еиҳа хәарҭа ҳзаанагаларц азы?
3 Ашәҟәы аҵараҿы ухы иаурхәаша алабжьарақәа. Ари ашәҟәы аԥхьажәаҿы иануп Анапхгаратә хеилак рысаламшәҟәы, уаҟа иаҳәоит: «Шәзыԥхьо шәхаҿы иаажәгала, шәцәаныррақәа алашәырхәла. Абиблиатә персонажқәа рцәаныррақәа шәнырла, шәҽазышәшәала дара ирбоз абара. Шәазхәыц шәхы шымҩаԥыжәгарыз дара рҭыԥан». Ҳхаҿы аагара иаанагаӡом акы ахыҭҳәаара. Уи иаанагоит Анцәа идоуҳала иҩу ажәабжь иаҳәо ҳхаҿы аагара, насгьы аперсонажқәа рцәаныррақәа аилкаара. Уи азы иаҭахуп азхәыцразы аамҭа алхра (Неем. 8:8). Иазалху аматериал ахы агәҭа инаркны иалагозар, усҟан амҩаԥгаҩ минуҭк, ма еиҵаны иалагӡаны ииасыз амчыбжь азы изхысыз аматериал еиҭеиҳәоит. Арамка «Изызхәыцтәу» аматериал ахь иаҵанамкуазар, аҵыхәтәаны амҩаԥгаҩ акы-ҩба зҵаара ықәиргылар илшоит изхысыз аматериал агәынкыларазы.
4. Избан ашәҟәы «Шәаҿыԥшла урҭ рыгәрахаҵара» аҵара хәарҭа заҳзаанаго?
4 Ҳахьынхо адунеи есыҽны еиуеиԥшым азнеишьақәа рыла иалшо зегь ҟанаҵоит ҳагәрахаҵара ҳцәыӡырц, мамзаргьы иԥсыҽхарц азы. Ари ашәҟәы, иара убас уи злашьақәгылоу астатиақәа ҳагәрахаҵара арӷәӷәара иҳацхраауа Анцәа иҟынтә ҳамҭоуп (Иак. 1:17). Шәааи ари аҳамҭа инагӡаны ҳхы иаҳархәалап, иааиԥмырҟьаӡакәа аизараҿы Абиблиа аҵара ҳаҭаауа, насгьы ари ашәҟәы аилыргараҿы активла ҳхы алархәуа.